Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/8 ад. 5—6
  • Иҟоума иԥсхьоу рзы агәыӷра?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иҟоума иԥсхьоу рзы агәыӷра?
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?
  • Аӡәыр дцома ажәҩан ахь?
  • Зыԥсы ҭалода еиҭа?
  • Ишԥаҟало адгьыл аҿы аԥсҭазаара?
  • Иаҳзааигәоу иԥсхьоу ауаа рзы агәыӷра иашаҵәҟьа
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵоит!
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Бзиа ижәбо рыԥсы ҭалоит!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/8 ад. 5—6

АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИЗАЛШОМА АԤСРА АШЬҬАХЬ АԤСҬАЗААРА?

Иҟоума иԥсхьоу рзы агәыӷра?

Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?

АБИБЛИА АҞЫНТӘИ АҬАК: «Иаауеит иԥсхьоу, адамрақәа ирҭоу зегьы Анцәа Иԥа ибжьы анраҳаша аамҭа... ибзахоит» (Иоанн 5:28, 29).

Иисус иҳәеит Иаҳра анапхгара аҵаҟа ауаатәыҩсатә дамрақәа зегьы анҭацәуа аамҭа шыҟало: «Сара раԥхьаӡа акәны Иоанн 5:28, 29 иану ажәақәа санрыԥхьа, даара иџьасшьеит,— игәалашәоит раԥхьатәи астатиаҿы зыӡбахә ҳәоу Фернандо.— Абиблиа аҟынтә иаагаз арҭ ажәақәа сара агәыӷраҵәҟьа сырҭеит, насгьы еиҳа агәра ганы ԥхьаҟа сыԥшуа салагеит».

Ажәытәан инхоз ауаҩ иаша Иов дақәгәыӷуан данԥслак ашьҭахь Анцәа иԥсы ҭеиҵоит ҳәа. Иов азҵаара ықәиргылоит: «Ауаҩы данԥслак, еиҭа ҿыц дзынхома?» Анаҩс иара агәра ганы иациҵеит: «Сытәра амшқәа зегьы [анышәынҭраҿы аҟазаара] сеиқәырхара аныҟало аамҭа сазыԥшызаалоит. Уара усыԥхьоит, саргьы аҭак усҭоит» (Иов 14:14, 15).

Лазарь иԥсҭалара аԥхьаҟа иазкны агәыӷра ӷәӷәа ҳнаҭоит

Аԥсҭалара шыҟало Лазарь иаҳәшьа Марфа лзы ҿыц илаҳаз ак акәны иҟамызт. Лазарь данԥсы, Иисус уи ус леиҳәеит: «Башьа дгылоит». Марфа аҭак ҟалҵоит: «Издыруеит, дышгыло аԥсҭалараан, аҵыхәтәантәи амш аҽны». Усҟан Иисус агәра лиргоит: «Сара соуп агыларагьы абзазарагьы; Сара схазҵауа, дыԥсыргьы, дыбзахоит» (Иоанн 11:23—25, АдҾ). Уи ашьҭахь Иисус иаразнак Лазарь иԥсы ҭеиҵеит! Угәы зырхыҭ-хыҭуа ари аҭоурых аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иџьоушьаша ахҭыс унарбоит. Шәазхәыц амала адгьыл аҿы шаҟа агәырӷьара ҟало, миллиардҩыла иԥсхьоу зегьы рыԥсы анҭало!

Аӡәыр дцома ажәҩан ахь?

АБИБЛИА АҞЫНТӘИ АҬАК: Абиблиа аҟынтә иубаратәы иҟоуп Иисус Христос иԥсҭалара егьырҭ аԥсҭаларақәа излареиԥшымыз. Аа-ҩык ҳәа зыӡбахә ҳәоу адгьыл аҿы анхаразы рыԥсы ҭалеит. Аха Христос иԥсҭалара иазкны ҳара ҳаԥхьоит: «Иисус Христос... ажәҩан ахь дхалт, Анцәа иарӷьарахьтәи аганаҿ дидтәалоуп» (1 Пиотр 3:21, 22). Иҟоума еиҭа Иисус ида ажәҩан аҿы анхаразы зыԥсы ҭаҵахо даҽа шьоукы? Христос иапостолцәа иреиҳәахьан: «Убрахь сцаны аҭыԥ шәызсырхиаргьы, ҩаԥхьа саарын, шәызгарын, Сара сахь, шәарҭгьы Сара сахьыҟоу шәыҟазаарацы» (Иоанн 14:3).

Христос ажәҩан ахь дцеит, насгьы иҵаҩцәа рҟынтәи шьоукы рзы аҭыԥ ирхиеит. Жәҩантәи аԥсҭазаарахь зыԥсы ҭаҵахо 144 000-ҩык ҟалоит (Аатра 14:1, 3). Аха иҟарҵалозеи уа Христос изиашоу арҭ аҵаҩцәа?

Урҭ даараӡа акрызҵазкуа аус рыдҵахоит! Абиблиаҿы иҳәоуп: «Бзазара рымоуп, иԥшьоуп раԥхьатәи аԥсҭалара-агылара заҭәашьахауа — урҭ рҿы аҩбатәи аԥсра мычра аманы изыҟалом, Анцәеи Христоси рыԥшьамаҵура амҩаԥгара раҭәашьахоит, зқьы-шықәса Иара иԥсҳара ицеиҩыршоит» (Аатра 20:6). Жәҩантәи аԥсҭазаарахь зыԥсы ҭаҵахо Христос аҳра ицрулоит адгьыл напхгара азуа, аҳцәа-аԥшьаҩцәа реиԥш.

Зыԥсы ҭалода еиҭа?

АБИБЛИА АҞЫНТӘИ АҬАК: Абиблиаҿы иаагоуп апостол Павел анаҩстәи иажәақәа: «Агәыӷра сымоуп — дара абарҭ ишрымоу аиԥш, Анцәа — ииаша-ҵабыргу рнаҩсангьы, агәнаҳа змоу иреиуоугьы иԥсхьоу рахьтә иширгылауазы» (Аусқәа 24:15).

Абиблиа агәра ҳнаргоит миллиардҩыла иԥсыз ауаа ҿыц ишынхало

Иззиҳәада апостол Павел «ииаша-ҵабыргу» ҳәа? Абар ҿырԥштәык. Аԥааимбар Даниил дыԥсаанӡа иаҳәан: «Уара уԥсы ушьалоит, аха угылоит амшқәа рҵыхәтәаны уҵәы уоурц азы» (Даниил 12:13). Иԥсы абаҭаҵахо Даниил? «Ииашақәоу адгьыл рҭынхоит, иагьықәынхалоит уа наӡаӡа»,— аҳәоит Абиблиа (Ԥсалом 37:29). Иисусгьы зегьы ажәа риҭеит: «Бзазара рымоуп цәгьара злам, урҭ адунеи ртәхоит» (Матфеи 5:5). Даниил, насгьы Анцәа изиашоу егьырҭ ахацәеи аҳәсеи адгьыл аҿы рыԥсы ҭаҵахоит, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара рыҭахоит.

Аха изусҭцәада «агәнаҳа змоу иреиуоу» ҳәа апостол Павел зыӡбахә иҳәоз? Ари миллиардҩыла адгьыл аҿы инхоз, аха Абиблиа иану аиаша аилкаареи уи рыԥсҭазаараҿы ақәныҟәареи иахьымӡаӡакәа иԥсыз роуп. Рыԥсы анҭалалак, дара Иеговеиa Иисуси реилкаареи бзиа рбареи алшара роуеит (Иоанн 17:3). Анцәа имаҵ аура зҭаххо ауаа Анцәа шаҟа дынхало инхалоит — наунагӡа!

Анцәа имаҵ аура зҭаххо зегьы наунагӡа анхара, насгьы инаӡоу агәабзиара аиура рылшоит

Ишԥаҟало адгьыл аҿы аԥсҭазаара?

АБИБЛИА АҞЫНТӘИ АҬАК: «Анцәа урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит; шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра; аҵәуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом» (Аатра 21:4). «Иагьдыргылоит ауаа аҩнқәа, иагьынхалоит уаҟа, аӡахәаҭрақәа рааӡалоит, насгьы урҭ ршәыр рфалоит» (Исаиа 65:21).

Шәхаҿы иаажәг адунеи ҿыц аҿы зыԥсы ҭалаз бзиа ижәбо рзааигәара шәыҟоушәа! Аха иаанхоит азҵаара: «Избан ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра заҳго?»

a Абиблиа ишаҳәо ала, Иегова — ари Анцәа ихьӡ ауп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра