АУРОК 12
Ишԥеиҿкаау ҳара ҳажәабжьҳәаратә ус?
Испаниа
Беларус
Гонконг
Перу
Иисус иԥсра маҷк шагыз убас иҳәеит: «Аҳра иазку ари ажәабжь бзиа рылаҳәахоит адунеи зегь ахьынӡанаӡааӡо ажәларқәа зегьы рзышаҳаҭразы, убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа» (Матфеи 24:14, АдҾ). Аха иҟаҵатәузеи ажәабжь бзиа адунеи зегь иахыҵәарц? Иахәҭоуп Иисус иаҳзаанижьыз аҿырԥшы ақәныҟәара (Лука 8:1).
Ҳара ауаа аҩны рыԥшаара ҳҽазаҳшәоит. Иисус ишьҭанеицәа идирҵон ажәабжь бзиа ҩнаҭацыԥхьаӡа рзеиҭаҳәара (Матфеи 10:11—13; Аусқәа 5:42; 20:20). Актәи ашәышықәсазы ажәабжьҳәаҩцәа ҷыдала иалхны ирыман ажәабжь аҳәаразы аҭыԥ (Матфеи 10:5, 6; 2 Коринфаа 10:13). Иахьа ҳара ҳусгьы ибзианы еиҿкаауп. Аизарақәа зегьы ирзалху рхатә территориақәа рымоуп. Уи ҳара Иисус идҵа ауаа «ирылаҳарҵәаразы, шаҳаҭра ҳауразы» анагӡара алшара ҳнаҭоит (Аусқәа 10:42).
Ҳара зехьынџьара ауаа ахьыҟоу ажәабжь ҳҳәоит. Иисус лассы-лассы ажәабжь иҳәон ауаа рацәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы, иаҳҳәап амшын аԥшаҳәаҿы, насгьы аҵеиџь азааигәара (Марк 4:1; Иоанн 4:5—15). Иара иҿырԥшы ҳацклаԥшны, ҳаргьы зехьынџьара Абиблиа иазкны ауаа ҳрацәажәарц ҳҽазаҳшәоит: адәахьы, аусуратә центрқәа рҿы, апаркқәа рҿы, насгьы аҭел ала. Уи адагьы, алшара бзиа анҳамоу ҳара ҳгәылацәа, аус ҳацызуа, аҵара ҳацызҵо, ҳауацәа шаҳаҭра рзаҳуеит. Уи абзоурала миллионҩыла ауаа адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ираҳауеит «аиқәырхара иазку ажәабжь бзиа» атәы (Ԥсалом 96:2).
Изашәҳәар шәылшода шәара Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа, насгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы агәыӷра аӡбахә? Арҭ адыррақәа егьырҭ ауаа ирцәышәымҵәахлан. Алшара шшәоулак еиԥш, егьырҭ ирзеиҭашәҳәа!
Иарбан жәабжьу адунеи зегь иахыҵәар акәу?
Ишԥацныҟәо Иегова ишаҳаҭцәа Иисус иаанижьыз аҿырԥшы?