Иуду адҵа угәы ақәкны инагӡала!
ИАРБАН цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа шәҩыза бзиа иҟынтә асаламшәҟәы аншәоуа? Тимофеи апостол Павел иҟынтә уи аҩыза ашәҟәы иоуит. Уи асаламшәҟәы Абиблиа иахәҭакхеит. Иахьа уи Тимофеи иахь ирхаз аҩбатәи асаламшәҟәы еиԥш еицырдыруеит. Ҳәара аҭахума, Тимофеи иҩыза бзиа иҟынтә иоуз асаламшәҟәы ҭынч дахьаԥхьаша аҭыԥ дашьҭан. Иҟалап иара дхәыцуазҭгьы: «Ишԥаҟоушь Павел иусқәа? Исзаниҵамашь исыду адҵақәа рынагӡара исыцхраауа алабжьарақәа? Исыцхраауама ари асаламшәҟәы иану азхәыцрақәа смаҵзура анагӡара, насгьы егьырҭ рыцхраара?» Ари астатиа ишаҳнарбо еиԥш Тимофеи арҭ, иара убас егьырҭ азҵаарақәа рҭак иоуит. Шәааи уажәы Павел уи асаламшәҟәы ианиҵаз ихадоу лабжьарақәак еилҳаргап.
«ИАРБАН ГӘАҞРАЗААЛАКЬ АХГАРА САЗХИОУП»
Тимофеи асаламшәҟәы аԥхьара даналага, иаразнак еиликааит Павел игәы даараӡа дшыҵхоз. Избанзар Павел уи «гәы цаҳә-цаҳәла избауа сԥа» ҳәа изиҳәеит (2 Тим. 1:2). 65 шықәса раҟара ҳ. ҳ. азы Тимофеи ари асаламшәҟәы аниоу 30 шықәса раҟара акәын ихыҵуаз. Ус шакәызгьы, иара аизара аиҳабыс амаҵ иуан, уи аус аҿы аԥышәагьы ирҳахьан. Иара Павел иҿиҵаахьаз рацәан, избанзар амаҵ ициуеижьҭеи жәашықәса иреиҳан.
Иҟалап Тимофеи Павел аԥышәарақәа рҿы азиашара шихьчоз анеиликаа игәы шьҭыҵзар. Павел Рим абахҭа дҭакын, иаарласны дыршьрангьы дыҟан (2 Тим. 1:15, 16; 4:6—8). Тимофеи ибон Павел гәымшәарала ԥхьаҟа дшыԥшуаз. Уи иҳәеит: «Иарбан гәаҟразаалакь ахгара сазхиоуп» (2 Тим. 2:8—13). Павел иҿырԥшы Тимофеи иеиԥш ҳаргьы амч ҳнаҭоит.
«АНЦӘА ИУЛЕИҴАЗ АҲАМҬА АМЦА ЕИԤШ ИЖЖАӠА ИАРКНЫ ИУМАЗ»
Павел Тимофеи амаҵзураҿы инаигӡоз адҵақәа рыхә ҳаракны ишьаларц игәазҭеиҵон. Иара иҳәеит: «Анцәа иахьтә иуоуз алыԥха-агәыԥха [«аҳамҭа», АдҾ]... хьчала, иазҳа-зыӷьартә иҟаҵала» (2 Тим. 1:6). Ара Павел абырзен ажәа ха́рисма ихы иаирхәеит. Ари абырзен ажәа иаанаго ауаҩы хәыда-ԥсада иоуа, иара имчала ахаан измырҳауаз, дзыԥсам аҳамҭа ауп. Тимофеи уи аҳамҭа иоуит аизараҿы иҷыдоу амаҵзура наигӡаларц азы даналырх (1 Тим. 4:14).
Дышԥазыҟазар акәыз Тимофеи уи аҳамҭа? Ара «ихьчала, иазҳа-зыӷьартә иҟаҵала» ҳәа еиҭагоу ажәақәа аоригинал бызшәаҿы «Анцәа иулеиҵаз аҳамҭа амца еиԥш ижжаӡа иаркны иумаз, иумырцәан» ҳәа ауп ишану. Иҟалап Тимофеи арҭ ажәақәа данрыԥхьоз ахәышҭаараҿы аҿыцәаара иаҿу акәицқәа ихаҿы иааизар. Урҭ акәицқәа еибакырц, насгьы аҩны дырԥхарц азы ҿыц амца дырктәын. Ажәарк аҿы иануп ара Павел ихы иаирхәаз абырзен ҟаҵарба аназопире́о ишаанаго «ҿыц амца аиқәҵара, аиҭашьақәыргылара, амца аркра», иара убас уи иаанагоит ухы зегь азышьҭны уск анагӡара. Даҽакала иуҳәозар, Павел Тимофеи иеиҳәеит: «Иуду адҵа гәыкала инагӡала!» Тимофеи иеиԥш ҳаргьы ҳмаҵзура ҳазыҳаҵҳаҵалароуп.
«УНАПЫ ИАНҴОУ АХАЗЫНА... ХЬЧАЛА»
Уи асаламшәҟәаҿы Павел Тимофеи имаҵзураҿы ақәҿиара аиура ицхраауаз даҽа лабжьарак ииҭеит. Иара иҳәеит: «Унапы ианҵоу ахазына иҳамоу иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ихьчала» (2 Тим. 1:14, АдҾ). Иарбану Тимофеи инапы ианҵаз? 13-тәи ажәеинраалаҿы Павел Иԥшьоу Аҩыра иану иҵабыргу ажәақәа рыӡбахә иҳәеит (2 Тим. 1:13). Қьырсианк иаҳасабала Тимофеи аизараҿы еиԥш уи анҭыҵгьы ауаа аҵабырг рылаирҵәон (2 Тим. 4:1—5). Уи адагьы, иара аизара аиҳабы иаҳасабала Анцәа иԥсаса деиҷаҳауан (1 Пиотр 5:2). Тимофеи инапы ианҵаз ахазына — егьырҭ идирҵоз аҵабырг — ихьчаларц азы иԥшьоу адоуҳаи Анцәа Иажәеи дрықәгәыӷлар ихәҭан (2 Тим. 3:14—17).
Иахьа ҳаргьы ауаа ирзеиҭаҳҳәо аҵабырг ҳаҭәашьоуп (Матф. 28:19, 20). Ҳара уи ахә шаҟа иҳараку ахаан иаҳхашҭӡом, еснагь Иегова ҳиҳәалар, насгьы Иажәа ҳазхәыцлар (Рим. 12:11, 12; 1 Фес 5:17; 1 Тим. 4:13, 15, 16). Уи адагьы, ҳара аизара аиҳабыс амаҵ ҳуазар, ма даҽа маҵзура хкык ҳаамҭа зегь азаҳкуазар ауеит. Уи аҩыза аҭакԥхықәра ҳаҭәашьазар, ахынраалара ҳалазароуп. Иара убас ҳадҵа анынаҳагӡо Анцәа ҳиқәгәыӷлароуп. Убас ҟаҳҵалар, Анцәа ҳагәра ахьиго ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит.
«ИԤШААЛА УБРИ АЖӘАБЖЬ ДЫРҴАРА... ЗЫЛШАША АХАҴАРА ЗМОУ АУАА»
Тимофеи иара убас имаз адыррақәеи аԥышәеи егьырҭ ирыцеиҩишалар ихәҭан. Убри аҟынтә Павел иҳәеит: «Сара сахьтә иуаҳаз... ажәабжь... [ауаа] ирыларҵәала, иԥшаала убри ажәабжь дырҵара... зылшаша ахаҵара змоу ауаа» (2 Тим. 2:2). Павел Тимофеи игәалаиршәеит иидыруаз егьырҭ аишьцәагьы идирҵалар шихәҭаз. Иахьагьы аизара аиҳабыс амаҵ зуа дарбанзаалак уи алабжьара дықәныҟәалароуп. Ибзиоу аизара аиҳабы имоу адыррақәа егьырҭ ирцәиҵәахӡом. Уи аҭыԥан иидыруа егьырҭгьы идирҵоит, даргьы уи адҵа ибзианы ишынарыгӡалаша рдыруазарц азы. Иара аӡәы иара иаасҭа еиҳаны адыррақәа иоур, ма уи адҵа иара иаасҭа еиӷьны инаигӡалар ҳәа дшәаӡом. Убри аҟынтә иидыруа аишьцәа хыхь-хыхь дырҵара акәымкәа, инарҵауланы идеилиркаарц, насгьы доуҳала ишәу ауаа ракәны иҟаларц иҭахуп. Уи абзоурала ацхыраара зиҭо аишьцәа аизара зегь азы зылԥхараны иҟалар рылшоит.
Ҳәара аҭахума, Тимофеи Павел иҟынтә иоуз асаламшәҟәы деигәырӷьеит. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит иара уа иаагоу алабжьарақәа игәалаиршәарц азы уи уажәы-уажә дшаԥхьо, насгьы имаҵзураҿы ихы ишаирхәаша дшазхәыцуа.
Ҳаргьы Павел илабжьара ҳақәныҟәалар ҳҭахуп. Ишԥа? Ҳара иаҳҭахуп Анцәа иҳаиҭаз аҳамҭа амца еиԥш ижжаӡа иаркны иҳамазарц, ҳнапы ианҵо ҳахьчаларц, насгьы иаҳдыруа егьырҭгьы идҳарҵаларц. Усҟан Павел Тимофеи ишиеиҳәаз еиԥш ҳмаҵзура «ишаҭәоу аиԥш» инаҳагӡалоит (2 Тим. 4:5).