Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • we ад. 26—31
  • Иҧсхьоу ирымоуп аҧеиҧш

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иҧсхьоу ирымоуп аҧеиҧш
  • Иузааигуаз ауаҩы данԥсы...
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «Лазар, уҭыҵ!»
  • Иҟалахьаҵәҟьоума абри?
  • ‘Анцәа игуазыҳәарын’
  • Иаҳзааигәоу иԥсхьоу ауаа рзы агәыӷра иашаҵәҟьа
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • «Башьа дгылоит»!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵоит!
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иисус Лазарь иԥсы ҭеиҵоит
    Учимся на примерах из Библии
Иузааигуаз ауаҩы данԥсы...
we ад. 26—31

Иҧсхьоу ирымоуп аҧеиҧш

25 шықуса зхыҵуаз ҧҳәыск илҩит: «1981 шықусазы акьыба иахҟьаны дыҧсит санҧса. Лара лыҧсра сара даара сааиланарӡыӡеит, иара убас сашьагьы, санҧса лыҷкун гуакьа. Усҟан сара 17 шықуса схыҵуан, иара — 11. Шаҟа игунызгазеи сара сан лыҧсра! Уаанӡа лара ажәҩан ахь дцеит ҳәа сдырҵон, аха арҭ ахуцрақуа убраанӡа снаргон, лара лааигуара сҟаларц азы, аҽшьра сҭаххон. Лара са сзы зегь иреиҕьӡаз ҩызан».

Шаҟа ииашамзеи, бзиа иаабо знымзар-зны аҧсра дахьаҳцәаго. Ари аҩыза ҟалазар, шаҟа ихьааузеи уи уаҳа ҳашзимацәажәо, ҳшызицмыччо, дышҳазгудмыҳәҳәало азхуцра! Иаҳзааигуоу уажәшьҭа ажәҩан аҿы дшыҟоу агураргара,— ҳгуаҟрақуа зегьы зынӡа ирыхушәӡам.

Абиблиа агуҕразы иаҳәо зынӡа даҽакыуп. Ҳара излеилаҳкааз ала, Аҧшьаҩыра иаҳнарбоит, дук хара имгакуа иҳацәҧсхьоуи ҳареи ҳаиқушәар шҳалшо,— ажәҩан аҟны акумкуа, абра, адгьыл аҿы, иҭынчуи ииашоуи аҭагылазаашьақуа ахьыҟало. Уи адагьы, аамҭала ауаа агуабзиара нагӡа роуеит, уаҳа ахаангьы иҧсӡом. «Лакууп еиҭеиҳәо!» — ирҳәар ҟалоит џьоукы.

Ари иҟалараны иҟоу зынӡа ишлакум агура злаугарызеи уара? Ҳара иҳарҭо ажәа агура ҳгоит, ажәа ҳазҭаз уи анагӡара иагьшиҭахыу, иагьшилшо, хымҧада, ианаабо. Дарбан, нас, уажәтәиала иҧсыз рыҧсы ҭалоит ҳәа ажәа ҳазҭо?

Ааҧын 31 шықуса ҳ. ҳ. азы, Иисус Христос агура ганы ажәа риҭеит: «Аб аҧсцәа ширгыло иагьшыбзаитәуа еиҧш, убас аҧагьы ииҭахыу дыбзеитәуеит. Иџьашәымшьан ари ишәасҳәаз; ...Анцәа Иҧа ибжьы адамрақуа ирҭоу зегьы ианраҳаша аамҭа аауеит» (Иоанн 5:21, 28, 29). Ааи-ааи, Иисус ажәа ҳаиҭеит, иахьа зыҧсы ҭам миллионҩыла ауаа дырҩегьых адгьыл ишықунхало, иагьшынхало наӡаӡа иҭынчу, иџьанаҭу аҭагылазаашьақуа рҟны (Лука 23:43, АҾ; Иоанн 3:16; 17:3; иаҩырҧш Ҧсалом 36:29, насгьы Маҭфеи 5:5). Иисус абас еиҧш ажәа ҳаиҭазар, ииашаны, уи неигӡар иҭахыуп ауп иаанаго. Аха Иисус ари имч ақухарыма?

Ҩышықуса иреиҳамкуа иҵит, Иисус ари аҩыза ажәа иҳәеижьҭеи, абар, иара агура ргартә идирбеит, агуаҳәара мацара акум, аха иагьшилшо иҧсқуоу рыҧсҭаҵара.

«Лазар, уҭыҵ!»

Ухаҿы иааг угуаҵанӡа инеиуа анаҩстәи асахьа. Ҕуҕуала дычмазаҩуп Лазар. Ҩыџьа иаҳәшьцәа, Мариеи Марфеи, уи аамҭазы Иордан аӡиас анхыҵ иҟаз Иисус изырцҳауеит: «Иҳақуиҭу! Абар, Уара бзиа иубо дычмазаҩуп» (Иоанн 11:3). Дара ирдыруеит, Иисус Лазар бзиа дшибо. Иҭахымхаӡари, нас, Иисус ичмазаҩу иҩыза дибар? Иџьоушьаратә иҟоуп, Иисус иаразнак Вифаниаҟа дахьдәықумло, аха уаҟа даҽа ҩымш дахьаанхо (Иоанн 11:5, 6).

Ачымазараз ажәабжь Иисус ианизырцҳа, аамҭақуак рышьҭахь Лазар дыҧсит. Иисус идыруеит, Лазар дшыҧсыз, иаргьы ак ҟаиҵақуарц игуы иҭоуп. Иара Вифаниаҟа амҩа данықуу аамҭазы, ҧшьымш ҵуеит, иҩыза дыҧсхьеижьҭеи (Иоанн 11:17, 39). Илшарыма Иисус абысҟаамҭа иҧсны иҟаз ауаҩы иҧсы аҭаҵара?

Иисус даауеит ҳәа шлаҳаз еиҧш, еилҟьа-еилҕуцәӡа иҟаз Марфа уи дыҩны диҧылоит. (Иаҿырҧш Лука 10:38—42.) Иисус гухьаас иҟаиҵеит уи лгурҩа, убри аҟнытә агура лиргоит: «Дгылоит башьа». Марфа иҟалараны иҟаз аҧсҭалара шхалҵо атәы анылҳәа, Иисус иаахҵәаны илеиҳәеит: «Сара соуп агыларагьы абзазарагьы: Сара схазҵо, дыҧсыргьы, дыбзахоит» (Иоанн 11:20—25).

Адамраҟны данааи, Иисус ирыдиҵеит, аҩналарҭа иаджьылаз ахаҳә адыргарц. Ашьҭахь, ибжьы ҭганы Анцәа днаиҳәан ҿааиҭит: «Лазар, уҭыҵ» (Иоанн 11:38—43, «Аиҭага ҽыц»).

Зегь рылаҧш адамрахьы ихан. Абар, алашьцарахьынтә дҭыҵуеит ауаҩы. Инапқуеи ишьапқуеи ҧскуршала икуршан, ихы-иҿы — чабрала. «Дыҧшәырты, дцааит»,— ирыдиҵеит Иисус. Абар, икашәеит аҵыхутәантәи акурша. Ари Лазар иакун, ҧшьымш иҧсны иҟаз ауаҩы! (Иоанн 11:44).

Иҟалахьаҵәҟьоума абри?

Иоанн иҟнытәу Ажәабжь Бзиа аҟны Лазар иҧсҭалара атәы зҳәо ажәабжь аагоуп ҭоурыхла ииашоу акы акуны. Ари ажәабжь даҽа ҵакык ауп иамоу ҳәа узазҳәом, избанзар иара шыҟалаз мыцхуы еилыкка, акы аанмыжькуа иҳәоуп. Ари ахҭыс аиашара гуҩарас иҟаҳҵозар, Абиблиа иану, Иисус Христос ихаҭа иҧсҭалара назлоу иҟалахьоу аџьашьахуқуа зегьы гуҩарас иҟаҳҵоит ауп иаҵанакуа. Иисус иҧсҭалара мап ацәаҳк’уазар, ақьырсиантә хаҵара зегь мап ацәаҳкит ауп (1 Коринфаа рахь 15:13—15).

Ииашаҵәҟьаны, Анцәа дшыҟоу агура угозар, уара зынӡа иуцәыуадаҩхаӡом аҧсҭалара ахаҵара. Иааҳгап абри аҩыза аҩырҧштәы: ауаҩы авидеолента ианиҵоит ауасиаҭ, данҧслак ашьҭахь иуацәеи иҭахцәеи дырбоит, дагьраҳауеит иҧсыз — иҭынхаз амазара шшатәу ҳәа идеилиркаауа раҳауеит. Шәышықуса раҧхьаҟа ари аҩыза уаҩы ихаҿы изаагомызт. Иара ҳара ҳаамҭазгьы адунеи анаӡара акуакьқуа рҿы инхо џьоукы авидеонҵамҭатә технологиа закуу рыздыруам, аиашазы, иџьашьахуушәа рбоит. Анцәа ишьақуиргылаз анаукатә принципқуа рхархуарала ауаа ирылшазар абаратә, аҳаратә сахьақуа реиҭарҿиара, нас илымшаӡои Ҳазшаз ихаҭа еиҳау аҟаҵара? Иҟуҕараӡами, нас, зыҧсы ҭоу зегь Зшаз зегь еиҭеишар илшозар?

Лазар иҧсҭалара Иисус иахьгьы аҧсҭалара ахьгьы ахаҵара арҕуҕуара аҟны иацхрааит (Иоанн 11:41, 42; 12:9—11, 17—19). Ари угуы зырхыҭхыҭуа аҭоурых, иара убас, иаҳнарбоит, Иегова Иҧагьы Иаргьы иҕуҕуаны ишырҭахыу, иагьшазхиоу иҧсхьоу рыҧсҭаҵара.

‘Анцәа игуазыҳәарын’

Лазар иҧсра Иисус ишидикылаз иаанарҧшуеит Анцәа Иҧа уамашәа иубаша игуҧшқара. Иара иҵаулаӡоу игурыцҳашьареи ихымҩаҧгашьеи иаадырҧшуеит даара ишиҭахыу иҧсхьоу ауаа рыҧсҭаҵара. Ҳара ҳаҧхьоит: «Мариа Иисус дахьыҟаз днеины данылба, ишьапқуа рҿы лҽылкажьны иалҳәеит: Иҳақуиҭу! Уара абра уҟазар, сашьа дыҧсуамызт ҳәа. Иисус, лара дҵәыуа, илыцааиқуаз Иудеиаагьы ҵәыуа ианиба, Иаргьы ҧсыла дгурҩеит, [«иҧсахы ҧжәеит», Иоанн 11:32—36, 1981 ш.] дагьааилаӡыӡеит, иагьиҳәеит: дабашьҭашәҵеи иара? Иара иарҳәеит: Иҳақуиҭу! Унеи, иба. Иисус илаҕырӡ ааит. Убысҟан Иудеиаа ирҳәон: уҧшишь, Иара уи бзиа дшибоз!» (Иоанн 11:32—36).

Иисус игу рыцҳашьарала иҭәын — ари убарҭоуп атекст аҟны иҟоу х-ҟаҵарбак рыла: «дгурҩеит», «дагьааилаӡыӡеит», «илаҕырӡ ааит». Аҧхьаҩыра бызшәаҟны, абас угу зырхыҭхыҭуа асцена ахцәажәараз иаагоу арҭ ажәақуа иаҳдырбоит, Иисус иҩыза гуакьа Лазар иҧсҭазаара дахьалҵызи, насгьы Лазар иаҳәшьа дҵәыуа дахьибази, уи иблақуа лаҕырӡыла иҭәыртә еиҧш даара хьаас ишыҟаиҵазa.

Иазгуаҭатәуп, Иисус ҩыџьа аҧсцәа рыҧсы шҭеиҵахьоу. Уи ҕуҕуала игу иҭан, Лазаргьы убас изиуп ҳәа (Иоанн 11:11, 23, 25). Аха уеизгьы иара «илаҕырӡ ааит». Ус анакуха, Иисус иҧсыз рыҧсҭаҵара баша процедурак еиҧш дахуаҧшуам. Иара игуҧшқареи иҵаулаӡоу игурыцҳашьареи еилыкка иаҳдырбоит, ҕуҕуала игу шазыҳәо аҧсра ашьҭагьы аанмыжьра.

Иисус Лазар иҧсы анҭеиҵоз иааирҧшыз агуҧшқара иаҳнарбоит, иара ҕуҕуала игу шазыҳәо аҧсра ашьҭаҵәҟьа аанмыжьра.

Иисус — «Иара [Анцәа] ихаҭара аазырҧшуа» злаиакуу ала, ҳара убри аҩызаҵәҟьа ҳақугуҕырц ҳалшоит жәҩантәи ҳ-Аб иҟнытә (Ауриақуа рахь 1:3, ИА). Иегова ихаҭа аҧсҭаҵара ҟаиҵарц шиҭахыу атәы иҳәеит ахаҵа иаша Иов: «Ауаҩы данҧслак, уаҳа иҧсы ҭалару? [...] Усыҧхьандаз Уара, саргьы аҭак усҭарын; унапала иушаз Уара угуазыҳәарын» (Иов 14:14, 15, «Ажәытә Уасиаҭи Аҿатә Уасиаҭи Рыҧшьаҩыратә шәҟуқуа», 1922). Ажәа «Уара угуазыҳәарын» ҳәа араҟа иеиҭагоу, аҧхьаҩыра бызшәаҟны иаҳнарбоит Анцәа игуазыҳәара ҕуҕуа (Аҟазаара 31:30; Ҧсалом 83:3). Еилкаауп, иҧсхьоу рыҧсы анҭало аамҭа ааира Иегова ииашаҵәҟьаны дшазыҧшу.

Аҧсҭалара хаҳҵаразы иҳамоума акрызҵазк’уа амзызқуа? Ааи, иҳамоуп, излаабо ала, Иегова Иҧеи Иареи ирҭахыуп мацара акум, аха иагьрылшоит иҧсыз рыҧсҭаҵара. Ари уара узы акраанагома? Ҳаҧхьаҟа, иуцәҧсхьоуи уареи шәеиқушәар шәылшоит, абра адгьыл аҿы, амала зынӡа ихазӡоу даҽа ҭагылазаашьақуак рҟны!

Ауаҩытәыҩса жәла шаны иссиру абаҳча иҭазгалаз Анцәа Иегова, иара убас, ҳақуиргуҕит, абри адгьыл аҿыҵәҟьа еиҭашышьақуиргыло Аџьанаҭ, уажә хьӡы-ҧша змоу Иисус Христос хадас дызмоу жәҩантәи И-Аҳра анапхгарала (Аҟазаара 2:7—9; Маҭфеи 6:10; Лука 23:42, 43, АҾ). Еиҭашьақургылахо Џьанаҭ аҟны ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара иалшоит ҵыхуаҧҵәарада аҧсҭазаара алагурҕьара, наӡаӡа иахашҭуеит агуамбзиарақуеи ачымазарақуеи (Аартра 21:1—4; иаҿырҧш Иов 33:25; Исаиа 35:5—7). Наӡаӡа ииаӡаауеит ацәымҕра, арасақуа реилибамкаара, аетникатә еизҕыҕрақуа, аекономикатә уҕу. Абас ирыцқьоу адгьылаҿы ауп Анцәа Иегова идҵала Иисус Христос иҧсхьоу ауаа рыҧсы ахьҭеиҵо.

Уҩызх’уа Иисус Христос иҧсра шьаҭас измоу аҧсҭалара ажәларқуа зегьы ирзаанагоит агурҕьара.

Абри аҩызаҵәҟьа агуҕра ауп илымоу ари ахуҭа алагамҭаҟны зыӡбаху ҳәаз ақьырсиан ҧҳәыс. Лан данҧсы шықусқуак рышьҭахь, лара лыхшыҩ азышьҭны Абиблиа аҵара далагеит, Иегова Ишаҳаҭцәа лыцырхрааны. Лара илгуалалыршәоит: «Аҧсҭалараз иҟаз агуҕра атәы ансаҳа, сара сҵәыуон. Закутә џьашьахуузеи, сара сан дырҩегьых лбара ахьсылшо».

Уара иҕуҕуаны угуазыҳәозар иуцәҧсхьоу уҭынхацәа руаӡәы ибара, Иегова Ишаҳаҭцәа гуахуарыла иуцхраауеит ари иҟалараны иҟоу уаргьы уалахухарц шулшо аилкаараҟны. Урҭ урықушәар улшоит уҩны ааигуара иҟоу Аҳра Азал аҟны, мамзаргьы иуҩыр ҟалоит 32-тәи адаҟьа аҟны иарбоу, еиҳа иузааигуоу адресқуа руак ухы иархуаны.

a «Дгурҩеит» ҳәа иеиҭагоу абырзен ажәа аагоуп иҕуҕуаны, иҵауланы агурҩара ҳәа аҵакы змоу аҟаҵарба (ем-бри-маʹо-маи) аҟнытә. Абиблиатә ҵарауаҩык иазгуеиҭеит: «Ара ҵакык ала иаарҧшуп, Иисус дзымҽхазкыз ацәаныррақуа убысҟак иҕуҕуан, игу иҭамкуа аҕзбжьы иҿыҵҟьартә еиҧш». «Деилаӡыӡит» ҳәа иеиҭагоу ажәа аагоуп аилаҩынтра ҳәа аҵакы змоу абырзен ажәа (та-рассо) аҟнытә. Лексикографк излеиҳәо ала, ари иаанагоит «аӡәы ҧсыла дгурҩо аҟынӡа инагара... игу ирхьра, ма илахьеиқуҵара». Ажәа «илаҕырӡ ааит» аагоуп «алаҕырӡ акаҭәара, ҽымҭӡакуа аҵәыуара» ҳәа аҵакы змоу абырзен ҟаҵарба (да-крио) аҟнытә.

Изызхуцтәу азҵаарақуа

  • Ишҧаҳирбеи Иисус, иҩыза Лазар иҧсра ашьҭахь, Иара иагьшиҭахыу, иагьшилшо иҧсхьоу рыҧсҭаҵара?

  • Лазар иҧсҭалара атәы зҳәо абиблиатә жәабжь ҭоурыхла ииашоуп ҳәа ҳахуаҧшыртә еиҧш ҵаҵҕус иҳамоузеи?

  • Иоанн 11-тәи ахы аҟны атекст ишҧаҳнарбо, Иисус ҕуҕуала игу шазыҳәо аҧсра ашьҭаҵәҟьа аанмыжьра?

  • Иарбан иаҳзырбо, Анцәа Иегова ииашаҵәҟьаны дшазыҧшу иҧсхьоу рыҧсы анҭало аамҭа?

Игухаршҭгоу ацитатақуа Абиблиа аҟнытә

Изныкымкуа ақьырсианцәа иашақуа ргунгарақуа ишырзықуҧоз еиҭаҳәо ирҳәахьан: «Иҟалома, исҳәоит зегь реиҳа бзиа избо абиблиатә текст». Уара уажәы угурҩозар, арҭ Аҩыратә текстқуак рыбзоурала, уаргьы иуоурц улшоит агуҭынчра.

«Дыҧшьоуп... агурыцҳашьара Абыс иамоу, гуҭынчрас иҟоу зегь Нцәасгьы ирымоу, ҳгурҩақуа зегь рзы ҳгу зырҭынчуа» (2 Коринфаа рахь 1:3, 4).

«Иҳақуиҭу, Уара унапқуа аауртуеит, иагьурҭәуеит зегь ргу» (Ҧсалом 144:16, ИА).

«Иара [Анцәа] иазалихит амш, Иара иалихыз Ауаҩ ила адунеи зегь иашала аус аниӡбо, Иара иҧсҭаҵарала абарҭ зегь агура дырганы» (Аусқуа 17:31, ИА).

«Сара — Саӡәыкыуп, шәара шәгуы зырҭынчуа» (Исаиа 51:12).

«Ан лхуҷы дышлырҭынчуа еиҧш, Саргьы убас шәсырҭынчуеит» (Исаиа 66:13).

«Сгуы иҵалаз схьаақуа Уара иурҭынчит, Уажәақуа аҧсҭазаарахь сдырхынҳәит сара. Иҳақуиҭу, сара исгуалашәоит ажәытәӡатәи Узакуанқуа, иагьсоуеит дара рҟны агуҭынчра. Уара убзиабара агуҭынчра снаҭоит, ажәа иҳауҭаз — агуҕра» (Ҧсалом 118:50, 52, 76, ИА).

«Анцәа Иҧа ибжьы адамрақуа ирҭоу зегьы ианраҳаша аамҭа аауеит, абзиара ҟазҵоз, ибзаханы аҧсҭазаарахь ицоит» (Иоанн 5:28, 29).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра