АЖӘАБЖЬ 112
Ауаа рыӷба ԥҽуеит, даргьы адгьылбжьаха иқәнагалоит
УАХӘАԤШИ аӷба иахьыз! Уи ԥыххааса ицоит! Иубома, ауаа зегьы аӡахьы иԥоит. Џьоукы уажәшьҭа аҟәарахьыы иӡсоит. Ари Павел иакәымхаӡаришь? Уааи, еилаҳкаап уи ихьыз.
Иугәаларшәа — Павел ҩышықәса Кесариа абахҭаҿы ихигоит. Нас абаандаҩцәа аӡәырҩи иареи неидкыланы, аӷба иақәыртәаны Римҟа ирышьҭуеит. Крит адгьылбжьаха азааигәара урҭ афырҭын бааԥсы рықәшәоит. Аӷба рызныҟәымцартә еиԥш, ибааԥсуп аԥша. Ҽынла амра убом, уахынла — аеҵәақәа. Абар, акырымш анҵы ашьҭахь, ауаа еиқәхап ҳәа зынӡа иақәгәыӷуам.
Усҟан Павел дҩагыланы ирылеиҳәоит: ‘Шәара шәахьынтә аӡәгьы дҭахаӡом; аӷба заҵәык ԥҽуеит ауп. Иаха Анцәа имаалықь дысҭааны дыҟан, иагьсеиҳәеит: „Умшәан, Павел! Уара Рим анапхгаҩы Цезар иаԥхьа угылароуп. Аӷба иуцҭоу ауаа зегьы еиқәирхоит Анцәа“’.
Афырҭын бааԥсы 14-тәи амш аан, ҵхыбжьон еиԥш амшынуаа игәарҭоит, аӡы аҵаулара еиҳа-еиҳа ишмаҷхоз! Урҭ аӷба амызгәыҭ амшын иаларыжьуеит, алашьцараҿы цаҟьак иаахар ҳәа ишәаны. Ашарԥазы абаӷуаза рбоит дара. Ӷбалагьы аҟәара аҟнынӡа инеирц рҽазыршәоит.
Абар, уажәшьҭа аҟәара иазааигәахахьан еиԥш, аӷба аӡы иаӡәӡәаз аԥслымӡра инықәлоит, иагьаангылоит. Усҟан ацәқәырԥақәа аӷба ԥыххааса иқәырҵо иалагоит. Шәҩык иреиҳабыз, аҭакԥхықәра знапы ианҵаз, адҵа ҟаиҵоит: ‘Аӡсашьа здыруа зегьы шәыԥа аӡы ашҟа раԥхьа, аҟәарахьгьы шәыӡсы. Егьырҭ урҭ шәрышьҭаланы шәыԥа, аӡы шәамгарц азгьы, аӷба аԥҽыхақәа шәыҽрыларӷәӷәаны ишәкы’. Убас иагьыҟарҵоит. Аӷба иҭаз 276-ҩык ауаа зегьы маншәаланы аҟәара аҟынӡа инаӡоит, амаалықь ишиҳәахьаз еиԥш.
Иахьнеиз адгьылбжьаха Мальта ахьӡуп. Араҟа инхо ауаа гәыбзыӷқәоуп, аӷба иаанагаз ауаагьы ирыцхраауеит. Амш анбзиахалак, Павел даҽа ӷбак дақәыртәаны Римҟа дрышьҭуеит.