АХЫ 3
Анцәа игәы иҭеикзеи адгьыл азы?
Анцәа игәы иҭеикзеи ауаа рзы?
Дышԥаиоуи Анцәа аҿагылаҩ?
Изеиԥшрахозеи ҳаԥхьаҟа адгьыл аҿы аԥсҭазаара?
1. Игәы иҭеикзеи Анцәа адгьыл азы?
АНЦӘА адгьыл азы игәҭакы иҵабыргыҵәҟьаны иџьашьахәуп. Иегова иҭахуп адгьыл аҿы ауаа ахаангьы ичмазҩымхо, насыԥ рыманы инхаларц. Абиблиаҿы иаҳәоит: «Анцәа Иегова Едем аҟны еизирҳаит абаҳча... еиҭеиҳаит... аҵла хкы рацәала илаԥшхкыганы, фатәысгьы ибзианы». Анцәа раԥхьатәи ауаа Адами Евеи аниша, инирхеит урҭ абри иссиру абаҳчаҿы, нас ԥҟарасгьы ириҭеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаа адгьыл, насгьы аус адыжәулала» (Аҟазаара [Бытие] 1:28; 2:8, 9, 15). Ишаабо еиԥш, Анцәа иҭахын ауаа ахшара роуларц, адгьыл аус адырулаларц, насгьы аԥстәқәа ирхылаԥшларц. Иара иҭахын адгьыл зегь џьанаҭны иҟаларц.
2. а) Иабантәаадыруеи Анцәа игәҭакы шынаигӡо? б) Инхалода адгьыл аҿы наӡаӡа Абиблиа излаҳәо ала?
2 Угәы ишԥаанаго, инаӡару знымзар-зны Иегова игәҭакы? Инхалома ауаа џьанаҭ дгьыл аҿы? «Сара ишәыласҳәеит... насгьы иагьынасыгӡоит»,— ҳақәиргәыӷуеит Анцәа (Исаиа [Исаия] 46:9—11; 55:11). Иегова хымԥада игәҭакқәа зегь наигӡоит! Иара «[адгьыл]... баша имшаӡеит, иара уи ишеит ауаа ықәынхаларц азы» (Исаиа [Исаия] 45:18). Инхалода џьанаҭ дгьыл аҿы, насгьы шаҟаамҭа инхалар рылшозеи? Абиблиаҿы иаҳәоит: «Ауаа цқьақәа адгьыл рзынхоит, наунагӡагь уаҟа аԥсҭазаара рымазаауеит» (Аԥсалом 36:29 [37:29, АдҾ]; Аатра 21:3, 4).
3. Иарбан ҭагылазаашьоу иахьа адгьыл аҿы иҟоу, насгьы иарбан зҵаарақәоу уи ицәырнаго?
3 Зегь рыла иубарҭоуп Анцәа игәҭакы макьана ишынамӡац. Ауаа иахьа ичмазаҩхоит, иԥсуеит, еибашьуеит, насгьы дара-дара нибарҵәоит. Аха Анцәа иҭахымызт ауаа абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы инхаларц! Иҟалазеи нас? Изынамӡазеи Анцәа игәҭакы? Иарбанзаалак аҭоурыхтә шәҟәы иалшом абри азҵаара аҭак аҟаҵара, избанзар уи зегь зыхҟьаз ажәҩан аҿы иҟалаз ахҭысқәа роуп.
АНЦӘА АҾАГЫЛАҨ ДЫШИОУЗ
4, 5. а) Илацәажәодаз Ева амаҭ ихы иархәаны? б) Дышԥаҟалои зыламыс цқьоу, ибзиоу ауаҩы дӷьычны?
4 Абиблиа актәи ашәҟәаҿы иануп Едемтәи абаҳчаҿы Анцәа иҿагылаз иӡбахә. Иара «амаҭ» ҳәа ишьҭоуп, аха аԥстәы акәӡам зыӡбахә ҳәоу. Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәаҿы иара «аџьныш, аҩысҭаа... адунеи зегьы зжьахьаз» ҳәа ихьӡ ҳәоуп. Иара убас уи изы иҳәоуп «ажәытә маҭ» ҳәа (Аҟазаара [Бытие] 3:1; Аатра 12:9). Акыр зымчыз амаалықь — иумбо адоуҳатә шамҭа — амаҭ ихы иархәаны Ева длацәажәеит. Уи еиԥшын акьанџьа ырхәмаруа, иара иакәымкәа акьанџьа цәажәозшәа ҟазҵо ауаҩы. Уи амаалықь дыҟан Анцәа ауаа рзы адгьыл анирхиоз (Иов [Иов] 38:4, 7).
5 Иегова ишамҭақәа зегь наӡазар, дабантәааи нас Аҩсҭаа Аџьныш? Ажәакала иаҳҳәозар, акыр зымчу Анцәа идоуҳатә ԥацәа руаӡәк ихала Аџьныш иакәхеит. Изыҟалазеи ус? Зыламыс цқьоу ауаҩ бзиа дӷьычхар ауеит. Изыхҟьозеи уи? Ауаҩы игәаҵаҿы ицәырҵуеит ииашам агәазыҳәара. Ауаҩы игәазыҳәара иазирҳалар, насгьы еснагь дазхәыцлар, уи убриаҟара иӷәӷәахар ҟалоит, ауаҩы ишааиқәманшәалахаз еиԥш уи анагӡара иҽазишәоит. (Шәаԥхьа Иаков 1:13—15.)
6. Дышԥаҟалеи акыр зымчу Анцәа идоуҳатә ԥа Аҩсҭаа, насгьы Аџьныш иакәны?
6 Аҩсҭаа Аџьнышгьы ихьыз убриоуп. Иара иаҳауан Анцәа Адами Евеи адҵа шриҭаз ахәыҷқәа рхылҵларц, насгьы адгьыл ықәдырҭәааларц (Аҟазаара [Бытие] 1:27, 28). Иҟалап иара дхәыцуазҭгьы: «Арҭ ауаа зегь, Анцәа иакәымкәа, сара сымаҵ рулар рылшон!» Иара игәаҵаҿы еизирҳауа далагеит ииашамыз ари агәаҳәара. Аҵыхәтәаны иара Ева дижьеит, насгьы Анцәа дирџьеит. (Шәаԥхьа Аҟазаара [Бытие] 3:1—5.) Абас ала иара Аџьныш иакәхеит, уи иаанагоит «ацәгьаҳәаҩ», насгьы Аҩсҭаа иакәхеит, уи иаанагоит «аҿагылаҩ».
7. а) Изыԥсызеи Адами Евеи? б) Избан Адам ихылҵыз зегь зажәуа, насгьы изыԥсуа?
7 Аҩсҭаа Аџьныш гызмалрала, насгьы мцҳәарала Адами Евеи Анцәа иԥҟара еиларгартә ҟаиҵеит (Аҟазаара [Бытие] 2:17; 3:6). Дара Анцәа иахьизымӡырҩыз азы, агәҽанызаара шриҭахьаз еиԥш, аҵыхәтәаны иԥсит (Аҟазаара [Бытие] 3:17—19). Агәнаҳа аныҟаиҵа, Адам анаӡара ицәыӡит, убри азы ихылҵыз зегьы иара иҟынтә агәнаҳа рҭынхеит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 5:12.) Адам даҿурԥшыр алшоит иҭаҽылоу ача зларӡуа аҭра. Изеиԥшрахозеи иҭаҽылоу аҭраҿы иӡу ача? Ача еснагь иҭаҽыланы, ма агра аманы иҟалалоит. Убри еиԥш, дарбанзаалак ауаҩы иҭынхеит «агра» инаӡам Адам иҟынтә. Убри азоуп ауаа зегь зажәуа, насгьы изыԥсуа (Римаа рахь 3:23).
8, 9. а) Иарбан ха́роу Аҩсҭаа Анцәа идиҵаз? б) Избан Анцәа аҿагылаҩцәа агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахь иаразнак изықәимхыз?
8 Аҩсҭаа аҿагылара шьҭихит, Анцәа иҿаԥхьа Адами Евеи агәнаҳа аҟаҵара ргәы аназҭеиҵа. Уи ала иара Анцәа инапхгара даҿагылеит. Даҽакала иуҳәозар, Аҩсҭаа ишьақәирӷәӷәон: «Анцәа — иҽеим напхгаҩуп. Иара ауаа ижьоит, насгьы урҭ бзиарас ирымоу зегь рымихуеит. Ауаа Анцәа инапхгара адагьы инхалар рылшоит. Дара рхала еилыркаар рылшоит ацәгьеи абзиеи закәыҵәҟьоу. Урҭ еиҳа ирзеиӷьхоит напхгаҩыс сара сҟалар». Аҭак шԥеиҭеи Анцәа Аҩсҭаа иҟаиҵаз ахарадҵара? Џьоукы ирҳәоит Анцәа урҭ аҿагылаҩцәа ықәихыр ихәҭан ҳәа. Аха Аҩсҭаа Анцәа идиҵаз ахара уи аҭак ҟанаҵозма? Ишьақәнарӷәӷәозма уи Анцәа инапхгара зегьы ишреиӷьу?
