Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • fg аур. 6 азҵ. 1—5
  • Ирымоузеи гәыӷрас иԥсхьоу?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ирымоузеи гәыӷрас иԥсхьоу?
  • Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ирҭагылазаашьоузеи иҧсхьоу ҳҭынхацәа?
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
  • Иаҳзааигәоу иԥсхьоу ауаа рзы агәыӷра иашаҵәҟьа
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Иарбан гәыӷроу иԥсхьоу ҳабзиабаҩцәа рзы иҟоу?
    Иарбан гәыӷроу иԥсхьоу ҳабзиабаҩцәа рзы иҟоу?
  • Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәахәаԥш еиҳаны
Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
fg аур. 6 азҵ. 1—5

АУРОК 6

Ирымоузеи гәыӷрас иԥсхьоу?

1. Ирзыԥшузеи иԥсхьоу?

Марфеи Мариеи зыԥсы ҭалаз рашьа Лазарь дыргәыдрыҳәҳәалоит

Иисус диман Иерусалим азааигәара иҟаз ақыҭа Вифаниа инхоз Лазар зыхьӡыз аҩыза. Зны Лазар даачмазаҩхан, дыԥсит. Иисус уахь даннеи, уи ԥшьымш ҵуан дыԥсижьҭеи. Иисус Марфеи Мариеи ицны, Лазар инышәынҭрахь дцеит. Иаарласны уа ауаа рацәа еизеит. Ауаа зегь ишырбоз Иисус Лазар иԥсы ҭеиҵеит. Шәазхәыц Марфеи Мариеи шаҟа игәырӷьаз, рашьа иԥсы ҭаны данырба! (Шәаԥхьа Иоанн 11:21—24, 38—44.)

Марфа иԥсхьоу рыԥсы шҭало агәра лгон. Лара илдыруан Иегова урҭ адгьылахь аԥсҭазааразы иширхынҳәуа. (Шәаԥхьа Иов 14:14, 15.)

2. Иарбан ҭагылазаашьоу ирымоу иԥсхьоу?

Адам дышшаз, насгьы дшыԥсыз

Анцәа Адам иаиҳәеит: «Уара дгьылтә сабан, асабахьгьы угьежьуеит» (АҞАЗААРА 3:19).

Ауаҩы «адгьылтә саба» далхын (Аҟазаара 2:7; 3:19). Ауаа ацәеижь зқәу доуҳақәаны иҟаӡам. Ҳара цәеижьтә шамҭақәоуп, убри аҟынтә ауаҩы ицәеижь ахәҭак данԥслак ашьҭахь изынхаӡом. Ауаҩы данԥслак, иԥсуеит ихшыҩ, насгьы уи ихәыцрақәа зегьы ыӡуеит. Лазар иԥсы анҭала ашьҭахь, нарцәытәи аԥсҭазаара иазкны акгьы еиҭеимҳәаӡеит, избанзар ауаҩы данԥслак ашьҭахь ԥсҭазаара ҳәа акгьы ыҟаӡам. (Шәаԥхьа Екклезиаст 9:5, 6, 10.)

Иргәаҟуама Анцәа ауаа џьаҳаным аҿы? Абиблиаҿ иҳәоуп иԥсхьоу акгьы рныруам ҳәа. Ус акәзар, џьаҳаным иазку аҵара — амцхаҵара иатәуп. Уи Анцәа ииашамкәа даанарԥшуеит. Анцәа ауаа иргәаҟуеит ҳәа азхәыцраҵәҟьагьы иара изы иҿаасҭоуп. (Шәаԥхьа Иеремиа 7:31.)

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Иарбан ҭагылазаашьоу ирымоу иԥсхьоу?»

3. Ирылшома иԥсхьоу ауаа ҳара ҳацәажәара?

Иԥсхьоу ирылшаӡом акы аҳәара, ма аҳара (Ԥсалом 115:17). Аха иҟоуп ицәгьоу амаалықьцәа, иԥсхьоу шьоукы ракәушәа ҟаҵаны, ауаа рацәажәара зылшо (2 Пиотр 2:4). Убри аҟынтә Иегова ҳара азин ҳаиҭаӡом иԥсхьоу рацәажәара. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 18:10, 11.)

4. Зыԥсы ҭаҵахода?

Џьанаҭ дгьыл аҿы зыԥсы ҭалаз ауаҩы Анцәа деиликаауеит. Анаҩс иара зыԥсы ҭало егьырҭ Анцәа иӡбахә рзеиҭеиҳәоит.

Миллионҩыла ауаа рыԥсы ҭалоит. Рыԥсