АУРОК 28
Иуԥшаар улшозеи ҳара ҳсаит аҿы?
Франциа
Польша
Урыстәыла
Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Убас шәара шәылашарагьы ауаа рҿаԥхьа илашалааит, шәус хирқәа рбарҭахаразы, Ижәҩантәу Шәаб ирдуразы» (Матфеи 5:16). Иахьа аҵабырг алашара лашоит иахьатәи атехнологиақәа рхархәарала, Аинтернетгьы уахь иналаҵаны. Ҳара ҳсаит jw.org — ари иофициалтәу хыҵхырҭоуп, уантәи еилукаар улшоит Иегова ишаҳаҭцәа рдинҵарақәеи руси. Иуԥшаар улшозеи уа?
Лассы-лассы ицәырҵуа азҵаарақәа рҭакқәа Абиблиа аҟынтә. Шәара ишәыԥшаар шәылшоит ауаа ргәы иҭыхо акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак. Иаҳҳәап, абуклетқәа «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?», насгьы «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?» онлаин шәаԥхьар шәылшоит 600 бызшәа инареиҳаны рыла. Ҳара ҳсаит аҿы иара убас иҟоуп «Адунеи ҿыц аиҭага» 130 бызшәа инареиҳаны рыла, Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡақәа, насгьы изаамҭанытәу ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Шәҿыха!». Реиҳарак арҭ апубликациақәа шәаԥхьар, ма асаитаҿ шәазыӡырҩыр ҟалоит, насгьы аформатқәа MP3, PDF ма EPUB рҿи иҭажәҩыр шәылшоит. Шәара иагьшәылшоит аинтерес змоу ауаҩы изы ихатәы бызшәала даҟьақәак шәкьыԥхьыр! Еиуеиԥшым ирацәаны абыжьҭыгарадатә бызшәақәа рыла иҟоуп авидеоҭыжьымҭақәа. Иҭажәҩыр ауеит исахьаркыроу Абиблиа аԥхьара, абиблиатә қәыргыларақәа, насгьы шәыԥсы анышәшьо шәыззыӡырҩыр шәылшо амузыка ԥшӡа.
Иегова ишаҳаҭцәа ирызку аиаша. Асаит аҿы иҟоуп еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ҳус иазкны ажәабжь ҿыцқәеи авидеонҵамҭақәеи, насгьы иануп аацҳарақәа ҳара агәыҳалалратә цхыраара шыҟаҳҵо. Уи адагьы, уа иҟоуп аконгрессқәеи еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ҳфилиалқәа рҭыӡҭыԥқәеи ирызкны аинформациа.
Иахьатәи атехнологиақәа рыбзоурала аҵабырг алашара адгьыл аҵыхәанӡа инаӡоит. Ауаа аконтинентқәа зегьы рҿы, Антарктида налаҵаны, ирызцәырҵит алшара абиблиатә ҵарақәа рабадырразы. Ҳара Анцәа ҳиҳәоит «Иҳақәиҭу иажәа еиҳа-еиҳа ауаа ирылаҳарҵәаразы» адгьыл зегь аҿы Иегова ихьӡ арҳаракразы (2 Фессалоникаа 3:1).
Ишԥарыцхраауеи ауаа асаит jw.org абиблиатә ҵабырг аилкаара?
Ишәҭахузеи шәара еилышәкаарц ҳара ҳсаит аҿы?