АЖӘАБЖЬ 115
Адгьыл аҟны — Џьанаҭ ҿыц
УРЫХӘАԤШИ, шаҟа идуу аҵлақәа, шаҟа шәҭы џьашьахәқәоу, ашьхақәагьы шаҟа иҳаракәыу. Иԥшӡами, аиашазы? Уахәаԥши, абынҽацә ахәыҷы инапы аҟынтә акрафоит. Нахьхьи, амӡырхаҿы, алымқәа иоуп, аҽқәагьы ҳәуеит. Иуҭахӡами, уаргьы абас иԥшӡоу аҭыԥ аҿы ҩнык аҟны унхаларц?
Анцәа иҭахыуп, уара наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҟны унхаларц. Уи иҭахӡам, иахьа аӡәырҩы ауаа реиԥш, хьаак умазарц. Абар, Абиблиа џьанаҭ ҿыц аҿы инхало ауаа зықәнаргәыӷуа: ‘Анцәа дрыцзаауеит урҭ. Уаҳа иҟалом аԥсра, аҵәыуара, ахьаа. Ииасхьеит ажәытәра’.
Арҭ иџьоушьаша аиҭакрақәа ҟалартә деиҷаҳауеит Иисус. Иудыруама, ианыкәу? Ииашоуп — Анцәа изакәызаалак ацәгьареи ауаа бааԥсқәеи рҟынтә адгьыл зегь анирыцқьалак ашьҭахь. Иугәалашәома, Иисус адгьылаҿы даныҟаз, уи иарбан чымазаразаалакгьы иалимыргоз акгьы ыҟамызт, иԥсхьоугьы рыԥсы ҭеиҵон. Иисус иҟаиҵоз убарҭ ахәшәтәрақәа иаадырԥшуан Анцәа иалихыз Аҳак иаҳасабла напхгара аниуло аамҭазы иҟаиҵараны иҟоу.
Ухаҿы иааг — шаҟа иссирхо џьанаҭ дгьылаҿы аҟазаара! Иисус иалихқәаз аӡәырҩи иареи ажәҩан аҟынтә аҳра рулоит. Урҭ анапхгаҩцәа адгьыл аҟны инхо зегьы иреиҷаҳалоит, насыԥ рымазарц азы. Аха уажәазы еилаҳкаап, Анцәа иҳамҭа — наӡаӡатәи аԥсҭазаара уи иҿыцу иџьанаҭ аҿы — гәрагарала азыԥшразы иҟаҵатәу.