Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 апрель ад. 26—31
  • Иқәыԥшу аишьцәа Марки Тимофеии шәырҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иқәыԥшу аишьцәа Марки Тимофеии шәырҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • МАРК ШӘИҾЫԤШЛА — ШӘМААШЬАӠАКӘА ЕГЬЫРҬ ШӘРЫЦХРААЛА
  • ТИМОФЕИ ШӘИҾЫԤШЛА —ГӘЫКАЛА АУАА ШӘРЫЦХРААЛА
  • ПАВЕЛ ИЛАБЖЬАРАҚӘА ШӘЫРЗЫӠЫРҨЛА
  • ЕГЬЫРҬ АУАА ШӘРЫЦХРААЛАР, ШӘЫԤСҬАЗААРА ГӘЫРӶЬАРАЛА ИҬӘЫЗААЛОИТ
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Аишьцәа, хықәкыс ишәымоума аизара ацхырааҩцәас аҟалара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова имаҵ аура еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 апрель ад. 26—31

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 18

АШӘА 65 Уеихала, нас, ԥхьаҟа!

Иқәыԥшу аишьцәа, Марки Тимофеии шәырҿыԥшла

«Уанааиуа Маркгьы думаны уааи, амаҵзураҿы ицхыраара сҭахуп» (2 ТИМ. 4:11).

ЕИЛАҲКААУА

Иқәыԥшу аишьцәа егьырҭ еиҳа еиӷьны ирыцхрааларц азы Марки Тимофеии ирҿыԥшлар шрылшо.

1, 2. Ирԥырхагахар алшози Марки Тимофеии Анцәа изы еиҳаны аҟаҵара?

ИҚӘЫԤШУ аишьцәа, ишәҭахума Иегова изы, насгьы шәеизараҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы еиҳаны иҟашәҵалар? Агәра ҳгоит ишышәҭаху. Шаҟа ҳгәы иахәозеи иқәыԥшу аишьцәа рацәаҩны егьырҭ рыцхраара иахьазхиоу! (Аԥсал. 110:3). Аха иҟалап акы шәааннакылозар. Иаҳҳәап, сыԥсҭазаара зеиԥшрахои ҳәа шәхәыцуазар ауеит, мамзаргьы уск шәалагар, уи ибзианы исзалымҵыр ҳәа шәшәаны адҵақәа мап рцәышәкуазар ауеит. Ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа змоу рацәаҩуп.

2 Иҟалап Марки Тимофеии аԥсахрақәа ирыцәшәозҭгьы, дҵақәак рзынамыгӡар ҳәагьы ишәозҭгьы. Ус акәзаргьы, ашәара рҽарымҭаӡеит, избанзар егьырҭ ирыцхраалар рҭахын. Павели Варнавеи актәи рмиссионертә ныҟәарахьы Марк данаарыԥхьа, иҟалап иара иани иареи аҩн ду аҿы акгьы рыгӡамкәа инхозҭгьы (Аус. 12:12, 13, 25). Аха Марк еиҳаны Иегова имаҵ иуларц азы иҩны аанижьит. Раԥхьа иара Антиохиаҟа диасит, анаҩс Павели Варнавеи дрыцны ихараз егьырҭ аҭыԥқәа рахьгьы дцеит (Аус. 13:1—5). Павел Тимофеи ажәабжь ициҳәаларц данааиԥхьа, Тимофеи иҭаацәа дрыцынхозҭгьы ҟаларын. Тимофеи дқәыԥшын, аԥышәагьы имаӡамызт, убри аҟынтә аишьцәа иара иҟынтә иззыԥшыз изынамыгӡар ҳәа дшәозар ауан. (Иаҿшәырԥш 1 Коринфаа 16:10, 11, насгьы 1 Тимофеи 4:12.) Аха иара ашәара иҽамҭаӡакәа Павел иааԥхьара идикылеит. Уи абзоурала иара азылԥхарақәа рацәаны иоуит (Аус. 16:3—5).

3. а) Иабантәиҳдыруеи Павел Марки Тимофеии бзиа ишибоз? (2 Тимофеи 4:6, 9, 11). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.) б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

3 Марки Тимофеии аизараҿы еиуеиԥшым адҵақәа рынагӡашьа ишқәыԥшыз ирҵеит. Павел урҭ аишьцәа рыхә ҳаракны ишьон. Ԥыҭрак ашьҭахь дшыԥсуаз идыруан аҟынтә, урҭ аишьцәа иара иахь инеирц дрыҳәеит. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи 4:6, 9, 11.) Изакәазы бзиа ибози Павел Марки Тимофеии? Иқәыԥшу аишьцәа, иарбан ҟазшьақәоу аус здыжәулалар шәылшо, Марки Тимофеии шәреиԥшхарц азы? Ишԥашәыцхраауеи Павел абык иаҳасабала урҭ аишьцәа ириҭоз алабжьарақәа?

Асахьақәа реизга: 1) Марк Павели Варнавеи рхәы ҟаиҵеит; 2) Тимофеи аизара ахылаԥшыҩцәа асаламшәҟәы дырзаԥхьоит, дара азҿлымҳара аарԥшны изыӡырҩуеит.

Марки Тимофеии ишқәыԥшыз инаркны аҭакԥхықәра змоу адҵақәа нарыгӡон. Павел урҭ аишьцәа даараӡа бзиа ибон. (Шәахәаԥш абзац 3.)c


МАРК ШӘИҾЫԤШЛА — ШӘМААШЬАӠАКӘА ЕГЬЫРҬ ШӘРЫЦХРААЛА

4, 5. Излоубарҭоузеи Марк егьырҭ дрыцхраалар шиҭахыз?

4 Еилыркаагак излаҳәо ала егьырҭ урыцхрааларц азы еснагь умаашьаӡакәа аџьабаа убалароуп. Марк уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара Павел аҩбатәи имиссионертә ныҟәарахьы дахьимгаз игәы иалсызар ҟалап (Аус. 15:37, 38). Аха даҟәыҵма Марк уи азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара? Мап, даҟәымҵӡеит.

5 Марк иуа Варнава дицны имаҵзура иациҵеит. 11-ҟа шықәса рышьҭахь Павел Рим даныҟаз, насгьы аҩны адәылҵра азин анимамыз, Марк уи дицхраарц азы уа дыҟан (Флм. 23, 24). Павел Марк ицхыраара ахә шишьоз изиҩит (Кол. 4:10, 11).

6. Иарбан хәарҭоу Марк изаанагаз аԥышәа змаз ақьырсианцәа амаҵ ахьрыциуаз? (Шәахәаԥш албаага.)

6 Марк аԥышәа змаз ақьырсианцәа амаҵ ахьрыциуаз ахәарҭа ду иоуит. Аамҭак аҩныҵҟа иара Павел Рим дицын, нас Вавилонҟа апостол Пиотр иахь дцеит. Дара убриаҟара еиҩызцәа бзиахеит, Пиотр уи «сыҷкәын Марк» ҳәа изиҳәеит (1 Пиотр 5:13). Пиотр иҩыза қәыԥш Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи рҟынтә аинтерес зҵаз ахҭысқәа рацәаны изеиҭеиҳәозҭгьы ҟаларын. Иахьа урҭ ахҭысқәа Марк иҟынтә Аевангелие аҿы ҳрыԥхьар ҳалшоитa.

7. Дышԥеиҿыԥшуаз Сон У Марк? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Ишаҳбо ала, Марк егьырҭ дрыцхраауан, иара убас доуҳала ишәу аишьцәа амаҵ рыциуан. Иқәыԥшу аишьцәа, ишԥашәылшо Марк шәиҿыԥшлар? Уара еиҳаны аҟаҵара уҭахызар, иаҳҳәап, аизара ацхырааҩыс ма аизара ахылаԥшҩыс амаҵ ууларц уҭахызар, аха макьана уи азы иҟоу аҭахрақәа урықәымшәозар, угәы каумыжьын. Иегова имаҵ ауразы иулшо зегь ҟаҵала, иара убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи урыцхрааларц азы алшарақәа ԥшаала. Убас ҟаиҵон уажәы аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуа Сон Уb. Иара иҵегьы данқәыԥшыз иқәлацәа ихы рыҿирԥшуан. Аизараҿы урҭ рҟынтә шьоукы адҵақәа рыдырҵон, иара акгьы идырҵаӡомызт. Сон У уи игәы инархьуан. Ицәаныррақәа ртәы аизара ахылаԥшыҩцәа ирзеиҭеиҳәеит. Руаӡәк егьырҭ рзы ак ҟаиҵаларц иабжьигеит, зны-зынла уи иус қьиақәа уиаҟара ирызгәамҭаларгьы. Сон У уи алабжьара дықәныҟәеит. Иара Аҳратә Зал ахь игатәыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи, зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уахь иналаҵаны, ицхыраара рыдигалеит. Сон У иҳәоит: «Сара ибзианы еилыскааит егьырҭ рыцхраара иаанаго. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи санрыцхраауаз акы иузадымкыло агәырӷьара соуан».

Иқәыԥшу аиашьа зықәрахь инеихьоу аиашьа машьынала аизарахь днеигоит.

Избан иқәыԥшу аишьцәа доуҳала ишәу аишьцәа аамҭа рыцырхыргалар зыбзиоу? (Шәахәаԥш абзац 7.)


ТИМОФЕИ ШӘИҾЫԤШЛА —ГӘЫКАЛА АУАА ШӘРЫЦХРААЛА

8. Избан Павел амаҵ еицыруларц азы Тимофеи дзалихыз? (Филиппаа 2:19—22).

8 Павел амаҵ ицзуло агәымшәара злаз аишьцәа иҭахын, избанзар аҿагылара ӷәӷәа уахьақәшәаз аҭыԥ ахь зегь узгаӡом. Раԥхьа Павел Сила зыхьӡыз аԥышәа змаз ақьырсиан далихит (Аус. 15:22, 40). Анаҩс Тимофеи амаҵ ициуларц идигалеит. Избан Тимофеи? Павел Тимофеи дзалихыз зегь раԥхьаӡа иргыланы уи ахьӡ бзиа ахьимаз азоуп (Аус. 16:1, 2). Уи адагьы, Тимофеи гәыкала ауаа дрыцхраауан. (Шәаԥхьа Филиппаа 2:19—22.)

9. Излоубарҭоузеи Тимофеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала дшырхылаԥшуаз?

9 Тимофеи Павел амаҵ ицура даналага, иаразнак иубарҭахеит ихы аасҭа аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа дышрызхәыцуа. Убри аҟынтә Павел игәы рҭынчны Вериа даанижьит. Иара идыруан Тимофеи уи ақалақь аҿы ааигәа Иегова имаҵ аура иалагаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ибзианы дшырхылаԥшуа (Аус. 17:13, 14). Силагьы Вериа даанхеит, убри аҟынтә Тимофеи уи иҿы аҵара иҵалар илшон. Ԥыҭрак ашьҭахь Павел Тимофеи ихала Фессалоникаҟа дишьҭит. Уаҟагьы иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭихуан (1 Фес. 3:2). Анаҩстәи 15 шықәса рыҩныҵҟа Тимофеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь имаз абзиабара еиҳагьы иӷәӷәахеит. Иара убриаҟара урҭ бзиа ибеит, данрыцҵәыуозгьы ыҟан (Рим. 12:15; 2 Тим. 1:4). Иқәыԥшу аишьцәа, ишԥашәылшо Тимофеи шәиҿыԥшлар?

10. Ишԥеиҵеи У Џье егьырҭ рыцхраашьа?

10 Ҳахәаԥшып У Џье зыхьӡу аиашьа егьырҭ рыцхраашьа шиҵаз. Еиҳа данқәыԥшыз иара еиҳабацәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәажәара ицәыцәгьан. Убри аҟынтә Аҳратә Зал аҿы аԥсшәа нараҳәаны дцон. Аизара ахылаԥшҩык У Џье иабжьигеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхә зишьо реиҳәаларц, насгьы интересс ирымоу дазхәыцларц. У Џье арҭ алабжьарақәа идикылеит. Иахьа иара аизара ахылаԥшҩыс амаҵ иуеит. Иара иҳәоит: «Уажәы ауаа рацәажәара сзымариоуп, урҭ шаҟа рхыҵуазаалакгьы. Ауаа санрацәажәо рҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы уадаҩрас ирымоу еилыскаауеит. Уи сызларыцхраар сылшо сеилнаркаауеит».

11. Ишԥарылшо иқәыԥшу аишьцәа аизараҿы егьырҭ ирыцхраалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Иқәыԥшу аишьцәа, шәаргьы егьырҭ рыцхраашьа шәҵалар шәылшоит. Аизарақәа алагаанӡеи урҭ анынҵәои иқәыԥшугьы зықәрахь инеихьоугьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрацәажәалар шәылшоит. Урҭ русқәа шцо шәразҵаала, нас ирҳәо шәазыӡырҩла. Иҟалап зықәрахь инеихьоу хаҵеи-ԥҳәыси апрограмма JW Library® аҿы ак шыҟаҵатәу рзымдыруазар, ма ажәабжьҳәара ирыццо ауаҩы дрымамзар, ишәылшома апрограмма JW Library еиҳа еиӷьны ахархәашьа дшәырҵар, мамзаргьы ажәабжьҳәара шәрыццар? Урҭ ирыгу-ирыбзоу гәашәҭалар, насгьы шәрыцхраалар, аизара зегь аҿырԥш бзиа дшәырбоит.

Иқәыԥшу аиашьа зықәрахь инеихьоу аиашьа дицны ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь иҳәоит. Зықәрахь инеихьоу аиашьа ахаҵа диацәажәоит, иқәыԥшу аиашьа иааигәара дгылоуп, ипланшет аҿы авидеонҵамҭа аартуп.

Иқәыԥшу аишьцәа егьырҭ рзы иҟарҵар рылшо рацәоуп. (Шәахәаԥш абзац 11.)


ПАВЕЛ ИЛАБЖЬАРАҚӘА ШӘЫРЗЫӠЫРҨЛА

12. Ишԥарылшо Павел иажәақәа иқәыԥшу аишьцәа ирыцхраар?

12 Павел иҭахын Тимофеи агәырӷьареи Анцәа имаҵ аураҿы ақәҿиареи имазарц, убри аҟынтә ихәашаз лабжьарақәак ииҭеит (1 Тим. 1:18; 2 Тим. 4:5). Иқәыԥшу аишьцәа, апостол иҩыза қәыԥш иеиҳәаз ажәақәа шәаргьы агәырӷьареи ақәҿиареи шәзааргар ауеит. Ишԥа? Тимофеи иахь иҩу асаламшәҟәқәа ҩба шәанрыԥхьо, урҭ шәара шәзы иҩушәа шәрыԥхьала, еилышәкаауагьы шәхы иашәырхәала. Ҳрыхәаԥшып ҿырԥштәқәак.

13. Иҟаҵалатәузеи Анцәа ҳизиашазарц азы?

13 «Гәыкала Анцәа уизиашазарц азы ухы аус адулала» (1 Тим. 4:7б). Павел Тимофеи Иегова дизиашазарц, насгьы диргәырӷьаларц иабжьигон. Ауаҩы Анцәа дышизиашоу диӡом, иара Анцәа дизиашазарц азы ихы аус адиулалар ауп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? «Ухы аус адулала» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа имаашьаӡакәа аицлабрақәа зҽырзыҟазҵоз аспортсмен иӡбахә анырҳәоз лассы-лассы рхы иадырхәон. Аспортсмен аиааира агара ицхраауа ашьцыларақәа еизирҳалароуп. Ҳаргьы Иегова изааигәахара иҳацхраауа ашьцыларақәа еизҳарҳалароуп.

14. Хықәкыс иҳамазар акәзеи Абиблиа ҳанаԥхьо? Иҳацхраауазеи уи ахықәкы анагӡара?

14 Ҳара Абиблиа есыҽны аԥхьара шьцыларас ишьҭаҳхроуп. Аха уи ҳзаԥхьогьы ҳхаҳмыршҭлароуп. Ҳара иаҳҭахуп Иегова еиҳагьы ҳаизааигәахарц. Иаҳҳәап, ишәнарҵозеи Иисус аҭыԥ ду аанызкылоз ибеиаз иқәыԥшу ахаҵа изкны еиҭеиҳәаз ахҭыс? (Марк 10:17—22). Уи ахаҵа Иисус Мессиа шиакәу агәра ганы дыҟан. Аха иҵаҩ иакәны дҟаларц азы ахаҵара изхаӡомызт. Ус ишыҟазгьы, Иисус уи бзиабаралеи қьиаралеи диацәажәон. Иара иҭахын уи ахаҵа иҟәыӷоу аӡбара идикыларц. Иисус уи ахаҵа дшизыҟаз Иегова ибзиабара анубаалоит (Иоанн 14:9). Ари ахҭыс шәаназхәыцуа, насгьы шәҭагылазаашьа шәаназхәыцуа, шәхы шәазҵаа: «Иҟасҵар сыхәҭоузеи Иегова иҵегьы сизааигәахарц азы, насгьы егьырҭ еиҳаны срыцхрааларц азы?»

15. Избан иқәыԥшу аиашьа егьырҭ рзы дҿырԥш бзианы дыҟазар зихәҭоу? (1 Тимофеи 4:12, 13).

15 «Гәыкала Анцәа имаҵ зуа рзыҳәан уҿырԥшыгаз». (Шәаԥхьа 1 Тимофеи 4:12, 13.) Павел Тимофеи игәы зызҭеиҵоз аԥхьареи арҵареи рганахь ала иҟазара еиӷьитәларц мацара акәӡам. Иара абзиабареи ахаҵареи раарԥшраҿы, насгьы ацқьараҿы иҽеиӷьитәлар акәын. Иқәыԥшу аишьцәа, шәгәы ишԥаанаго, избан уи зхадоу? Избанзар иуҳәои иууеи еиқәшәозар ауп. Иаҳҳәап, уара ажәахә уманы уқәгыларц удырҵеит, иузыӡырҩуа еиҳа гәацԥыҳәарала ажәабжь рҳәаларц ргәазҭоуҵароуп. Уара ухаҭа гәацԥыҳәарала ажәабжь уҳәозар, уи атема ҿыӷәӷәала уалацәажәартә уҟоуп. Ухатә ҿырԥшы уажәақәа амч рырҭоит (1 Тим. 3:13).

16. а) Еиқәышәыԥхьаӡа иқәыԥшу аиашьа егьырҭ рзы дҿырԥшыганы дҟалар ахьилшо хә-ганк. б) Ишԥаилшо иқәыԥшу ақьырсиан ицәажәашьаҿы дҿырԥшыганы дҟалар?

16 1 Тимофеи 4:12 аҿы Павел иқәыԥшу аишьцәа егьырҭ рзы иҿырԥшыганы иҟалар ахьрылшо хә-ганк дрылацәажәеит. Иулшома ухатә ҭҵаараан арҭ аганқәа зегьы акакала иҭуҵаар? Иаҳҳәап, уара «уцәажәашьаҿы» ак еиӷьутәыр уҭахуп. Уазхәыц аӡәы игәы шьҭухырц азы иуҳәар улшо. Макьана уҭаацәа урыцынхозар, иулшома уара узы иҟарҵо зегь азы иухамыршҭӡакәа еснагь ҭабуп ҳәа роуҳәалар? Иулшома аизара ашьҭахь апрограмма зҽалазырхәыз рықәгылараҿы иугәаԥхаз алкааны ҭабуп ҳәа роуҳәар? Аизараҿы ухатә ажәақәа рыла аҭакқәа рыҟаҵара уҽазышәала. Уцәажәашьаҿы егьырҭ рзы уҿырԥшыгазарц азы иубо аџьабаа алҵшәа бзиа аанагоит, доуҳала ушеизҳауагьы зегьы ирбарҭахоит (1 Тим. 4:15).

17. Ицхраауазеи иқәыԥшу аиашьа адоуҳатә хықәкқәа рынагӡара? (2 Тимофеи 2:22).

17 «Ақәыԥшра иацу агәаҳәарақәа уҽырцәыхьчала. ...Анцәа игәы иахәо аусқәа рыҟаҵар[а]... уашьҭаз». (Шәаԥхьа 2 Тимофеи 2:22.) Павел Тимофеи игәазҭеиҵеит адоуҳатә хықәкқәа рҟынтә дахызгои Иеговеи иареи реиҩызара бжьызхуеи аусқәа рҽырцәихьчаларц. Усқәак цәгьарас ҳәа акгьы рыҵаӡам. Аха урҭ ирыхҟьаны Иегова изы еиҳа аамҭа маҷны иузаанхар ауеит. Уазхәыц шаҟа аамҭа аспорти, аинтернети, авидеохәмаррақәеи ирықәурӡуа. Иулшома урҭ ирықәурӡуа аамҭа аҟынтә хәҭак Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзуклар? Иаҳҳәап, Аҳратә зал аҿы усқәак рынагӡаразы уцхыраара рыдугалар улшоит, мамзаргьы астенд ала ажәабжь уҳәаларц азы уҽануҵар ауеит. Абас еиԥш иҟоу аусқәа уҽанрылаурхәуа, адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылареи урҭ рынагӡареи рҿы иуцхраауа аҩызцәа ҿыцқәа уԥшаауеит.

ЕГЬЫРҬ АУАА ШӘРЫЦХРААЛАР, ШӘЫԤСҬАЗААРА ГӘЫРӶЬАРАЛА ИҬӘЫЗААЛОИТ

18. Избан иаҳҳәар зҳалшо Марки Тимофеии рыԥсҭазаара аинтерес аҵан, агәырӷьарагьы рыман ҳәа?

18 Марки Тимофеии егьырҭ ирыцхрааларц азы мап зцәыркыз рацәоуп. Аха рыԥсҭазаара уи азы еицәамхаӡеит, еиҳагьы еиӷьхеит — дара агәырӷьара рыман, аинтерес зҵаз ахҭысқәагьы ирықәшәон (Аус. 20:35). Марк еиуеиԥшым атәылақәа рахь дцахьан, уа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭихуан. Уи адагьы, Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи ирызкны аинтерес зҵоу ахҭысқәа иҩит. Тимофеи иакәзар, аизара ҿыцқәа реиҿкаареи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхреи дицхраауан. Иегова урҭ иқәыԥшыз аишьцәа рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа ахьырбоз деигәырӷьон.

19. Избан иқәыԥшу аишьцәа Павел Тимофеи изиҩыз ажәақәа ирзыӡырҩлар зыбзиоу? Иарбан зылԥхароу ирзыԥшу, ус ҟарҵалар?

19 Павел исаламшәҟәқәа рҟынтә иубарҭоуп иҩыза Тимофеи даараӡа бзиа дшибоз. Аха Павел урҭ асаламшәҟәқәа рыҩра игәазҭазҵаз Иегова иоуп. Ус анакәха, иқәыԥшу аишьцәа, Анцәа шәаргьы даараӡа бзиа шәибоит. Иара иҭахуп шәыԥсҭазаара гәырӷьарала иҭәызарц. Убри аҟынтә Павел абык иаҳасабала ииҩыз алабжьарақәа шәрызхәыцла — еиҳаны егьырҭ шәрыцхрааларц азы агәаҳәара еизшәырҳала. Уи уажәнатә агәырӷьара шәзаанагоит, аԥхьаҟа ишәзыԥшу «Анцәа ҳзықәиргәыӷыз аԥсҭазаарагьы [шә]ҽаларԥсны [ишәкырц]» ишәыцхраауеит (1 Тим. 6:18, 19).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишәнарҵазеи Марк иҿырԥшы?

  • Ишԥашәылшо Тимофеи шәиҿыԥшны еиҳаны егьырҭ шәрыцхраалар?

  • Иарбан Павел аишьцәа ириҭаз лабжьарақәоу иқәыԥшу аиашьа Иегова изы еиҳаны аҟаҵара ицхраар илшо?

АШӘА 80 «Ижәдыр, иагьеилышәкаа шаҟа дразу Иегова»

a Пиотр еиҿамск иакәын, зцәаныррақәа аазырԥшуаз уаҩын. Убри аҟынтә Марк Иисус ииҳәоз-ииуаз адагьы, ицәаныррақәа рыӡбахәгьы ибзианы изеиҭеиҳәар илшон. Убри азы акәзар ҟалап Марк Иевангелие аниҩуаз, Иисус ицәаныррақәеи еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ихы шымҩаԥигози рыӡбахә зиҩыз (Марк 3:5; 7:34; 8:12).

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Марк амиссионертә ныҟәараан Павели Варнавеи рхәы ҟаиҵоит. Тимофеи аизара даҭаауеит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭихуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра