АЦҴА
Аилыҵреи хаз-хазы анхареи рзы Абиблиа ахәаԥшышьа
Иегова дазыԥшуп аҭаацәара иалало аҭаацәаратә ҿаҭахьа иазиашаны иаанхаларц. Иегова раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси ҭаацәараны ианаԥиҵа, иҳәеит: «Ахаҵа... иԥҳәыс иҽлыдикылоит, нас дара цәеижькны иҟалоит». Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус Христос ари азхәыцра анеиҭеиҳәоз иациҵеит: «Убас Анцәа иеидикылаз ауаҩы еиҟәимгааит» (Аҟазаара 2:24; Матфеи 19:3—6). Ишаабо еиԥш, Иеговеи Иисуси аҭаацәалазаара наунагӡа иҟоу еиқәшаҳаҭроуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, хаҵеи-ԥҳәыси руаӡәк дыԥсаанӡа (1 Коринфаа 7:39). Аҭаацәалазаара — ари иԥшьоу еиқәшаҳаҭроуп аҟынтә, аилыҵра ишабалак уазнеир ҟалом. Иегова ицәымӷуп абиблиатә шьаҭа змам аилыҵрақәа (Малахиа 2:15, 16).
Иарбан библиатә шьаҭоу иамазар акәу аилыҵра? Иегова ицәымӷуп ацәыбзареи акалҭбааԥсреи (Аҟазаара 39:9; 2 Самуил 11:26, 27; Ԥсалом 51:4). Иара акалҭбааԥсра убриаҟара иҿаасҭоу хымҩаԥгашьаны иԥхьаӡоит, аилыҵразы азин риҭартә аҟынӡа. (Акалҭбааԥсра закәу, насгьы уахь иаҵанакуа атәы аҳәоит 9-тәи ахы, 7-тәи абзац аҿы.) Иегова ахара здым ахатә ҩыза ииҭоит азин иӡбарц агәнаҳа ҟазҵаз дицынхару, ма дилҵру (Матфеи 19:9). Убри аҟынтә, ахара здым ахатә ҩыза аилыҵра иӡбазар, Иегова ицәымӷу ҳәа акгьы ҟаиҵаӡом. Убри аамҭазы ақьырсиантә еизараҿ аӡәгьы аилыҵрахь игәазҭарҵаӡом. Ахара здым ахатә ҩыза ҭагылазаашьақәак игәазҭарҵар ауеит агәнаҳа ҟазҵаз иҿы даанхарц, егьи иҟаиҵаз гәыкала дахьхәуазар. Аҵыхәтәаны, аилыҵра азы абиблиатә шьаҭа змоу рхатә алхра рыдыркылар ауп, насгьы уи алҵшәақәа ирызхиазароуп, иахьнанагозаалакгьы (Галаҭаа 6:5).
Иҷыдоу ҭагылазаашьақәак рҿы, қьырсианцәақәак рхатә ҩыза иҟынтә хазы анхара, ма илҵра рыӡбеит, ацәыбзара шыҟаимҵазгьы. Абиблиа уи аҭагылазаашьаҿы ақьырсиан ҿыц аҭаацәара даламлароуп, ма ихатә ҩыза динышәароуп ҳәа ануп (1 Коринфаа 7:11). Ус иҟоу ақьырсиан ҿыц аҭаацәара далаларц азы даҽа хатә ҩызак дишьҭамлароуп (Матфеи 5:32). Ҳрылацәажәап аӡәы хаз-хазы анхареи аилыҵреи рзы ҵаҵӷәуп ҳәа ииԥхьаӡаз иҷыдоу ҭагылазаашьақәак (абиблиатә шьаҭа шамамгьы).
Аҭаацәа рныҟәгара мап ацәкра. Аҭаацәа ӷарны, зда ԥсыхәа рымам ада иаанхар ҟалоит, ахаҵа иҭаацәа рныҟәгара шилшогьы, уи мап ацәикуазар. Абиблиаҿы иануп: «Зҭаацәа гәҭыхас измам... агәрахаҵара змам раҵкысгьы деицәоуп» (1 Тимофеи 5:8). Ахаҵа аҽыԥсахра мап ацәикуазар, иԥҳәыс илыӡбароуп илҭахума лара хаз-хазы анхара, ма аилыҵра (абиблиатә шьаҭа шамамгьы), лхәыҷқәеи лареи рыбзабаа деиҷаҳарц азы. Аизара аиҳабацәа, ҳәарада, ибзиаӡаны иҭырҵаароуп ақьырсиан иҭаацәа рныҟәгара мап ахьацәикуа азы ахара иду. Аҭаацәа рныҟәгара мап ацәкра аизара алцарахь инанагар ауеит.
Даара гәымбылџьбарала азныҟәара. Хаҵеи-ԥҳәыси рҟынтә аӡәы убриаҟара игәымбылџьбараны ихы мҩаԥигозар ҟалоит, егьи ахатә ҩыза игәабзиареи иԥсҭазаареи ашәарҭара иҭаиргылартә аҟынӡа. Агрессиа аазырԥшуа ахатә ҩыза дқьырсианзар, аизара аиҳабацәа урҭ ахарадҵарақәа ибзианы иҭырҵаароуп. Агәеибакреи гәымбылџьбарала азныҟәареи аазырԥшуа ақьырсиан аизара далцахар ауеит (Галаҭаа 5:19—21).
Адоуҳатә бзабаа ашәарҭара ӷәӷәа ианҭагылоу. Ахаҵа ма аԥҳәыс дааҟәымҵӡакәа ихатә ҩыза Анцәа имҵахырхәара диԥырхагазар ауеит, мамзаргьы уи иара ма лара мчыла Анцәа иԥҟарақәа реилагара иҽазишәар ауеит. Здоуҳара ашәарҭара иҭагылоу ахатә ҩыза иҟалап иӡбар «ауааԥсыра раасҭа Анцәа» иахь азыӡырҩра ааирԥшырц азы, хазы инхатәуп, ма илҵтәуп ҳәа (абиблиатә шьаҭа шыҟамгьы) (Аусқәа 5:29).
Ари аҩыза иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рҿы, акгьы зхарам аиашьа ма аиаҳәшьа ихатә ҩыза иҟынтәи ацара, мамзаргьы аанхара мчыла аӡәгьы идимцалароуп. Доуҳала ишәхьоу аҩызцәеи аизара аиҳабацәеи ацхыраареи Абиблиа аҟынтәи иаагоу алабжьарақәеи аҭара шрылшогьы, урҭ аҵыхәтәанынӡа ирыздырӡом ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара иҟоу. Уи здыруа Иегова заҵәык иоуп. Ҳәарада, ақьырсианԥҳәыс Анцәеи аҭаацәалазаареи рахь апатуқәымҵара аалырԥшуеит, лхаҵа иҟынтәи хазы дынхаларц азы мацара, аҭаацәаратә уадаҩрақәа анеиҭалҳәо ирыцылҵацәозар. Уахь ахаҵагьы даҵанакуеит. Хаз-хазы анхареи аилыҵреи рзы иҟаҵәҟьоу амзызқәа шырҵәахуазаалакгьы, Иегова зегьы идыруеит. Ииашаҵәҟьаны, «Уи иҿаԥхьа зегь аатуп: ҳаргьы Иара иҿаԥхьа зегьы рҭак ҟаҳҵар акәхоит» (Ауриацәа 4:13). Аха аҭаацәараҿы аанхара уаанӡа еиԥш ишәарҭазар, уи ақьырсиан аӡәгьы димықәыӡбароуп уаҳа здаҟам аҭагылазаашьа — хазы анхара, ма аилыҵра иӡбазар. Ишыҟазаалакгьы, «ҳарҭ зегьы Христос иӡбарҭаҿ ҳгылараны ҳаҟоуп» (Римаа 14:10—12).