Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • gf аур. 9, ад. 15
  • Анцәа иҩызцәа. Изусҭцәада урҭ?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа иҩызцәа. Изусҭцәада урҭ?
  • Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
  • Иеиԥшу аматериал
  • Миллионҩыла адоуҳатә шамҭақәа
    Аԥсцәа рдоуҳақәа. Ирылшома урҭ уцхраарц, мамзаргьы иуԥырхагахарц? Иҟаҵәҟьоума урҭ?
  • Анцәа изиашоу амаалықьцәа шәырҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
gf аур. 9, ад. 15

АУРОК 9

Анцәа иҩызцәа. Изусҭцәада урҭ?

Анцәа Иаҳра Аҳас иахагылоу Иисус Христос, насгьы амаалықьцәа ажәабжьҳәаратә ус напхгара азыруеит

Иисус Христос — Анцәа Иԥа, зегь реиҳа изааигәаӡоу, изгәакьаӡоу иҩыза иоуп. Иисус, дуаҩны адгьылаҿы диаанӡа, амчра ду змаз доуҳатә шамҭан, дагьынхон ажәҩан аҟны (Иоанн 17:5). Ашьҭахь уи адгьылахь дааит, ауаа Анцәа изкыу аиаша дирҵарц (Иоанн 18:37). Уи, иара убас, иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара аҳәатәхаҵара злоу ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә рҿыхра иахҭниҵеит (Римаа рахь 6:23). Уажәы Иисус Анцәа Иаҳра Аҳас дамоуп. Ари адгьыл Џьанаҭны иҟазҵо жәҩантәи еиҳабыроуп (Аартра 19:16).

Амаалықьцәагьы Анцәа иҩызцәа роуп. Амаалықьцәа, ауаа реиԥш, адгьылаҿы инхомызт. Урҭ ажәҩанаҿы ишан, Анцәа адгьыл ишаанӡа (Иов 38:4—7). Миллионла амаалықьцәа ыҟоуп (Даниил 7:10). Абарҭ ажәҩанаҿы иҟоу Анцәа иҩызцәа ирҭахыуп, ауаа Иегова изкыу аиаша еилыркаарц (Аартра 14:6, 7).

Иегова ишаҳаҭцәа аԥҳәыс ажәабжь бзиа лзеиҭарҳәоит

Анцәа адгьылаҿгьы аҩызцәа имоуп, урҭ иара ишаҳаҭцәаны иԥхьаӡоит. Ашаҳаҭ аусӡбарҭа аҟны аӡәы дшидыруа ма акы шидыруа иҳәоит. Иегова Ишаҳаҭцәа егьырҭ ауаа ирарҳәоит, Иегова дызусҭоу, насгьы ишырдыруа, уи гәҭакыс имоу (Исаиа 43:10). Амаалықьцәа реиԥш, Иегова Ишаҳаҭцәагьы Иегова изкыу аиаша аилкаараҿы ацхыраара урҭарц рҭахыуп. Дара ирҭахыуп, уаргьы Анцәа уиҩызахарц.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра