АХЫ 7
Ахә ҳаракны иушьома уара аԥсҭазаара Анцәа иеиԥш?
«Уара уҟны ауп аԥсҭазаара ахыҵхырҭа» (ԤСАЛОМ 36:9).
1, 2. Иарбан ҳамҭоу Анцәа иҟынтә еиҳарак ҳаамҭаз зыхә ҳараку, насгьы избан?
ҲАРА жәҩантә ҳаб ҳаишеит ахшыҩ ҳаҭаны, насгьы иҟазшьақәа ааҳарԥшлартә алшара ҳаҭаны (Аҟазаара 1:27). Ахшыҩ — ари абиблиатә принципқәа рызхәыцра иҳацхраауа, зыхә ҳараку ҳамҭоуп. Урҭ ҳхы иархәо, ҳара Иегова бзиа дызбо, «ацәгьеи-абзиеи реилкаара-реиҩдыраара иашьҭоу», ишәхьоу доуҳатә уааны ҳҟалар ҳалшоит (Ауриацәа 5:14).
2 Абиблиатә принципқәа рызхәыцра алшара даара акраҵанакуеит ҳаамҭаз, избанзар адунеи убриаҟара иуадаҩхеит, шаҟа закәан ыҟазаалакгьы, еиуеиԥшым аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа зегь рзаарԥшуам. Ари бзианы иубарҭоуп амедицинатә ҭҵаарадырра аҿырԥштәала, еиҳарак ашьа иалху ахәшәқәеи урҭ ирыдҳәалоу апроцедурақәеи рхархәараҿы. Ари азҵаара Иегова изыӡырҩларц зҭаху хьаас ирымкыр залшом. Ҳара еилаҳкаауазар иарбан принципқәоу ҭагылазаашьак аҿы иухәо, ҳаламыс цқьаны иаанзыжьуа, аҟәышра зҵоу аӡбара ҳадаҳкылоит, ҳаргьы Анцәа ибзиабараҿ ҳаҟазаауеит (Ажәамаанақәа 2:6—11). Ҳрыхәаԥшып урҭ рахьтә принципқәак.
АШЬЕИ АԤСҬАЗААРЕИ ԤШЬОУП
3, 4. Ианбаҳәоу раԥхьаӡа Аҩыраҿы ашьа шыԥшьоу аӡбахә, насгьы иарбан принципқәоу уи шьаҭас иамоу?
3 Раԥхьаӡа акәны Иегова иааирԥшит ашьеи аԥсҭазаареи иааигәаӡаны ишеидҳәалоу, насгьы ишыԥшьоу, Каин Авель данишь ашьҭахьҵәҟьа. «Уааӡырҩы! — иҳәеит Анцәа Каин иахь.— Уашьа ишьа адгьыл аҟынтә иҵәаауеит сара сахь» (Аҟазаара 4:10). Иегова иҿаԥхьа Авель ишьа гәымбылџьбарала иҿахҵәаз иԥсҭазаара аанарԥшуан. Убри аҟынтә, инықәырԥшны иуҳәозар, Авель ишьа Анцәа иахь иҵәаауан ашьоуразы (Ауриацәа 12:24).
4 Нои иӡхыҵра ашьҭахь, Анцәа ауаа азин риҭеит аԥстәқәа ркәац рфаларц, аха ашьа злам. Анцәа иҳәеит: «Аха ацәеижь аԥсы шахоу — ашьа шалоу ишәымфан. Шәара шәыԥсқәа ршьазгьы аҭак ҟаҵаразы иаасыԥхьоит» (Аҟазаара 9:4, 5). Ари адҵа Нои ихылҵшьҭрақәа зегьы рзы иахьа уажәраанӡагьы амч амоуп. Уи шьақәнарӷәӷәоит Анцәа Каин уи аԥхьа иаиҳәаз ажәақәа, ашьа — ари ашамҭақәа зегь рыԥсы, ма рыԥсҭазаара шакәу. Ари адҵа ишьақәнарӷәӷәоит Иегова, аԥсҭазаара Аԥҵаҩы, ашьеи аԥсҭазаареи пату рықәзымҵо ауаа аҭак аҟаҵарахь ишааиԥхьо (Ԥсалом 36:9).
5, 6. Ишԥаныԥшуаз Моисеи изакәан ашьа шыԥшьаз, насгьы ахә шыҳаракыз? (Уахәаԥш иара убас арамка «Аԥстәқәа рыԥсҭазаара пату ақәҵара».)
5 Ихадароу арҭ ҩ-ҵабырграк Моисеи изакәан ианыԥшуан. Абас Алевит 17:10, 11 рҟны иануп: «Дарбанзалак... ашьа ифо далагар, сара ашьа зфо сиҿагылоит, насгьы ижәлар рҟынтәи дықәысхуеит. Ацәеижь аԥсы ашьа иалоуп, уи сара аԥсаҭатә нагарҭазы иалсхит, шәара шәыԥсқәа алаҿышәхларц азы, насгьы иара ашьа ауп аҿыхра алзыршо, избанзар уи аԥсы алоуп»a. (Уахәаԥш арамка «Ашьа иалоу аҿыхратә мчы».)
6 Иршьыз аԥстәы ашьа аԥсаҭатәнагарҭа азы рхы иадмырхәозар, уи адгьыл ахь икаҭәатәын. Абас символтә ҵакыла иуҳәозар, аԥсҭазаара иара Ахыҵхырҭахь ихынҳәуан (Ҩынтәзакәан 12:16; Иезекиил 18:4). Аха иазгәаҭ ашьа зегьы аԥстәқәа ркәац алхраҿы, израилаа ахырҟьацәара шрыхәҭамыз. Аԥстәы ииашаны ишьызҭгьы, ашьа ишахәҭоу иоужьызҭгьы, израилаа иреиуаз аӡәы акәац ламысцқьарала ифар ауан, избанзар Аԥсҭазаараԥҵаҩы иахь апатуқәҵара аарԥшын.
7. Ишԥааирԥши Давид апатуқәҵара ашьа аԥшьарахьы?
7 Давид, «ауаҩы... [Анцәа] игәы иақәшәоз», ибзиан еиликаауан иарбан принципқәоу шьаҭас ирымоу ашьа иазку Анцәа изакәанқәа (Аусқәа 13:22). Ҽнак, иара даара аӡба данакы, хҩык ируаа рҟынтә аибашьцәа аӷа иҳәаа ахь ииасны, аӡы ацистерна иҭтаны изааргеит. Иҟаиҵазеи Давид? «Изжәуама сара зыԥсы ашәарҭара иҭазыргылаз ауаа ршьа?» — иҳәеит иара. Давид ари аӡы ируаа ршьа изеиԥшын. Убри аҟынтә аӡба дшакуазгьы, «Иегова иҿаԥхьа икеиҭәеит» (2 Самуил 23:15—17).
8, 9. Аҽаԥсахыма Анцәа ихәаԥшышьа аԥсҭазаареи ашьеи рганахьала, ақьырсиантә еизара анышьақәгыла ашьҭахь? Иҳаилыркаа.
8 2 400 шықәса ҵхьан Нои ашьа иазкны адҵа иҭеижьҭеи, иара убас Азакәан аиқәшаҳаҭра бжьаҵеижьҭеи 1 500 шықәса раҟара ҵхьан. Иегова раԥхьатәи ақьырсианцәа рнапхгаратә еилазаара адоуҳа риҭеит ирҩырц: «Аԥсы Цқьеи ҳарҭи иҳаӡбеит абраҟа зыӡбахә анаҳҵо рыда даҽа хьанҭарак шәаҵамзарц: мап рцәышәкла амурҭаҭцәа рныхақәа ирызнарго афатә, ашьа, ихәаҽны ишьу арахә ржьы, акалҭбааԥсра» (Аусқәа 15:28, 29).
9 Абри аҟынтәи иубарҭоуп уи аамҭазтәи анапхгаратә еилазаара ишеилыркаауаз ашьа шыԥшьоу, насгьы амораль аганахьала ишахәҭам ахархәара шыҟамло, аныхамҵахырхәареи ацәыбзареи шыҟамло еиԥш. Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ари адҵа иахьагьы иацныҟәоит. Уи инеиҳангьы, дара абиблиатә принципқәа ирызхәыцуеит аҟнытә, Иегова ддыргәырӷьарц рылшоит еиҳарак ашьа ахархәара иадҳәалоу аӡбарақәа анрыдыркыло.
АМЕДИЦИНАҾ АШЬА АХАРХӘАРА
Ишԥаиеилуркаауеи аҳақьым ашьа иалоу афракциақәа рхархәара аганахьала иудукыло аӡбара?
10, 11. а) Ишԥарызнеиуеи Иегова Ишаҳаҭцәа ашьеи уи иалоу ихадоу ԥшь-хәҭаки? б) Иарбан ганқәоу ашьа иадҳәаланы ақьырсианцәа еиуеиԥшым агәаанагарақәа ахьрызцәырҵуа?
10 Иегова Ишаҳаҭцәа еилыркаауеит «мап ацәкра... ашьа» иаанаго ухатә шьа алаҵара, аизгареи аҵәахреи ухазы, ма даҽаӡәы изы ақәшаҳаҭымхара шакәу. Анцәа изакәан пату ақәырҵоит азы, дара ашьа иалоу ихадоу ԥшь-хәҭак алаҵара иақәшаҳаҭхаӡом: аеритроцитқәа, алеикоцитқәа, атромбоцитқәа, насгьы аплазма.
11 Иахьа урҭ акомпонентқәа аус анрыдырулалак ашьҭахь, иршоит еиуеиԥшымкәа рхы иадырхәо афракциақәа рыла. Илшарызма ақьырсиан афракциақәа рхархәара дақәшаҳаҭхар? Иԥхьаӡома иара урҭ «шьоуп» ҳәа? Дарбанзаалак ари азҵаара аганахьала идикылароуп ихатәы ӡбара. Уахь иаҵанакуеит амедицинатә процедурақәа агемодиализ, агемодилиуциа, насгьы ареинфузиа реиԥш иҟоу, ауаҩы ихатә шьа рхы ианадырхәо, уи џьаргьы иҵәахымызҭгьы. (Уахәаԥш Ацҵа аҿы иаагоу астатиа «Ашьа афракциақәеи ашьа ахархәарала иҟоу амедицинатә процедурақәеи».)
12. Ҳхы шԥамҩаԥаҳгар акәу ҳара аламыс иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы?
12 Ихадаҵәҟьоума Иегова изы иарбан хатәы ӡбарақәоу иҳадаҳкыло? Ааи, иара ииашаҵәҟьаны идыруазарц иҭахуп ҳхәыцрақәеи ҳгәазҭаҵарақәеи. (Урыԥхьа Ажәамаанақәа 17:3; 24:12.) Анцәа ҳаниҳәалак, насгьы ахәшәқәеи апроцедурақәеи рызҵаара анҭаҳҵаалак ашьҭахь, Абиблиа ала иааӡоу ҳаламыс иҳаҵанаҳәо ҳазыӡырҩыроуп (Римаа 14:2, 22, 23). Ҳәарада, егьырҭ ргәаанагара ҳадрымцалозароуп, ҳаргьы дара ҳарзымҵаалароуп: «Иҟауҵарыз сара сҭыԥан?» Арҭ азҵаарақәа рҿы дарбанзаалак ақьырсиан «иара иеидара хьанҭа даҵоуп» (Галаҭаа 6:5; Римаа 14:12; уахәаԥш арамка «Исыԥхьаӡома сара ашьа ԥшьаны?»)b.
ИЕГОВА ИЗАКӘАНҚӘА ИРНЫԤШУЕИТ ИАРА АБЫК ИЕИԤШ ИМОУ АБЗИАБАРА
13. Иаадырԥшуазеи азакәанқәеи апринципқәеи Иегова ихаҭа изкны? Иаага аҿырԥшы.
13 Абиблиа иану азакәанқәеи апринципқәеи ишьақәдырӷәӷәоит Иегова — иҟәышу Азакәанԥҵаҩ, насгьы зыхшара рыбзабаа ӷәӷәала иеиҷаҳауа Аб шиакәу (Ԥсалом 19:7—11). Аԥҟара «ашьа рҽацәырыхьчаразы» зрыҭаз агәабзиара иахьазеиӷьу шакәымгьы, уи ашьа алаҵара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рҟынтә ҳахьчоит (Аусқәа 15:20). Амедицина знапы алаку аӡәырҩы шьа́датәи ахирургиа иахьатәи ахәышәтәратә методқәа «ахьтәы стандарт» ҳәа иашьҭоуп. Ақьырсианцәа иашаҵәҟьақәа рзы арҭ алкаақәа иаадырԥшуеит Иегова зеиԥшыҟам иҟәышреи абык иеиԥш иааирԥшуа абзиабареи (Уаԥхьа Исаиа 55:9; Иоанн 14:21, 23).
14, 15. а) Иарбан закәанқәоу изныԥшуа Анцәа ижәлар рахь имаз абзиабара? б) Ахархәара шԥарзутәу абарҭ агәҽанызаарақәа шьаҭас измоу апринципқәа?
14 Анцәа ижәлар рыманшәалара дшеиҷаҳауаз ааԥшуан ажәытәтәи Израил ирыҭаз азакәанқәа рҿы. Иаҳҳәап, Анцәа урҭ ирыдиҵон рыҩнқәа рхыбрақәа рҿы абыркьылқәа арҭаларц амашәыр ҟамларц азы, избанзар уа лассы-лассы ауаа еизалон (Ҩынтәзакәан 22:8; 1 Самуил 9:25, 26; Неемиа 8:16; Аусқәа 10:9). Иара убас Анцәа ирыдиҵеит ацәқшақәа ирхылаԥшларц (Ақәҵымҭа 21:28, 29). Арҭ адҵақәа назмыгӡоз ауаҩы егьырҭ рыманшәалара ӷәӷәала пату ақәиҵомызт, насгьы ашьакаҭәара ихарахар илшон.
15 Ахархәара шԥарзутәу апринципқәа арҭ азакәанқәа шьаҭас измоу? Урызхәыц ирҭагылазаашьоу уҩны, уусурҭа ҭыԥ, умашьына, уи шныҟәуцо, аԥстәқәа, агәырҿыхагақәа шалухуа. Тәылақәак рҿы еиҳарак аҿар зыԥсуа, амашьынақәа реиҿасра иахҟьаны ауп, избанзар урҭ рыԥсҭазаара иахәҭам ашәарҭара иҭадыргылоит. Аха Анцәа ибзиабараҿ иаанхарц зҭаху аҿар аԥсҭазаара пату ақәырҵоит, ишәарҭоу аусқәа рҿы агәахәара аԥшаара иашьҭам. Дара хақәгәыӷрала ихәыцӡом, иҿазар акгьы рыхьӡом ҳәа. Уи аҭыԥан, иаҭахым агәаҟрақәа рҟынтә рхы хьчауа, дара рқәыԥшра иалагәырӷьоит (Екклезиаст 11:9, 10).
16. Иарбан библиатә принципқәоу аҽԥыргара иаҵанакуа? (Уахәаԥш насгьы албаага.)
16 Имиц ахәыҷы иԥсҭазаараҵәҟьагьы Анцәа иҿаԥхьа ахә ҳаракуп. Ажәытәан Израил инхоз аӡәы зцәазтәымыз аԥҳәыс дахьлысыз иахырҟьаны ма лара, ма лхәыҷы дыԥсызҭгьы, уи Анцәа ауаҩшьҩы ҳәа диԥхьаӡон, убри аҟынтә «аԥсы иахҭынҵатәын аԥсы» (Ақәҵымҭа 21:22, 23)c. Урызхәыц Иегова изцәырҵуа ацәаныррақәа, ауаа ишырдыруа ҽԥыргарала хыԥхьаӡара рацәала имиц ахәыҷқәа аныршьуа, урҭ рахьтә аӡәырҩы рыԥсы аҭнырыԥсахлоит аматериалтә феида, насгьы асексуалтә хақәиҭра рымазарц азы.
17. Лгәы шԥаҟауҵар алшо аҵабырг еилылкаанӡа зҽыԥзыргаз аԥҳәыс?
17 Иҳәатәузеи абиблиатә ҵабырг еилылкаанӡа зҽыԥзыргаз аԥҳәыс лзы? Дзақәгәыӷуама лара Анцәа игәшаҭара? Ҳәарада ааи! Гәык-ԥсык ала иахьхәуа ауаҩы дақәгәыӷлар илшоит Иегова ишианаижьуа, Иисус икаиҭәаз ашьа шьаҭас иҟаҵаны (Ԥсалом 103:8—14; Ефесаа 1:7). Христос ихаҭа иҳәеит: «Сара сзааз аҵабыргцәа рааԥхьаразы акәӡам, агәнаҳа иаҵоу рыгәнаҳарақәа рхыхразы иаасыԥхьарц ауп» (Лука 5:32).
УҼАЦӘЫХЬЧАЛА УҬАЗЫРХО АХӘЫЦРА!
18. Иаҳәозеи Абиблиа ашьа рацәаны изкаҭәо мзыз хадас иамоу иазкны?
18 Иегова иҭахуп егьырҭ аԥырхага рзааҳамгалар, аха уи мацара азхаӡом, иаҭахуп ҳгәы аҟынтәи иқәаҳхырц ашьа рацәаны изкаҭәо ихадоу амзыз — ацәымӷра. «Зашьа дызцәымӷу дарбанзаалакь — дуаҩшьҩуп»,— иҩуан апостол Иоанн (1 Иоанн 3:15). Ари аҩыза ауаҩы иашьа иахь баша ацәымӷра мацара акәӡам иааирԥшуа, аха иԥсра иҭахуп. Иара ӷашақә изыҟазаашьа иҟалап ианыԥшуазар гәаӷшақә ахьӡ ахҵара, амцхарадҵара, Анцәа иқәыӡбара зықәнаго рҿы (Алевит 19:16; Ҩынтәзакәан 19:18—21; Матфеи 5:22). Шаҟа ихадароузеи ҳгәы арыцқьара уа иҟазар зылшо ацәгьара аҟынтәи! (Иаков 1:14, 15; 4:1—3).
19. Дышԥарыхәаԥшуеи абиблиатә принципқәа зхы иазырхәо ауаҩы Ԥсалом 11:5, насгьы Филиппаа рахь 4:8, 9 реиԥш иҟоу ажәеинраалақәа?
19 Иегова иеиԥш аԥсҭазаара ахә ҳаракны изшьо, насгьы иара ибзиабараҿ иаанхарц зҭаху ауаа, ақәымчра аарԥшышьақәа зегьы рҽырцәырыхьчоит. Ԥсалом 11:5 аҿы иануп: «Дарбанзаалак ақәымчра бзиа избо... [Иегова] иԥсы дацәымӷуп». Ари ажәеинраалаҿы Иегова ихаҭара мацара акәӡам иаарту, аха ихадароу аԥсҭазааратә принципгьы ануп. Уи аҿы Иегова бзиа дызбо ргәазҭаҵоуп ақәымчра агьама дзыркуа агәырҿыхагақәа рҽырцәырыхьчаларц. Уи адагьы Иегова — «ахирра Анцәа» иоуп ҳәа аҳәамҭа, имаҵуҩцәа ргәазҭанаҵоит абзиара иаԥсоу, гәахәара узҭо, зыбзырӡы ҳәатәу рыла ргәи рыхшыҩи арҭәра,— аҭынчра узаазго зегь рыла. (Уаԥхьа Филиппаа рахь 4:8, 9.)
УҼРЫЦӘХЬАКЛА АШЬАКАҬӘАРА ЗДУ АИҾКААРАҚӘА
20—22. Иарбан позициоу иааныркыло ақьырсианцәа ари адунеи аганахьала, насгьы избан?
20 Анцәа иҿаԥхьа Аҩсҭаа идунеи ашьакаҭәараҿы ахара адуп. Абиблиаҿы ицәгьоу агыгшәыгқәа реиԥш зыӡбахә ҳәоу иара иполитикатә системақәа миллионҩыла ауаа ршьит, Иегова имаҵуҩцәагьы налаҵаны (Даниил 8:3, 4, 20—22; Аатра 13:1, 2, 7, 8). Агыгшәыгқәа иреиԥшу аҳәынҭқаррақәа аус рыцуа, акоммерциеи аҭҵаарадырреи аус адырулон ухаҿы иузаамго абџьар ҿаасҭа аҭыжьра, убри алагьы ахашәалахәы дуӡӡа роуан. Ҵабыргны, «адунеи зегьы Ацәгьа инапаҿы ишыҟоу» убарҭоуп! (1 Иоанн 5:19, АдҾ).
21 Иисус ишьҭанеицәа «ԥсабаратәқәам», аполитикеи аибашьреи рызҵаарақәа рҿы анеитралитет ӷәӷәала иадгылоит аҟнытә, дара рҽацәырыхьчоит хаҭалатәи еиԥш, аколлективтә харагьы ашьакаҭәараҿы (Иоанн 15:19; 17:16)d. Христос иҿыԥшуа, егьырҭ анрышьҭашәарыцо, дара қәымчрала аҭак ҟарҵаӡом. Уи ахаҭыԥан дара раӷацәа рахь абзиабара аадырԥшуеит, урҭ рзы Анцәа иагьиҳәоит (Матфеи 5:44; Римаа 12:17—21).
22 Убри адагьы, ииашоу ақьырсианцәа «Вавилон... дуӡӡа», амцтә дин адунеи аимпериа, аусқәа рҽырцәырыхьчоит, уи зегь раасҭа ашьакаҭәараҿы ахара адуп. Анцәа Иажәа иаҳәоит: «Абраҟа уаҩы ибарҭахеит икаршыз аԥааимбарцәеи ацқьацәеи ршьа, адунеи зегьы аҟны иршьыз ауааԥсыра ршьа». Убри аҟынтә ҳара агәҽанызаара ҳаҭоуп: «Шәықәҵ убрахьынтә, Сара суаажәлар» (Аатра 17:6; 18:2, 4, 24).
23. Иаанагозеи Вавилон Дуӡӡа ааныжьра?
23 Вавилон Дуӡӡа ааныжьра иаанаго уи иатәу ахьӡынҵа аҽаныхра мацара акәӡам. Арахь иаҵанакуеит амцтә динхаҵара гәшаҭарала изызнеиуа, ма иаартны иахьчо аусцәгьақәа рцәымӷра, иаҳҳәап, агәаԥхашәадатә хымҩаԥгашьа, аполитика аҽалархәра, амал ахь ҽынкылашьа змам аҽазышәара (Уаԥхьа Ԥсалом 97:10; Аатра 18:7, 9, 11—17). Шаҟа лассы-лассы инаргозеи арҭ иреиԥшу аусқәа ашьакаҭәарахьы!
24, 25. а) Шьаҭас иҟаиҵозеи Анцәа ашьакаҭәара зду, аха иахьхәыз ауаҩы иахь агәшаҭара анааирԥшуа? б) Иарбан хьчароу абиблиатә аамҭақәа раан иҟаз уи иаҳгәаланаршәо?
24 Аиаша амҵахырхәара ҳҽадаҳкылаанӡа дарбанзаалак ҳара ҳҟынтә Аҩсҭаа исистема анс-арс уҳәа дадгылон, убри ашьакаҭәараҟны иаргьы харак идымкәа ҟалаӡом. Аха ҳаԥсҭазаара анаҳаԥсах, Христос иҿыхра ԥсхҭынҵарахьы агәрагара анеизҳарҳа, насгьы Анцәа ҳҽанизаҳк, ҳара иҳауит Анцәа игәшаҭареи адоуҳатә хьчареи (Аусқәа 3:19). Ари аҩыза ахьчара абиблиатә аамҭақәа раан иҟаз аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ҳгәаладыршәоит (Ахыԥхьаӡарақәа 35:11—15; Ҩынтәзакәан 21:1—9).
25 Иарбан рольу инарыгӡоз аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа? Израилаа иреиуаз ауаҩы ихарала аӡәы машәырла дҭахар, уи аҽыҵәахырҭа-қалақьахь дыҩны дцар акәын. Аӡбаҩцәа аӡбара анрыдыркылалак ашьҭахь, машәырла аӡәы дзамхашьыз ауаҩы аԥхьаԥшьаҩы дыԥсаанӡа уа дыҟазар акәын. Уи ашьҭахь иара илшон ақалақь ааныжьны, иахьиҭаху џьара дынхар. Изакәытә ҿырԥш бзиоузеи Анцәа игәшаҭареи ауаҩытәыҩсатә ԥсҭазаареи пату шрықәиҵо аазырԥшуа! Иахьа урҭ ажәытәтәи аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирҿурԥшыр ҟалоит Анцәа Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас ишьҭыхны иҳадигало, насгьы ҳара аԥсра аҟынтә ҳзыхьчо машәырла Анцәа иԥҟарақәа аԥсҭазаареи ашьеи ирызкны еилаҳгар. Пату ақәуҵома уара Анцәа иҳадигалаз? Ишԥаулшо уара уи аарԥшра? Иаҳҳәап, егьырҭ анаауԥхьо Анцәа ҳихьчарц азы иҳаиҭо рхы иадырхәарц, еиҳарак «агәырҩа ду» шааигәахо гәаҭо (Матфеи 24:21; 2 Коринфаа 6:1, 2).
АԤСҬАЗААРА ПАТУ АҚӘҴАЛА, НАСГЬЫ АҲРА ИАЗКУ АЖӘАБЖЬ РЫЛАҲӘАЛА
26—28. Излаҳгәаланаршәозеи иахьатәи аамҭа аԥааимбар Иезекиил иҭагылазаашьа, насгьы ишԥаҳалшо ҳара Анцәа ибзиабараҿы ҳаҟазарц?
26 Иахьатәи Анцәа ижәлар рҭагылазаашьа иаҳгәаланаршәоит Иегова Израил аҩнаҭазы доуҳатә хьчаҩыс иалихыз, ажәытәан инхоз аԥааимбар Иезекиил иҭагылазаашьа. «Уара сара исҳәо ажәа уазыӡырҩлароуп, насгьы сыхьӡала ргәырҽануҵароуп»,— иҳәеит Анцәа. Иезекиил имаз адҵа наимыгӡозҭгьы, Иерусалим аҭак ахь ианааԥхьаз зыԥсҭазаара зцәыӡыз ршьа иара идхалон (Иезекиил 33:7—9). Иезекиил иааирԥшуан азыӡырҩра, убри аҟынтә ашьакаҭәара иара ихарамхаӡеит.
27 Иахьа ҳара Аҩсҭаа идунеи ақәхра ашәхымс ҳалагылоуп. Убри аҟынтә Иегова Ишаҳаҭцәа уалԥшьаны, патуқәҵараны ирыԥхьаӡоит Анцәа «ишьоура амши» Аҳра иазку ажәабжьи рылаҳәара (Исаиа 61:2; Матфеи 24:14). Активла уҽалаурхәуама уара акрызҵазкуа ари аус хада? Апостол Павел ҭакԥхықәрала дазнеиуан ажәабжьҳәаразы идыз адҵа. Убри аҟынтә иара иҳәар илшон: «Шәара шәахьтә ахҭархарамҩа уаҩ данылозар — шьа сыдым. Сара сымшәа-смырҳа, лшарас исымаз схы иархәаны, Анцәа игәаҳәаратә шәыласҳәон» (Аусқәа 20:26, 27). Шаҟа иҿырԥш бзиоузеи аҿыԥшразы!
28 Ҳәарада, ҳара еснагь абык иеиԥш иҟоу Иегова ибзиабара аԥхарра ҳнырларц ҳҭахызар, иҳахәҭоу аԥсҭазаареи ашьеи иара иеиԥш ахәаԥшра мацара акәӡам, аха ҳацқьаны, ҳаԥшьаны ҳаанхароуп иҿаԥхьа. Уи шыҟаҵатәу азгәаҳҭоит анаҩстәи ахаҿы.
a Анцәа иҳәамҭа «ацәеижь аԥсы ашьа иалоуп» азы, ажурнал «Саиентифик америкен» аҟны иазгәаҭан: «Инықәырԥшу аҵакы ааныжьны, ишыҟаҵәҟьоу еилаҳкаауазар, уи иашоуп: аԥсҭазаара азы иаҭахуп ашьатә хацқәа рыхкқәа зегьы».
b Уахәаԥш «Шәҿыха!» 2006 шықәса август мзазы иҭыжьыз, адаҟьақәа 3—12, Иегова Ишаҳаҭцәа рҭыжьымҭа.
c Абиблиатә лексикографцәа иазгәарҭоит ари ауриатә текст ажәақәа, «ишаабо ала, аԥҳәыс илзыруа аԥхасҭа мацара акәӡам изызку» ҳәа. Иазгәаҭ иара убас Абиблиаҿ џьаргьы ишамҳәо Иегова иӡбара ианыруеит ҳәа аембрион, ма мгәарҭа иҭоу ахәыҷы иқәра.
d Уахәаԥш 5 ахы «Адунеи хазы ҳалхны ҳхы шыхьчалатәу».
e Аинформациа еиҳаны иуԥшаар улшоит Ацҵа аҿы иаагоу астатиа «Ашьа афракциақәеи ашьа ахархәарала иҟоу амедицинатә процедурақәеи» аҟны.