Шәлахҿыхыз! Аҩсҭаа шәылбааидарц иҭахуп
«Шәлахҿыхыз, избанзар аҩысҭаа, шәара шәаӷа, шәыкәша-мыкәша алым аиԥш дыцхлымуеит, шәахьылбааидаша дашьҭоуп» (1 ПИОТ. 5:8).
1. Иҳаилшәыркаа доуҳатә шамҭак дшаҩысҭаахаз.
ИҞАН аамҭа, Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа анбзиаз. Аха ҽнак зны иара даараӡа иҭаххеит ауаа иара имҵахырхәаларц. Ииашамыз ари агәаҳәара аиааира аҭыԥан, иара уи аизырҳара далагеит, уи еизҳауан, аҵыхәтәаны агәнаҳахь днанагеит (Иак. 1:14, 15). Зыӡбахә ҳҳәо Аҩсҭаа ҳәа ирдыруа доуҳатә шамҭоуп. Уи «иҽизнымкылт алашараҿ», Иегова диҿагылеит, «амц абыс» даиуит (Иоан. 8:44).
2, 3. Дышԥаадырԥшуеи ажәақәа «Аҩсҭаа», «Аџьныш», «амаҭ», «агәылшьап» Иегова иаӷа ду?
2 Аҩсҭаа Иегова даниҿагыла, уи Иегова иаӷа ду иакәхеит. Уи адагьы, иара ауаагьы дырҩызаӡам. Аҩсҭаа Абиблиа иӡбахә шаҳәо ала, иаҳбоит шаҟа дҽеим. Ажәа «Аҩсҭаа» иаанагоит «аҿагылаҩ», иаанарԥшуеит ицәгьаз ари адоуҳатә шамҭа Анцәа имчра адгылара ацымхәрас уи шицәымӷу, насгьы ӷәӷәала дшаҿагыло. Аҩсҭаа зегь реиҳа ииҭаху Иегова имчра аҵыхәтәа ԥҵәарц ауп.
3 Аатра 12:9 аҟны Аҩсҭаа Аџьныш ҳәа ихьӡ аҳәоит, уи иаанагоит «ацәгьа азҳәаҩы». Уи ҳара иаҳгәаланаршәоит Аҩсҭаа Иегова амцҳәаҩ ихьӡҵаны ихьӡ шыбжьихыз. Ажәақәа «ажәытә маҭ» иаҳгәаланаршәоит Едемтәи абаҳчаҿы угәы узырхьуа ахҭыс, Аҩсҭаа амаҭ ихы иархәаны Ева данижьаз. Ажәақәа «агәылшьап ду» ухаҿы иааргоит иҿаасҭоу ацәыршәага. Уи Аҩсҭаа Иегова игәҭакы аиҵаҟьареи ижәлар рықәгареи агәаҳәара ӷәӷәа шимоу узырбо хаҿсахьоуп.
4. Еилҳаргозеи ҳара ари астатиаҿы?
4 Еилкаауп Аҩсҭаа зегь раасҭа ашәарҭара иҭаиргыло ҳацқьара шакәу. Убри аҟынтә иџьашьатәым Абиблиа агәҽанызаара ахьаҳнаҭо: «Шәҟәышыз, шәлахҿыхыз, избанзар аҩысҭаа, шәара шәаӷа, шәыкәша-мыкәша алым аиԥш дыцхлымуеит, шәахьылбааидаша дашьҭоуп» (1 Пиот. 5:8). Ҳара ари агәҽанҵара ҳгәаларшәо, Иеговеи уи ижәлари нышәара зқәым раӷа иҿагылара шаҟа ихадоу аазырԥшуа Аҩсҭаа имоу х-ҟазшьак еилҳаргоит.
АҨСҬАА ДЫӶӘӶӘОУП
5, 6. а) Иаажәга адоуҳатә шамҭақәа амч ӷәӷәа шрымоу аазырԥшуа аҿырԥштәқәа. б) Ишԥаилшо Аҩсҭаа «аԥсра аҳас иамоу» иакәны аҟалара?
5 Амаалықьцәа — «зымч ӷәӷәоу» доуҳатә шамҭақәоуп (Ԥс. 103:20). Урҭ ауаа раасҭа даара иҟәышуп, насгьы иӷәӷәоуп. Анцәа изиашоу амаалықьцәа рымч рхы иадырхәоит игәаԥхара анагӡаразы. Иаҳҳәап, ҽнак зны Иегова имаалықь 185 000-ҩык ассириатәи аруаа ишьит. Уи ауаа рҟынтәи аӡәымзар-аӡәгьы илшарымызт, ар азгьы уи даара ицәгьахон (2 Аҳ. 19:35). Даҽазны амаалықь имч дуи иҟазарақәеи ихы иаирхәеит, Иисус иапостолцәа абахҭа аҟынтәи иҭигарц. Иара аԥынгыларақәа дырхысны, ашәқәа ааиртит, апостолцәа ахақәиҭра рыҭаны иоуижьын, ашәқәа аиркит. Абри зегьы ахьчацәа зынӡа ааигәа ишыҟаз иҟалеит! (Аус. 5:18—23).
6 Ииашоу адоуҳатә шамҭақәа рымч рхы иадырхәоит абзиара аҟаҵаразы, Аҩсҭаа — ацәгьа аҟаҵаразы. Иара даара дыӷәӷәоуп, акыргьы илшоит. Абиблиа уи иӡбахә аҳәоит «аԥсабара аҳ», насгьы «ари аамҭа анцәахәы» ҳәа (Иоан. 12:31; 2 Кор. 4:4). Иара убасгьы Ауриацәа рахь 2:14 иануп «аԥсра аҳас иамоу» Аҩсҭаа иоуп ҳәа. Иаанагозеи уи? Уи ихаҭа еснагь ауаа ишьуеит ҳәа акәӡам. Аха иара илоу агәымбылџьбареи ақәымчреи адунеи зегь иалаҵәаны иҟоуп. Уи адагьы, Ева Аҩсҭаа ииҳәаз амц агәра лгеит, Адамгьы идырны Анцәа иҳәатәы дахыԥеит, агәнаҳаи аԥсреи ауаатәыҩса зегьы ирыхьӡеит (Рим. 5:12). Абасала Аҩсҭаа «аԥсра аҳас иамоу» иакәхоит. Иисус уи дуаҩшьҩуп ҳәа ихәҭаҵәҟьаны изиҳәеит (Иоан. 8:44). Ааи, ҳара ҳаӷа, Аҩсҭаа ииашаҵәҟьаны амч имоуп.
7. Рхы ишԥадырхәо адемонцәа ирымоу амч?
7 Аҩсҭаа ҳаиҿагылар, ҳара Анцәа имчра иаҵанакуа азҵаараҿы Аҩсҭаа идгылазгьы ҳарҿагылоит, иара убас Анцәа иҿагылаз адоуҳатә шамҭақәа ргәыԥ ду, адемонцәагьы уахь иналаҵаны (Аатр. 12:3, 4). Арҭ ашамҭақәа ауаа дыргәаҟларц азы рымч ду рхы иадырхәоит (Матф. 8:28—32; Мар. 5:1—5). Ицәгьоу арҭ амаалықьцәеи, мамзаргьы «аҩысҭаацәа раҳ» ихаҭеи рымч маҷшьатәым (Матф. 9:34). Иегова ицхыраарада ҳара Аҩсҭаа иҿагылараҿы аиааира ҳазгаӡом.
АҨСҬАА РЫЦҲАШЬАРА ИЛАМ
8. а) Ииҭахузеи Аҩсҭаа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Ишԥаанарԥшуеи ари адунеи рыцҳашьара злам Аҩсҭаа игәазыҟашьа, шәара шәгәаанагарала?
8 Апостол Пиотр Аҩсҭаа «ицхлымуа» алым даҿирԥшит. Еилыркаагак ишаҳәо ала, абырзен ажәа «ицхлымуа» «имлашьуа агыгшәыг аӷыӷбыжь» аанарԥшуеит. Шаҟа ииашаны ианыԥшуазеи уи Аҩсҭаа игәазыҟашьа! Адунеи зегь инапаҿы ишыҟоугьы, иара дазгәыҳәуеит иахьынӡаилшо ауаа рацәаҩны илбааидарц (1 Иоан. 5:19). Адунеи иара изы ицыфоуп. Иара иҭахуп ихадоу афатә — макьана адгьыл аҿы иҟоу Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа, насгьы урҭ ирыцхраауа «егьырҭ ауасақәа» (Иоан. 10:16; Аатр. 12:17). Аҩсҭаа иҭахуп Иегова ижәлар ықәихырц. Актәи ашәышықәса инаркны Христос ишьҭанеицәа зықәшәо ашьҭашәарыцарақәа иаадырԥшуеит Аҩсҭаа шаҟа рыцҳашьара илам.
9, 10. а) Иҽшԥазишәоз Аҩсҭаа Анцәа игәҭакы анагӡара аԥырхагахара, ажәытә инхоз израильаа анырра рыҭо? (Иаажәга аҿырԥшы.) б) Избан Аҩсҭаа еиҳарак ажәытәтәи Израиль цәҟьарас изыҟаиҵаз? в) Дышԥазыҟоу, шәгәаанагарала, Аџьныш Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵо?
9 Аҩсҭаа иҽырцәгьаны Анцәа игәҭакы анагӡара даԥырхагахарц дашьҭоуп. Имлашьуа алым изеишәарыцо рыцҳанашьаӡом. Аԥыхьашәа анаклак, рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа иашьуеит. Убасҵәҟьа Аҩсҭаа илбааидарц ииҭаху рыцҳаишьаӡом. Шәазхәыц, дабаҟаз Аҩсҭаа ажәытә израильаа асексуалтә гәаԥхашәадареи аԥсыцәгьареи рыкаҭа ианаҿашәа? Ауаҩы ԥхамшьа Зимри ихымҩаԥгашьеи Гиези иԥсымҭәреи иҽеимыз аус ахь ишнанагаз атәы шәанаԥхьо, «ижәбома» шәара Аҩсҭаа, ицхлымуа алым, иигаз аиааира дшеигәырӷьо? (Ахыԥхь. 25:6—8, 14, 15; 2 Аҳ. 5:20—27).
Аҩсҭаа дгәырӷьоит, Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтәи аӡәы агәнаҳа аныҟаиҵо (Шәахәаԥш абзац 10.)
10 Аҩсҭаа ажәытәтәи Израиль цәҟьарас ус баша иҟаимҵаӡеит. Убри ажәлар аҟны ауп Мессиа дцәырҵраны дахьыҟаз — Аҩсҭаа дҭазырхо, насгьы Иегова имчра закәанла ишьақәзырӷәӷәо (Аҟаз. 3:15). Аџьныш иҭахымызт израильаа еизҳазыӷьо иҟазарц, насгьы ари ажәлар агәнаҳа иалаиҟьашьырц имаз игәҭакы цәгьақәа аанижьуамызт. Шәгәы иаанамган Давид агәнаҳа аныҟаиҵа, уи хьаас диман ҳәа. Уи Моисеи иахьгьы агәрыцҳашьара ааирԥшуамызт, Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ари аԥааимбар анеира данаԥсамха. Аха Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтәи аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵалак, Аҩсҭаа дгәырӷьоит. Ари зегьы Аҩсҭаа алшара инаҭоит Иегова аҽыԥныҳәа иҭара (Ажәам. 27:11).
11. Избан Аҩсҭаа Сарра ауадаҩра ӷәӷәақәа дызрықәиршәоз?
11 Еиҳараӡак Аҩсҭаа ӷацәас иман Мессиа дызхылҵраны иҟаз ашьҭра. Иаҳгәалаҳаршәап Иегова «ажәлар дуӡӡа» ухылҵуеит ҳәа Авраам ианиеиҳәа ашьҭахь ԥыҭк мҵыкәа иҟалаз ахҭыс (Аҟаз. 12:1—3). Авраами Сарреи Мысра ианыҟаз, афараон Сарра иҩныҟа дигеит. Еилукаартә иҟоуп иара диԥҳәысхарц шиҭахыз. Аха Иегова имариамыз ари аҭагылазаашьа иақәшәаз Сарра дихьчеит. (Шәаԥхьа Аҟазаара 12:14—20.) Ари иеиԥшыз ахҭыс ҟалеит Герар, Исаак иира ԥыҭк шагыз (Аҟаз. 20:1—7). Аҩсҭаа иоума абарҭ зегь зхараз? Дақәгәыӷуазма иара ибеиаз ақалақь Ур аанзыжьыз, насгьы ақьалақәа рҿы анхара иалагаз Сарра афараони Авимелехи рханқәа дхырхуеит ҳәа? Дхәыцуазма Аҩсҭаа Сарра лхаҵеи Иеговеи ԥсахны акалҭбааԥсратә ҭаацәалазаара далалоит ҳәа? Абиблиаҿы уи аартны иҳәаӡам, аха ҳара агәра ҳзырго амзызқәа ҳамоуп Сарра изқәыргәыӷыз ахылҵ ишьҭра даԥсамкәа дҟалазҭгьы, Аџьныш уи даара дшеигәырӷьоз. Аҩсҭаа зынӡаск хьаас имамызт Анцәа ицәшәоз ари аԥҳәыс лҭаацәалазаареи лрепутациеи, насгьы Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахар ахьалшоз. Ииашаҵәҟьаны, Аҩсҭаа рыцҳашьарак илам!
12, 13. а) Ишԥааирԥши Аҩсҭаа арыцҳашьара шилам Иисус дании ашьҭахь? б) Дышԥарзыҟоу Аҩсҭаа Иегова бзиа дызбо, насгьы имаҵ аура зҭаху ахәыҷқәа, шәара шәгәаанагарала?
12 Ашәышықәсақәа ҵхьан еиԥш, адгьыл аҿы диит Иисус. Аҩсҭаа ари асаби хазына иира игәы иахәон ҳәа узҳәом. Аҩсҭаа идыруан Иисус, заа ишҳәаз еиԥш, аҵыхәтәаны Мессиа иакәны дшыҟало. Ииашаҵәҟьаны, Иисус Авраам ихылҵшьҭраҿы ихадоу аҭыԥ аанызкылоз, «аҩысҭаа иусқәа реиҵаҟьаразы» иаараны иҟаз аӡә иакәны дыҟан (1 Иоан. 3:8). Дазхәыцуазма Аҩсҭаа ахәыҷы иԥсҭазаара имхра — ари даара игәымбылџьбароуп ҳәа? Мап, Аџьныш рыцҳашьара илам, насгьы иара изы еилых ыҟам, аӡәгьы хьаас димам. Иара Иисус дшыԥшқаз дықәигарц иӡбеит. Аха ишԥа?
13 Ҽнак зны астрологцәа аҳ Ирод иахь неины иазҵааит: «Дабаҟоу ииз Аиудеиаа Рыԥсҳа?» Арҭ ажәақәа аниаҳа, Ирод агәҭынчымра изцәырҵит, насгьы Иисус дишьырц игәы иҭеикит (Матф. 2:1—3, 13). Иара хымԥада игәҭакы наигӡаҵәҟьарц азы, адҵа ҟаиҵеит Вифлеем, насгьы уи акәша-мыкәша инхоз ҩышықәса рҟынӡа зхыҵуаз аҷкәынцәа зегьы ршьырц. (Шәаԥхьа Матфеи 2:13—18.) Иԥшқаз Иисус аԥсра дацәыхьчан. Аха еилаҳкаауазеи ҳара Аҩсҭаа изкны угәы узырхьуа арҭ ахҭысқәа рҟынтәи? Еилкаауп иара изы ауаҩы иԥсҭазаара акгьы ишаԥсам. «Алым еиԥш ицхлымуа» Аҩсҭаа ахәыҷқәа рахьгьы арыцҳашьара ааирԥшӡом. Ахаангьы ишәхашәмыршҭлан уи шаҟа арыцҳашьара илам!
АҨСҬАА ДГЬАНГЬАШУП
14, 15. Ишԥаирлашәи Аҩсҭаа ауаа рыхшыҩ?
14 Аҩсҭаа ауаа абзиабара аазырԥшуа Анцәа Иегова иҿаиргылар шилшо мцҳәарыла мацара ауп (1 Иоан. 4:8). Игьангьашу амц ихы иархәаны, Аџьныш ауаа рдоуҳатә ҭахрақәа реилкаара даԥырхагоуп (Матф. 5:3). Иара ауаа рыхшыҩ ирлашәит, урҭ «агәырӷьажәа иахылҵуа алашара — Христос илашара, ихьӡ-иԥша рбараны, ирнырраны иҟаӡам, Уи — збара ҳалымшо Анцәа дихаҿроуп» (2 Кор. 4:4).
15 Еиҳараӡак Аҩсҭаа ауаа злеижьо азнеишьақәа ируакуп амцтә динхаҵара. Шаҟа дгәырӷьозеи иара ауаа Иегова, «инагӡоу азиашара» ааҳарԥшларц зҭаху иакәымкәа, иԥсхьоу, аԥсабара, аԥстәқәа — изакәызаалакгьы акы, ма аӡәы ианрымҵахырхәо (Ақәҵ. 20:5). Анцәа ишахәҭоу еиԥш ҳимҵахырхәоит ҳәа зыԥхьаӡо рҟынтәи аӡәырҩы амцхаҵарақәеи хәарҭа злам ақьабзқәеи итҟәаны ирымоуп. Дара арыцҳара иақәшәеит ажәытә инхоз израильаа реиԥш, урҭ Иегова абас реиҳәеит: «Изышәшәозеи шәара аԥара ичам азы, насгьы изыжәбозеи аџьабаа агәахәара шәзаазымго азы? Шәыхшыҩ азышьҭны шәысзыӡырҩы, афатә бзиа шәфала, шәыԥсы иреиӷьу афатә агәахәара азаанагалааит» (Ис. 55:2).
16, 17. а) Избан Иисус Пиотр изиеиҳәаз: «Усԥырыцқьа наҟ, аџьныш!»? б) Ишԥаилшо Аҩсҭаа амц ихы иархәаны агәҽанызаара ҳацәирӡыр?
16 Аҩсҭаа Иегова изиашоу имаҵзуҩцәагьы ижьар илшоит. Ҽнак зны Иисус иҵаҩцәа заа ишреиҳәаз иаарласны дшыршьуа. Апостол Пиотр уи аганахь днаскьеиган, хымԥада абзиара изеиӷьишьон аҟынтә, ус иеиҳәоит: «Ухы рыцҳашьа, Иҳақәиҭу! абарҭқәа Уара иуԥеиԥшхарым!» Иисус инақәырӷәӷәаны аҭак ҟаиҵеит: «Усԥырыцқьа наҟ, аџьныш!» (Матф. 16:22, 23). Избан Иисус Пиотр Аџьныш ҳәа зиеиҳәаз? Иисус ибзианы идыруан иҟалараны иҟаз: иааигәахон аҿыхратә ԥсхҭынҵара аҳасабала иԥсҭазаара анақәиҵоз асааҭ, уи ала Аџьныш дшымцҳәаҩу анышьақәирӷәӷәоз. Ауаатәыҩса рҭоурых аҿы акрызҵазкуаз аамҭа аан Иисус изы ахрыцҳашьара иаамҭамызт. Усҟан Аҩсҭаа еиҳарак дыԥшын Иисус агәҽанызаара ицәыӡуеит ҳәа.
17 Ҳаргьы ари адунеи аҵыхәтәа даара ианааигәоу аамҭа цәгьақәа раан ҳанхоит. Аҩсҭаа иҭахуп ҳагәҽанызаара ԥсыҽхарц, ҳхы рыцҳаҳшьаларц, насгьы ҳанынхо аамҭа ҳхаршҭны ари адунеи аҿы аманшәалара ҳашьҭаларц. Уи аҩыза шәыхьыртә иалшәмыршан! Шәлахҿыхыз! (Матф. 24:42). Аҩсҭаа игьангьашу ипропаганда ихы иархәаны, ари адунеи аҵыхәтәахьы макьана инеиӡом, ма зынӡаск иҟалаӡом ҳәа агәра ҳиргарц иҭахуп. Ииҳәо хашәымҵан!
18, 19. а) Ишԥаилшо Аҩсҭаа ҳара иҳазку имцу аинформациа агәра ҳиргар? б) Дышԥаҳацхраауеи Иегова агәҽанызаара ахьчареи алахҿыхра аарԥшреи?
18 Аҩсҭаа даҽа знеишьак алагьы ҳаижьар иҭахуп. Ҳара Анцәа ибзиабара ҳаԥсам, насгьы ҳагәнаҳақәа ҳанаижьӡом ҳәа ҳхәыцлар иҭахуп. Уигьы Аҩсҭаа ипропаганда иахәҭакуп. Аха дызусҭада ииашаҵәҟьаны Анцәа ибзиабара змам? Аҩсҭаа иоуп. Дызусҭада зыгәнаҳақәа Анцәа ииашаҵәҟьаны ахаангьы изанаимыжьуа? Аҩсҭаа иоуп. Абиблиа агәра ҳнаргоит: «Анцәа изалымдароу далаҟам, аиаша-ҵабырг дазгылоуп, Уи шәџьабаақәа ракәзааит, Иара иахь ишәымоу абзиабара акәзааит, акы ихашҭны дыҟаӡам» (Аур. 6:10). Иегова дҳаргәырӷьарц азы иҟаҳҵо ҳҽазышәарақәа даара рыхә ишьоит, насгьы ҳмаҵзура бжьаӡраны иҟам. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:58.) Аҩсҭаа ипропаганда амц шәажьартә алшәмыршан!
19 Ҳара иаҳбеит Аҩсҭаа дшыӷәӷәоу, арыцҳашьара шилам, дшыгьангьашу. Ишԥаҳалшо абас еиԥш иҟоу ишәарҭоу аӷа ииааира? Ҳара ҳзыхьчо дҳамамкәа ҳаҟам. Иажәаҿы Иегова иаҳзааиртуеит Аҩсҭаа иметодқәа, убри аҟынтә «ҳара уи игәҭакқәа ҳзымдыруа ҳаҟаӡам» (2 Кор. 2:11). Ҳара Аҩсҭаа итактика ҳдыруазар, агәҽанызаара аарԥшреи алахҿыхреи ҳзымариахоит. Аха Аҩсҭаа игәҭакқәа баша рдырра азхаӡом. Абиблиаҿы иануп: «Шәиҿагыл аҩысҭаа — усҟан уи дышәԥырҟьаны дцоит» (Иак. 4:7). Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Аҩсҭаа ииааира ахьҳалшо х-ганк.