Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • jl аур. 21
  • Изакәызеи Вефиль?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Изакәызеи Вефиль?
  • Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
  • Иеиԥшу аматериал
  • Хашҭра зқәым аус қьиақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2019
Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
jl аур. 21

АУРОК 21

Изакәызеи Вефиль?

Ҩыџьа Иегова ишаҳаҭцәа Вефиль асахьаркыратә ҟәшаҿы аус руеит

Асахьаркыратә ҟәша (Еиду Аштатқәа)

Иегова ишаҳаҭ Германиа вефильтәи атипографиаҿы аус иуеит

Германиа

Иегова ишаҳаҭ Вефиль амаҭәаӡәӡәарҭаҿы аус луеит (Кениа)

Кениа

Вефильтәи акрыфарҭаҿы аофициантцәа аишәақәа дырхиоит

Колумбиа

«Вефиль» ажәытәуриатә бызшәала иаанагоит «Анцәа иҩны» (Аҟазаара 28:17, 19, албаага). Уи ахьӡ даара ирнаалоит ажәабжьҳәаратә ус азы идыргылаз акомплеқсқәа. Ус еиԥш иҟоу акомплеқсқәа Иегова ишаҳаҭцәа адунеи зегь ахьынӡанаӡааӡо ирымоуп. Анапхгаратә хеилак адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭа Ниу-Иорк, Еиду Аштатқәа рҿы иҟоуп. Уантәи ахылаԥшра азыруеит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы афилиалқәа рус шынарыгӡо. Вефиль амаҵ зуа зегьы вефильтәи аҭаацәа ҳәа ирышьҭоуп. Аиҩызара зыбжьоу ҭаацәара дук еиԥш, Вефиль инхо аус еицыруеит, акреицырфоит, насгьы Абиблиа еицҭырҵаауеит (Ԥсалом 133:1).

Иалукааша аҭаацәа, дасу ихатәы дашьҭамлакәа даҽаӡәы имаҵ ахьиуа. Вефиль инхо зегьы раамҭеи рымчи азыркуеит Анцәа игәаԥхара анагӡареи Аҳра аинтересқәа рыдгылареи (Матфеи 6:33). Уа аӡәгьы ауалафахәы иоуӡом, аха зегьы ироуеит ауада, афатә, насгьы рхатә харџь азы ацхыраагӡа. Вефильтәи амаҵзуҩы ҟәшак аҿы дарҭоит. Аӡәы аофис аҿы аус иуеит, даҽаӡәы афатәҟаҵарҭаҿы, ма акрыфарҭаҿы. Шьоукы атипографиа, ма ашәҟәыхҟьарҭа иаддыргылоит, егьырҭ — ауадақәа реилыргара, аӡәӡәара, аремонт аҟаҵара, насгьы егьырҭ акрызҵазкуа адҵақәа рыдуп.

Амчқәа зегьы — Аҳра иазку ажәабжьҳәаратә ус ԥхьаҟа ицарц азы. Вефильқәа зегьы хықәкы хадас ирымоу,— абиблиатә ҵабырг иахьынӡалшо ирацәаны ауаа ираҳарц ауп. Уи унарбоит ари аброшиура. Ари аброшиура анырыҩуаз Анапхгаратә хеилак алахәын, уи шьҭын акомпиутер ахархәарала адунеи зегь аҿы еиуеиԥшым аиҭагатә гәыԥқәа рахь, вефильтәи типографиақәак рҿы аццакыра змоу амашьына ала икьыԥхьын, нас 110 000 еизара инареиҳаны рахь идәықәҵан. Ари аус аҿы ргәақәкны аџьабаа рбон Вефиль амаҵзуҩцәа, уи ала дара ацхрааит зегь раасҭа ихадоу адҵа — ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара (Марк 13:10).

  • Амаҵ зуада Вефиль, насгьы изланхозеи дара?

  • Иарбан усу инанагӡо Вефиль?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра