АЖӘАБЖЬ 106
Абахҭа аҟынтә иоушьҭын
УНАԤШИ — амаалықь абахҭа ашә ааиртуеит. Иисус иапостолцәагьы ауишьҭуеит. Уааи, еилаҳкаап, урҭ уахь ишнанагаз.
Иисус иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳа анриҭа ашьҭахь дук мырҵыкәа ауп ари аныҟала. Иҟалазгьы абри ауп: ҽнак зны Пиотри Иоанни Иерусалим аныҳәарҭахь рҿынархеит. Аныҳәарҭа ашә дылатәоуп даниз аахыс агра змоу ауаҩы. Уи арахь есыҽны дааргоит, аныҳәарҭахь иаауа ауаагьы аԥара ирҭарц дрыҳәоит. Уи Пиотри Иоанни аниба, акы ирҭаразы дрыҳәоит. Иҟарҵари апостолцәа?
Урҭ аангыланы арыцҳа ихәаԥшуеит. ‘Аԥара сымам,— иҳәоит Пиотр,— аха исымоу усҭоит. Иисус ихьӡала угыл, уагьныҟәала!’ Убри аамҭазы Пиотр ари ауаҩы иарӷьа напы ааникылоит — убри аминуҭ азы дҩаҵҟьоит, аныҟәарагьы далагоит. Ажәлар уамашәа ирбоит ахаан иҟамлац абри аҩыза аџьашьахәы, даарагьы иеигәырӷьоит.
— Ари аџьашьахәы злаҟаҳҵаз Иисус аԥсра аҟынтә иԥсы ҭазҵаз Анцәа имч ала ауп,— иреилиркаауеит Пиотр. Дара ажәлар абри анреилдыркаауа, адин аԥызацәа аарыҭгылоит. Урҭ рыԥсахы ԥжәоит, Пиотри Иоанни Иисус иԥсҭалара атәы ажәлар иахьырзеиҭарҳәо азы. Убри аҟнытә урҭ кны абахҭа иҭаркуеит.
Адырҩаҽны адин аԥызацәа аизара ду рыман. Уахь инаргоит Пиотри Иоанни, иара убас, урҭ ирхәшәтәыз ауаҩгьы. ‘Закәытә мчузеи ари злаҟашәҵаз?’ — абри азҵаара аҭак ҟарҵарц рыдырҵоит апостолцәа.
Пиотр иреилиркаауеит — Иисус аԥсра аҟынтә иԥсы злаҭаҵаз Анцәа имч ала шакәу. Аԥшьаҩцәа иҟарҵара рыздыруам — мшәан, ари ахаан иҟамлац аџьашьахәы мап рзацәкуам. Убри аҟнытә, апостолцәа Иисус иӡбахә аҳәара азин рымхны, наҟ иоурышьҭуеит.
Амшқәа цоит, апостолцәа Иисус ихьӡала ажәабжьҳәара иаҿуп, ачымазцәагьы рхәшәтәуеит. Ари аџьашьахәқәа ртәы иаразнак уҳәан-сҳәанла аҳабла инахаҵәоит. Убри аҟнытә Иерусалим азааигәара иҟоу ақалақьқәа рҟынтә апостолцәа рахь ахәшәтәразы ауаа рацәаҩны рчымазаҩцәа рыманы иаауеит. Адинтә ԥызацәа урҭ шьыцыргоит, иаанкылангьы абахҭа иҭаркуеит. Аха апостолцәа уаҟа рацәак инхом.
Асахьаҿы ишарбоу еиԥш, ауха амаалықь дааины абахҭа ашәқәа аиртуеит. Иагьиҳәоит: ‘Шәдәылҵ, аныҳәарҭахь шәцаны ажәлар ишырзеиҭашәҳәалац еиԥш, ирзеиҭашәҳәала’. Адырҩаҽны ашьыжь адин аԥызацәа иаарышьҭыз ауаа ирбоит, апостолцәа шыҟам. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь апостолцәа рыԥшаауеит, ажәлар аныҳәарҭаҽы ишыддырҵоз, асинедрион азал ахьгьы инаргоит.
— Ҳара иаарӷәӷәаҵәҟьаны Иисус иӡбахә аҳәара азин шәымаҳхит,—агәынамӡара аадырԥшуеит адин аԥызацәа.— Шәара шәҵарала Иерусалим шәырҭәит.— Ҳара Анцәа напхгаҩык иаҳасабала еиҳа ҳаизыӡырҩлароуп, ауаа раасҭа,— абас нараҭаркуеит апостолцәа. Убри аҟнытә урҭ «ажәабжь бзиа» аиҭаҳәара ишаҿыц иаҿуп. Иҿырԥшы бзиаӡами ари?