АУРОК 10
Изакәызеи аҭаацәаратә мҵахырхәара?
Аладатәи Кореиа
Бразилиа
Австралиа
Гвинеиа
Иегова еснагь иҭахын аҭаацәарақәа аамҭа еицырхыргаларц, доуҳала еизҳаларц, насгьы рҭаацәара дырӷәӷәаларц (Ҩынтәзакәан 6:6, 7). Убри хықәкыс иҟаҵаны Иегова ишаҳаҭцәа есымчыбжьа аамҭа азалырхуеит аҭаацәаратә мҵахырхәара — адоуҳатә темақәа реилыргара, ирзыманшәалоу аҭагылазаашьаҿы. Дара рҽазыршәоит аматериал рҭаацәара аҭахрақәа ирықәшәарц. Шәара шәхала шәынхозар, уи аамҭа Анцәа изхәыцразы шәхы иашәырхәар шәылшоит, насгьы Абиблиа ҭышәҵаар шәылшоит шәара ишәзыманшәалоу апрограмма ала.
Уи Иегова шәизааигәанатәуеит. «Шәизааигәаха Анцәа — усҟан Иаргьы дышәзааигәахоит»,— аҳәоит Абиблиа (Иаков 4:8). Иегова еиӷьны иеилкаара иҳацхраауеит иҟазшьақәеи иусқәеи ахьану иара Иажәа. Аҭаацәаратә мҵахырхәара шәалагар шәылшоит Абиблиа аԥхьарала, иаҳҳәап аиԥылара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» есымчыбжьатәи аихшанҵа ала. Ишәша атекст ацыԥҵәахақәа рыла, нас аҭаацәараҿы зегьы аԥхьара рыдышәҵа. Аԥхьара ашьҭахь, шәалацәажәа иарбан хәарҭоу ажәеинраалақәа досу рхазы ирзаанагаз.
Уи аҭаацәа еиднакылоит. Абиблиа аҵара аицахысра ахацәеи аҳәсеи, аҭаацәеи ахәыҷқәеи еиднакылоит. Уи аҩыза аҵара аҭаацәара рзы игәырӷьароу, аҭаацәа зегь ззыԥшу хҭысзароуп. Аҭаацәа иалырхыроуп ахәыҷы иқәра ианаало аматериал. Иаҳҳәап, рхы иадырхәар рылшоит ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Шәҿыха!» иану астатиақәа, иара убас ҳсаит jw.org, ахәыҷқәа ашкол аҿы изықәшәо ауадаҩра иалацәажәаларц азы. Шәахәаԥш авидеоматериал JW Broadcasting (tv.jw.org) аҿы, анаҩс уи еилшәырга. Заа шәҽырзыҟашәҵа иааиуа аизараҿы иҳәатәу ашәақәа. Аҭаацәаратә мҵахырхәара ашьҭахь афатә хаақәа рхианы шәеидтәал, ма шәыхәмар.
Есымчыбжьа Иегова имҵахырхәаразы аамҭа алшәхуазар, аҭаацәа зегьы Иегова Иажәа бзиа ирбалоит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәара шәҽазышәарақәа азылԥхарақәа шриҭо (Ԥсалом 1:1—3).
Избан ҳара аҭаацәаратә мҵахырхәаразы аамҭа залҳхуа?
Ишԥарылшо аҭаацәа рҭаацәаратә мҵахырхәара зегьы рзы аинтерес аҵаны аҟаҵара?