Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • yc аур. 13, ад. 28—29
  • Тимофеи ауаа дрыцхраалар иҭахын

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Тимофеи ауаа дрыцхраалар иҭахын
  • Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иеиԥшу аматериал
  • Павели Тимофеии
    Учимся на примерах из Библии
  • Аҭакԥхықәра зду ахацәа. Тимофеи шәиҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иуду адҵа угәы ақәкны инагӡала!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Тимофеи — Павел ицхырааҩ ҿыц
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
yc аур. 13, ад. 28—29
Тимофеи хәыҷы иан Евникеи ианду Лоидеи аҵара идырҵоит

АУРОК 13

Тимофе́и ауаа дрыцхраалар иҭахын

Тимофеи гәахәарыла ауаа ирыцхраауаз иқәыԥшыз арԥысын. Иара ирацәаны дныҟәон ауаа дрыцхраарц азы, убри аҟнытә иԥсҭазаарагьы даара аинтерес аман. Иуҭахума уара уи атәы еилукаар?~

Тимофеи иани иандуи Иегова иӡбахә изеиҭарҳәон

Тимофеи ақалақь Ли́стра аҟны изҳаит. Иара даныхәыҷыз ианду Лои́деи иан Евни́кеи Иегова иӡбахә изеиҭарҳәон. Тимофеи ианизҳа, иҭаххеит егьырҭ Иегова иӡбахә рзеиҭеиҳәаларц.

Тимофеи данарԥысыз апостол Павел иеиҳәеит ажәабжь бзиа рылаҳәаразы атәыла харақәа рахь диццарц. Тимофеи иаразнак аҭак ҟаиҵеит: «Ааи, сцоит!» Уи дазхиан ауаа рыцхраара.

Тимофеи Павел дицны ддәықәлеит македониатәи ақалақь Фессало́никаҟа. Раԥхьа урҭ акыраамҭа шьапыла амҩа иқәын, нас — ӷбала. Фессалоника иахьнеиз Павели Тимофеи аӡәырҩы Иегова иеилкаара ирыцхрааит. Аха Фессалоника иқәынхоз џьоукы урҭ зҿыз ргәамԥхеит. Дара Павел иҩызцәеи иареи ирԥырхагахарц рҭахын. Убри аҟынтә Павел ицызи иареи уи ақалақь ааныжьны, даҽа ҭыԥк ахь ицаны ажәабжь аҳәара рықәшәеит.

Тимофеии апостол Павели аӷба иақәтәоуп

Тимофеи иԥсҭазаара анасыԥи аинтереси аман

Мызқәак рышьҭахь Павел Тимофеи диҳәеит ҿыц Фессалоникаҟа дхынҳәны, ажәабжь здызкылаз аишьцәа дрыцхраарц. Уи ақалақь ахь агьежьразы агәымшәара ду аҭахын! Аха Тимофеи дымшәаӡеит. Иара Фессалоникаҟа дцеит, избанзар уа инхоз игәрахаҵара ицеиҩызшоз дрызхәыцуан. Иара даныхынҳә, иааигаз ажәабжь Павел даргәырӷьеит, избанзар фессалоникатәи аишьцәа агәрахаҵара ӷәӷәа шрымаз изеиҭеиҳәеит.

Тимофеи Павел шықәсы рацәала амаҵ ициуан. Ҽнак зны Павел иҩит Тимофеи егьырҭ зегь раасҭа аизарақәа рыцхраара шилшаз. Иара Иеговеи ауааи даара бзиа ибон.

Бзиа иубома уара ауаа, насгьы ирзеиҭоуҳәалома урҭ Иегова иӡбахә?~ Ааи акәзар, усҟан уара уԥсҭазаара, Тимофеи иԥсҭазаара еиԥш, насыԥла иҭәуеит, аинтересгьы амазаауеит!

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ

  • 2 Тимофеи иахь 1:5; 3:15

  • Аусқәа 16:1—5; 17:1—10

  • 1 Фессалоникаа рахь 3:2—7

  • Филиппаа рахь 2:19—22

АЗҴААРАҚӘА:

  • Иабаизҳаи Тимофеи?

  • Иҭахызма Тимофеи апостол Павел ицныҟәара? Избан?

  • Избан Тимофеи ҿыц Фессалоникаҟа дызцаз?

  • Излаҟалар алшозеи уара уԥсҭазаарагьы убасҵәҟьа анасыԥи аинтереси аманы Тимофеи иԥсҭазаара еиԥш?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра