Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 август ад. 31—32
  • Аҭакԥхықәра зду ахацәа. Тимофеи шәиҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭакԥхықәра зду ахацәа. Тимофеи шәиҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ТИМОФЕИ ШӘИҾЫԤШЛА
  • ИШӘЫМОУ АҬАКԤХЫҚӘРАҚӘА РЫХӘ ШӘШЬАЛА
  • Тимофеи ауаа дрыцхраалар иҭахын
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Павели Тимофеии
    Учимся на примерах из Библии
  • Иуду адҵа угәы ақәкны инагӡала!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иқәыԥшу аишьцәа Марки Тимофеии шәырҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 август ад. 31—32

Аҭакԥхықәра зду ахацәа. Тимофеи шәиҿыԥшла

ҴЫԤХТӘИ ашықәс аҩныҵҟа зықьҩыла аишьцәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо аизара аиҳабацәас, насгьы маҵзуратә хылаԥшыҩцәас иҟалеит. Шәара урҭ шәыруаӡәкзар, ҳәарада, насыԥ шәымоуп Иеговеи шәашьцәеи иҿыцу знеишьала рымаҵ аура ахьшәылшо.

Аха маҷк агәҭынчымра шәымазар, уи акгьы амам. Џьеисон зыхьӡу иқәыԥшу аизара аиҳабы иҳәоит: «Иҿыцу аҭакԥхықәрақәа ансоу, даара сгәы хыҭ-хыҭуан». Моисеии Иеремиеи Иегова адҵа ҿыцқәа анриҭа, уи азы аԥышәа рымам ҳәа ргәы иаанагон (Ақәҵымҭа 4:10; Иеремиа 1:6). Шәаргьы убас шәгәы иаанагозар, иҟашәҵар шәылшозеи ашәара шәаиааирц, насгьы анаҩсгьы аихьӡарақәа шәымазарц азы? Тимофеи иҿырԥшы ишәнарҵо рацәоуп (Аусқәа 16:1—3).

ТИМОФЕИ ШӘИҾЫԤШЛА

Иҟалап Тимофеи 20 шықәса раҟара ихыҵуазҭгьы, апостол Павел иныҟәарақәа рҿы даницла. Раԥхьаӡакәны ааԥхьара аниоу, иҟалап Тимофеи игәы иаанагазҭгьы арҵараҿы, насгьы егьырҭ алабжьарақәа рыҭараҿы аԥышәа имам ҳәа, избанзар уи дқәыԥшын (1 Тимофеи иахь 4:11, 12; 2 Тимофеи иахь 1:1, 2, 7). Аха иара ақәҿиарақәа ҟаиҵон. 10 шықәса рышьҭахь Павел Филиппаа иреиҳәеит: «Иҳақәиҭу Иисус агәыӷра сиҭоит лассы Тимофеи шәара шәахь днасышьҭразы». Избан Павел ус иҳәар зилшоз? Иара иациҵеит: «Уи гәцаракрала, ҭакԥхықәрала дшышәзыҟоу аиԥш ишәзыҟоу, ицназгауа даҽа уаҩԥс дсымам» (Филиппаа рахь 2:19, 20).

Избан Тимофеи аизара аиҳабацәа рзы дызҿырԥш бзиоу? Еилҳаргап ф-мзызк.

1. Иара ииашаҵәҟьаны ауаа дреиҷаҳауан. Павел Филиппаа иреиҳәеит Тимофеи урҭ дышреиҷаҳало (Филиппаа рахь 2:20). Тимофеи иҭахын аишьцәа Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәазарц, убри аҟынтә иара дара рзы иаамҭеи имчи дреигӡомызт.

Уилиам зыхьӡу 20 шықәса инареиҳаны аизара аиҳабыс амаҵ зуа аиашьа еснагь аизара аиҳабацәа ҿыцқәа иреиҳәоит: «Аишьцәа бзиа ижәбала, агхақәа ракәымкәа ауаа шәрызхәыцла». Шәиеиԥшымхан ауаа рныҟәгара аасҭа ианаамҭоу аангыларҭахь анеира еиҳа иашьҭоу автобус аныҟәцаҩ.

2. Иара изы Иегова имаҵ аура зегь раасҭа ихадан. Павел иҳәеит Тимофеи дышреиԥшмыз «Иисус Христос игәы иақәшәаша акәымкәа» зхы-зыԥсы иашьҭаз ауаа (Филиппаа рахь 2:21). Иара игәеиҭеит иааикәыршаны иҟаз аишьцәа рхатә ԥсҭазаара мыцхәы ишазхәыцуаз. Зны-зынла дара рзы рхатә ҭахрақәа Иегова имаҵ аура аасҭа еиҳа ихадахон. Аха Тимофеи ус ҟаиҵомызт! Иегова имаҵ аураҿы еиҳаны аҟаҵара алшара шааиоузҵәҟьа Исаиа иеиԥш ихы мҩаԥигеит, уи иҳәеит: «Абар сахьыҟоу! Сышьҭы сара!» (Исаиа 6:8).

Ишԥашәылшо шәҭахрақәеи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҭахрақәеи шәанреиҷаҳауа аҭышәынтәалара аарԥшра? Актәи, Павел илабжьара инақәыршәаны еиҳа ихадоу аилкаара шәашьҭаз (Филиппаа рахь 1:10). Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишәыргыл. Аҩбатәи, мыцхәы шәаамҭеи шәымчи шәымызхуа аусқәа шәҽырцәышәыхьчала. Павел Тимофеи иеиҳәеит: «Аҿара иацу ахымҩаԥгашьақәа, агәаҳәарақәа ухы рцәыхьчала... аиаша-ҵабырг ашҟа, агәрахаҵарахьы, аҭынч бзазарахь, абзиабарахь ухы кыдҵа» (2 Тимофеи иахь 2:22).

3. Иара Иегова имаҵ аураҿы ирацәаны аџьабаа ибон. Павел Тимофеи изы иҳәеит: «Агәырӷьажәа рыларҵәараҿы еснагь дсывагылан — аԥа аб дышивагылоу аиԥш» (Филиппаа рахь 2:22). Тимофеи даашьаӡомызт. Иара Павел дицны имаҷымкәа аџьабаа ибон. Уи реиҩызара арӷәӷәеит.

Иахьагьы Иегова иорганизациаҿы иҟаҵатәу рацәоуп. Уи аус ииашаҵәҟьаны агәахәара узаанагоит, насгьы шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи шәареи шәеизааигәанатәуеит. Убри аҟынтә «шәымч-шәылшара зегьы Иҳақәиҭу имаҵура» азкра хықәкыс ишәымаз (1 Коринфаа рахь 15:58).

4. Иара еиликаауаз ихы иаирхәон. Павел Тимофеи изиҩуан: «Уара уакәзар, сара усҿыԥшит: ирыласырҵәауа аҵараҿы, сыԥсҭазаашьаҿ, агәрахаҵара сшазыҟоу аҿы, агәыҭбаараҿ, абзиабараҿ, ахачҳараҿ» (2 Тимофеи иахь 3:10). Тимофеи еиликаауаз ихы иаирхәон, убри аҟынтә еиҳаны аҭакԥхықәра иоуит (1 Коринфаа рахь 4:17).

Дшәымоума шәара зԥышәа шәыцеиҩшара зылшо доуҳала ишәу аҩыза? Мап акәзар, дзышәымԥшаарызеи уи аҩыза аиашьа? Акыршықәса аизара аиҳабыс амаҵ зуа Том игәалашәоит аԥышәа змаз аизара аиҳабы иара иахь азҿлымҳара шааирԥшыз, насгьы иирҵаз шырацәаз. Иара иҳәоит: «Сара еснагь алабжьара сиҭарц сиҳәон, насгьы уи сықәныҟәон. Уи абзоурала иаарласны ашәара саиааиуа салагеит».

5. Иара анаҩсгьы ихы аус адиулон. Павел Тимофеи иеиҳәеит: «Гәрахаҵарала уҽышәала» (1 Тимофеи иахь 4:7). Аспортсмен дазыҟазҵо димазаргьы, иара ихы аус адиулалароуп. Павел Тимофеи иабжьигон: «Сара снеиаанӡа аԥхьарақәа, амҩақәҵарақәа, аҵара дырҵарақәа урҿыз... Абарҭқәа гәцаракы, урзықәгылаз — иумоу ақәҿиарақәа зегьы ирбарҭахарц азы» (1 Тимофеи иахь 4:13—15).

Шәаргьы ишәымоу аҟазара еӷьышәтәлароуп. Абиблиа инҭырҳәыцааны иҭышәҵаала, насгьы аорганизациаҿы иҟоу аҵыхәтәантәи аԥсахрақәа шәрыцклаԥшла. Мыцхәы шәхы шәақәымгәыӷлан. Аԥышәа ӷәӷәа шәымоуп, насгьы аҭҵаара мҩаԥымгаӡакәа азҵаарақәа зегьы шәзыӡбоит ҳәа ахәыцра иашам. Тимофеи иеиԥш шәгәы-шәыԥсы гәашәҭала, насгьы егьырҭ ишыдшәырҵо шәацклаԥшла (1 Тимофеи иахь 4:16).

6. Иара Иегова идоуҳа дақәгәыӷуан. Павел Тимофеи имаҵзура данахцәажоз игәалаиршәеит: «Зеиԥшыҟам иуаҭәашьоу иҳамоу иԥшьоу адоуҳала ихьчала» (2 Тимофеи иахь 1:14, АдҾ). Тимофеи Анцәа адоуҳа дақәгәыӷлар ихәҭан.

Акыршықәса аизара аиҳабыс амаҵ зуа Дональд иҳәоит: «Аҭакԥхықәра зду ахацәа Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа ирыхӡыӡаалароуп, усҟан рымчқәа ӷәӷәазаауеит. Дара Анцәа идоуҳа иаҳәозар, насгьы уи иалҵшәо аҟазшьақәа аадырԥшуазар, егьырҭ аишьцәа рзы изылԥхара духоит» (Аԥсалом 83:8 [84:7, АдҾ]; 1 Пиотр 4:11).

ИШӘЫМОУ АҬАКԤХЫҚӘРАҚӘА РЫХӘ ШӘШЬАЛА

Даара ҳгәы иахәоит шәара шәеиԥш ааигәа аизара аиҳабыс, насгьы маҵзуратә цхырааҩыс иҟалаз аишьцәа Иегова имаҵ аураҿы ақәҿиарақәа шыҟарҵо анаҳбо. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Џьеисон иҳәоит: «Аизара аиҳабыс амаҵ зуанаҵы сара исҵаз рацәоуп, насгьы ашәара саиааит. Уажәы аизара аиҳабыс амаҵ аура агәырӷьара сзаанагоит, уи аҭакԥхықәра ҳаҭыр дууп сара сзы!».

Шәҽазышәшәома шәара аԥышәа аиура? Тимофеи шәиҿыԥшлар, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рзы ииашаҵәҟьаны зылԥхара дуны шәҟалоит!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра