Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • rq аур. 9, ад. 18—19
  • Анцәа имаҵуцәа цқьазароуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа имаҵуцәа цқьазароуп
  • Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Иеиԥшу аматериал
  • Анцәа бзиа ибоит ицқьоу ажәлар
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Анцәа ҳацқьазар иҭахуп
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • «Шәыцқьаз»
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2019
Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
rq аур. 9, ад. 18—19

9-тәи аурок

Анцәа имаҵуцәа цқьазароуп

Избан ҳара зегь рыла ҳацқьазарц зҳахәҭоу? (1)

Иаанагозеи ицқьаны аҟазаара доуҳала? (2) гәаԥхашәала? (3) хәыцшьала? (4) цәеижьла? (5)

Иарбан ицқьам ҿынцәажәалароу зхацәгатәу? (6)

1. Анцәа дыцқьоуп, дыԥшьоуп. Уи имҵахырхәаҩцәа доуҳала, гәаԥхашәала, цәеижьла, иара убас хәыцшьала ацқьара иеиҷаҳаларц иҭахуп (1 Пиотр 1:16). Ҳара Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьазарц ҳҭахызар, ҳахәҭаахьала ӷәӷәала ҳхы аус адааулароуп. Ҳара ҳанхоит иҟьашьу адунеиаҿы. Уи адагьы, ҳрабашьлар акәхоит ииашам ҳгәазыҳәарақәа. Аха урҭ ҳаҽраҳамҭароуп.

2. Доуҳала ацқьара. Иегова имаҵура ҳгәазыҳәозар, иҳадҳамкылароуп амцдинхаҵара иатәу аҵасқәеи ақьабзқәеи. Амцдинхаҵареи ҳареи ҳаиҿцаарақәа рҵыхәа ԥаҳҵәароуп, ишакәзаалакгьы уи ҳадымгылозароуп (2 Коринфаа рахь 6:14—18; Аартра 18:4). Анцәа изку аиаша анеилаҳкаа, ҳгәаҳҽанызароуп, амцрҵаҩцәа ҳадмырҟьаларц азы (2 Иоанн 10, 11).

3. Гәаԥхашәала ацқьара. Иегова иҭахуп, имҵахырхәаҩцәа, аиаша қьырсианцәа ишрыхәҭоу еиԥш, рхы мҩаԥыргаларц (1 Пиотр 2:12). Иара иааҟаҳҵо зегь ибарҭоуп, имаӡоу аусқәагьы (Ауриацәа рахь 4:13). Ҳара асексуалтә гәаԥхашәадара уҳәа егьырҭ ашьцылара бааԥсқәа ҳҽырцәаҳахьчозароуп (1 Коринфаа рахь 6:9—11).

4. Хәыцшьала ацқьара. Ҳахшыҩ ицқьоу ахәыцрақәа рыла иҳарҭәуазар, ҳхымҩаԥгашьагьы цқьазаауеит (Филиппаа рахь 4:8). Аха ахшыҩ хәымгарыла иҭәызар, уи иалҵшәахоит иҽеим ахымҩаԥгашьа (Маҭфеи 15:18, 20). Ҳахшыҩ иҽеимкәа ианыруа агәырҿыхагақәа ҳҽырцәаҳахьчалароуп. Ицқьоу хәыцшьала ҳахшыҩ ҳарҭәырц ҳалшоит, Анцәа Иажәа ҵауа.

5. Цәеижьла ацқьара. Ақьырсианцәа — Анцәа иихаҭарнакцәоуп, убри аҟнытә урҭ рцәеижьи рымаҭәеи цқьаны иныҟәыргозароуп. Анапыӡәӡәара аҭахуп ашьышьма ашьҭахь, иара убас акрыфара нап анарктәуи афатәрхиараани. Иманшәалоу аканализациатә система аҩны иҟамзар, амцқьарақәа жлатәуп (Ҩынтәзакәан 23:12, 13). Цәеижьла ацқьара — агәабзиара шьахә иазҳәоуп. Ақьырсиан иҩны аҩнуҵҟеиԥш, адәахьалагьы ицқьазароуп, иеиҿкаазароуп. Уи ҿырԥшыгазароуп, егьырҭ ауаа рыҩнқәа ирыдукылозар.

6. Ицқьоу аҿынцәажәалара. Анцәа имаҵуцәа еснагь аиаша рҳәозароуп. Амцҳәаҩцәа Анцәа Иԥсҳарахь неишьа рымаӡам (Ефесаа рахь 4:25; Аартра 21:8). Ақьырсианцәа ажәа бааԥсқәа рҳәом. Урҭ алаф ҟьашьқәеи ажәабжь цәаԥҽыгақәеи еиҭарҳәом, иагьырзыӡырҩуам. Ицқьоу рҿынцәажәарыла урҭ нарылукаауеит аусурҭеи ашколи рҿы, рыкәша ауааи, иахьынхо аҭыԥаҿы ирыцынхои рыбжьара (Ефесаа рахь 4:29, 31; 5:3).

[Асахьақәа, адаҟьақәа 18, 19]

Анцәа имаҵуцәа зегь рыла ицқьазарц рыхәҭоуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра