Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 116
  • Наӡаӡа ҳанхаларц азы иҟаҵатәу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Наӡаӡа ҳанхаларц азы иҟаҵатәу
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ҳара наӡаӡа ҳанхалар ҳалшоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Абиблиа иаҳәаз ҟалоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иҟауҵарц иухәҭоузеи уара?
    Уеигәырӷьала аԥсҭазаара адгьылаҿы наунагӡа!
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 116

АЖӘАБЖЬ 116

Наӡаӡа ҳанхаларц азы иҟаҵатәу

ИУБОМА, ари аӡӷаб хәыҷы лҩызцәеи лареи зыԥхьо? Ииашоуп, уара уажәы узыԥхьо ашәҟәы аҩызаҵәҟьа — «Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы». Уара узыԥхьо ахы ауп даргьы зыԥхьо — «Наӡаӡа ҳанхаларц азы иҟаҵатәу».

Иудыруама, урҭ еилыркаауа уи аҟынтә? Ҳара наӡаӡа ҳанхаларц ҳҭахызар, зегь раԥхьа иргыланы еилаҳкаароуп Иеговеи уи иҷкәын Иисуси ирызкны. Абиблиа аҟны иаҳәоит: ‘Абар, наӡаӡа унхаларц шулшо. Еилкаала ииашоу иаӡәкыу Анцәеи уи адгьыл ахь иааишьҭыз Иԥеи — Иисус Христоси — ирызкны’.

Еилкаашьас иаҳҭарызеи Анцәа Иеговеи Иисуси ртәы? Урҭ алшарақәа ируакып: «Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы» ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥхьара. Уаҟа Иеговеи Иисуси ирызкны ирацәаны иануп, ииашаӡами? Ари ашәҟәаҿы, иара убас, иануп урҭ иҟарҵахьоуи иҟарҵараны иҟоуи аусқәа ртәы. Аха ҳара ари ашәҟәы аԥхьара мацара адагьы, иҟаҳҵаша рацәоуп.

Иубома асаара ишьҭоу даҽа шәҟәык? Ари Абиблиа ауп. Ари ашәҟәы шьаҭас иагәылоу Абиблиатә цыԥҵәахақәа аӡәы дузаԥхьааит. Абиблиа аҟны иҟоуп Иегова ииашаны ҳиеихырхәарци наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурци рзы иаҭахыу зегьы. Убри аҟнытә ҳҽашьҳарцылароуп лассы-лассы Абиблиа аҵара.

Аха Иеговеи Иисуси ртәы адырра мацара азхом. Иҟалоит урҭ ртәи, насгьы урҭ иддырҵо атәи рацәаны иаҳдыруазар, аха наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳмоургьы. Иудыруама, уаҳа иаҭахыу?

Иаҳҵаз ҳақәныҟәалароуп. Дугәалашәома Иуда Искариот? Уи Иисус иалихыз 12-ҩык апостолцәа дыруаӡәкын. Иуда Иеговеи Иисуси ирызкны иидыруаз рацәан. Аха ихьзеи, нас, иара? Ԥыҭраамҭак ашьҭахь уи ихы имабзиацәаны дҟалеит, Иисусгьы 30 раӡны ҳәа иаӷацәа рҟны диҭиит. Убри аҟнытә Иуда наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуӡом.

Дугәалашәома Гиези зыхьӡу ауаҩы, 69-тәи ажәабжь аҟны зыӡбахә аҳәоз? Уи иҭаххеит, иитәым амаҭәеи аԥареи имазарц. Урҭ иара итәхарц азы, амц иҳәеит. Аха Иегова убри азы ақәнага дақәиршәеит иара. Ҳаргьы убасҵәҟьа ҳахьирхәуеит, уи изакәанқәа ҳарзымӡырҩлар.

Аха иҟан Иегова гәык-ԥсыкала имаҵ зуаз ауаа бзиақәагьы. Ҳаргьы урҭ ҳреиԥшхарц ҳҭахӡами? Аҿырԥшы бзиа ҳаиҭеит Самуил хәыҷы. Иугәаларшәа, 55-тәи ажәабжь аҟынтә ишеилаҳкааз ала, Самуил ԥшьбаҟа-хәбаҟа шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз, Иегова ихьӡ зхыу ашьаԥаҿы амаҵ аура даналагоз. Убри аҟнытә, шаҟа шықәса ухыҵуазаалакгьы — ахаан изаацәам Иегова имаҵура.

Ҳәара аҭахыума, ҳара зегьы Иисус ҳаиҿыԥшларц ҳҭахыуп. 87-тәи ажәабжь аҟынтә излеилаҳкааз ала, Иисус зынӡа дқәыԥшын, аныҳәарҭаҿы егьырҭ ауаа жәҩантәи Иаб иӡбахә анырзеиҭеиҳәоз. Уааи, иара иеиԥш, ҳхы мҩаԥаҳгалап. Уааи, иссиру ҳ-Анцәа Иеговеи уи Иԥа Иисус Христоси ртәы излаҳалшо ала ирацәаҩны ауаа ирзеиҭаҳҳәалап. Убас ҟаҳҵалар, наӡаӡа Анцәа иџьанаҭ дгьыл аҟны ҳанхаларц ҳалшоит.

Иоанн 17:3; Ԥсалом 145:1—21.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра