Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/5 ад. 14—18
  • Шәара Аҩсҭаа шәииааир шәылшоит!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәара Аҩсҭаа шәииааир шәылшоит!
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АԤАГЬАРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
  • АМАТЕРИАЛИЗМИ АРИ АДУНЕИ БЗИА АБАРЕИ ШӘҼЫРЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
  • АГӘАԤХАШӘАДАРА МАП АЦӘЫШӘКЛА
  • АКРЫЧҲАРА АИААИРАХЬ УНАНАГОИТ
  • Шәлахҿыхыз! Аҩсҭаа шәылбааидарц иҭахуп
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Уаӷа ибзианы дудыруаз
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Дызусҭада Аџьныш?
    Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/5 ад. 14—18

Шәара Аҩсҭаа шәииааир шәылшоит!

«Шәыгәрахаҵараҿы шәыӷәӷәаз, уи шәыҽишәымҭан, шәиҿагыл» (1 ПИОТ. 5:9).

ИШԤАҲАЛШО АҨСҬАА ҲАИҾАГЫЛАНЫ...

  • ...аԥагьара ҳҽацәаҳахьчар?

  • ...аматериализм ҳҽацәаҳахьчар?

  • ...агәаԥхашәадара мап ацәаҳкыр?

1. а) Избан иахьа уаанӡа аасҭа Аҩсҭаа иҿагылара зхадоу? б) Иабантәиаадыруеи ари аҿагылараҿы ҳаиааир шҳалшо?

АҨСҬАА адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәеи «егьырҭ ауасақәеи» драбашьуеит (Иоан. 10:16). Аџьныш аамҭа маҷны изынхоит, убри аҟынтә иахьынӡазалшо ала Иегова имаҵзуҩцәа рылбаадара дашьҭоуп. (Шәаԥхьа Аатра 12:9, 12.) Иҳалшома ҳара Аҩсҭаа ииааира? Ҳәарада! Абиблиа иануп: «Шәиҿагыл аҩысҭаа — усҟан уи дышәԥырҟьаны дцоит» (Иак. 4:7).

2, 3. а) Избан Аҩсҭаа изизыманшәалоу дшыҟаҵәҟьоу ала ауаа агәра ахьырымго? б) Иабантәиаадыруеи ҳара Аҩсҭаа дшыҟаҵәҟьоу?

2 Аӡәырҩы Аҩсҭаа ииашаҵәҟьаны дшыҟоу агәра ргаӡом, иахыччоит. Урҭ рзы Аҩсҭааи адемонцәеи ашәҟәқәа, афильмқәа, авидеохәмаррақәа рҿы зыӡбахә рҳәо хыҭҳәаауп. Дара ргәы иаанагоит дарбанзаалак ахшыҩ змоу ауаҩы адоуҳа цәгьақәа шыҟоу агәра игаӡом ҳәа. Игәы иҭыхома Аҩсҭаа идгылои иареи лакәҵас иахьрыхәаԥшуа? Мап! Избанзар Аҩсҭаа дыҟаӡам ҳәа зыԥхьаӡо ауаа рырлашәра еиҳагьы изымариоуп (2 Кор. 4:4). Аҩсҭаа иҽазишәоит адоуҳатә шамҭақәа ыҟам ҳәа ауаа агәра диргарц. Ари Аҩсҭаа ауаа злеижьо азнеишьақәа ируакуп.

3 Аха ҳара, Иегова имаҵзуҩцәа, ҳарҩашьам. Ҳара ибзиаӡаны иаҳдыруеит Аџьныш дшыҟаҵәҟьоу, избанзар иара иоуп Ева амаҭ ихы иархәаны илацәажәоз (Аҟаз. 3:1—5). Аҩсҭаа иоуп Иегова ҽыԥныҳәа изҭоз, ауаҩ иаша Иов ацәгьа изҳәара хықәкыс иҟаҵаны (Иов 1:9—12). Аҩсҭаа иоуп Иисусгьы дԥызшәоз (Матф. 4:1—10). 1914 шықәсазы Анцәа Иаҳра аира ашьҭахь, Аџьныш адгьыл аҿы инхоз Анцәа идоуҳала иалхыз ақьырсианцәа «рабашьра» далагеит (Аатр. 12:17). Ари аибашьра иахьагьы ицоит, насгьы Аҩсҭаа егьырҭ ауасақәеи Анцәа идоуҳала иалху 144 000-ҩык рҟынтә иаанхази рхаҵара рцәыӡырц иҽазишәоит. Имариам ари аиҿагылараҿы ҳаиааирц азы, Аҩсҭаа ҳаиҿагылар, насгьы ҳхаҵараҿы ҳаӷәӷәазар ауп. Ари астатиаҿы ҳара ҳазааҭгылоит ус ахьыҟаҵатәу ҳзырбо х-ганк.

АԤАГЬАРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

4. Излоубарҭоузеи Аҩсҭаа даара аԥагьара шилоу?

4 Аҩсҭаа зынӡаск ахынраалара имаӡам. Иара Иегова имчра аҿагылара игәаӷьит, насгьы Анцәа иҭыԥ ааникыларц иҭаххеит. Ари адоуҳатә шамҭа аԥагьареи ахақәгәыӷреи рыла дҭәуп. Ус анакәха, ҳара Аҩсҭаа иҿагылара ҳалшоит, аԥагьара мап ацәкуа, насгьы ахынраалара аарԥшуа. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:5.) Аха изакәызеи аԥагьара? Ицәгьоу ҟазшьоума ари еснагь?

5, 6. а) Изакәызеи аԥагьара, насгьы ицәгьоу ҟазшьоума иара еснагь? Иҳаилшәыркаа. б) Иарбан ԥагьара хку ишәарҭоу, насгьы иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу уи шьақәзырӷәӷәо?

5 Бызшәақәак рҿы ажәа «аԥагьара» иаанагоит «ахпатуқәҵара», «ухатәы, ма аӡәы иеихьӡарақәа иузаарго агәахәара». Ари аҩыза аԥагьара ицәгьоу ҳәа акгьы алам. Апостол Павел фессалоникаа рахь иҩуан: «Шәыԥхаҵауа иахьшәышьҭоу шәзындырио агәаҟрақәа, ишәԥыло ауадаҩрақәа раан иаашәырԥшуа ахачҳара, ишәымоу агәрахаҵара рыӡбахә Анцәа иуахәамақәа рҿы гәадурала ҳрылацәажәоит» (2 Фес. 1:4). Убри аҟынтә аӡәы иеихьӡарақәа рызԥагьара, уара ухатәы акәзаргьы — ицәгьоу ҳәа акгьы алам. Ҳара ҳарцәыԥхамшьалароуп ҳҭаацәа, ҳкультура, ҳхылҵшьҭра (Аус. 21:39).

6 Аха иҟоуп егьырҭи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьызхуа, насгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара иаԥырхагоу аԥагьара. Уи аҟазшьа анҳалоу, иҳарҭо алабжьара ахынраалара аарԥшны ақәныҟәара аҭыԥан, мап ацәкны ҳгәаар ҳалшоит (Ԥс. 141:5). Ари аҩыза аԥагьара иаанагоит «иҳараку ахгәаанагара, насгьы иатәамбакәа егьырҭ рызнеира; ахамаԥагьара». Иегова ицәымӷуп ахамаԥагьара (Иез. 33:28; Ам. 6:8). Аҩсҭаа игәаԥхоит ауаа рықәҿиарақәа мыцхәы ианырхыҽхәо, избанзар иара ихаҭагьы ԥагьарала дҭәуп. Аҩсҭаа даараӡа дгәырӷьозар ҟаларын, иахәҭам аԥагьара аарԥшра ацәҟьа иаҿашәаз Нимроди, мсыртәи афараони, Авессаломи шыҽхәоз аниаҳауаз! (Аҟаз. 10:8, 9; Ақәҵ. 5:1, 2; 2 Сам. 15:4—6). Аԥагьара Каингьы дҭанархеит. Анцәа ихаҭа абжьагара ииҭеит, аха Каин уи идимкылеит, избанзар даара дԥагьан. Иара Иегова ииҭаз агәҽанҵара идырны мап ацәикит, уи арыцҳарахь днанагеит (Аҟаз. 4:6—8).

7, 8. а) Изакәызеи арасизм, насгьы ишԥадҳәалоу уи аԥагьара? б) Иҳаилшәыркаа аԥагьара аизараҿы аҭынчра еиланагар шалшо.

7 Иахьатәи аамҭазы аԥагьара лассы-лассы ауадаҩра ӷәӷәақәа ахылҿиаауеит. Уи лассы-лассы арасизм иадҳәалоуп. Жәарқәак ишырҳәо ала, арасизм ари «даҽа расак ахь иатәамбакәа, насгьы цәгьашақә азнеира», иара убас «даҽа расак ахь иаҵанакуа ауаа ҟазшьалеи ҟазаралеи еиԥшым ҳәа, насгьы расак егьи аасҭа еиҳауп, ма еиҵоуп ҳәа агәаанагара» ауп. Арасатә, насгьы амилаҭтә ԥагьара аибацәымӷра арҿиоит, аиӷара рыбжьанаҵоит, уи изныкымкәа аилаҩынтрақәеи ашьаарҵәыратә еибашьрақәеи рахь инанагахьан.

8 Ҳәарада, уи зегьы ақьырсианцәа рыбжьара ҭыԥ амам. Ус шакәугьы, зны-зынла аԥагьара иахҟьаны динхаҵарак ныҟәызго ауаагьы рыбжьара иузнымкыло аидысларақәа ҟалоит. Уи аҩыза раԥхьатәи ақьырсианцәа реизарақәа рҿгьы иҟазар ҟаларын, урҭ Иаков узырхәыцша азҵаара риҭеит: «Шәыҩнуҵҟа аимак-аиҿакқәа, аизыразымрақәа зырҿиозеи?» (Иак. 4:1). Иҳалаҽхьоу ацәымӷреи ахырҳаракреи ҳцәажәашьеи ҳусқәеи ианырныԥшуа, уи егьырҭ ахьаа цәгьа рзаанагоит (Ажәам. 12:18). Ааи, аԥагьара аизараҿы аҭынчра еиланагар алшоит.

9. Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа арасизм, насгьы иахәҭам аԥагьара егьырҭ ахырхарҭақәа раарԥшра аҿагылара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

9 Ҳара егьырҭ ҳреиҳаушәа ҳхы абара ҳашьцылахьазар, иаҳхамышҭлароуп «Иегова дшицәымӷу гәыла иԥагьоу ауаҩы» (Ажәам. 16:5). Иара убасгьы ҳазхәыцыр ахәҭоуп егьырҭ арасақәеи, акультурақәеи, амилаҭқәеи рахь иаҵанакуа ауаа ҳшырзыҟоу. Арасатә, ма акультуратә хырҳаракра анааҳарԥшуа, ҳара мап ацәаҳкуеит Анцәа «аӡәы заҵәык иҿганы, ишьҭраны, адунеи аҿы ауаатәыҩса» ширҿиаз афакт (Аус. 17:26). Ганкахьала иуҳәозар, расак ауп иҟоу, избанзар ауаа зегьы зхылҵыз еицаҳзеиԥшу аӡәы Адам иоуп. Убри аҟынтә шаҟа иҵакыдоузеи расак аасҭа даҽа расак еиҳауп, ма еиҵоуп ҳәа аԥхьаӡара. Уи аҩыза ахәыцшьа ақьырсиантә бзиабареи аӡәкреи еилазгарц зҭаху Аҩсҭаа изыманшәалахон (Иоан. 13:35). Аҩсҭаа ҳаииааирц азы, иахәҭам аԥагьара хырхарҭас иамазаалакгьы, уи аарԥшра ҳҽацәаҳахьчалароуп (Ажәам. 16:18).

АМАТЕРИАЛИЗМИ АРИ АДУНЕИ БЗИА АБАРЕИ ШӘҼЫРЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

10, 11. а) Избан иҳазгәамҭаӡакәа ари адунеи ахь абзиабара ҳазцәырҵыр залшо? б) Излааԥшыр алшози Димас адунеи ахь имаз абзиабара?

10 Аҩсҭаа — «аԥсабара аҳ» иоуп; адунеи зегьы инапаҿы иҟоуп (Иоан. 12:31; 1 Иоан. 5:19). Убри азоуп ари адунеи иҳаднагало аҟынтә еиҳарак абиблиатә нормақәа изырҿагыло. Ҳәарада, адунеи аҿы иҟоу зегьы цәгьоуп ҳәа узҳәом. Аха еилаҳкаауеит Аҩсҭаа ари адунеи ихы иархәаны ҳгәазыҳәарақәа анырра шриҭо, агәнаҳа ҳирҟаҵарц азы. Иара иҭахуп ҳара адунеи бзиа иаҳбарц, Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵырц. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 2:15, 16.)

11 Иҟалап раԥхьатәи ақьырсианцәа рҟынтә шьоукы ари адунеи бзиа ирбазар. Апостол Павел иҩуан: «Димас саанижьит... ари адунеи ахаара-бзаара еиӷьишьан» (2 Тим. 4:10). Бзиа иибазеи ари адунеи аҿы Димас? Уи Павел дзаанижьыз Абиблиа иаҳәаӡом. Иҟалап Димас аматериалтә бзазара еиҳа ахә ишьо далагазар, адоуҳатә усқәа раасҭа. Ишыҟазаалакгьы, иара адоуҳатә зылԥхарақәа иоуртә имаз алшара иаҩижьит, аха избан? Иалшозма ари адунеи Димас Павел амаҵ ициулазҭгьы Иегова иҟынтә иоуаз азылԥхарақәа иреиӷьу аасҭа ак иднагалар? (Ажәам. 10:22).

12. Ишԥалшо узжьо амал анырра ҳнаҭар?

12 Уи аҩыза ҳаргьы иҳахьыр ҟалоит. Ҳәарада, ақьырсианцәа рхы, насгьы рҭаацәа рныҟәгара рҽазыршәоит (1 Тим. 5:8). Иегова иҭахуп ҳара аԥсҭазаара агәахәара ҳзаанагаларц. Уи Адами Евеи аҭагылазаашьа бзиақәа рҿы иахьынирхаз аҟынтә иубарҭоуп (Аҟаз. 2:9). Аха Аҩсҭаа ҳгәаҳәарақәа анырра риҭарц иҽазишәоит, узжьо амал ихы иархәаны (Матф. 13:22). Аӡәырҩы ргәы иаанагоит аԥара анасыԥ рзаанагоит, мамзаргьы рықәҿиарақәа зхьыԥшу аматериалтә ҭагылазаашьа ауп ҳәа. Ус иҟоу агәаанагарақәа зынӡа ииашаӡам, урҭ ирыхҟьаны ҳара иаҳцәыӡыр ауеит зегь реиҳа зыхә ҳараку иҳамоу — Иегова иҩызара. Иисус иҵаҩцәа ргәырҽаниҵон: «Ҩыџьа аҳцәа рымаҵ аура аӡәгьы илшом: уи аҩыза ԥеиԥшс измоу иаҳцәа руаӡә дицәымӷуп, егьи еиҳа бзиа дибоит; аӡәы изы хысхысра игирхом, егьи дицәаашьоит. Анцәагьы амазарагьы узеицбом» (Матф. 6:24). Амазара ҳатәцәаны ҳаныҟала, Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵуан, убри ауп Аҩсҭаагьы ииҭаху! Шәааи иалҳмыршап аԥара, ма уи ала иааухәар улшо Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара дырԥсыҽыр. Аҩсҭаа анаҩсгьы ҳаиҿагыланы ҳақәԥаларц азы, амазарахь иҭышәынтәалоу ахәаԥшышьа ҳахьчалароуп. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 6:6—10.)

АГӘАԤХАШӘАДАРА МАП АЦӘЫШӘКЛА

13. Иарбан аҭаацәалазаареи асекси рганахь ала иҽеим хәаԥшышьоу ари адунеи аҿы ирыларҵәоу?

13 Аҩсҭаа идунеи иатәу даҽа цәҟьак — ари асексуалтә гәаԥхашәадара ауп. Иахьа аӡәырҩы аҭаацәалазаараҿы азиашара аарԥшра, иара аҭаацәалазаара ахаҭагьы, амода цахьеит, насгьы ахақәиҭра умнахуеит ҳәа рыԥхьаӡоит. Иаҳҳәап, еицырдыруа актрисак илҳәеит: «Ахацәагьы аҳәсагьы амоногамтә еизыҟазаашьақәа ирызҟазаӡам. Сара азиашара аазырԥшуа, ма уи зҽазызшәо аӡәгьы дсыздырӡом». Актиорк иҳәеит: «Сара агәра сызгом уԥсы ахьынӡаҭоу аӡәызаҵәык мацара ицынхара улшоит ҳәа». Иҟалап Аҩсҭаа дгәырӷьозар, еицырдыруа ауаа иатәамбакәа Анцәа иҳамҭа аҭаацәалазаара ианалацәажәо. Аџьныш, жәаҳәарада, иҭахӡам ауаа аҭаацәалазаара пату ақәырҵаларц, насгьы рҭаацәарақәа дырӷәӷәаларц. Аҩсҭаа ҳаииааирц азы, ҳара Анцәа аҭаацәалазаара аганахь ала имоу ахәаԥшышьа ҳамазар ауп.

14, 15. Ишԥашәылшо шәара аԥышәара аҿагылара, агәаԥхашәадара шәыхнахуазар?

14 Аҭаацәара ҳалоу-ҳаламу, ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ауп агәаԥхашәадара ҳҽацәаҳахьчаларц азы. Имариоума уи? Ҟалашьа амам! Уара ашкол аҿы аҵара уҵозар, иуаҳауазар ауеит аҵара уцызҵо уҩызцәа рсексуалтә хымҩаԥгашьа ишахыҽхәо, ма тәылақәак рҿы ахәыҷтәы порнографиа аларҵәара иадукылартә иҟоу асекстинг шыҟарҵо. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Акалҭбааԥсра акәзар, гәнаҳак аҳасабала ицәеижь иаҿагылоу акоуп» (1 Кор. 6:18). Ацәеижьтә еизааигәахарала ииасуа ачымазарақәа агәаҟрақәеи аԥсреи аанагоит. Аҭаацәара иаламлац арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи реиҳараҩык рыцқьара ахьырцәыӡыз иахьхәны иҟоуп. Асексуалтә гәаԥхашәадара агәырҿыхагақәа ишаадырԥшуа акәӡам ишыҟоу. Ииашаҵәҟьаны ҳара агәра ҳдыргарц иаҿуп Анцәа изакәанқәа хьырхәрада еилоугалар ауеит ҳәа. Ус иҟоу агәаанагара змоу ауаа ухызхуа агәнаҳа ирласны рҽарҭоит (Аур. 3:13).

15 Иҟашәҵар шәылшозеи шәара, агәаԥхашәадара шәыхнахуазар? Шәақәшаҳаҭха уи аганахь ала шәшыԥсыҽу (Рим. 7:22, 23). Анцәа шәиҳәала амч шәиҭарц (Флп. 4:6, 7, 13). Агәнаҳахь шәназгар зылшо аҭагылазаашьақәа шәҽырцәышәыхьчала (Ажәам. 22:3). Аԥышәара шәақәшәозар, аамҭа мгакәа мап ацәышәкла (Аҟаз. 39:12).

16. Ишԥаииҭеи Иисус аҭак Аҩсҭаа данԥишәоз, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара уи иҿырԥшы?

16 Иисус аԥышәара ишаҿагылатәу аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара Аҩсҭаа иқәыргәыӷрақәа дрымжьеит, уи иҽеиуи иҽеими аганқәа зегьы дрызхәыцлар акәӡамызт. Иара иаразнак аҭак ҟаиҵеит: «Иануп». (Шәаԥхьа Матфеи 4:4—10.) Иисус Анцәа Иажәа иану бзианы идыруан, убри аҟынтә аԥышәара данақәшәа, иара ирласны иаҭахыз ажәақәа ааигеит. Аҩсҭаа ҳаииааирц азы, ҳара агәаԥхашәадара мап ацәкра ҳазхиазар ауп (1 Кор. 6:9, 10).

АКРЫЧҲАРА АИААИРАХЬ УНАНАГОИТ

17, 18. а) Иарбан хархәагақәоу Аҩсҭаа уаҳа имоу, насгьы избан ҳара уи зџьаҳамшьо? б) Изыԥшузеи Аҩсҭаа, насгьы ҳгәашԥазҭанаҵои ҳара ахачҳара аарԥшра уи ахьаҳдыруа?

17 Аԥагьара, аматериализм, агәаԥхашәадара — ари Аҩсҭаа ихы иаирхәо ахархәагақәа хԥа роуп. Аха ииашаҵәҟьаны урҭ акырӡа ирацәоуп. Иаҳҳәап ақьырсианцәа шьоукы рҭаацәа рҿагылара, аҵара рыцызҵо рганахь ала ахыччара, ма аиҳабыра рганахь ала ажәабжьҳәара аҿагылара иақәшәоит. Уи зегь ҳара иџьаҳшьаӡом, избанзар Иисус ишьҭанеицәа заа ргәырҽаниҵон: «Сара сыхьӡ иахырҟьаны зегьы шәырцәымыӷны шәҟалашт; деиқәхоит аҵыхәтәанынӡа изычҳаз» (Матф. 10:22).

Аҩсҭаа наунагӡа дықәгахоит (Шәахәаԥш абзац 18.)

18 Ишԥаҳалшо ҳара Аҩсҭаа ҳаииааирц? Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Иаашәырԥшуа ахачҳарала шәыԥсқәа шәыхьчала» (Лука 21:19). Аӡәгьы илшаӡом иузмыриашо аԥырхага ҳаҭара. Аӡәгьы илшаӡом Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳамхра, ҳара ҳхаҭа уи алҳмыршар (Рим. 8:38, 39). Иегова имаҵзуҩцәа ԥсыргьы, уи иаанагаӡом Аҩсҭаа аиааира игеит ҳәа, урҭ Иегова хымԥада рыԥсы ҭеиҵоит! (Иоан. 5:28, 29). Аҩсҭаа иоуп ԥеиԥш змам. Ицқьам ари асистема анықәгахалак ашьҭахь, уи 1 000 шықәса ҳәа атымитыша дҭажьхоит (Аатр. 20:1—3). Христос Зқьышықәсатәи инапхгара аамҭа анынҵәалак, «Аҩысҭаа дахьҭаку иҭыԥ лашьцарахьтә ахақәиҭра иоуеит» аамҭа кьаҿк иалагӡаны, аҵыхәтәаны иара еиҭа иҽазишәоит инаӡоу ауаа Анцәа иҟәыгара. Анаҩс Аҩсҭаа дықәгахоит (Аатр. 20:7—10). Уи ақәгара изыԥшуп, аха ҳара ҳзы уи аҩыза узҳәом! Шәиҿагыл уи, шәхаҵараҿы шәыӷәӷәаз. Шәара Аҩсҭаа шәииааир шәылшоит!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра