АЖӘАБЖЬ 110
Тимофеи — Павел ицхырааҩ ҿыц
АПОСТОЛ Павел иааигәара дгылоуп Тимофеи зыхьӡу арԥыс. Уи иҭаацәа дрыцынхоит Листра. Иан Евника лыхьӡуп, ианду — Лоида.
Абар уажәшьҭа хынәтуп, Павел Листра даангылоижьҭеи. Раԥхьаӡа акәны уи ақалақь даҭааит Варнава дицны имиссионертә ныҟәарақәа раан. Уи аахыс шықәсык аҟара ҵуеит. Уажәы Павел иҩыза Сила дицны дааит.
Иудыруама, Павел Тимофеи идигало? ‘Иуҭахыума Силеи сареи уҳацны уцар? — Павел Тимофеи диазҵаауеит.— Адгьыл харақәа рҟны инхо ауаагьы ажәабжь рзеиҭоуҳәаларц’.
— Ааи,— иҳәоит аҭакс Тимофеи.— Сшәыцны сцар сҭахыуп.— Дук хара имгакәа Тимофеи иҭынхацәа ааныжьны, Павели Силеи дрыццоит. Уи аныҟәара атәы еилаҳкаанӡа, уааи игәаҳҭап, уи аԥхьа Павел дзықәшәаз. 17 шықәса раҟара ҵхьеит, уи Дамаскҟа амҩа дшықәыз Иисус дизцәырҵижьҭеи.
Иугәаларшәа, Павел Дамаскҟа дцон, Иисус иҵаҩцәа ԥхеиҵарц, аха уажәшьҭа ихаҭа уи иҵаҩы иоуп! Ԥыҭраамҭак ашьҭахь аӷацәа Павел дыршьыр рҭахыуп — урҭ иргәаԥхом, Павел Иисус изкны иахьдирҵо. Аха аҵаҩцәа Павел ицхраауеит, уи дыҩны дцартә еиԥш. Урҭ иара акалаҭ дҭартәаны, ақалақь аҭӡы ашьҭахьала дылбааргоит.
Уи ашьҭахь Павел Антиохиаҟа дцоит ажәабжьҳәара. Ари раԥхьаӡа Иисус ишьҭанеицәа ақьырсианцәа ҳәа ахьрыхьӡҵахаз ақалақь ауп. Нас Антиохиантә Павели Варнавеи аҩбатәи амиссионертә ныҟәара ихароу атәылақәа рахь ирышьҭуеит. Урҭ ахьнеиуа ақалақьқәа ируакыуп Листра, уаҟа Тимофеи дынхоит.
Абар, шықәсык аҟара анҵы ашьҭахь, Павел аҩбатәи имиссионертә ныҟәараан, уи еиҭах Листраҟа даауеит. Иудыруама, Павел, Сила, нас ирыцлаз Тимофеигьы ахьдәықәло? Уааи, ахсаала ҳахәаԥшып, иагьеилаҳкаап урҭ аҭыԥқәа рахьтә акык-ҩбак.
Зны урҭ Листра азааигәара иҟоу Икониа ақалақь ахь ицоит, нас — Антиохиа зыхьӡу аҩбатәи ақалақь ахь. Нас урҭ Троаданӡа ихалоит, нас — ақалақьқәа Филиппеи, Фессалоникеи, Вериеи рҟынӡа. Иубома ахсаала аҟны Афина ақалақь? Павел уаҟагьы ажәабжь рылеиҳәоит. Нас шықәсыки бжаки Коринф ажәабжь еиҭарҳәоит. Урҭ рныҟәарақәа рхыркәшамҭаз аамҭа кьаҿк ҳәа Ефес иаанҿасуеит. Нас ӷбала Кесариаҟа иаауеит, уаантәи — Антиохиаҟа, Павел уаҟагьы даанхоит.
Абасала, Тимофеи Павел дицны шәкы-шәкыла километра дныҟәон, дагьицхраауеит «ажәабжь бзиа» аиҭаҳәараҿы, ирацәаны ақьырсиантә еизарақәагьы раԥҵараҿгьы. Ианузҳалак, уаргьы абасҵәҟа гәыкала иҟоу Анцәа имаҵуҩы уакәны уҟалару, Тимофеи иеиԥш?