Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lv ахы 5, ад. 50—61
  • Адунеи хазы ҳалхны ҳхы шыхьчалатәу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Адунеи хазы ҳалхны ҳхы шыхьчалатәу
  • «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИЗИАШАНЫ, НАСГЬЫ АНЕИТРАЛИТЕТ ХЬЧАУА ИШААНХАЛАТӘУ
  • «АДУНЕИ АДОУҲА» ИШАҾАГЫЛАЛАТӘУ
  • АҼЕИЛАҲӘАШЬЕИ АҬЕИҬЫԤШИ РҾЫ АХӠЫРЫМГАРА ШААРԤШЛАТӘУ
  • ИӠЫРГАЦӘАМ АԤСҬАЗААРА МҨАԤЫЗГО
  • «АБЏЬАРМАҬӘАҚӘА ЗЕГЬЫ» РЫЛА АҼЕИБЫҬАРА ШАҬАХУ
  • УХАҴАРА АХЬЧАРА УАЗХИАЗ
  • Ҳҭеиҭԥши ҳаилаҳәашьеи зхадоу
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Дҳаранакуама Анцәа шәара шәҭеиҭыԥш?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
«Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
lv ахы 5, ад. 50—61
Друзья-христиане фотографируются

АХЫ 5

Адунеи хазы ҳалхны ҳхы шыхьчалатәу

«Шәара ари аԥсабара [«адунеи», АдҾ] шәатәым» (ИОАНН 15:19).

1. Дыззаҭгылазеи еиҳараӡак Иисус, адгьыл аҿы аҵыхәтәантәи аҵх анихигоз ауха?

ИИСУС адгьыл аҿы аҵыхәтәантәи аҵх анихигоз, иара ишьҭанеицәа рықәҿиара даара дшеиҷаҳауаз ааирԥшит. Иара уи азы Иаб дагьиҳәон: «Сара урҭ аԥсабарахьтә иугарц азы суҳәауам, сызуҳәауа ацәгьара иацәухьчарц азы ауп. Урҭ ԥсабаратәқәам, иара Саргьы сшыԥсабаратәым аиԥш» (Иоанн 17:15, 16). Гәыкалатәи Иисус иҳәара аҟынтә иубарҭоуп шаҟа иӷәӷәаны ишьҭанеицәа бзиа ибоз, насгьы шаҟа акраҵанакуа уи ауха иреиҳәаз: «Шәара ари аԥсабара [«адунеи», АдҾ] шәатәым» (Иоанн 15:19). Ҳәарада, Иисус изы даара акраҵанакуан ишьҭанеицәа ари адунеи аҟнытә хазы иалхзарц!

2. Ииҳәарц ииҭахызи Иисус ажәа «адунеи» ала?

2 Иисус ихы иаирхәаз ажәа «адунеи» Анцәа ицәыхароу, насгьы Аҩсҭаа дызхагылоу ауаатәыҩса зегьы ирыҵанакуеит. Ари адунеи Аҩсҭаа иҟынтә иаауа ахабзиабареи аԥагьареи рдоуҳа алаҽны иҟоуп (Иоанн 14:30; Ефесаа 2:2; 1 Иоанн 5:19). Ҵабыргны, «адунеи анаалара — ари Анцәа иеиӷара» ауп (Иаков 4:4). Ишԥарылшо нас Анцәа ибзиабараҿ инхарц зҭаху адунеи аҿы аҟазаара, аха убри аамҭазы хазы иалхзарц? Уааи ҳрыхәаԥшып хә-зҵаарак: ҳашԥаанхари Анцәа Иаҳра ҳазиашаны Христос инапхгара аҵаҟа, насгьы аполитикатә зҵаарақәа рҿы анеитралитет хьчауа; ари адунеи адоуҳа ишаҿагылатәу; ахӡырымгара шаарԥштәу аҽеилаҳәашьеи аҭеиҭыԥши рҿы; иӡыргацәам аԥсҭазаара шымҩаԥгалатәу, насгьы доуҳатә бџьармаҭәала аҽеибыҭара шаҭаху.

АНЦӘА ИЗИАШАНЫ, НАСГЬЫ АНЕИТРАЛИТЕТ ХЬЧАУА ИШААНХАЛАТӘУ

3. а) Дышԥазыҟаз Иисус аполитика адгьыл аҿы данынхоз? б) Избан иаҳҳәарц зҳалшо иалху Иисус ишьҭанеицәа ихаҭарнакцәаны амаҵ руеит ҳәа? (Уҭак албаага аҟынтә азхәыцрақәа алаҵа.)

3 Иисус адгьыл аҿы данынхоз, аполитикатә усқәа иҽрылаирхәуамызт. Иара имчқәа зегь азикит Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рылаҳәара — Аҳас дызхагылараны иҟаз жәҩантә еиҳабыра (Даниил 7:13, 14; Лука 4:43; 17:20, 21). Убри аҟынтә, римтәи анапхгаҩы Понти Пилат иаԥхьа дҩагыланы иҳәар илшон: «Сара Сыԥсҳара ари аԥсабараҿтәым» (Иоанн 18:36). Ииашоу Христос ишьҭанеицәа иҿыԥшуеит, Иаҳреи иареи рахь азиашара аадырԥшуеит, насгьы адунеи аҿы уи Аҳра атәы рыларҳәоит (Матфеи 24:14). «Абасала, ҳарҭ Христос ҳаихаҭарнакцәоуп... — иҩуан апостол Павел,— убри аҟнытә Христос ихьӡала ҳшәыҳәоит: Анцәеи шәареи шәеинышәа» (2 Коринфаа 5:20)a.

4. Ишԥаадырԥшуеи ииашоу ақьырсианцәа Анцәа Иаҳра ишазиашоу? (Уахәаԥш арамка «Раԥхьатәи ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчон».)

4 Ахаҭарнакцәа атәым ҳәынҭқарра аадырԥшуеит аҟынтә, дара ахьынашьҭу аҭыԥаҿы аҩныҵҟатәи аусқәа рыҽрыладырхәуам, насгьы анеитралитет рыхьчоит. Аха ахаҭарнакцәа зтәыла аадырԥшуа аҳәынҭқарра аинтересқәа ирыдгылоит. Убри аҩыза ҳҳәар ҳалшоит иалху Христос ишьҭанеицәа рзы «ажәҩан аҟны — зынхарҭа» ыҟоу (Филиппаа 3:20). Хыбаарала Аҳра иазку ажәабжь рылаҳәара иабзоураны, дара миллионҩыла Христос «егьырҭ иуасақәа» Анцәа инышәараҿы ирыцхрааит (Иоанн 10:16; Матфеи 25:31—40). «Егьырҭ ауасақәа» Христос ихаҭарнакцәаны амаҵ руеит, иалху иашьцәа ирыцхраауа. Ԥсасак аҟны еизгоу ҩ-гәыԥк Амессиантә Аҳра аинтересқәа ирыдгылоит, насгьы ари адунеи аполитикатә усқәа рҿы анеитралитет ӷәӷәала иадгылоит. (Уаԥхьа Исаиа 2:2—4.)

5. Излеиԥшымзеи ақьырсиантә еизареи ажәытәтәи Анцәа ижәлар Израили, насгьы излоубарҭоузеи уи аиԥшымзаара?

5 Ииашоу ақьырсианцәа анеитралитет зырыхьчо Христос иахьизиашоу азы мацара акәӡам. Ажәытәан Анцәа ижәлар Израил тәылак аҿы инхон, аха ҳара иахьа адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо ҳанхоит, насгьы ишьақәҳаргылоит жәларбжьаратәи аиашьара (Матфеи 28:19; 1 Пиотр 2:9). Ҳара политикатә партиак аган аанаҳкылазҭгьы, усҟан ҳара иҳалшаӡомызт Аҳра иазку ажәабжь хақәиҭрала аҳәара, насгьы ҳқьырсиантә акзаара ашәарҭара иҭагылон (1 Коринфаа 1:10). Убри адагьы аибашьраан, бзиа збара ҳахәҭоу ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ҳрабашьлар акәхон (Иоанн 13:34, 35; 1 Иоанн 3:10—12). Иисус иҵаҩцәа мзызда иреимҳәеит а́ҳәа шьҭырымхларц. Иара иагьреиҳәеит раӷацәа бзиа ирбаларц (Матфеи 5:44; 26:52; уахәаԥш арамка «Исыхьчома сара анеитралитет?»).

6. Ишԥаныруеи Анцәа уҽизкра «акесари» уареи шәеизыҟазаашьа?

6 Ииашоу ақьырсианцәа рыԥсҭазаара Анцәа изыркит, уаҩык, организациак, ма жәларк ракәымкәа. 1 Коринфаа 6:19, 20 аҟны иҳәоуп: «Шәарҭгьы зхы мацара иашьҭам шәакәу? Шәара — акырӡа зыхҭынҵоу хәыԥсала шәҿыхуп». Убри аҟынтә, Иисус ишьҭанеицәа «акесар» иара иитәу ирҭоит, иаҳҳәап аҳаҭыр, ашәахтә, насгьы ихьырԥшу азыӡырҩра, дара «Анцәа иитәу — Анцәа» ирҭоит (Марк 12:17; Римаа 13:1—7). Уахь иаҵанакуеит рмаҵура, хамеигӡарадатәи абзиабара, азиашареи азыӡырҩреи. Ианаҭахха, дара азхиоуп Анцәа рыԥсҭазаара иқәҵара (Лука 4:8; 10:27; урыԥхьа Аусқәа 5:29; Римаа рахь 14:8).

РАԤХЬАТӘИ АҚЬЫРСИАНЦӘА АНЕИТРАЛИТЕТ РЫХЬЧОН

Идыру ахыҵхырҭақәа рҿы раԥхьатәи ақьырсианцәа аполитика аганахьала анеитралитет шырыхьчоз, насгьы аибашьрақәа рхы шрыладмырхәуаз атәы зҳәо ашьақәырӷәӷәарақәа рацәоуп. «Ақьырсианра алагамҭа» захьӡу ашәҟәаҿы иануп: «Ақьырсианра ашьаҭаркыҩцәа иҟоу аполитикатә еиҿкаара иарбанзаалак аҽалархәра иаҿагылон» (The Beginnings of Christianity). Ари еиԥшу ахшыҩҵак уԥылоит «Ацивилизациахь амҩа» захьӡу ашәҟәаҿы: «Амурҭаҭтә дунеи анапхгаҩцәа раԥхьатәи ақьырсианцәа рзеилкаауамызт, урҭ гәшаҭарада ирызнеиуан. [...] Ақьырсианцәа мап рцәыркуан римтәи атәылауаа ирыдыз усқәак рынагӡара. [...] Дара аполитикатә ҭыԥқәа ааныркыломызт» (On the Road to Civilization).

Раԥхьатәи ақьырсианцәеи арратә маҵзуреи ирызкны анемец диндырҩы Петер Маинхольд иҳәеит: «Қьырсианны аҟазаареи асолдаҭреи еинаалом ҳәа иԥхьаӡан». «Аибашьреи ақьырсиантә принципқәеи реинаалара иазку аҭҵаамҭа» захьӡу аусумҭаҿы Џьонатан Даимонд иҩуан Иисус данԥсы ԥыҭрак ашьҭахь иҵаҩцәа «[аибашьрақәа] рыҽрылархәра мап ацәыркуан, иарбан лҵшәоу иоуазаалакгьы, ашьҭашәарыцара, аҭакра, ма аԥсра ракәзаргьы» ҳәа (An Inquiry Into the Accordancy of War With the Principles of Christianity). Даимонд иациҵеит: «Арҭ афақтқәа узырҿагылом». «Ақьырсианра аиашара ианадҵ» ауп, даҽа шәҟәыҩҩык ишазгәеиҭаз еиԥш, ақьырсианцәа солдаҭхо ианалага.

«АДУНЕИ АДОУҲА» ИШАҾАГЫЛАЛАТӘУ

7, 8. Иаанагозеи «адунеи адоуҳа», насгьы «ишԥамҟәыҵаку» уи Анцәа изымӡырҩуа ауаа?

7 Иҟоуп даҽа знеишьак ари адунеи аҿы ақьырсианцәа хазы иалхны рхы шырыхьчаша,— уи ицқьам адоуҳа аҿагылара ауп. «Аха ҳарҭ иҳадаҳкылаз ари адунеи адоуҳа акәым, Анцәа иахьтә иаауа Адоуҳа ауп»,— иҩуан Павел (1 Коринфаа 2:12). Иара ефесаа иреиҳәеит: «Ари адунеи злаҟоу ала шәхы мҩаԥыжәгон, дгьылгьы, ҳауагьы ирықәиҭу, ҿагылара зуа амчрақәа раҳ идоуҳа шәамҟәыҵакын» (Ефесаа 2:2, 3).

8 Адунеи «аҳауа», ма адоуҳа — ари Анцәа изымӡырҩра угәазҭазҵо, «ацәеижь зызгәыҳәуа, иаҭаху, аблақәа зызгәышьуа, ирҭаху» еибазыркуа иумбо мчуп (1 Иоанн 2:16; 1 Тимофеи 6:9, 10). Ари адунеи «амчра» игәнаҳоу ацәеижь хнахуеит, иара убас иузгәамҭаӡакәа аус ауеит, еснагь, аҳауа еиԥш, иахьабалак иҟоуп. Убри инеиҳангьы, уи «шәамҟәыҵакуп» иаанагоит Анцәа изымӡырҩуа ауаа есааира ишыҿио Анцәа игәамԥхо аҟазшьа аҷыдарақәа, иаҳҳәап, ахабзиабара, аԥагьара, ахӡыргара, иара убас агәаԥхашәатә хьыԥшымреи азымӡырҩреи рдоуҳа реиԥш иҟоуb. Иаармарианы иуҳәозар, ари адунеи адоуҳа хәыҷы-хәыҷла ауаҩы игәаҿы Аџьныш имоу аҟазшьақәа еизнарҳауеит (Иоанн 8:44; Аусқәа 13:10; 1 Иоанн 3:8, 10).

9. Ишԥарнырлар алшо адунеи адоуҳа ҳгәи ҳахшыҩи?

9 Иалшома адунеи адоуҳа ҳгәи ҳахшыҩи ирнырлар? Ааи, иалшоит, ҳгәаҽанызаара маҷхар. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 4:23.) Лассы-лассы уи иузгәамҭаӡакәа иуныруа иалагоит, ибзиоуп ҳәа ҳазхәаԥшуа, аха Иегова бзиа дзымбо, иаҳдыруа ауаа рыла (Ажәамаанақәа 13:20; 1 Коринфаа 15:33). Ари аҩыза адоуҳа улаҽыр ауеит агәыҩбара узцәырызго алитература ала, Аинтернет аҿы апорнографиатә, насгьы иацәхьаҵхьоу рсаитқәа рыла, иақәнагам агәырҿыхагақәа, агрессиа злоу аспорт хкқәа,— ажәакала, Аҩсҭаа ихәыцшьеи исистема адоуҳаи зныԥшуа зегь рыла.

10. Ишԥаҳалшо ҳара ари адунеи адоуҳа аҿагылара?

10 Ишԥаҳалшо ари адунеи игьангьашу адоуҳа аҿагылара, насгьы Анцәа ибзиабараҿ аҟазаара? Уи ҳалшоит Иегова идоуҳатә ҳамҭақәа инагӡаны ҳхы иаҳархәозар, ҳааҟәымҵӡакәа иԥшьоу адоуҳа ҳаҳәозар. Иегова еиҳа дыӷәӷәоуп Аџьныши уи инапаҵаҟа иҟоу ицқьам адунеии раасҭа (1 Иоанн 4:4). Шаҟа аҵакы ӷәӷәозеи Иегова изааигәахара ҳиҳәауа!

ИСЫХЬЧОМА САРА АНЕИТРАЛИТЕТ?

Студент объясняет преподавателю свои убеждения

Апринцип: «Сара Сыԥсҳара ари аԥсабараҿтәым» (Иоанн 18:36).

Азхәыцразы азҵаарақәа

  • Ишԥадеилсыркаарыз сара абираҟ амҵахырхәара амурҭаҭныхақәа ишыруаку?c (Ақәҵымҭа 20:4, 5; 1 Иоанн 5:21).

  • Ишԥасылшо сара сыгәрахаҵара сыцеиҩызымшо рахь апатуқәҵара аарԥшра, аҳәынҭқарратә церемониақәа сызрылахәым андеилсыркаауа? (1 Пиотр 3:15).

  • Избан сара аполитикатә партиақәа сызрыдымгыло, насгьы арратә маҵзура сзахымсуа? (Иоанн 13:34; 1 Иоанн 3:10—12).

АҼЕИЛАҲӘАШЬЕИ АҬЕИҬЫԤШИ РҾЫ АХӠЫРЫМГАРА ШААРԤШЛАТӘУ

11. Ишԥаныруеи адунеи адоуҳа аҽеилаҳәашьа анормақәа?

11 Ауаҩы иҩныҵҟатәи иҭагылазаашьа имаҭәа, иҭеиҭыԥш, насгьы ацқьара дшырзыҟоу ирныԥшуеит. Атәылақәа жәпакы рҿы аҽеилаҳәашьа анормақәа убриаҟара илаҟәхеит, журналистк иажәақәа рыла, иаарласны акаҳԥцәа иршәырҵо роуӡом егьырҭ рыҽрылыркаарц азы. Аӡӷабцәа хәыҷқәаҵәҟьагьы ари амода иамҽхакны иамоуп, уи амода газеҭк аҿы «ацәеижь еиҳаны, ахынраалара еиҵаны» ахьӡын. Анаҩс амода иҳаднагало иреиуоуп — абунтшьҭыхреи ахпатуқәымҵареи зныԥшуа ишабалак аҽеилаҳәара.

12, 13. Иарбан принципқәоу ҳхы иаҳархәар ахәҭоу аҽеилаҳәашьеи аҭеиҭыԥши рызҵаарақәа рҿы?

12 Иегова имаҵуҩцәа раҳасабала, ҳара иаҳҭахуп ҳҭеиҭыԥш бзиазарц, уи иаанагоит ицқьаны, гьамала, аҭагылазаашьа инақәыршәаны аҽеилаҳәара. Ҳҭеиҭыԥш еснагь ианыԥшуазароуп «иахмырҟьацәакәа иаҩцацәамкәа», мамзаргьы ахӡырымгареи, абзиахәыцшьеи «Анцәа игәрахаҵара здызкылаз» соуп ҳәа зҳәо дыԥҳәысума, ма дхаҵоума «аус хирқәа» аазырԥшуа реиԥш. Ҳәарада, ҳара хықәкы хадас иҳамоу, азхьаԥшра ҳхахьы ииамгакәа, «Анцәа ибзиабараҿ» аҟазаара ауп (1 Тимофеи 2:9, 10; Иуда 21). Ҳара иаҳҭахуп зегь реиҳа еиӷьу рԥшӡагас Анцәа иҿаԥхьа зыхә ҳараку «аҩныҵҟатәи аԥшӡара» ҳамазарц (1 Пиотр 3:3, 4).

13 Иаҳгәалашәозар ҳахәҭоуп ҳҽеилаҳәашьеи ҳҭеиҭыԥши егьырҭ ииашоу амҵахырхәара ишазыҟоу ианырлар шалшо. Абырзен ажәа «иахмырҟьацәакәа», ма хӡырымгарала ҳәа еиҭагоу агәаԥхашәатә ҵакы аҭаны рхы ианадырхәо, иаанарԥшуеит аҳаҭырқәҵара ҵаула, егьырҭ рцәаныррақәеи ргәаанагарақәеи пату рықәҵара. Иахәҭоуп егьырҭ рыламыс азхәыцра, ҳара ииашоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо ҳзинқәа хьчауа акәымкәа. Убри адагьы ҳара иаҳҭахуп Иегова ижәлари иареи ҳаҭыр рықәаҳҵаларц, Анцәа дҳаразкуа ҟаҵо, имаҵуҩцәа шҳакәу аарԥшуа (1 Коринфаа 4:9; 10:31; 2 Коринфаа 6:3, 4; 7:1).

Две скромно одетые христианки проповедуют

Дҳараскуама сара Иегова сҭеиҭыԥш ала?

14. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар акәу ҳҭеиҭыԥши ҳацқьареи рганахьала?

14 Ҳара ҳамаҭәа, ҳҭеиҭыԥш, ҳаиҿкаара аҵакы рымоуп ажәабжьҳәара, мамзаргьы ақьырсиантә еизарақәа рахь ҳанцо. Ухы уазҵаа: «Иахырҳәаауазеи сҭеиҭыԥши сцәеижь ацқьареи ауаа? Исырԥхашьома сара егьырҭ? Ихадоузеи сара сзы еиҳа: арҭ азҵаарақәа рҿы сзинқәа рхархәара акәу, мамзаргьы аизараҿы аҭакԥхықәрақәа роуразы аҭахрақәа рықәшәара акәу?» (Ԥсалом 68:6; Филиппаа 4:5; 1 Пиотр 5:6).

15. Избан Абиблиаҿы изеиқәыԥхьаӡам аҽеилаҳәашьа, аҭеиҭыԥш, ацәеижь ацқьара ирызку аԥҟарақәа?

15 Абиблиаҿы еиқәыԥхьаӡам аҽеилаҳәашьа, аҭеиҭыԥш, ацәеижь ацқьара ирызку аԥҟарақәа. Иегова иҭахӡам иҳамоу хақәиҭрала алхра алшара, ма ҳазхәыцратә лшарақәа рхархәара ҳамихырц. Аха ус акәымкәа, иара иҭахуп абиблиатә принципқәа ирызхәыцуа, ишәхьоу уааны ҳҟаларц, «ацәгьеи-абзиеи реилкаара-реиҩдыраара иашьҭоу, убри аҿы зыҽԥызшәо» (Ауриацәа 5:14). Раԥхьаӡа иргыланы, иара иҭахуп абзиабара напхгара ҳнаҭаларц — Анцәа иахь, насгьы иаҳзааигәоу рахь абзиабара. (Уаԥхьа Марк 12:30, 31.) Арҭ аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара иҳамоуп алхра ахақәиҭра ду иаҳшәаҳҵаша, ҳхы ҳшацклаԥшыша рҿы. Уи шьақәнарӷәӷәоит Иегова ижәлар адунеи зегь аҿы иахьынӡанаӡааӡо иԥшӡаны, гьамала рыҽшеиларҳәо ала.

ИӠЫРГАЦӘАМ АԤСҬАЗААРА МҨАԤЫЗГО

16. Излеиԥшымзеи Иисус иаҳирҵози адунеи адоуҳаи, насгьы иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳалшо?

16 Ари адунеи адоуҳа миллионҩыла ауаа арҩашьоит, ргәазҭанаҵоит анасыԥ аԥареи амаҭәақәеи рҿы аԥшаара. Аха Иисус иҳәеит: «Ауаҩы иԥсҭазаара заҟа мазара рацәа имоу иадҳәалам» (Лука 12:15). Иисус аскеттә ԥсҭазаара, ма ахы мап ацәкра иадиԥхьаломызт, иара идирҵон аԥсҭазаареи анасыԥҵәҟьеи зауа «доуҳала зҽыздыруа», насгьы иӡыргацәам, адоуҳатә усқәа ирықәку аԥсҭазаара мҩаԥызго (Матфеи 5:3; 6:22, 23). Ухы уазҵаа: «Гәыкала ихасҵома сара Иисус идирҵоз, мамзаргьы „амц абыс“ иамоу анырра сиҭома?» (Иоанн 8:44). «Иаадырԥшуазеи сара сажәақәа схықәкқәа, насгьы сыԥсҭазаара амҩаԥгашьа?» (Лука 6:45; 21:34—36; 2 Иоанн 6).

17. Еиқәыԥхьаӡа иӡыргацәам аԥсҭазаара мҩаԥызго рзылԥхарақәа.

17 «Аҟәыӷара иара аусқәа рыла ахы аанарԥшит»,— иҳәеит Иисус (Матфеи 11:19). Уазхәыц иарбан зылԥхарақәоу ирымоу иӡыргацәам аԥсҭазаара мҩаԥызго. Дара Аҳра амаҵ аназыруа, ргәы шьҭнахуеит (Матфеи 11:29, 30). Убри адагьы, дара рҽацәырыхьчоит иаҭахым хьаас аҟаҵара, убри аҟынтә дара агәҭынчымреи астресси еиҳа имаҷны ирымоуп. (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 6:9, 10.) Зда ихәарҭам рҽахьаларыгӡо иабзоураны, урҭ аамҭа еиҳаны ирзынхоит рҭаацәарақәеи рҩызцәа-ақьырсианцәеи рзы. Абас еиԥш иҟоу ауаа еиҳа ҭынч ицәоуп (Екклезиаст 5:12). Дара агәырӷьара дуӡӡа рзаанагоит аҭара, насгьы ирылшо зегьы ахьыҟарҵо (Аусқәа 20:35). Урҭ гәыӷрала иҭәуп, агәҭынчреи агәынаӡареи рымоуп (Матфеи 6:31, 32; Римаа 15:13). Ииашаҵәҟьаны арҭ хәы-змам зылԥхарақәоуп!

«АБЏЬАРМАҬӘАҚӘА ЗЕГЬЫ» РЫЛА АҼЕИБЫҬАРА ШАҬАХУ

18. Рыӡбахә шԥаҳәо Абиблиа аҿы ҳаӷа, насгьы уи иметодқәа, иарбан қәԥароу ҳара ҳазлахәу?

18 Анцәа ибзиабараҿ иҟоу ақьырсианцәа анасыԥи наӡаӡатәи аԥсҭазаареи рымызхырц зҭаху Аҩсҭаа иҟынтәи доуҳала ихьчоуп (1 Пиотр 5:8). «Ҳара ауааԥсыра ҳарҿагыланы ҳақәԥом,— иҳәеит Павел,— ацәеижьи ашьеи ҳрабашьуам, ҳақәԥоит, ҳаибашьуеит напхгара ҟазҵо, амчра зку ахылаԥшцәа ҳарҿагыланы, алашьцара ихәыҵатәаны иахьатәи адунеи хыла-гәыла еилазҵо, убас аҩсҭаа идоуҳа-илшара ҳарҿагыланы» (Ефесаа 6:12). Ажәа «ақәԥара» иаанаго акыр ихараны иҟоу аибашьра акәӡам, иаҳҳәап ҽыҵәахырҭак аҟынтә, аха напышьашәалатәи аибашьра ауп. Ажәақәа «напхгара ҟазҵо», «амчра зку», иаҳдырбоит адоуҳа адунеи аҟынтә иаауа ақәыларақәа ахықәкы шрымоу, ибзианы ишеиҿкаау.

19. Урыхцәажәа ақьырсиан идоуҳатә бџьармаҭәа.

19 Ауаатәыҩсатә ԥсыҽрақәа, насгьы ирылымшо ҳамыхәаԥшыкәа, аиааира ҳгар ҳалшоит. Ишԥа? «Анцәа иҟынтәи абџьармаҭәақәа зегьы» шьҭаҳхыр (Ефесаа 6:13). Арҭ абџьармаҭәақәа рыӡбахә Ефесаа рахь 6:14—18 рыҟны иҳәоуп: «Абасала, шәгылаз шәуаҭәа иашала икәыршаны, агәышԥыхьчага иаша шәышәҵаны, аҭынчра иазку ажәабжь бзиа рылаҳәаразы, шәшьапы азшәырхиа. Зегь раԥхьаӡа ишьҭышәх амца зку Ацәгьа ихәымпалқәа злашәырцәаша ахаҵара́ аԥырак ду. Иара убас ишьҭышәх аиқәырхагатә кәалӡхылԥа [ма аиқәырхаразы агәыӷра], насгьы Анцәа иажәа ҳәа иԥхьаӡоу адоуҳа а́ҳәа, аҳәара хкыс иҟоу, насгьы иашьапкреи рыла еснагь доуҳала шәиҳәо. Убри азы еснагь шәлахҿыхӡа шәыҟаз, иԥшьоу зегьы рзы шәиашьапкуа».

20. Излеиԥшымзеи асолдаҭи ҳареи ҳҭагылазаашьақәа?

20 Ари адоуҳатә бџьармаҭәа Анцәа иҳаиҭеит, убри аҟынтә ҳара урҭ ҳаиҵадмырхарц азы, ахаан иаҳшәаҳамхыр ауп. Акыраамҭа аибашьра иалахәымзар зылшо асолдаҭцәа реиԥш акәымкәа, ақьырсианцәа еснагь аԥсра иазхианы иқәԥоит, ари ақәԥара аанкылахоит Анцәа Аҩсҭаа идунеи анықәигалак, адоуҳа цәгьақәа атыша ианҭаижьлак (Аатра 12:17; 20:1—3). Убри аҟынтә уԥсыҽрақәеи ииашам агәазыҳәарақәеи урҿагылозар, ухы румҭан, избанзар ҳара зегьы ҳхы «ҳаргәаҟлароуп» Иегова ҳизиашаны ҳаанхаларц азы (1 Коринфаа 9:27). Ииашаҵәҟьаны ҳгәы ҭынчымзар ауп, ақәԥара ҳаҟәыҵзар!

21. Ианбаҳалшо ҳдоуҳатә қәԥараҿы аиааира агара?

21 Убри адагьы, ҳара ҳамч мацарақәа рыла аиааира ҳазгаӡом. Убри аҟынтә Павел иаҳгәалаиршәоит шаҟа ихадароу Иегова иҳәара доуҳала «аҳәара хкыс иҟоу зегь» рыла. Убри аамҭазы Иегова ҳаизыӡырҩлароуп Иажәа ҭҵаауа, насгьы иҳадгыланы иқәԥо рыҿцәажәара алшара ҳауцыԥхьаӡа, иара убас ҳшызаҵәым ҳгәалашәозароуп! (Филимон 2; Ауриацәа 10:24, 25). Хыхь зыӡбахә ҳәоу аганқәа зегь рҿы ииашаны иаанхо, аиааира ргоит. Убри азы, ианаҭаху, даара акраҵанакуеит ибзианы ҳхаҵара ахьчара.

УХАҴАРА АХЬЧАРА УАЗХИАЗ

22, 23. а) Избан ҳара изҳахәҭоу есымша ҳхаҵара ахьчара азхиара, иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар акәу? б) Иарбан темоу ҳазлацәажәо анаҩстәи ахаҿы?

22 «Шәара ари аԥсабара [«адунеи», АдҾ] шәатәым... — иҳәеит Иисус,— убри аҟынтә аԥсабара шәара ишәаӷоуп» (Иоанн 15:19). Убри азы ақьырсианцәа есымша иазхиазароуп патуқәҵаралеи хышьҭымхралеи рхаҵара ахьчара. (Уаԥхьа 1 Пиотр 3:15.) Ухы уазҵаа: «Еилыскаауама сара Иегова Ишаҳаҭцәа зны-зынла зегь иааныркыло апозициа изадымгыло? Уи аҩыза апозициа анааныскыло, агәра ганы сыҟоума Абиблиа иану ажәақәеи ииашоу атәы иажәақәеи шҵабыргыҵәҟьоу?» (Матфеи 24:45; Иоанн 17:17). «Иегова иҿаԥхьа ииашоу акы аныҟасҵо, сазхиоума сара егьырҭ реиԥшымхара, насгьы сгәы аздуума уи сара?» (Ԥсалом 34:2; Матфеи 10:32, 33).

23 Ари адунеи ҳалхны аанхара азы иҳамоу агәазыҳәара игызмалу азнеишьақәа рыла аԥышәарақәа иҭанаргылоит. Иаҳҳәап, хыхь ишазгәаҭаз еиԥш, Аџьныш иҽазишәоит агәырҿыхагақәа рыла Иегова имаҵуҩцәа иара идунеи ахь риагара. Ишԥалхтәу аламыс мҟьашьыкәа, ҳзырлахҿыхуа ихәарҭоу агәырҿыхагақәа? Ари атема ҳалацәажәоит анаҩстәи ахаҿы.

a Аҩынҩажәижәабамш аҽны 33 шықәса рзы ҳ. ҳ. Христос Аҳас дҟалеит адгьыл аҿы иалху ишьҭанеицәа реизараҿ (Кәаласаа 1:13). 1914 шықәсазы иара идикылеит «адунеиаҿ иаԥыз аҳра». Убри аҟынтә иалху ақьырсианцәа иахьа Амессиантә Аҳра иахаҭарнакцәаны амаҵ руеит (Аатра 11:15).

b Уахәаԥш Иегова Ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз ашәҟәы «Азхәыцра Аҩыра ахархәарала», адаҟьа 135—139.

c Уахәаԥш Ацҵа аҿы иаагоу астатиа «Абираҟ арҳаракра, абжьыҭира, атәылауаҩратә маҵзура».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра