Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lff аур. 30
  • Бзиа ижәбо рыԥсы ҭалоит!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Бзиа ижәбо рыԥсы ҭалоит!
  • Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
  • ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
  • ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
  • Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵоит!
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иаҳзааигәоу иԥсхьоу ауаа рзы агәыӷра иашаҵәҟьа
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • «Башьа дгылоит»!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Иҟоума иԥсхьоу рзы агәыӷра?
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
lff аур. 30
Аурок 30. Аҭаацәа гәырӷьаҵәа зыԥсы ҭалаз аҷкәын иԥылоит.

АУРОК 30

Бзиа ижәбо рыԥсы ҭалоит!

Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат

Аԥсра ауаа ахьааи агәырҩеи рзаанагоит. Убри азоуп Абиблиаҿы аԥсра ӷоуп ҳәа зазҳәоу (1 Коринфаа 15:26). 27-тәи аурок аҿы шәара еилышәкааит Иегова уи аӷа — аԥсра — шықәиго. Аха иахьа уажәраанӡа иԥсхьоу ирхаҳҳәаар ҳалшозеи? Ари аурок аҿы шәара еилышәкаауеит Иегова зеиԥшыҟам игәҭак ду аӡбахә — иара миллиардҩыла иԥсхьоу наӡаӡа инхаларц азы рыԥсы ҭеиҵоит! Изыҟалаҵәҟьома уи? Иабанхало иԥсхьоу: ажәҩан аҿы акәу, адгьыл аҿы акәу?

1. Иҟаиҵозеи Иегова иԥсхьоу рзы?

Иегова даараӡа иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц. Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз Иов агәра ганы дыҟан, дыԥсыргьы Анцәа дшихамышҭуаз. Иара иҳәеит: «Уара усыԥхьоит, саргьы [анышәынҭра аҟынтә] аҭак усҭоит». (Шәаԥхьа Иов 14:13—15.)

2. Иабантәиҳдыруеи иԥсыз иԥсы ҭалар шалшо?

Иисус адгьыл аҿы даныҟаз, ауаа рыԥсы аҭаҵаразы Анцәа амч ииҭон. Иисус 12 шықәса зхыҵуаз аӡӷаби аԥҳәысеиба лыҷкәыни рыԥсы ҭеиҵеит (Марк 5:41, 42; Лука 7:12—15). Ԥыҭрак ашьҭахь иҩыза Лазарь дыԥсит. Лазарь дыԥсижьҭеи ԥшьымш шҵуазгьы, Иисус уи иԥсы ҭеиҵеит. Иԥсы ҭеиҵаанӡа Анцәа диҳәеит, нас иҳәеит: «Лазарь, уҭыҵ!». «Иаргьы дааҭыҵит» (Иоанн 11:43, 44). Лазарь иԥсы ҭалеит! Шәхаҿы иаажәг иҩызцәеи иҭынхацәеи шаҟа игәырӷьаз!

3. Иарбан гәыӷроу иԥсхьоу рзы иҟоу?

Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо (Аусқәа 24:15). Иисус зыԥсы ҭеиҵаз ауаа ажәҩан ахь имцаӡеит (Иоанн 3:13). Дара ара, адгьыл аҿы, рыԥсы ахьҭалаз даараӡа иеигәырӷьеит. Иаарласны Иисус миллиардҩыла иԥсхьоу ауаа џьанаҭ дгьыл аҿы рыԥсы ҭеиҵоит. Иара иҳәеит анышәынҭрақәа рҿы иҟоу зегьы, даҽакала иуҳәозар, Анцәа игәалашәараҿы иҟоу зегьы, рыԥсы шҭаҵахо. Ауаа ирхашҭхьоугьы рыԥсы ҭалоит (Иоанн 5:28, 29).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Шәрыхәаԥш Иисус иԥсхьоу ауаа рыԥсы ҭеиҵар шилшо, насгьы уи хымԥада ишыҟаиҵо ҳзырбо Абиблиа иану ашьақәырӷәӷәарақәа. Еилышәкаа Абиблиа аԥсҭалара иазкны иаҳәо шәгәы арҭынчыр, насгьы агәыӷра шәнаҭар шалшо.

Иисус Лазарь иԥсы ҭеиҵеит, уи ахҭыс збаз зегь шанханы иԥшуеит.

4. Иисус ишьақәирӷәӷәеит аԥсҭалара шыҟало

Еиҳаны еилышәкаа Иисус иҩыза Лазарь изы иҟаиҵаз. Шәаԥхьа Иоанн 11:14, 38—44, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иабантәиҳдыруеи Лазарь дшыԥсыҵәҟьаз? (Шәахәаԥш ажәеинраала 39.)

  • Шәгәы ишԥаанаго, Лазарь ажәҩан ахь дцазҭгьы, Иисус уи иԥсы ҭаҵаны адгьыл ахь дирхынҳәрызу?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Иисус Лазарь иԥсы ҭеиҵоит» (1:16)

5. Миллиардҩыла ауаа рыԥсы ҭалоит!

Шәаԥхьа Аԥсалом 37:29, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иабанхало зыԥсы ҭало ауаа?

Иисус зыԥсы ҭеиҵо Иегова дыздыруаз, имаҵ зуаз рымацара ракәӡам. Шәаԥхьа Аусқәа 24:15, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Зыԥсы ҭало рахьтә зегь реиҳа ижәбарц ишәҭахыда?

Аб ихәыҷы хаала дирҿыхоит.

Иисус иԥсыз ауаҩы иԥсы аҭаҵара изымариоуп, аб ицәоу ихәыҷы иаарԥшра шизымариоу еиԥш

6. Аԥсҭалара иазку аиаша агәҭынчреи агәыӷреи унаҭоит

Абиблиаҿы иану Иаир иԥҳа лыԥсҭалара иазку аҭоурых згәы арҭынчыз рацәаҩуп, рхьаа ахгарагьы ирыцхрааит. Шәаԥхьа Лука 8:40—42, 49—56 иану иҟалаҵәҟьаз ахҭыс аӡбахә.

Иисус иԥсыз аӡӷаб лыԥсы ҭеиҵаанӡа, лаб ус иеиҳәеит: «Умшәан, ахаҵара аарԥшы». (Шәахәаԥш ажәеинраала 50.) Ишәыцхраар шԥалшо аԥсҭалара иазку агәыӷра:

  • ишәзааигәоу аӡә дыԥсызар?

  • шәыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылазар?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

АВИДЕОНҴАМҬА: «Аԥсҭаларазы ишәымоу агәыӷра агәымшәара шәнаҭалааит!» (3:21)

Асахьақәа «Авидеонҵамҭа „Аԥсҭаларазы ишәымоу агәыӷра агәымшәара шәнаҭалааит!“ аҟынтә асахьақәа»: 1) Фелисити данԥсы адырҩаҽны иаҳәшьак Фелисити лан Вероника аизараҿы лгәы лырҭынчуеит; 2) Вероника лыԥҳаи лареи ԥҳәыск Абиблиа иану ажәеинраалақәа рыла лгәы дырҭынчуеит.
  • Ишԥарыцхрааи Фелисити лҭаацәа аԥсҭалара иазку агәыӷра?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Иԥсхьоу рыԥсы шҭало агәра агара цәгьоуп».

  • Шәара шәгәы ишԥаанаго?

  • Иарбан библиатә жәеинраалоу ауаҩы ишәырбарыз, иԥсыз рыԥсы шҭалаҵәҟьо иеилшәыркаарц азы?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит миллиардҩыла ауаа рыԥсы шҭало. Иегова иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭаларц. Убри аҟынтә иара Иисус амч ииҭеит, урҭ рыԥсы ҭеиҵарц азы.

Аиҭахысра

  • Иҟарҵарц ирҭахузеи Иеговеи Иисуси миллиардҩыла иԥсхьоу ауаа рзы?

  • Иабанхало миллиардҩыла зыԥсы ҭало ауаа: ажәҩан аҿы акәу, адгьыл аҿы акәу? Избан ус зышәҳәо?

  • Агәра шәзыргозеи иԥсыз рыԥсы шҭало?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа иузааигәоу аӡәы данԥсуа, ахьаа ахгара иуцхраауа.

«Помощь тем, кто скорбит» («Пробудитесь!» № 3, 2018)

Иуцхраар алшома Абиблиа, иузааигәоу ауаҩы данԥсуа?

«Иаҳзааигәоу ауаҩы данԥсуа» (5:06)

Шәицхраар шԥашәылшо ахәыҷы, изааигәоу аӡә дыԥсызар?

«Аҿыхра» (2:07)

Аӡәыр иԥсы ҭаҵахома жәҩантәи аԥсҭазааразы? Зыԥсы ҭаҵамхода зынӡа?

«Что такое воскресение?» (авеб-статиа)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра