АЖӘАБЖЬ 111
Ҷкәынак дшыцәаз
ҞОҲ, иҟалазеи ара? Ари аҷкәын адгьыл аҟны дзышьҭеи — уи иӷәӷәаны дкыдҟьама? Уԥши — аҩны аҟынтә егьырҭ ауаа дрылаланы дыҩны ддәылҵит Павел! Дубома урҭ рыбжьара Тимофеигьы? Абри аҷкәын аԥенџьыр дкылыҩрны дкаҳарызма?
Убриоуп иҟалаҵәҟьаз. Араҟа, Троада, Павел аҵаҩцәа драцәажәон. Уи дара ааигәа ишимбоз идыруан, избанзар адырҩаҽны ӷбала дцар акәын. Убри азы урҭ ҵхагәҭанынӡа драцәажәон.
Евтих зыхьӡыз ари аҷкәын аԥенџьырхамс дықәтәан, дагьамхацәеит. Данҵысы, ахԥатәи аихагыла аԥенџьыр аҟынтә дышиашаз адгьылахь дкаҳаит! Уажәшьҭа уара еилукаауеит, ауаа абысҟак игәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха изыҟоу. Аҷкәын дҩышьҭырхуеит, еиҳа изыцәшәозгьы шыҟалаз рбоит. Уи дыԥсит!
Усҟан Павел диқәиоит, уи дагьгәыдикылоит. Уи ашьҭахь ауаа еиқәикуеит: ‘Хьаас иҟашәымҵан. Уи акгьы имыхьӡеит!’ Уи иагьиашоуп! Аџьашьахәы ҟалеит! Павел уи иԥсы ҭеиҵеит! Зегьы гәырӷьаҵәа иҟалоит.
Зегьы ҩаԥхьа аҩныҟа ихалоит, уаххьагьы рфоит. Павел аашаанӡа драцәажәон урҭ. Аха ухаҿы иааугарц улшоит, Евтих уажәшьҭа ацәара ахь ихы шкыдым! Уи ашьҭахь Павел, Тимофеи, нас егьырҭ рымҩанызацәеи аӷба иақәтәоит. Иудыруама, урҭ уажәы рхы ахьдырхо?
Уажәоуп ианынҵәа Павел ахԥатәи имиссионертә ныҟәара, уажәшьҭа уи аҩныҟа дхынҳәуеит. Павел имиссионертә ныҟәарақәа раан Ефес амацара хышықәса даанхеит. Убри аҟнытә ари амиссионертә ныҟәара еиҳагьы аамҭа агеит, аҩбатәи аасҭа.
Троада аҟынтә идәықәлаз аӷба аамҭа маҷк Милет иаангылоит. Ефес километрақәак роуп ибжьоу, убри азы Павел Милеттәи аизара аиҳабацәа дрыҳәоит, урҭ иара иахь Милетҟа иааразы, аҵыхәтәан драцәажәарц азы. Шаҟагьы ргәы днархьуеи, аиԥырҵра аамҭа анааи!
Аҵыхәтәан аӷба Кесариаҟа иааит. Павел аҵаҩы Филипп иҩны дыҟоуп, уаҟагьы аԥааимбар Агав игәиҽаниҵоит. Уи Павел заа иеиҳәоит, Иерусалим абахҭа дышҭаркуа. Убас иагьыҟалоит. Павел Кесариа ҩышықәса абахҭа аҟны ианихеига, уи Римҟа диаргоит, Римтәи аҳәынқар цезар иӡбрала иус рыӡбырц. Уааи, еилаҳккап, Римҟа амҩа ианықәыз иҟалаз.