Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы
Ҳаҭыр зқәу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи!
Аԥааимбар Исаиа зны иҳәеит: «Иегова... иҟаҳҵо зегьы уара убзоуралоуп ишыҟало» (Ис. [Ис.] 26:12). Исаиа еиликаауан Иуда Аҳра иамаз ақәҿиарақәа Иегова ицхыраареи изылԥхареи ишрыбзоураз. Ииасыз амаҵзуратә шықәсазы Анцәа иорганизациа иҟанаҵаз аихьӡарақәа ҳанрызхәыцуа, Исаиа иҟаиҵаз алкаа ҳаргьы ҳақәшаҳаҭхоит. Ииашаҵәҟьаны Иегова «адгьыл аҟны џьаргьы ахаан иҟамлацыз иџьашьахәу аусқәа» ҟаиҵоит (Ақәҵ. [Исх.] 34:10). Шәааи иаҳгәалаҳаршәап иҳалалу Анцәа иҟынтә иҳауз зылԥхарақәак.
Ҳофициалтә саит хәы змам ахәарҭа аанагоит. Иахьа уи 600 бызшәа инареиҳаны рыла еиҭагоуп. Асаит аҿы уаԥхьар, насгьы ихыуҩылаар улшоит 750 бызшәа инареиҳаны рыла апубликациақәа. Абар ҳсаит ауаа рҟынӡа ажәабжь бзиа анагара иҳацхраауа алҵшәа бзиа змоу амыруга шакәу ҳзырбо ахҭыс. Ҭаацәарак адинхаҵара ргәы ахшәеит, уа иалахәыз иаадырԥшуаз ргәыҩбара иахҟьаны. Урҭ адоуҳатә ҵабырг иашьҭан, ҳсаит ахь иагьҭалеит. Уи нахыс лассы-лассы уахь иҭало иалагеит астатиақәа ирыԥхьаларц, иара убас авидеонҵамҭақәа ирыхәаԥшларц азы. Урҭ иара убас ихырҩылааит аброшиура «Исследуем Писания каждый день», насгьы ихбыџыз ҩыџьа рԥацәеи дареи есыҽны амш иазалхыз ажәеинраала иаԥхьон, нас иахцәажәон. Зны шьыжьымҭан амш иазалхыз ажәеинраала ишаԥхьоз, Иегова ишаҳаҭцәа рышә иасит. Инеиз Иегова ишаҳаҭцәа еилыркааит ари аҭаацәара асаит абзоурала рыԥсҭазаараҿы имаҷымкәа аԥсахрақәа шыҟарҵаз: урҭ ирныз ататуировкақәа анырхит, уаҳа апирсингқәа ныҟәыргомызт, иара убас икарыжьит адин иадҳәалаз асахьақәагьы, аныҳәақәа азгәаҭара иаҟәыҵит, насгьы ақьырсианцәа ирықәнагам афильмқәа уаҳа ирыхәаԥшуамызт. Дара арҭ аԥсахрақәа Иегова ишаҳаҭцәа хаҭала ирабадыраанӡа иҟарҵахьан! Ари асаламшәҟәы анырыҩуаз аамҭазы, ани аби ахәыҷқәа руаӡәки жәабжьҳәаҩцәаны иҟалеит, иара убас хаҵеи-ԥҳәыси аҽӡаахра ргәы иҭан.
Иара убас иҳауит изаманоу аҿыцлагала аинтернет-телехәаԥшра JW Broadcasting ауаа ишыргәаԥхаз аазырԥшуа ахҳәаақәа. Иахьа есымзатәи апрограмма ҭыҵуеит 70 бызшәа инареиҳаны рыла, ҳаԥхьаҟа еиҳа бызшәа рацәала еиҭагахоит. Имаҷымкәа аҭаацәарақәа аинтернет-телехәаԥшра аҭаацәаратә мҵахырхәара аан иахәаԥшуеит. Абар ҳашьак ииҳәаз: «Иегова иорганизациа иахьа еиԥш амҽхак ҭбаамхацызт, аха ус шакәугьы, уаанӡа аасҭа ихадоу аусбарҭа ҳазааигәаны ҳхы ҳбоит!»
Аконгрессқәа — ари Иегова иуаажәлар рзы иҷыдоу хҭысуп. 2015-тәи амаҵзуратә шықәсазы имҩаԥысыз арегионалтә конгрессқәа рпрограмма шьақәгылан 42 авидеонҵамҭақәеи асахьақәеи рыла. Апрограмма аҟәшақәа алагон аконгресс азы иазырхиаз амузыкатә ааҭгыларақәа рыла. Аԥышәа змоу аиашьа апрограмма абас дахцәажәеит: «Иубаратәы иҟан аӡырҩцәа минуҭк иадамзаргьы рҭыԥқәа ааныжьны ицарц шырҭахымыз, апрограмма иаҳәо аҟынтә акгьы рцәыбжьамхарц азы». Миссионерс амаҵ зуа иаҳәшьак илҳәеит: «Авидеонҵамҭақәа рыбзоурала аҵабырги Аҳреи уаанӡа аасҭа сара сзы иҟаҵәҟьоу ак акәны иҟалеит».
Иаҳхысыз ашықәс азы Иегова изылԥхарала иҭыжьын иҿыцу Аҳратә шәақәак. Хаҵеи-ԥҳәыси ирҩит: «Ашәа ҿыцқәа ҳанырзыӡырҩуа, Иегова ҳаигәыдиҳәҳәалозшәа ҳбоит. Урҭ изныкымкәа ҳгәы шьҭырххьан, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәоз». Аконгресс аҿы ҳара еиҳаны еилаҳкааит Ахьчаратә Бааш аоркестри ахори иалахәу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аџьабаа шырбо. Дара еиҿыркаауеит ҳара ҳзыргәырӷьо, Иегова дҳаразкуа ашәа ԥшӡақәа.
Рхы иадырхәома шәеизараҿы алитература азы астендкәа? Ари аҩыза амаҵзуратә хкы зылԥхараны иҟалеит. Иарку атерриториа, мамзаргьы аихагыла ҳаракқәа рҿы инхо шьоукы уи абзоурала раԥхьаӡа акәны ажәабжь бзиа раҳаит; егьырҭ, иактивым Иегова ишаҳаҭцәагьы уахь иналаҵаны, адоуҳатә цхыраара роуеит. 2015 шықәса ианвар мзазы Аладатәи Кореиа хаҵак алитература зқәыз астенд днадгылеит. Иара иҳәеит ааигәа адоуҳатә зҵаарақәа дрызхәыцуа дшалагаз. Аҵыхәтәаны иара Абиблиа аҵара далагеит. Уи ашықәс февраль мзазы раԥхьаӡа акәны аизара даҭааит, март мзазы аҭаҭын ахара даҟәыҵит, апрель азы даҭааит Аладатәи Кореиа иҟоу афилиал. Уажәы уи ахаҵа адоуҳатә қәҿиарақәа ҟаиҵоит. Ари ахҭыс адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭаҿы еилыркааз ахҭыс рацәақәа ируакуп.
Ҳара Анцәа ҳиҳәоит аконгресс аҿы иҳауз апубликациа уаанӡа Иегова имаҵ зуаз еиҭа иара иахь ахынҳәра ргәазҭанаҵарц азы. Шәааҳаԥхьоит зегьы: Иегова иорганизациахь ихынҳәырц зҭаху зегьы иара иеиԥш гәаартыла ишәыдышәкыл (Иез. [Иез.] 34:16).
Ҳәарада, ииасыз амаҵзуратә шықәсазы Иегова иуаажәлар азылԥхарақәа рацәаны ириҭеит. Иаҳзыԥшузеи ҳаԥхьаҟа? Шәааи ҳааԥшып. Агәра ганы шәыҟаз Анапхгаратә хеилак аҿы иҟоу аишьцәа даараӡа бзиа шәшырбо, насгьы лассы-лассы шәара шәзы Анцәа ишиҳәо.
Ақәҿиарақәа шәзеиӷьаҳшьоит
Шәашьцәа,
Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак
© 2016 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania