АХЫ 8
Анцәа бзиа ибоит ицқьоу ажәлар
«Ацқьара зыхьчо — уара цқьарала уизныҟәалоит» (ԤСАЛОМ 18:26).
1—3. а) Дызгәалҭозеи ан лԥа дыцқьаны, деиҿкааны деилаҳәазарц? б) Изиҭахузеи Иегова имаҵуҩцәа цқьазарц, насгьы ҳгәазҭазҵозеи ҳара ҳацқьаны ҳаанхаразы?
АН ЛХӘЫҶЫ анеи-ааира дылгарц азы деилалҳәоит. Лара игәалҭоит ихаҭа дыцқьазарц, насгьы еиҿкаау амаҭәа ишәызарц. Лара илдыруеит ацқьара ахәыҷы игәабзиара ишазеиӷьу. Иара убас ан илдыруеит ахәыҷы адәахьтәи иҭеиҭыԥш ала иҭаацәа ишрыхцәажәо.
2 Иегова, жәҩантә ҳ-Аб, иҭахуп имаҵуҩцәа цқьаӡа иҟазарц. Иара Иажәаҿы иануп: «Ацқьара зыхьчо — уара цқьарала уизныҟәалоит» (Ԥсалом 18:26)a. Иегова ҳара бзиа ҳаибоит; иара идыруеит ацқьара ахәарҭа маҷымкәа ишаҳзаанаго. Уи адагьы, иара дазыԥшуп ҳара, иара Ишаҳаҭцәа ҳала, иӡбахә бзианы ирҳәалоит ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, ҳара ҳаиҿкааны ҳаилаҳәазар, ишақәнаго ҳхы мҩаԥаҳгозар, уи Иегова иԥшьоу ихьӡ ахьымӡӷ акәымкәа, ахьӡ-аԥша ауп иазаанаго (Иезекиил 36:22; уаԥхьа 1 Пиотр 2:12).
3 Анцәа ауаа цқьақәа бзиа ишибо дыруа, ҳара ацқьара ҳҽазаҳшәоит. Ҳара иара бзиа даҳбоит аҟынтә, иаҳҭахуп ҳаԥсҭазаара амҩаԥгашьала дҳараҳкларц. Насгьы ҳара иаҳҭахуп иара ибзиабараҿ ҳаҟазарц. Уааи ҳахәаԥшып избан изаҭаху ицқьаны аҟазаара, иаанагозеи ицқьаны аҟазаара, насгьы ишԥаҟаҵалатәу уи. Уи аҩыза ахгәаҭара иаҳнарбоит ҳҽахьҳариашаша ҳаԥсҭазаара аганқәа.
ИЗБАН ҲАРА ИЦҚЬАНЫ ҲААНХАРЦ ЗҲАХӘҬОУ?
4, 5. а) Иарбан ихадоу мзызс иҟоу ҳацқьаны аанхара зҳахәҭоу? б) Ишԥарныԥшуеи Иегова ишамҭақәа ацқьарахь имоу абзиабара?
4 Иегова ҳара жәларык реиԥш напхгара ҳзиуеит, аҿырԥшы ҳаҭо. Убри аҟынтә Иажәа иануп абри аҩыза ааԥхьара: «Анцәа шәиҿыԥшла» (Ефесаа 5:1). Ацқьара зҳахәҭоу ихадоу мзызс иҟоу Иегова — ҳзымҵахырхәо Анцәа — зегь рыла дыцқьоуп, дыԥшьоуп. (Уаԥхьа Алевит 11:44, 45.)
5 Иегова ацқьарахь имоу абзиабара, егьырҭ иҟазшьақәеи иусқәеи реиԥш, иубарҭоу ишамҭақәа ирныԥшуеит (Римаа 1:20). Уи игәҭакала, адгьыл ауаа ицқьаны изхылаԥшуа аҩны ирзаҩызахар акәын. Иегова иаԥиҵеит аҳауеи аӡи зрыцқьо аԥсабаратә циклқәа. Бактериақәак асанитарцәа рроль нарыгӡоит, ацәынхақәа шәарҭара злам амаҭәашьарқәа рылырхуеит. Аҵарауаа арҭ зыԥсы мҭәуа амикроорганизмқәа рхы иадырхәоит ауаа рхабзиабареи рыԥсыцәгьареи ирыхҟьаны ицәырҵыз анефттә шәытақәеи егьырҭ аҟьашьрақәеи ықәырхырц азы. Еилкаауп ацқьара даара аҵакы шамоу «адгьыл зшаз» изы (Иеремиа 10:12). Ҳаргьы ацқьара убас ҳахәаԥшуазароуп.
6, 7. Ишԥаҵшьыз Моисеи изакәан аҿы Анцәа имҵахырхәо цқьазарц шрыхәҭоу?
6 Ҳацқьаны ҳаанхаларц захәҭоу егьи амзыз — уи Зегьзымчу Иегова имаҵуҩцәа иахьрыдиҵо ауп. Иегова Израилаа ириҭаз азакәан ала, ацқьара Анцәа имҵахырхәара ӷәӷәала иадҳәалан. Азакәан аҿы еиҳараӡак иалкаан иазгәаҭан аҽрыцқьара амш аҽны аԥхьаԥшьаҩы знык акәымкәа, ҩынтә иҽиӡәӡәарц (Алевит 16:4, 23, 24). Зыдҵақәа назыгӡоз аԥшьаҩцәа аԥсаҭатә ааргаанӡа, рнапқәеи ршьапқәеи рыӡәӡәар ахәҭан (Ақәҵымҭа 30:17—21; 2 Ашықәсынҵа 4:6). Азакәанаҿы иарбан ауаҩы ишиашоу, ма церемониалла дызҟьашьыр зылшоз 70 мзыз. Ицқьамыз израилаа иреиуаз ауаҩы Анцәа имаҵура аҽалархәра азин имаӡамызт, ҭагылазаашьақәак рҿы дыршьуазаргьы (Алевит 15:31). Аҽрыцқьара иаҵанакуаз азакәан апроцедурақәа рхысра мап рцәызкыз ауаҩы,— иаҳҳәап, зцәеижь, ма зымаҭәа змыӡәӡәоз,— «аизара аҟынтә дықәхзар» акәын (Ахыԥхьаӡарақәа 19:17—20).
7 Ҳара Моисеи изакәан аҵаҟа ҳшыҟамгьы, уи иабзоураны еилаҳкаар ауеит Анцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа дышрыхәаԥшуа. Ишаабо ала, Азакәан аҿы иаҵшьын Анцәа имаҵ зуа цқьазарц шрыхәҭоу. Иегова иҽиимԥсахӡеит (Малахиа 3:6). Анцәа ҳамҵахырхәара анидикыло «аиаша-ҵабыргла ианҳәаақәҵоу, ианыцқьоу» ауп (Иаков 1:27). Убри азы ҳара иаҳдыруазароуп Анцәа ииҭаху ҳара ҳҟынтә уи аганахьала.
ИААНАГОЗЕИ АНЦӘА ИҾАԤХЬА ИЦҚЬАНЫ АҞАЗААРА
8. Иарбан ацқьара хкқәоу ҳара иҳахьчаларц Иегова ииҭаху?
8 Абиблиа аҿы ацқьара ҵакыс иамоу иаабац ацқьара мацара акәӡам. Анцәа игәаанагарала, иахьабалак уцқьазароуп. Иегова иҭахуп ҳара ацқьара ахкқәа ԥшьба ҳахьчаларц: адоуҳатә, агәаԥхашәатә, ацәеижьтә цқьара, иара убас ахәыцрақәа рыцқьара. Уааи урҭ ахкқәа хаз-хазы ҳрыхәаԥшып.
9, 10. Иаанагозеи доуҳала ицқьаны аҟазаара, насгьы зҽызцәырыхьчозеи ақьырсианцәа?
9 Адоуҳатә цқьара. Иаармарианы иуҳәозар, доуҳала ацқьара иаанаго — адинхаҵара иашеи амцтә динхаҵареи реиламырҩашьара ауп. Израилаа Вавилон ныжьны Иерусалимҟа ианыгьежуаз, дара Анцәа идоуҳа зҵаз адҵа рыдыркылар акәын: «Урҭ шәрылҵны, хазы шәнагыл,— уаҳа шәагьаламкьысын ицқьам... Шәхы цқьаны ишәыхьчала» (Исаиа 52:11). Израилаа еиҳарак рыԥсадгьыл ахь изыхынҳәуаз, Иегова имҵахырхәара еиҭашьақәдыргыларц азы акәын. Уи цқьазар ахәҭан, мамзаргьы Анцәа ахьымӡӷ изыргоз Вавилон аҵарақәеи, аусқәеи, аҵасқәеи рыла иҟьашьымзар, ишәытамзар акәын.
10 Иахьа ҳара, ииашоу ақьырсианцәа, ҳгәаҳҽанызароуп амцтә мҵахырхәара ала ҳхы ҳамҟьашьырц. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 10:21.) Ари азҵаараҿы агәҽанызаара даара ихадоуп, избанзар амцтә динхаҵара анырра иахьабалак иҟоуп. Атәылақәа жәпакы рҿы еиуеиԥшым атрадициақәа, аҵасқәа, ақьабзқәа амцтә динхаҵаратә ҵарақәа ирыдҳәалоуп, иаҳҳәап ҳаҩныҵҟа акы ацәеижь аԥсра иацәынхоит ҳәа азхәыцра (Екклезиаст 9:5, 6, 10). Ииашоу ақьырсианцәа амцтә динхаҵара иадҳәалоу аҵасқәа рҽырцәырыхьчоитb. Ҳара иалҳмыршароуп иааҳакәыршаны инхо ахьҳақәыӷәӷәо иахҟьаны, ицқьоу абиблиатә амҵахырхәаратә нормақәа ҳрыцәхьаҵыртә (Аусқәа 5:29).
11. Иаанагозеи гәаԥхашәала ицқьаны аанхара, насгьы избан уи ҳара ҳзы изхадароу?
11 Агәаԥхашәатә цқьара. Гәаԥхашәала уцқьаны аанхара иаанагоит — асексуалтә ламысдара иахьааԥшуазаалакгьы аҽацәыхьчара. (Уаԥхьа Ефесаа рахь 5:5.) Ҳара ҳзы акраҵанакуеит гәаԥхашәала ҳацқьаны аанхара. Ари ашәҟәы анаҩстәи ахаҿы ишгәаҳҭо еиԥш, Анцәа ибзиабараҿ ҳаҟазарц азы, ацәыбзара ҳҽацәаҳахьчалар ауп. Иахьымхәуа ацәыбзацәа «Анцәа Иԥсҳара роураны иҟам» (1 Коринфаа 6:9, 10, 18). Анцәа игәаанагарала, урҭ рҩызцәа ауаа аҵанакуеит «цәгьахәыцрала иҟоу» рахь. Дара гәаԥхашәала имыцқьахар, рԥеиԥш — «аҩбатәи ԥсроуп» (Аатра 21:8).
12, 13. Ишԥеидҳәалоу ахәыцрақәеи аусқәеи, насгьы ишԥаҳалшо ҳара ахәыцрақәа цқьаны рыхьчара?
12 Ахәыцрақәа рыцқьара. Ахәыцрақәа аусқәа рахь унаргоит. Ҳара ҳгәаҿы, ҳхаҿы ииашам ахәыцрақәа рышьаҭа аушьҭра алҳаршозар, знымзар-зны ицқьам уск ҟаҳҵоит (Матфеи 5:28; 15:18—20). Аха ҳахшыҩ ицқьоу хәыцрала иҳарҭәуазар, ҳара ламысла, гәаԥхашәала, ахымҩаԥгара ҳзымариахоит. (Уаԥхьа Филиппаа рахь 4:8.) Ишԥаҳалшо ицқьоу ахәыцрақәа рыхьчара? Актәи, ҳара иҳахәҭоуп ҳхәыцра бжьызхуа иарбанзаалак агәырҿыхага аҽацәыхьчараc. Ҩбагьы, ҳара иҳалшоит ҳахшыҩ ицқьоу хәыцрала арҭәра, иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа Иажәа ҭаҳҵаауазар (Ԥсалом 19:8, 9).
13 Анцәа ибзиабараҿ ҳаанхарц азы, ҳара ҳзы ихадароуп адоуҳатә, агәаԥхашәатә цқьарақәеи ахәыцрақәа рыцқьареи рыхьчара. Урҭ ацқьара ахкқәа зегьы нарҭбааны ари ашәҟәы егьырҭ ахқәа рҿы еилыргоуп. Уажәы ҳалацәажәап аԥшьбатәи ахкы — ацәеижьтә цқьара.
ИШԤАҲАЛШО ҲАРА АЦӘЕИЖЬТӘ ЦҚЬАРА АХЬЧАРА?
14. Иаҳҳәарц зҳалшозеи ацәеижьтә цқьара — ари баша хатә усым ҳәа?
14 Ацәеижьтә цқьара иаҵанакуеит ахатә гигиена аныҟәгареи аҩны ацқьара ахылаԥшреи. Иуҳәар ауама ари аҩыза ацқьара ацклаԥшра — хатә усуп, насгьы аӡәгьы азин имаӡам ихатә гәаанагара адцалара ҳәа? Иегова имаҵуҩцәа ус ирыԥхьаӡаӡом. Уаанӡа ишазгәаҭаз еиԥш, ҳара ҳцәеижьтә цқьара Иегова изы акырзаҵанакуа ҳара иахьҳахәо азы мацара акәӡам, аха ҳҭеиҭыԥш иара ишихцәажәо ианыруеит. Иугәаларшәа ахы алагамҭаҿы иаагаз аҿырԥшы. Анапы згу, иҟьашьу ахәыҷы данубалак, иузгәамҭаӡакәа иҭаацәа урызхәыцуеит, ус акәӡами? Ҳара иаҳҭаххомызт ҳҭеиҭыԥши ҳаԥсҭазаара амҩаԥгашьеи рыла жәҩантә ҳ-Аб ахьымӡӷ иҳаргар, ма ирылаҳҳәо ажәабжь аҟынтәи даҽаџьара ихьаҳарԥшыр. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Иаҳҭахым аӡәгьы изы шьацәхнысларҭа ҭыԥны аҟазаара, иаҳҭахым ҽыԥныҳәак ҳауразы. Иҳалшо зегь ала ҳашьҭоуп Анцәа имаҵ аура» (2 Коринфаа 6:3, 4). Ишԥахылаԥштәу ацәеижьтә цқьара?
15, 16. Иарбан шьцылара бзиақәоу иумазар ахәҭоу, насгьы ишԥаҟазар акәу ҳара ҳамаҭәа?
15 Ахатә гигиенеи аҭеиҭыԥши. Тәылацыԥхьаӡа рхатә культуреи рыԥсҭазаашьеи шрымоугьы, аӡи асапыни змам маҷуп, ҳара иҳалшоит аҽыӡәӡәара, ҳхәыҷқәеи ҳареи ҳацқьара аиҷаҳара. Ибзиоуп шьцыларас иҳамазар акрыфара, ма афатә архиара ҳалагаанӡа сапынла анапыӡәӡәара, мамзаргьы ашьышьма ашьҭахь, ма ахәыҷы данаҳаӡәӡәа, насгьы дызлаҳәоу икәыршақәа анаҳаԥсахлак ашьҭахь. Сапынла анапыӡәӡәара ашьцылара ачымазарақәа рҟынтәи ҳахьчоит, насгьы ҳаԥсҭазаара еиқәнархоит. Уи иабзоураны ишәарҭоу авирусқәеи абақтериақәеи рыларҵәара аанкылахоит, адиареиа аазго ачымазарақәа уҽырцәухьчоит. Аҩнқәа рахь аканализациа ахьнагам атәылақәа рҿы амцқьарақәа ужлар ауеит, ажәытәан Израил ишыҟарҵоз еиԥш (Ҩынтәзакәан 23:12, 13).
16 Иара убас ихадоуп еснагь умаҭәақәа рыӡәӡәара, уцқьаӡа, уеиҿкааӡа уҟазарц азы. Ақьырсиан имаҭәа ахә ҳаракымзар, ма аҵыхәтәантәи амода иақәымшәозар ауеит, аха иара еиҿкаазароуп, ицқьазароуп, иӡыргацәамзароуп. (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 2:9, 10.) Ҳара ҳахьыҟазаалакгьы, иаҳҭахуп ҳҭеиҭыԥш ала «Ҳанцәа-Ҳаиқәырхаҩ... иаҳирҵо аҵара» ҳарԥшӡаларц (Тит 2:10).
17. Избан ҳаҩни ҳгәарԥи цқьазарц, еиҿкаазарц зрыхәҭоу?
17 Аҩни агәарԥи. Ҳара ҳаҩны лыԥшаахымзар, ибеиамзар ауеит, аха уи цқьазар, еиҿкаазар ауп ҳҭагылазаашьақәа изларылшо ала. Иара убас аизарақәеи ажәабжьҳәарахьи машьынала ҳцозар, иахьынӡалшо иаҭахуп уи адәахьи аҩныҵҟеи цқьазарц. Уааи иаҳхаҳмыршҭлап аҩни ашҭеи аныцқьоу, урҭ рхала шаҳаҭра шыруа. Ҳара идҳарҵоит Иегова — ицқьоу Анцәа шиакәу, иара ишықәихуа «адгьыл иаӷацәоу», иара убас иаарласны Аҳра анапхгара аҵаҟа ҳадгьылтә ҩны шџьанаҭхо (Аатра 11:18; Лука 23:43). Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп ҳмазареи ҳаҩни рсахьа егьырҭ иддырбаларц ҳара уажәнатә ацқьара ҟазшьас ишышьҭаҳхуа, уи иааиуа адунеи ҿыц аҿы иҳацхраауеит.
Ацәеижьтә цқьара иаҵанакуеит ахатә гигиена аныҟәгареи аҩны ацқьара ахылаԥшреи
18. Излааҳарԥшуазеи ҳара Аҳратә Зал пату шақәҳҵо?
18 Аиқәшәара ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа. Иегова иахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит ҳахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу Аҳратә Зал — аиаша мҵахырхәара ацентр, патуқәҵарала азнеира. Ауаа раԥхьаӡа ҳзал ахь ианааиуа, ҳара иаҳҭахуп урҭ агәаанагара бзиа рзынхарц. Ҳзал иааиԥмырҟьаӡакәа аилыргареи ацхраареи ахәҭоуп, еиҿкааны, улаԥш адхало иҟазарц. Ҳара Аҳратә Зал пату шақәҳҵо ааҳарԥшуеит иҳалшо зегь аныҟаҳҵо, уи аҭагылазаашьа бзиазарц азы ҳара ҳаҭырқәҵараны иҳаԥхьаӡоит ҳзал аилыргареи, аиҭашьақәыргылареи, арҽеирақәеи аамҭа рықәырӡра (2 Ашықәсынҵа 34:10). Арҭ апринципқәа рнаалоит аконгресстә Залқәеи аконгресс ахьымҩаԥысуа егьырҭ аҭыԥқәеи.
ҲҼЫРЦӘАҲАХЬЧОИТ ИХӘЫМГОУ АУСҚӘЕИ АШЬЦЫЛАРАҚӘЕИ
19. Ҳҽызцәыҳахьчалар акәзеи ҳара ҳацқьаны ҳаанхарц азы, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи аҿы Абиблиа?
19 Ҳара ҳацқьазарц азы ҳҽырцәаҳахьчалароуп аҭаҭын ахара, арыжәтә ажәра, имедицинатәым асинтетикатә, ма иԥсабаратәу ахәшәҵәҟьақәа рыдкылара реиԥш иҟоу ашьцыларақәеи аусқәеи, ахьыԥшра узцәырызго, ма ухшыҩ ианыруа. Абиблиаҿы еиқәыԥхьаӡам ҳаамҭазы ирылаҵәахьоу ицқьам, ихәымгоу ашьцыларақәеи аусқәеи, аха уа иануп уи иазкны Иегова игәы иаанаго ҳаилзыркаауа апринципқәа. Ҳара иаҳдыруеит Иегова ихәаԥшышьа, иара иахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит иара игәаԥхо амҩа ҳанызарц. Уааи ҳрыхәаԥшып абиблиатә принципқәа хәба.
20, 21. Иарбан усқәоу Иегова ҳҽырцәаҳахьчаларц ииҭаху, насгьы иарбан крызҵазкуа мзызу иаҳгәалашәалар ахәҭоу?
20 «Сгәы ззыбылуа, абас еиԥш ала ҳаныргәыӷха, абри аҩыза ауасиаҭ анҳау, ҳцәеижьи ҳгәи-ҳаԥси ицқьам, ихирым зегь рахьтә иаҳрыцқьап — ацқьацәа рхы шымҩаԥырго ҳхы мҩаԥаҳгап, Анцәа ҳицәшәаӡыӡап» (2 Коринфаа 7:1). Иегова иҭахуп ҳара ҳцәеижь зҟьашьуа, ҳаԥсы иаԥырхагахар зылшо аусқәа, зегь ирымоу ахәыцшьа, ҳартәырымтәырц. Убри аҟынтә ҳара иҳахәҭоуп ҳцәеижь, ҳахшыҩтә гәабзиара иазеицәоу ашьцыларақәа рыҽрыцәхьакра.
21 Абиблиаҿ иаагоуп «ицқьам» аҟынтәи ахыхьчара захәҭоу акрызҵазкуа амзыз. Игәаҭ 2 Коринфаа рахь 7:1 аҟны иану ажәақәа: «Абас еиԥш ала ҳаныргәыӷха». Иарбан гәыӷрақәоу зыӡбахә ҳәоу? Уи аԥхьа иаагоу ажәеинраалақәа рҿы ианҵоуп Иегова иқәыргәыӷрақәа: «„Убасҟан ауп Сара шәансыдыскыло“. „Сара шәара Сшәабхоит“» (2 Коринфаа 6:17, 18). Амала ухаҿы иааг: Иегова ушихьчало, дшухылаԥшло, бзиа ушибало уақәиргәыӷуеит, аб иԥа, ма иԥҳа бзиа ишибо еиԥш. Аха Иегова арҭ ақәыргәыӷрақәа наигӡоит, уара «уцәеижь, угәи-уԥси» зҟьашьуа аусқәа уҽырцәухьчозар. Ҟәышрахомызт ихәымгоу ашьцыларақәеи аусқәеи ирыхҟьаны, Иеговеи ҳареи иҳабжьоу зыхә ҳараку аизыҟазаашьақәа ҳцәыӡыр!
22—25. Иарбан библиатә принципқәоу иҳацхраауа ицқьам ашьцыларақәеи аусқәеи рҽырцәыхьчараҿы?
22 «Бзиа дба Иҳақәиҭу Унцәа — угәы наӡала, уԥсы наӡала, удырра наӡала» (Матфеи 22:37). Иисус иаҵишьит ари аԥҟара зегь раасҭа ишхадоу (Матфеи 22:38). Иегова даԥсоуп абри аҩыза абзиабара. Ҳара иара бзиа даҳбоит гәы наӡала, ԥсы наӡала, дырра наӡала, убри аҟынтә ҳаԥсҭазаара зыркьаҿуа, ма Анцәа иҳаиҭаз ҳхәыцратә лшарақәа зырцагәуа аусқәа ҳҽырцәаҳахьчоит.
23 «Иара [Иегова] ихаҭа зегьы ԥсҭазаара риҭоит, аԥсыԥ лага-ҩагара рылиршоит» (Аусқәа 17:24, 25). Аԥсҭазаара — ари Анцәа иҳамҭоуп. Ҳара Аԥсҭазаараԥҵаҩы бзиа даҳбоит, убри аҟынтә уи иҳамҭа пату ақәҳҵар ҳҭахуп. Ҳара ҳҽырцәаҳахьчоит ҳгәабзиара иҽеимкәа ианыруа аусқәеи ашьцыларақәеи, избанзар ҳара еилаҳкаауеит арҭ рҩызцәа аусқәа шаҳаҭра шыруа аԥсҭазаара аҳамҭа ӷәӷәала пату шақәрымҵо (Ԥсалом 36:9).
24 «Бзиа дба иузааигәоу, ухы еиԥш» (Матфеи 22:39). Ицқьам ашьцыларақәеи аусқәеи лассы-лассы изныруа ауаҩы ихаҭа имацара иакәӡам, аха икәша-мыкәша иҟоугьы. Иаҳҳәап, аҭаҭын иахо иааикәыршан иҟоу иамыхо ауаагьы ргәабзиара ашәарҭара иҭаиргылоит. Иааикәыршан иҟоу аԥырхага рзаазго ауаҩы Анцәа иԥҟара иузааигәоу бзиа ибара еилеигоит. Анцәа бзиа дызбоит ҳәа шьақәирӷәӷәозаргьы, уи мцуп (1 Иоанн 4:20, 21).
25 «Аиҳабыреи иаԥу егьырҭ амчрақәеи ирыххәыцларазы, рҳәатәы иқәныҟәаларазы» (Тит 3:1). Атәылақәа жәпакы рҿы иалкаау арҩышьыгақәа рымазаареи рхархәареи закәаным. Ииашоу ақьырсианцәа ирымаӡам, насгьы рхы иадырхәаӡом изакәаным арҩышьыгақәа (Римаа 13:1).
26. а) Иҟаҵатәузеи Анцәа ибзиабараҿ аанхараз? б) Избан Анцәа иҿаԥхьа ицқьан аанхара — зегь иреиӷьу амҩа закәу?
26 Анцәа ибзиабараҿ ҳаанхарц азы ҳара иҳахәҭоуп ҳаԥсҭазаара аганқәа зегь рҿы ҳацқьазарц, ганқәак рҿы мацара акәымкәа. Ицқьам ашьцыларақәеи аусқәеи рааныжьра шымариамгьы, ицқьаны аанхара улшоитd. Ииашаҵәҟьаны, ари зегь раасҭа еиӷьу мҩоуп, избанзар Иегова иаҳирҵо ихәарҭоу мацара ауп. (Уаԥхьа Исаиа 48:17.) Зегь реиҳа ихадоу, ацқьара хьчо, ҳара агәахәара ҳаур ҳалшоит бзиа иаҳбо Анцәа ҳхымҩаԥгашьа иабзоураны, ибзианы ишихцәажәо анаҳдыруа, абас ала иара ибзиабараҿ ҳаанхалар ҳалшоит.
a Аоригинал аҟынтәи «ацқьара» ҳәа еиҭагоу ажәа зны-зынла ацәеижьтә цқьарахьы иаҵанакуеит, аха еиҳа лассы-лассы агәаԥхашәатә ма, адоуҳатә цқьарагьы иаҵанакуеит.
b Ақьырсианцәа зҽызцәырыхьчо аныҳәақәеи аҵасқәеи ирызку азҵаара ари ашәҟәаҿы, 13-тәи ахаҿы еилыргоуп.
d Урыхәаԥш арамкақәа «Сҽазысшәома сара ииашаны ахымҩаԥгара?», насгьы «Анцәа лшарас иҟоу зегь имоуп».
e Ахьӡ ԥсахуп.