АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Хашҭра зқәым аус қьиақәа
Иегова ахаангьы ихашҭӡом имаҵзуҩцәа иҟарҵо аус қьиақәа. Аб ахәыҷы иеихьӡарақәа дышреигәырӷьо еиԥш, Иеговагьы ҳџьабааи ихьӡ ахь иааҳарԥшуа абзиабареи ихашҭӡом (Матф. 6:20; Аур. 6:10). Ҳәарада, зегьы рылшарақәеи рҭагылазаашьақәеи еиԥшӡам. Аха ҳара гәыкала Иегова имаҵ ҳуазар агәырӷьаразы еснагь амзыз ҳамазаауеит (Гал. 6:4; Кәал. 3:23). Акыршықәса ҵуеит зықьҩыла аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Вефиль аҿы амаҵ руеижьҭеи. Иулшома уара Вефиль аҿы амаҵ аура? Мап акәзар, иулшома уара егьырҭ ари аҩыза амаҵзура ргәазҭаҵара, ма Вефиль аҿы амаҵ зуа аӡәы ицхраара, анаҩсгьы зыхә ҳараку имаҵзура наигӡаларц азы?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «УАЗХИОУМА УАРА ВЕФИЛЬ АҾЫ АМАҴ АУРА?» АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан мотивқәоу ирымазар ахәҭоу Вефиль аҿы амаҵ аура зҭаху?
Еиҭарҳәазеи Вефиль аҿы амаҵ зуа аӡәырҩы ироуз азылԥхарақәа ирызкны?
Иарбан ҭахрақәоу иҟоу Вефиль аҿы амаҵ ауразы?
Иҟаҵатәузеи Вефиль аҿы амаҵ ауразы?