9 Инаӡоу аиашара злоу Иегова аҿагылаҩцәа агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахь, иаразнак рыԥсҭазаара иалимхӡеит. Иаҭахын аамҭа, Аҩсҭаа иҟаиҵаз ахарадҵара аҭак аҭаразы, насгьы иара дшымцҳәаҩу ашьақәырӷәӷәаразы. Убри азоуп Анцәа изиаҩижьыз ауаа рнапхгаратә формақәа ҟарҵарц, насгьы ԥыҭраамҭак Аҩсҭаа инырраҿы иаанхарц. Ари ашәҟәы 11-тәи ахаҿы иаҳәоит избан Иегова абас зыҟаиҵаз, насгьы ари азҵаара аӡбаразы абриаҟара аамҭа залихыз. Уажәы уааи ҳазхәыцып: ииашоума иҟарҵаз Адами Евеи, дара рзы ибзиоу акгьы ҟазымҵаз Аҩсҭаа иҳәатәы ахьхарҵаз? Ииашазма дара рганахь ала ихарҵар аԥсҭазаара рызҭаз, насгьы зегь рыла ирхылаԥшуаз Иегова игәымбылџьбароу мцҳәаҩуп ҳәа? Зыгәра угарыдаз уара?
10. Ишԥаулшо уара Иегова иган аанкылара?
10 Ари даара акрызҵазкуа зҵаарақәоуп, избанзар дарбанзаалак ауаҩы ихатә алхра иԥеиԥшуп. Уара Иегова иган аанкылара алшара умоуп. Уара иулшоит иара Напхгаҩыс идкылара, насгьы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу ашьақәырӷәӷәара (Аԥсалом 72:28 [73:28, АдҾ]; шәаԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 27:11). Аха, рыцҳарас иҟалаз, ари адунеи аҿы уи аҩыза алхра ҟазҵо ауаа рацәам. Иаа́нагома уи Аҩсҭаа адунеи напхгара азиуеит ҳәа? Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
НАПХГАРА АЗЫЗУАДА АРИ АДУНЕИ?
Илшарызма Аҩсҭаа адунеи аҳрақәа зегь Иисус идгалара, уи зегь иара итәымызҭгьы?
11, 12 а) Ишԥашьақәнарӷәӷәо Иисус иԥышәара иазку ажәабжь ари адунеи Аҩсҭаа ишитәу? б) Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу еиҭа иҟоу, Аҩсҭаа ари адунеи напхгаҩыс дшамоу узырбо?
11 Иисус агәра ганы дыҟан ари адунеи аҳәынҭқар Аҩсҭаа шиакәыз. Ҽнак зны Аҩсҭаа илшара ду ихы иархәаны, Иисус иирбеит «адунеи аԥсҳарақәа, урҭ рыхьӡ-рыԥша». Иара дақәиргәыӷит: «Абарҭқәа зегьы Уара иуаҭәасшьоит, асаара уҽкажьны усеихырхәозар» (Матфеи 4:8, 9; Лука 4:5, 6). Уазхәыц: адгьыл аҳрақәа Аҩсҭаа итәымызҭгьы, иҟаларызу уи Иисус изы иԥышәараны? Иисус мап ацәикуамызт адунеи аҳәынҭқаррақәа зегьы Аџьныш имчра аҵаҟа ишыҟоу. Уи убас иҟамызҭгьы, Иисус хымԥада уи аӡбахә иҳәон.
12 Ҳәарада, Иегова — зегьзымчу Нцәоуп, насгьы Адунеи зегь Зшаз иоуп (Аатра 4:11). Аха Абиблиаҿы џьаргьы иҳәаӡам иара, ма Иԥа Иисус Христос, адунеи напхгара азыруеит ҳәа. Уи аҭыԥан Иисус еилыкка иаҳирбеит «ари аԥсабара аҳ» — Аҩсҭаа шиакәу (Иоанн 12:31; 14:30; 16:11). Абиблиаҿы иара убас Аҩсҭаа Аџьныш «ари аамҭа анцәахәы» ҳәа ишьҭоуп (2 Коринфаа рахь 4:3, 4). Абар апостол Иоанн ииҩыз Аҩсҭаа изы: «Адунеи зегьы Ацәгьа имчра аҵаҟа иҟоуп» (1 Иоанн 5:19, АдҾ).
ИШԤАҚӘХХО АҨСҬАА ИДУНЕИ?
13. Избан иҟамлар ԥсыхәа замам иҿыцу, ииашоу адунеи?
