Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 108
  • Дамаскҟа амҩан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дамаскҟа амҩан
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус Савл далихуеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Давиди Саули
    Учимся на примерах из Библии
  • Саул — Израил раԥхьатәи аҳ
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 108

АЖӘАБЖЬ 108

Дамаскҟа амҩан

ИУДЫРУАМА, ари амҩаҿы ишьҭоу дызусҭоу? Савл. Иугәалашәома — ари ауаҩы Стефан ахаҳәқәа игәыдҵаны дызшьыз рымаҭәақәа ихьчон. Унаԥши — шаҟа убла арлашәуа ари алашара! Изакәхарызеишь ари?

Стефан данҭаха ашьҭахь Савл Иисус ишьҭанеицәа рыԥхаҵара напхгара аиҭоит, нас рыргәаҟразы. Уи ҩнаҭа-цыԥхьаӡа днеиуеит, уаантәи ақьырсианцәа мчыла иганы абахҭа иҭеикуеит. Аҵаҩцәа аӡәырҩы даҽа қалақьқәак рахь ицоит, уаҟагьы «ажәабжь бзиа» ауаа ирзеиҭарҳәоит. Аха Савл егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы дрышьҭашәарыцоит урҭ. Уажәы уи Дамаскҟа ихы ирхоит. Аха амҩан иаалырҟьаны уаҩ иимбац акы ҟалоит.

Иаалырҟьаны ажәҩан аҟынтә алашара Савл дарлашәуеит. Ишубо еиԥш, Савл адгьылахь иҽынкаижьует. Нас абжьы гоит: ‘Савл, Савл! Сзыԥхоуҵозеи?’ Савл имҩанызаҩцәагьы алашара рбоит, абжьгьы раҳауеит, аха урҭ уи дызлацәажәо закәу рзеилкаауам.

— Узусҭада, Иҳақәиҭу? — дҵаауеит Савл.

— Сара иԥхоуҵо Иисус соуп,— аҳәоит аҭакс абжьы. Иисус убас иҳәоит, избанзар Савл уи ишьҭанеицәа аныԥхеиҵо, Иисус иара ихаҭа дыԥхарҵозар еиԥшҵәҟьа игәы инархьуан.

— Иҟасҵарызеи, Иҳақәиҭу? — игәы каҳаны ҿааиҭуеит Савл.

— Угыланы Дамскҟа уца,— идиҵоит Иисус.— Уаҟа иҟауҵаша уарҳәоит. Савл дҩагылоит, иблақәа ааиртуеит — аха акгьы ибом. Уи длашәхеит! Убри аҟнытә уи имҩанызаҩцәа инапы кны Дамаскҟа дыргоит.

Убри ашҭахь Иисус Дамаск иҟоу иҵаҩцәа руаӡәк идиҵоит: ‘Угыл, Ананиа. Амҩаду Иаша ҳәа изышьҭоу ахь уца. Иуда иҩнаҿы Савл зыхьӡу ауаҩы уиазҵаа. Сара уи схазы иҷыдоу маҵуҩны далсхит’.

Ананиа убас егьыҟаиҵоит. Савл даниԥшаа, инапқәа иқәиҵоит, иагьиҳәоит: ‘Иҳақәиҭу сааишьҭит, уара ҩаԥхьа иубаларц, иԥшьоу адоуҳагьы уоурц азы’. Убри аминуҭ азы Савл ила аш ихыз аахыҵызшәа, ҩаԥхьа ибо далагоит.

Савл даара ирацәаны еиуеиԥшым ажәларқәа рҟынтә ауаа ажәабжь рылеиҳәоит. Уажәы уи апостол Павел ҳәа деицырдыруеит, анаҩс ицо ахқәа рҟны уи изкны иҵегь ирацәаны еилаҳкаауеит. Аха уааи, зны еилаҳкаап, Анцәа Пиотр закәытә усу инапы ианҵаны дааишьҭыз.

Аумҭақәа 8:1—4; 9:1—20; 22:6—16; 26:8—20.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра