АХЫ 13
Анцәа аԥсҭазаара дшазыҟоу
Дышԥазыҟоу Анцәа аԥсҭазаара?
Дышԥазыҟоу Анцәа аҽԥыргара?
Излааҳарԥшуазеи аԥсҭазаара пату шақәаҳҵо?
1. Изшада зыԥсы ҭоу зегьы?
АԤААИМБАР Иеремиа иҳәеит: «Иегова Анцәа иакәҵәҟьоуп. Иара — зыԥсы ҭоу Нцәоуп» (Иеремиа [Иеремия] 10:10). Убри инеиҳангьы, зыԥсы ҭоу Зегьзшаз Иегова иоуп. Ажәҩан аҿы адоуҳатә шамҭақәа иара дҳараркуеит абас: «Уара уоуп зегь аԥызҵаз, угәаҳәарала ауп зегь шыҟоу, ишшоу» (Аатра 4:11). Аҳ Давид Анцәа дырҽхәаны ашәа изиҳәон: «Уара уҟны ауп иахьыҟоу аԥсҭазаара ахыҵхырҭа» (Аԥсалом 35:10 [36:9, АдҾ]). Иҵабыргыҵәҟьаны, аԥсҭазаара — ари Анцәа иҳамҭоуп.
2. Дышԥацхраауеи Анцәа ҳара ҳаԥсҭазаара?
2 Иегова ҳара ҳаишеит, уи адагьы ҳаԥсҭазаара дацхраауеит (Аусқәа 17:28). Иара иҳаиҭоит афатәи ажәтәи; ишеит ҳара ҳахьықәынхо адгьыли ҳаԥсыԥ лагаҩагара ҳалзыршо аҳауеи. (Шәаԥхьа Аусқәа 14:15—17.) Иегова деиҷаҳаит аԥсҭазаара агәахәара ҳзаанагаларц. Аха агәырӷьараҵәҟьа ҳаԥшаауеит, Анцәа изакәанқәа еилкааны ҳрықәныҟәалар (Исаиа [Исаия] 48:17, 18).
АԤСҬАЗААРА ПАТУ АҚӘҴАРА
3. Ишԥаидикылеи Анцәа Каин иҟаиҵаз ауаҩшьра?
3 Анцәа иҭахуп ҳара ҳаԥсҭазаареи егьырҭ ауаа рыԥсҭазаареи пату ақәаҳҵаларц. Ҽнак зны Адами Евеи рԥа Каин иашьа еиҵбы Авель ӷәӷәала дизгәааит. Иегова Каин игәиҽаниҵеит аԥсахеибакра иӷәӷәоу агәнаҳарахь дышнанаго. Аха Каин ари агәҽанҵара хьаас имкит. Иара «иашьа Авель диқәлан дишьит» (Аҟазаара [Бытие] 4:3—8). Каин ауаҩшьра ахьыҟаиҵаз азы, Иегова дахьирхәит (Аҟазаара [Бытие] 4:9—11).
4. Ишԥаанарԥшуеи Моисеи изакәан аԥсҭазаара аҳамҭа ииашаны азнеишьа?
4 Зқьышықәсақәа анҵы, Иегова Израиль ажәлар ириҭеит Анцәа имаҵ аура шахәҭоу узырбоз азакәанқәа. Арҭ азакәанқәа аԥааимбар Моисеи ила ажәлар ирыҭан, убри азы уи зны-зынла Моисеи изакәан ҳәа иашьҭоуп. Моисеи изакәан аԥҟарақәа руак абас аҳәоит: «Ашьра ҟаумҵан» (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 5:17). Ари аԥҟара иаанарԥшуан Анцәа ауаатәыҩсатә ԥсҭазаара пату шақәиҵо, насгьы ауаа уи пату ақәырҵалар шрыхәҭоу.
5. Ҳашԥазыҟазар ахәҭоу аҽԥыргара?
5 Ҳашԥазыҟазар ахәҭоу ҳара имиц ахәыҷы иԥсҭазаара? Моисеи изакәан инақәыршәаны, ан лымгәарҭа иҭоу имиц ахәыҷы аԥсҭазаара имхра иашам. Ишаабо еиԥш, Иегова изы даара акраҵанакуеит амгәарҭа иҭоу имиц ахәыҷы иԥсҭазаарагьы. (Шәрыԥхьа Ақәҵымҭа [Исход] 21:22, 23; Аԥсалом 126:3 [127:3, АдҾ].) Убри аҟынтә аҽԥыргара иашам.
6. Избан изыҟамло иаҳзааигәоу рцәымӷра?
6 Аԥсҭазаара пату ақәҵара иаҵанакуа ауаа ииашаны рзыҟазаара ауп. Абиблиаҿы иаҳәоит: «Зашьа дызцәымӷу дарбанзаалакь — дуаҩшьҩуп; шәара ижәдыруеит ауаҩшьҩы изы наунагӡатәи ԥсҭазаара ҳәа акгьы шыҟам» (1 Иоанн 3:15). Ҳара наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳҭахызар, иҳахәҭоуп иарбанзаалак цәымӷрас иҳамоу ааныжьра, избанзар ацәымӷра ақәымчрахь унанагоит (1 Иоанн 3:11, 12). Убри аҟынтә иҳахәҭоуп иаҳзааигәоу бзиа рбашьа аҵара.
7. Иарбан шьцыларақәоу аԥсҭазаарахь апатуқәымҵара аазырԥшуа?
7 Излааԥшуазеи ҳхатә ԥсҭазаара пату шақәаҳҵо? Ишаԥу еиԥш, ауаа аԥсра рҭахӡам, аха згәазыҳәарақәа ирышьҭоу шьоукы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылоит. Иаҳҳәап, дара аҭаҭын иахоит, ма иафыҩуеит, абетель рҟаҟоит, ма анаркотикқәа рыдыркылоит. Арҭ реиԥш иҟоу амаҭәарқәа агәабзиара иаԥырхагоуп, насгьы уашьуеит. Абарҭ амаҭәарқәа рхархәара иашьцылаз ауаа аԥсҭазаара пату ақәырҵом. Анцәа иҿаԥхьа абарҭ реиԥш иҟоу ашьцылара бааԥсқәа ицқьам ҳәа иԥхьаӡоуп. (Шәрыԥхьа Римаа рахь 6:19; 12:1; 2 Коринфаа рахь 7:1.) Анцәа игәы иақәшәо ҟаҳҵаларц азы, ҳара урҭ аанҳажьроуп, зынӡа имариамзаргьы. Аха Иегова ацхыраара ҳаҭара дазхиоуп, амчгьы ҳаиҭоит. Иара даара пату ақәиҵоит ҳҽазышәарақәа ҳаԥсҭазаара зыхә ҳараку ҳамҭак еиԥш ҳахьашьҭоу.
8. Избан агәҽанҵарақәа ҳхаҳмыршҭлар зҳахәҭоу?
8 Ҳара аԥсҭазаара пату ақәаҳҵозар, ҳҽазышәаны агәҽанҵарақәа ҳрықәныҟәалоит. Ҳара иаҳҭахӡам акгьы хьаас измам реиԥш аҟазаара, насгьы агәырҿыхагақәеи ацәанырра ӷәӷәақәеи рзы ҳаԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара. Ҳара ҳҽырцәаҳахьчалоит машьынала ҳгәаҳҽанымкәа аныҟәара, насгьы игәымбылџьбароу, ишәарҭоу аспорт хкқәа (Аԥсалом 10:5 [11:5, АдҾ]). Анцәа израильаа ириҭаз Изакәан иаҳәон: «Аҩн ҿыц анургыло, ахыбраҿы абагьыр аҭаны иҟаҵа, аӡәы далыҩрны дкамҳарц, насгьы уара иухҟьаны уҩны ашьакаҭәара ахара адумҵарц азы» (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 22:8). Ари апринцип инақәыршәаны уахылаԥш уҩны, игәаҭала узлахало амардуанқәагьы зеиԥшроу, аӡәы дшьацәхнысланы дкамҳарц азы. Амашьына умазар, уи аланыҟәара шәарҭамхарц уахылаԥшла. Уареи егьырҭ ауааи уҩны, ма умашьына ашәарҭара шәҭанаргылартә ҟаумҵан.
9. Ишԥаанарԥшуеи аԥстәқәа ҳшырзыҟоу аԥсҭазаара пату шақәаҳҵо?
9 Ҳашԥазыҟазар ахәҭоу аԥстәқәа рыԥсҭазаара? Ҳазшаз урҭ рыԥсҭазаарагьы акыр иаԥсаны иԥхьаӡоит. Анцәа ауаа азин риҭеит аԥстәқәа рышьра афатә, ма амаҭәа рҭахызар, мамзаргьы ауаҩы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылозар (Аҟазаара [Бытие] 3:21; 9:3; Ақәҵымҭа [Исход] 21:28). Гәымбылџьбарала аԥстәқәа рызныҟәара, мамзаргьы гәырҿыхагас урҭ рышьра иашам. Уи иаанарԥшуеит аԥсҭазаара ацқьара зынӡа пату шақәҳамҵо (Ажәамаанақәа [Притчи] 12:10).
АШЬА ҲАҬЫР АҚӘҴАРА
10. Ишԥаҳирбеи Анцәа ашьеи аԥсҭазаареи даараӡа ишеидҳәалоу?
10 Каин Авель данишь ашьҭахь, Иегова ус иеиҳәеит: «Уашьа ишьа... адгьыл аҟынтә иҵәаауеит Сара сахь» (Аҟазаара [Бытие] 4:10). Авель ишьа иаа́нагоз иԥсҭазаара акәын. Каин Авель иԥсҭазаара далихит, убри азы иара ахьырхәра иқәнаган. Авель ишьа, ма иԥсҭазаара, инықәырԥшны иуҳәозар, Иегова иахь аиашара иа́ҳәо иҵәаауан. Ашьеи аԥсҭазаареи еизааигәаӡаны ишеидҳәалоу дырҩегь иубартә иҟалеит Нои ихаан Аӡхыҵра ашьҭахь. Аӡхыҵра ҟалаанӡа ауаа ирфоз ашәырқәа, ауҭраҭых, ача, насгьы акакан мацара акәын. Аӡхыҵра ашьҭахь Иегова Нои иԥацәеи иареи иреиҳәеит: «Инеи-ааиуа зыԥсы ҭоу зегьы фатәыс ишәымазаауеит». Анцәа дара агәҽанызаара риҭеит: «Аха ацәеижь аԥсы [аԥсҭазаара] шахоу — ашьа шалоу ишәымфан» (Аҟазаара [Бытие] 1:29; 9:3, 4). Ишаабо еиԥш, Иегова ихәаԥшышьала ашьа даараӡа аԥсҭазаара иадҳәалоуп.
11. Изқәиҭыми ауаа ашьа аганахь ала Нои ихаан аахыс?
11 Ҳара ашьа пату шақәаҳҵо ааҳарԥшуеит, ҳафатә иалаҵаны иҳамфалар. Израильаа ирыҭаз азакәан аҟны иаҳәон: «Дазусҭазаалак... иуфар иҟало ашәарах, ма аԥсаатә анишьуа, аԥыхьашәа аҟынтә ашьа ишьҭыроуп, нас нышәла ихиҩароуп... Израильаа рԥацәа ирасҳәеит сара: „Ишәымфан ашьа, иарбанзаалак ацәеижь аҟынтә“» (Алевит [Левит] 17:13, 14). Ишаабо еиԥш, ари ҟалаанӡа 800 шықәса шыбжьаз Нои иҭаз адҵа аԥстәқәа ршьа афара шыҟамло иазкыз, иахьагьы аҽамԥсахӡеит. Иегова игәаанагара еилкаауп: иара имаҵзуҩцәа акәац рфар ҟалон, аха ашьа шалаз ирфар ҟаломызт. Иахәҭан ашьа адгьылахь акаҭәара, инықәырԥшны иуҳәозар, Анцәа ишамҭақәа рыԥсҭазаара иара иахь ихынҳәырц азы.
12. Иарбан иахьагьы зҽызымԥсахыз ашьа иазку дҵоу I ашәышықәсазы иԥшьоу адоуҳала ирыҭаз?
12 Абри еиԥш иҟоу адҵа ақьырсианцәагьы инарыгӡалароуп. I ашәышықәса ҳ. ҳ. аан апостолцәеи егьырҭ анапхгара здыз доуҳала ишәыз ахацәеи еизеит ирыӡбарц иарбан ԥҟарақәоу ақьырсиантә еизарақәа рҿы изықәныҟәар рыхәҭоу. Абар урҭ иҟарҵаз алкаа: «Аԥсы Цқьеи ҳарҭи иҳаӡбеит абраҟа зыӡбахә анаҳҵо рыда даҽа хьанҭарак шәаҵамзарц: мап рцәышәкла амурҭаҭцәа рныхақәа ирызнарго афатә, ашьа, ихәаҽны ишьу арахә ржьы, акалҭбааԥсра» (Аусқәа 15:28, 29; 21:25). Абри алагьы иубоит ақьырсианцәа ашьа рҽацәырыхьчалар шрыхәҭоу. Анцәа иҿаԥхьа ари аԥҟара хадоуп, нцәахәыс акы аҟаҵареи асексуалтә ламысдареи рҽырцәыхьчара аиԥш.
Аҳақьым иуеиҳәазар арыжәтә уҽацәыхьча ҳәа, иаа́нагома уи уда иалоуҵар ҟалоит ҳәа?
13. Иҳаилыркаа, избан ашьа аҽацәыхьчара адҵа ашьа алаҵарагьы заҵанакуа.
13 Иаанагома ашьа аҽацәыхьчара адҵа ашьалаҵара ҟалом ҳәа? Ааи. Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Иаҳҳәап, аҳақьым иуеиҳәеит арыжәтә уҽацәухьчаларц. Иаанагома ари арыжәтә ажәра ҟалом, аха уда иалауҵар ҟалоит ҳәа? Ҳәарада, мап! Убри еиԥш, ажәақәа ашьа аҽацәыхьчара иаанагоит ашьа ишакәзаалак ахархәара шахәҭам. Абри адҵа иқәныҟәо ақьырсиан ашьа илеиҵаӡом.
14, 15. Иҟаиҵозеи ақьырсиан аҳақьымцәа ашьа илаиҵарц идырцалозар, насгьы избан?
14 Аха иҟаҵатәузеи, ақьырсиан ӷәӷәала дычмазаҩызар, ма дԥырымҟар ада ԥсыхәа ыҟамзар? Иаҳхәап, аҳақьымцәа ирҳәоит ачымазаҩ ашьа илоумҵар дыԥсуеит ҳәа. Ақьырсиан, ҳәарада, дыԥсыр иҭахым. Убри аҟынтә зыхә ҳараку Анцәа иҳамҭа — аԥсҭазаара ахьчаразы, иара, ашьа ииашамкәа ахархәара ада, дрықәшаҳаҭхоит егьырҭ ахәшәтәышьа хкқәа. Ақьырсиан иԥшаалоит ашьалаҵара иазку еиуеиԥшым альтернативақәа, насгьы иалихуеит иудукылартә иҟоу иреиӷьу ахәышәтәра.
15 Еилеигарц далагома ақьырсиан Анцәа изакәан, иԥсҭазаара ари асистемаҿы хәыҷӡак иациҵарц азы? Иисус иҳәеит: «Зыԥсы, зыԥсҭазаара зыхьчарц зҭаху, иԥсы ицәыӡуеит; Сара сымшала зыԥсы зырӡуа, иԥсы иԥылоит» (Матфеи 16:25). Ҳара ҳаԥсыр ҳҭахым. Аха Анцәа изакәан еилаганы, ҳаԥсҭазаара аиқәырхара ҳҽазаҳшәар, усҟан наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳцәыӡыр ҳалшоит. Ҳара гәрамгарҭас иҟаҳамҵароуп Иегова иҳаиҭо азакәанқәа шиашоу. Агәра гатәуп џьара акы иахҟьаны ҳаԥсҭазаара ҳцәыӡыр, аԥсҭазаара Ҳазҭаз хымԥада ҳшигәалаиршәо аԥсҭалараан, насгьы ишҳазирхынҳәуа зыхә ҳараку аҳамҭа — ҳаԥсҭазаара (Иоанн 5:28, 29; Ауриацәа рахь 11:6).
16. Ишԥазыҟоу Анцәа имаҵзуҩцәа ашьа ахархәара?
16 Иахьа Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа ашьа аганахь ала Анцәа ирыдиҵаз ақәныҟәара иазхиоуп. Дара афатә иалаҵаны ашьа ишакәзаалак рхы иадырхәаӡом. Иара убасгьы дара ашьа рыдыркылом амедицинатә хықәкқәа рзыa. Урҭ агәра ганы иҟоуп ашьа зшаз Анцәа уи ахархәашьа еиҳа еиӷьны ишидыруа. Уақәшаҳаҭума уи уара?
АШЬА ИИАШАНЫ АХАРХӘАШЬА
17. Иарбан хықәкы заҵәык иамаз ашьа, ажәытә Израиль аҟны Иегова изакәан ала?
17 Моисеи изакәан ишаҳәоз ала, ашьа хықәкы мацарак акәын иамаз. Абар Иегова ажәытә инхоз израильаа дҵас ириҭаз: «Ацәеижь аԥсы [аԥсҭазаара] ашьа иалоуп, насгьы уи сара акәырбан ахьнарго аҭыԥ иазыскит, шәара шәыԥсқәа рҿыхразы, избанзар ашьоуп шәара шәҿызхуа» (Алевит [Левит] 17:11). Израильаа агәнаҳа ранажьхарц азы, кәырбанс инаргар рыхәҭан аԥстәы, насгьы ашьа иԥшьоу ақьалаҿы акәырбан ахьнарго аҭыԥ иақәдырпҟҟар акәын, аамҭақәак анҵы уи ауахәамаҿы иҟарҵалар акәын. Ишаабо еиԥш, ашьа ахархәара азин рыман акәырбан ахьнаргоз аҭыԥ азы мацара.
18. Иарбан лшароу иҳауз Иисус Христос икаҭәаз ишьа абзоурала?
18 Ииашоу ақьырсианцәа Моисеи изакәан анапхгара аҵаҟа иҟаӡам, убри аҟынтә аԥстәқәа кәырбанс рнагара, насгьы акәырбан ахьнарго аҭыԥ ашьа ақәырпҟҟара аҭахым (Ауриацәа рахь 10:1). Аха абри аҩыза ашьа ахархәара иунарбон Анцәа иԥа Иисус Христос иҟаиҵараны иҟаз зыхә ҳараку аԥсхҭынҵара. Ахәбатәи ахаҿы ишеилаҳкааз ала, Иисус ишьа каҭәаны иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Анаҩс иара ажәҩан ахь дхалеит, насгьы икаҭәаз ишьа ахә наунагӡа Анцәа изнеигеит (Ауриацәа рахь 9:11, 12). Ари ҳагәнаҳарақәа ранажьразы шьаҭас иҟалеит, насгьы наӡаӡа анхаразы алшара ҳзаанартит (Матфеи 20:28; Иоанн 3:16). Шаҟа ахә ҳаракузеи уи икаҭәаз ашьа! (1 Пиотр 1:18, 19). Иисус икаҭәаз ишьа ахь иҳамоу агәрахаҵара абзоурала ауп ҳара аиқәырхара злаҳауа.
Иааурԥшыр шԥаулшо аԥсҭазаареи ашьеи пату шрықәуҵо?
19. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи, ауаа зегьы ршьа аҟынтә ҳацқьахарц азы?
19 Шаҟа иџьаҳшьозеи Анцәа Иегова аԥсҭазааразы иҳаиҭаз иссиру ари аҳамҭа! Ҳгәы азыҟанамҵаӡои уи егьырҭ ауаа наӡаӡатәи аԥсҭазаара агәыӷра атәы рзеиҭаҳәара, Христос иԥсхҭынҵарахьы иааҳарԥшуа агәрахаҵара́ абзоурала иҳауа? Иегова изы аԥсҭазаара шаҟа ахә ҳараку азхәыцра ҳгәазҭанаҵоит гәацԥыҳәарала аиқәырхаратә жәабжь рылаҳәара. (Шәаԥхьа Иезекииль [Иезекииль] 3:17—21.) Гәыкала ари аус наҳагӡалар, ҳара ҳиеиԥшхоит апостол Павел, уи иҳәеит: «Шьа сыдым. Сара, сымшәа-смырҳа, лшарас исымаз схы иархәаны, Анцәа игәаҳәаратә шәыласҳәон» (Аусқәа 20:26, 27). Анцәа дызусҭоу, насгьы игәҭакқәа рыӡбахә ауаа ианырзеиҭаҳҳәо, ҳара иааҳарԥшуеит Анцәа иҳамҭа аԥсҭазаареи ашьеи рыхә ҳаракны ишаҳшьо.
a Ашьалаҵара альтернатива иазку аинформациа уԥшаар улшоит аброшиура «Как кровь может спасти твою жизнь?», ахы «Другие возможности» аҿы, Иегова ишаҳаҭцәа рҭыжьымҭа.