АХЫ 7
Иаҳзааигәоу иԥсхьоу ауаа рзы агәыӷра иашаҵәҟьа
Иабантәаадыруеи иԥсхьоу рыԥсы шҭаҵахо?
Дышԥазыҟоу Иегова аԥсҭалара?
Зыԥсы ҭаҵахода?
1—3. Дзеиԥшроузеи ҳара зегь иҳашьҭашәарыцо аӷа, насгьы иарбан гәҭынчроу Абиблиа иаҳнаҭо?
УХАҾЫ иааг уара ишәарҭоу аӷа иҟынтә убналаны уцозшәа. Уи аӷа даара дыӷәӷәоуп, насгьы уара уаасҭа акыр дласуп. Уара иудыруеит уи аӷа дышгәымбылџьбароу, избанзар уара ула ишабоз уҩызцәа ԥыҭҩык ишьит. Уҽицәухьчарц уҭахуп, аха иара дааҟәымҵӡакәа душьҭоуп, еиҳа-еиҳа дузааигәахо. Узықәгәыӷуа ҳәа акгьы ыҟамызшәа убоит. Аха иаалырҟьаны даацәырҵуеит аиқәырхаҩ. Иара ари аӷа иаасҭа дыӷәӷәоуп, насгьы дышуцхраауа ала агәыӷра уиҭоит. Шаҟа игәырҭынчгоузеи уи!
2 Инықәырԥшны иуҳәозар, уара абас еиԥш иҟоу аӷа ииашаҵәҟьаны душьҭашәарыцоит. Уи ҳара зегь дҳашьҭоуп. Ҳазхысыз ахаҿы еилаҳкааит Абиблиаҿы аӷа ҳәа изышьҭоу аԥсра шакәу. Аӡәымзар-аӡәы илшом уи аҽацәыхьчара, насгьы аиааира. Ари аӷа ҳаиҳараҩык иаҳзааигәаз ауаа ҳамиххьеит. Аха Анцәа Иегова аԥсра аасҭа акырӡа дыӷәӷәоуп. Иара Аиқәырхаҩ иашаҵәҟьа иоуп, насгьы ишьақәирӷәӷәахьеит уи игәымбылџьбароу аӷа ииааиразы амч шимоу. Убри инеиҳангьы, иара ҳақәиргәыӷуеит аԥсра зынӡа ишықәихуа. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Иҭаирхоит, иаԥихуеит аҵыхәтәантәи иаӷагьы — аԥсра» (1 Коринфаа рахь 15:26). Шаҟа иссирузеи ари ақәыргәыӷра!
3 Уааи ҳазхәыцып иарбан цәанырроу иаҳзаанаго иаҳзааигәоу ауаа рыԥсра. Ари азхәыцра ҳацхраауеит иссиру, агәҭынчра ҳзаазго агәыӷра зыԥсоу аилкаара. Избанзар Иегова ҳақәиргәыӷуеит иԥсхьоу ауаа рыԥсы шҭаҵахо (Исаиа [Исаия] 26:19). Дара аԥсҭазаарахь ихынҳәуеит. Ари ҟалар алшоит аԥсҭалара абзоурала.
ИУЗААИГӘОУ АУАА АНԤСУА
4. а) Избан Иегова ицәанырра аилкааразы, Иисус иҩыза иԥсра шидикылаз ҳзахәаԥшуа? б) Изусҭцәадаз Иисус иҩызцәа гәакьақәа?
4 Иуцәыӡхьоума уара зныкыр иузааигәоу ауаа? Иуцәыӡыз изы ахьааи агәырҩеи анумоу, насгьы акгьы улымшозшәа ухы анубо, зны-зынла уи ааузымчҳауа уҟалоит. Убасҟан ҳара иҳахәҭоуп Анцәа Иажәа аҟынтә агәырҭынчга аԥшаара. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 1:3, 4.) Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауеит Иеговеи Иисуси аԥсра ишазыҟоу. З-Аб ихаҭара нагӡаҵәҟьаны иаазырԥшуаз Иисус идыруан закәытә хьаау иузаанагар алшо иузааигәоу ауаҩы иԥсра (Иоанн 14:9). Иисус Иерусалим данаауаз, изныкымкәа даангылахьан ақыҭа Вифаниа инхоз Лазарьи иаҳәшьцәа Марфеи Мариеи рҟны. Дара еиҩызцәа гәакьаны иҟалеит. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Иисус бзиа ибауан Марфа, убас уи лаҳәшьагьы, Лазаргьы» (Иоанн 11:5). Аха ҳара ҳазхысыз ахаҿы ишаҳбаз еиԥш, Лазарь дыԥсит.
5, 6. а) Ишԥеиныри Иисус Лазарь иҩызцәеи иҭынхацәеи ргәырҩа? б) Избан Иисус ацәыӡ азы дахьгәырҩоз ҳгәы зарҭынчуа?
5 Цәаныррас имази Иисус, изааигәаз иҩыза данԥсы? Абиблиаҿы иҳәоуп Иисус Лазарь иԥсразы игәырҩоз иҭынхацәеи иҩызцәеи ргәы ирҭынчырц дышнеиз. Иааикәыршаны иҟаз алаӷырӡи агәырҩеи аниба, Иисус уи даара илахь еиқәнаҵеит. Иара дыҩқәыԥсычҳан, дагьааилаӡыӡеит. «Иисус илаӷырӡ ааит» (Иоанн 11:33, 35). Аха иаа́нагозма ари уаҳа агәыӷра имамызт ҳәа? Мап, избанзар Иисус идыруан аџьашьахәы ҟалараны ишыҟаз (Иоанн 11:3, 4). Аха уеизгьы ари ацәыӡ игәы инархьит.
6 Иисус иҩыза дахьиҵәыуоз даара игәырҭынчгоуп ҳара ҳзы. Уи иаҳнарбоит Иисуси Иеговеи аԥсра шырцәымӷу. Аха Анцәа илшоит ари игәымбылџьбароу аӷа ииааира! Уааи ҳахәаԥшып иарбан мчу иара Иисус ииҭаз.
«ЛАЗАРЬ, УҬЫҴ!»
7, 8. Избан ауаа ргәы иабар залшоз Лазарь уаҳа узимыцхраауазшәа, аха иҟаиҵазеи Иисус?
7 Лазарь аҳаԥаҿы дыкҿан, убри аҟынтә Иисус дрыҳәеит аҩналарҭа иадыжьлаз ахаҳә адырхырц. Аха Марфа ималкуеит, Лазарь шьҭа ԥшьымш ҵуеит адамра дҭеижьҭеи, насгьы ифҩы ҵысхьеит ҳәа (Иоанн 11:39). Аха иалшома иԥсыз ицхраара?
Лазарь иԥсҭалара агәырӷьара ду аанагеит (Иоанн 11:38—44)
8 Ахаҳә анадырх ашьҭахь, Иисус ибжьы ааҭыган ҿааиҭит: «Лазар! уҭыҵ абрантә». Убри ашьҭахь «иԥсны ишьҭаз дынҭыҵт» (Иоанн 11:43, 44). Ухаҿы иааг ауаа шаҟа игәырӷьо! Иара иаҳәшьцәеи, иҭынхацәеи, иҩызцәеи, насгьы игәылацәеи агәра ганы иҟан Лазарь уаҳа дузырхынҳәуам ҳәа. Абар ирызгәакьаз ауаҩы еиҭах дрыцуп, иԥсы ҭаны, игәгьы бзианы. Ари даара иџьашьатәуп! Ауаа даара игәырӷьон, насгьы аӡәырҩы Лазарь дгәыдыркыларц иҩны иԥылазар акәхап. Аиашазы, ари аԥсра аиааира ауп!
Ильиа аԥҳәысеиба лԥа иԥсы ҭеиҵеит (1 Аҳцәа [1 Царей] 17:17—24)
9, 10. а) Ишԥааирԥши Иисус Лазарь иԥсҭаҵаразы амч Иегова ишииҭаз? б) Иарбан гәҭынчроу иаҳзаарго аԥсҭалара иазку абиблиатә ҳәамҭақәа, насгьы ишьақәдырӷәӷәозеи урҭ?
9 Иисус ахьӡ-аԥша ихы иадиҵомызт. Лазарь диԥхьаанӡа, Иисус анцәаиҳәараҿы еилыкка иҳәеит аԥсҭаҵаразы амч Иегова ишииҭоз. (Шәаԥхьа Иоанн 11:41, 42.) Аха ари хҭыс заҵәык аҿы акәӡамызт Иегова имч абас џьашьахәыла иахьааирԥшыз. Анцәа Иажәаҿы аԥсҭалара иазкны жә-хҭыск аагоупa. Шаҟа игәырҭынчгоузеи абас еиԥш иҟоу абиблиатә ҳәамҭақәа рыԥхьареи рыҭҵаареи! Урҭ ҳара иаҳдырҵоит Анцәа еилых шыҟаимҵо, избанзар иара рыԥсы ҭеиҵон, иқәыԥшызи зықәрахь инеихьази, ахацәеи аҳәсеи, ауриацәеи иауриацәамзи. Шаҟа агәырӷьара рыҵоузеи арҭ ажәабжьқәа! Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иаҳәоит Иисус аӡӷаб лыԥсы анҭеиҵа, лҭаацәа уи «рзымбатәбарахеит» ҳәа (Марк 5:42). Иегова дара рзы иҟаиҵаз хашҭра ақәмызт.
Апостол Пиотр ақьырсиан ԥҳәыс Дорка лыԥсы ҭеиҵеит (Аусқәа 9:36—42)
10 Аамҭақәак рышьҭахь Иисус зыԥсы ҭеиҵаз ауаа еиҭах иԥсит. Иаа́нагома уи рыԥсҭаҵара иаԥсамызт ҳәа? Ҳәарада, мап. Арҭ абиблиатә жәабжьқәа акрызҵазкуа аиаша шьақәдырӷәӷәоит, насгьы агәыӷра ҳарҭоит.
ИАҲДЫРҴОЗЕИ АԤСҬАЛАРАТӘ ХҬЫСҚӘА
11. Ишԥашьақәнарӷәӷәо Лазарь изку ахҭыс Екклезиаст (Экклезиаст) 9:5 аҟны иану ажәақәа?
11 Абиблиа иаҳнарҵоит иԥсхьоу «акгьы рыздырӡом» ҳәа (Екклезиаст [Экклезиаст] 9:5). Иԥсхьоу даҽа дунеик ахь ииасӡом. Уи ишьақәнарӷәӷәоит Лазарь изку ахҭыс. Уазхәыц: Лазарь аԥсҭазаарахь даныхынҳә, ирзеиҭеиҳәама ауаа нарцәы аӡбахә? Иршәозма иара џьаҳаным мца иазку аиҭаҳәақәа рыла? Мап. Абиблиаҿы уи аӡбахә аҳәаӡом. Лазарь ԥшьымш дыԥсны дықәын: ахдырра имамызт, насгьы акгьы издыруамызт. Лазарь ԥсрала дыцәан (Иоанн 11:11).
12. Агәра ҳгар зҳалшозеи Лазарь изку аацҳара шхыҭҳәаам?
12 Лазарь изку аацҳара иаҳнарҵоит аԥсҭалара шхыҭҳәаам. Ауаа рацәа ишырбоз, Иисус Лазарь аԥсҭазаарахь дирхынҳәит. Иисус дызцәымӷыз адиннапхгаҩцәаҵәҟьагьы уи аџьашьахәы мап ацәыркуамызт. Насгьы дара ирҳәон: «Иҟаҳҵарызеи? Ари Ауаҩы [Иисус] аџьашьатәқәа рацәаны иҟаиҵоит?» (Иоанн 11:47). Зыԥсы ҭалаз Лазарь ибаразы ауаа рацәа аауан. Урҭ рахьынтә еиҳараҩык Иисус иахь ахаҵара́ аадырԥшуан. Лазарь дызбоз агәра ргон Иисус Анцәа дшааишьҭыз. Ари ашьақәырӷәӷәара амакра цәгьан, убри аҟынтә аиудеиатә диннапхгаҩцәа Иисуси Лазарьи ршьыр рҭахын (Иоанн 11:53; 12:9—11).
13. Иабантәаадыруеи ҳара Иегова иԥсхьоу рыԥсҭаҵара шилшо?
13 Аха аҟәышра аҵоума ауаҩы иԥсы ҭалоит ҳәа агәра агара? Ҳәарада, избанзар Иисус идирҵон аамҭа шааиуа, «адамрақәа ирҭоу зегьы» рыԥсы анҭаҵахо (Иоанн 5:28). Иегова — зыԥсы ҭоу зегь Зшаз иоуп. Ицәыцәгьоума нас иара ишамҭақәа еиҭеишар? Еиҳарак зегь зхьыԥшхо Иегова игәалашәара ауп. Илшару иара иаҳзааигәоу иԥсхьоу ауаа ргәалашәара? Уазхәыц: уахынла ажәҩан уанаҵаԥшуа иубоит хыԥхьаӡара змам аеҵәақәа рацәаны, аха урҭ зегьы Анцәа хьыӡҳәала идыруеит! (Исаиа [Исаия] 40:26). Убри аҟынтә Иегова ицәыцәгьаӡам ҳара иаҳзааигәоу иԥсхьоу рхаҭара аҷыдарақәа ргәалашәара, насгьы илшоит пату зқәаҳҵоз ауаа аԥсҭазаарахь рырхынҳәра.
14, 15. Дышԥазыҟоу Иегова аԥсҭалара, Иов иажәақәа инарықәыршәаны?
14 Аха иҭаххома Иегова иԥсхьоу рыԥсҭаҵара? Ҳәарада, уи аӡбахәгьы Абиблиаҿы иҳәоуп. Анцәа изиашаз Иов дазҵааит: «Ауаҩы данԥслак, еиҭа ҿыц дзынхома?» Иов дызлацәажәоз убри акәын, ауаҩы данԥслак, анышәынҭраҿы дшыҟазаауа, Анцәа дигәалашәаанӡа. Анаҩс Иов Иегова иеиҳәеит: «Усыԥхьар, аҭак усҭоит. Уара игәхьааугалоит унапала иҟауҵаз аусқәа» (Иов [Иов] 14:13—15).
15 Ухаҿы иааг Иегова даара дшазыԥшу урҭ аԥсҭазаарахь ианирхынҳәуа аамҭа. Шаҟа игәырҭынчгоузеи уи! Аха зыԥсы ҭаҵахода, насгьы иабанхало дара?
«АДАМРАҚӘА ИРҬОУ ЗЕГЬЫ»
16. Иарбан ҭагылазаашьоу ирымазаауа зыԥсы ҭало ауаа?
16 Аԥсҭалара иазкны Абиблиа иану ахҭысқәа ҳацхраауеит уи шыҟало аилкаара. Абиблиаҿы еиҭаҳәоуп абра адгьыл аҿы ауаа рыԥсы ҭаҵаны аԥсҭазаарахь ишырхынҳәыз, насгьы ирзааигәази дареи шеиԥылаз. Ҳаԥхьаҟагьы убас еиԥшҵәҟьа иҟалоит, аха усҟан еиҳа инарҭбааны. Ахԥатәи ахаҿы ҳара ишеилаҳкааз ала, Анцәа иҭахуп адгьыл зегьы џьанаҭны иҟаларц. Убри аҟынтә зыԥсы ҭало ауаа нхалоит уаҳа аибашьрақәеи, ацәгьоурақәеи, ачымазарақәеи ахьыҟамло адунеи аҿы. Дара ироуеит анасыԥ, насгьы урҭ зеиԥшыҟам аԥсҭазаара ахьыҟало адгьыл аҿы инхалоит.
17. Зыԥсы ҭаҵахода?
17 Зыԥсы ҭаҵахода? Иисус иҳәеит «адамрақәа ирҭоу зегьы Анцәа Иԥа ибжьы анраҳауа» иҭыҵуеит ҳәа (Иоанн 5:28, 29). Убасҵәҟьа Аатра 20:13 (АдҾ) аҟны иаҳәоит: «Убысҟан амшын иамаз архынҳәит, аԥсрагьы гадесгьы ирымаз иԥсхьаз дырхынҳәит». Гадес — ари ауаа зегь ирзеиԥшу нышәынҭроуп. (Уахәаԥш Ацҵа, «Изакәызеи шеоли гадеси?».) Уи анышәынҭрагьы ҭарцәхоит. Убраҟа иҟоу миллиардҩыла иԥсхьоу ауаа рыԥсы ҭалоит. Апостол Павел иҳәеит: «Ииаша-ҵабыргу рнаҩсангьы, агәнаҳа змоу иреиуоугьы иԥсхьоу рахьтә иширгылауазы» (Аусқәа 24:15). Иаа́нагозеи уи?