13 Есышықәса адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ишәарҭахоит. Зехьынџьара аибашьрақәеи ацәгьоурақәеи ыҟоуп. Аиашара злам аполитикцәеи агәыҩбара злоу адиннапхгаҩцәеи рхарала ауаа агәаҟра иаҿуп. Адунеи аҿы иҟоу узыԥсахуам. Абиблиаҿы иаҳәоит ииашоу аибашьра Армагеддон аҿы Анцәа иаарласны ишықәихуа ацәгьара злоу ари адунеи. Убасҟан иҟалоит иҿыцу, ииашоу адунеи (Аатра 16:14—16).
14. Иаиҭада Анцәа Иаҳра Хадас, насгьы уи заа ишԥаҳәаз?
14 Анцәа Иегова жәҩантәи Иаҳра, ма иҳәынҭқарра Хадас даиҭеит иԥа Иисус Христос. Абиблиаҿы заа иҳәан: «Ҳара ҳҿы ахәыҷы диит, ҳара аԥа дҳаҭоуп. Ижәҩахыр иқәҵахоит аҭауадратә напхгара. Иара ихьӡырҵоит... адунеи Аҭауад ҳәа. Инарҭбааны иалаҵәоит иара иҭауадратә напхгара, аҭынчрагьы нҵәаӡом» (Исаиа [Исаия] 9:6, 7). Иисус идирҵон убри аҳәынҭқарразы Анцәа иҳәара: «Иааиааит Уара Уԥсҳара; иҟалааит угәаԥхара, хыхь, ажәҩан аҿ аиԥш, ҵаҟа адгьыл аҿгьы» (Матфеи 6:10). Ари ашәҟәы ухы иархәаны Абиблиа аҵара уаҿызар, уара еилукаауеит ауаатәыҩса рҳәынҭқарра аҭыԥан иаарласны Анцәа Иаҳра шыҟало. (Шәаԥхьа Даниил [Даниил] 2:44.) Убасҟан адгьыл зегь џьанаҭхоит.
АДУНЕИ ҾЫЦ ААИГӘОУП!
15. Изакәызеи «адгьыл ҿыц»?
15 Абиблиа агәра ҳнаргоит: «Иара ҳазлақәиргәыӷыз ала, ҳазыԥшуп аиашара ахьыҟазаауа ажәҩан ҿыци, адгьыл ҿыци» (2 Пиотр 3:13, АдҾ; Исаиа [Исаия] 65:17). Зны-зынла Абиблиаҿы ажәа «адгьыл» иаанагоит уа инхо ауаа (Аҟазаара [Бытие] 11:1). Убри аҟынтә ииашоу «адгьыл ҿыц» — ари Анцәа дыззыразу ауаа роуп.
16. Иарбан хәы змам ҳамҭоу Анцәа иҳадигало, насгьы иҳаур шԥаҳалшо уи ҳара?
16 Иисус ҳақәиргәыӷит Анцәа дыззыразхо ауаа адунеи ҿыц аҟны «наӡаӡатәи аԥсҭазаара» ҳамҭас ишроуа (Марк 10:30). Ҳуҳәоит, иаарты Иоанн 3:16, насгьы 17:3. Арҭ ажәеинраалақәа рҿы уаԥхьар улшоит Иисус иажәақәа рыла наӡаӡа анхаразы иҟаҵалатәу. Уажәшьҭа уааи ҳахәаԥшып иарбан зылԥхарақәоу ирзыԥшу Џьанаҭ дгьыл аҿы инхало ауаа.
17, 18. Избан ҳара агәра заҳго адгьыл аҿы аҭынчреи ашәарҭадареи шыҟало?
17 Иҟалаӡом ацәгьара, аибашьрақәа, ацәгьоурақәа, насгьы ақәымчрақәа. «Маҷк ауп иаанхаз амцқьа дықәӡаарц азы. . . Адгьыл ртәхоит асыс мҟаа иаҩызоу» (Аԥсалом 36:10, 11 [37:10, 11, АдҾ]). Адунеи аҿы аҭынчра ҟалоит, избанзар Анцәа «адгьыл ахы инаркны аҵыхәанӡа еибашьрас иҟаз зегь ааникылт» (Аԥсалом 45:10 [46:9, АдҾ]; Исаиа [Исаия] 2:4). Усҟан «дӷьацалоит аиаша иашьҭоу, аҭынчра ыҟазаауеит амза ажәҩанаҿ ицәырҵуанаҵ», уи цәырҵлоит наӡаӡа! (Аԥсалом 71:7 [72:7, АдҾ]).
18 Иегова имаҵзуҩцәа ашәарҭадара ахьыҟоу инхалоит. Ажәытә израильаа Анцәа изыӡырҩуанаҵы, рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагыламызт (Алевит [Левит] 25:18, 19). Ишԥассирхо адунеи ҿыц аҿы ауаа шәарҭарада иахьынхало! (Шәаԥхьа Исаиа [Исаия] 32:18; Михеи [Михей] 4:4.)
19. Иабантәаадыруеи ҳара Анцәа идунеи ҿыц аҟны ибарақьаҭу афатә шыҟало?
19 Уаҳа иҟалом амлакра. «Аарыхра беиа ҟалоит иара идгьылаҿ, ашьхақәа рықәцәақәа рыҿгьы»,— ҳақәнаргәыӷуеит Абиблиа (Аԥсалом 71:16 [72:16, АдҾ]). Анцәа Иегова дырзылԥхоит ииашоу ауаа, насгьы «адгьыл иара ашәыр» рнаҭалоит (Аԥсалом 66:7 [67:6, АдҾ]).
20. Избан агәра ҳгар зҳалшо адгьыл зегь џьанаҭны ишыҟало?
20 Адгьыл зегь џьанаҭхоит. Иԥшӡоу, иҿыцу аҩнқәа, насгьы зыфҩы лаҳа-лаҳауа абаҳчақәа адгьыл дырԥшӡалоит, агәнаҳа злоу ауаа иахьа иԥхасҭартәуа. (Шәаԥхьа Исаиа [Исаия] 65:21—24; Аатра 11:18.) Аамҭа анҵлак, адгьыл зегь, Едемтәи абаҳча еиԥш, иссирны ишәҭны иҟалоит. Анцәа дааҟәымҵӡакәа инапы ааиртлоит, насгьы «ԥсы зхоу зегьы ргәы» ирҭәлоит (Аԥсалом 144:16 [145:16, АдҾ]).
21. Иабантәаадыруеи ҳара ауааи аԥстәқәеи ҭынч ишеицынхало?
21 Ауааи аԥстәқәеи ҭынч еицынхалоит. Абнатә, насгьы аҩнатә ԥстәқәа еицҳәлоит. Ахәыҷқәаҵәҟьагьы иахьа ишәарҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡо аԥстәқәа ирцәымшәо иҟалоит. (Шәаԥхьа Исаиа [Исаия] 11:6—9; 65:25.)
22. Избан ачымазарақәа уаҳа изыҟамло?
22 Ачымазарақәа ҟалаӡом. Иисус адгьыл аҿы данынхоз, аӡәырҩы ихәышәтәуан. Иисус жәҩантәи Анцәа Иаҳра Напхгаҩык иаҳасабала иҵегь еиҳау аџьашьахәы ҟаиҵоит: иара дахылаԥшуеит ауаа зегь агәабзиара рымазарц (Матфеи 9:35; Марк 1:40—42; Иоанн 5:5—9). Убасҟан «дарбанзаалак инхо аӡәгьы иҳәаӡом: „Сара сычмазаҩуп“» (Исаиа [Исаия] 33:24; 35:5, 6).
23. Избан аԥсҭалара игәырӷьахәу аамҭа закәхо?
23 Ҳара иаҳзааигәоу иԥсхьоу ауаа рыԥсы ҭаҵахоит, насгьы урҭ наӡаӡа анхара рылшоит. Анцәа аԥсҭазаарахь ирхынҳәуеит ԥсрала ицәаз, аха игәалашәараҿы иаанхаз зегьы. Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит: «Ииаша-ҵабыргу рнаҩсангьы, агәнаҳа змоу иреиуоугьы иԥсхьоу рахьтә иширгылауазы» (Аусқәа 24:15; шәаԥхьа Иоанн 5:28, 29.)
24. Иарбан цәаныррақәоу иузцәырҵуа, Џьанаҭ дгьыл аҿы анхара шулшо уаназхәыцуа?
24 Закәытә ԥеиԥш лашоузеи ирзыԥшу Иреиҳаӡоу Зегьзшаз Анцәа Иегова иабадырра зыӡбаз, насгьы иара имаҵ аура зҭаххаз! Иисус иааигәара икнаҳаз, аԥсра иаҿыз ацәгьоуҩы дақәиргәыӷит: «Џьанаҭ усыцҟалоит» (Лука 23:43). Иисус зыӡбахә иҳәоз ԥхьаҟатәи Џьанаҭ дгьыл акәын. Шаҟа ихадоузеи абарҭ иссиру ақәыргәыӷрақәа зыла инагӡахо Иисус Христос иҵегь еиӷьны иеилкаара.