Џьанаҭ аҿы иԥсхьоу рыԥсы ҭалоит, насгьы ирзааигәоуи дареи еиқәшәоит
18. Иаҵанакуада зыԥсы ҭаҵахо «ииаша-ҵабыргу» рахь, насгьы ишԥауныруеи уара аԥсҭалара иазку агәыӷра?
18 «Ииаша-ҵабыргу» рахь иаҵанакуеит Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу, Христос диаанӡа инхоз ауаа. Иҟалап уара иаразнак иугәалашәазар Нои, Авраам, Сарра, Моисеи, Руфь, Есфирь, насгьы ииашаз егьырҭ аҳәсеи ахацәеи рацәаны. Урҭ рахьынтә ԥыҭҩык рыӡбахә ануп Ауриацәа рахь асаламшәҟәы 11-тәи ахаҿы. «Ииаша-ҵабыргу» рахь иаҵанакуеит ҳара ҳаамҭазы зыԥсҭазаара иалҵыз Иегова имаҵзуҩцәагьы. Аԥсҭалара иазку агәыӷра абзоурала аԥсра ҳацәымшәалароуп (Ауриацәа рахь 2:15).
19. Изусҭцәада «агәнаҳа змоу», насгьы лшарас ириҭозеи урҭ Иегова?
19 Аха ирзыԥшузеи Иегова дыззымдыруаз, насгьы иара имаҵ зымуаз егьырҭ ауаа? Миллиардҩыла «агәнаҳа змоу» урҭ ауаа хашҭра рықәым. Урҭгьы рыԥсы ҭаҵахоит. Дара ирыҭахоит аамҭа Анцәа изку аиаша еилыркаарц, насгьы иара иҩызцәахарц азы. Зқьышықәса рыҩныҵҟа иԥсхьоу ауаа рыԥсы ҭаҵахоит адгьыл аҿы инхаларц, насгьы гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ зуа ауаа рыҽрыдыркылар рылшоит. Шаҟа иссирхозеи уи аамҭа! Абиблиаҿы уи аамҭа аӡбара Амш ҳәа иашьҭоупb.
20. Изакәызеи геенна, насгьы иақәшәода уахь?
20 Иаа́нагома уи ауаа зегь рыԥсы ҭаҵахоит ҳәа? Мап. Абиблиаҿы иаҳәоит иԥсхьоу шьоукы «геенна» аҟны иҟоуп ҳәа (Лука 12:5). Геенна ҳәа иашьҭан ажәытә Иерусалим аҭӡамцқәа рышьҭахь агәам-сам ахькарыжьуаз аҭыԥ. Уа ирбылуан аԥсцәа, насгьы еиуеиԥшым агәам-сам. Уахь икарыжьуан иԥсыз, зыԥсыжреи зыԥсҭаҵареи иаԥсам ҳәа аиудеиаа ирыԥхьаӡоз. Убри аҟынтә геенна — ари аҵыхәтәантәи ақәхра ианаало символуп. Зыԥсы ҭоу, насгьы иԥсхьоу ауаа рус Иисус ишиӡбогьы, Иреиҳаӡоу Ӡбаҩыс иаанхо Иегова иоуп (Аусқәа 10:42). Иара ахаангьы рыԥсы ҭеиҵом ицәгьоу, насгьы зҽызыԥсахыр зҭахым ҳәа дызқәыӡбаз ауаа.
ЖӘҨАНТӘИ АԤСҬАЗААРАЗЫ АԤСҬАЛАРА
21, 22. а) Иарбан даҽа ԥсҭалароу Абиблиаҿы зыӡбахә ану? б) Дарбан раԥхьа адоуҳатә ԥсҭазаарахь зыԥсы ҭаҵаз?
21 Абиблиаҿы иара убас иануп даҽа ԥсҭаларак аӡбахә — жәҩантәи аԥсҭазааразы аԥсҭалара. Уаҟа уи аҩыза аԥсҭалара иазкны ҿырԥштәы заҵәык ауп иаагоу, уи Иисус Христос иԥсҭалара ауп.
22 Иисус данԥсы, Иегова иара изиашаз Иԥа адамраҿы даанхартә алимыршеит (Аԥсалом 15:10 [16:10, АдҾ]; Аусқәа 13:34, 35). Анцәа уи иԥсы ҭеиҵеит, аха уажәшьҭа ауаатәыҩсатә цәеижь имамкәа. Апостол Пиотр иҳаилиркааит Христос «цәеижьла дыршьит, аха доуҳала ҩаԥхьа дгылт» ҳәа (1 Пиотр 3:18). Ари зеиԥшҟамлац џьашьахәхеит! Иисус иԥсы ҭалеит кыр зымчу доуҳатә шамҭаны. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:3—6.) Иара иакәын раԥхьаӡа абри аҩыза ахьӡ-аԥша заҭәашьаз, аха иара заҵәык иакәмызт уи зауз (Иоанн 3:13).
23, 24. Иаҵанакуада Иисус «игәарҭа маҷ» ахь, насгьы шаҟаҩ ыҟада урҭ?
23 Иисус ажәҩан ахь иаарласны дшыхынҳәуаз дырны, изиашаз иҵаҩцәа рҭыԥ архиара дышцоз реиҳәеит (Иоанн 14:2). Ажәҩан ахь ицо Иисус ирыхьӡиҵеит «агәарҭа маҷ» ҳәа (Лука 12:32). Шаҟаҩ аҵанакуада ари рацәак идуум ииашоу ақьырсианцәа ргәыԥ? Апостол Иоанн иҳәеит: «Саныԥшы, абар Сион ашьхара Асыс [Иисус Христос] ықәгылоуп, уи иацуп шәи-ҩынҩажәеи ԥшьба нызқьҩык ацқьацәа, урҭ рылахьқәа Иара Аб ахьӡ рнуп» (Аатра 14:1).
24 Арҭ 144 000-ҩык ақьырсианцәа, Иисус изиашаз иапостолцәа налаҵаны, жәҩантәи аԥсҭазаарахь рыԥсы ҭаҵахоит. Ианбалаго уи аԥсҭалара? Апостол Павел иҩит уи Христос иааира аамҭазы ишыҟало (1 Коринфаа рахь 15:23). Ажәбатәи ахаҿы ишеилаҳкааз ала, уи апериод ааихьеит. Убри аҟынтә ҳара ҳамшқәа раан 144 000-ҩык рахьынтә иаанхаз анԥсуа, иаразнак рыԥсы ҭалоит жәҩантәи аԥсҭазааразы (1 Коринфаа рахь 15:51—55). Аха еиҳараҩык ауаа рыԥсы ҭаҵахоит адгьыл аҿы аԥсҭазааразы ԥхьаҟатәи Џьанаҭ аҟны.
25. Ҳазлацәажәозеи анаҩстәи ахаҿы?
25 Шаҟа иссирузеи, игәымбылџьбароу ари аӷа — аԥсра, Иегова зынӡа иахьықәихуа! (Шәаԥхьа Исаиа [Исаия] 25:8.) Уара аинтерес умазар ҟалап избан џьоукы жәҩантәи аԥсҭазааразы рыԥсы зҭаҵахо. Дара ииашоу жәҩантәи аҳәынҭқарра иаҵанаклоит. Уи аӡбахә еилаҳкаауеит анаҩстәи ахаҿы.
a Егьырҭ аԥсҭаҵара иазку ахҭысқәа рыӡбахә ануп 1 Аҳцәа (1 Царей) 17:17—24; 2 Аҳцәа (2 Царей) 4:32—37; 13:20, 21; Матфеи 28:5—7; Лука 7:11—17; 8:40—56; Аусқәа 9:36—42, 20:7—12 рҟны.
b Инарҭбааны Аӡбара Амш иазкны, насгьы уи аӡбара шьаҭас иамазаауа еилукаар улшоит Ацҵа, «Изакәызеи аӡбара Амш?» аҿы.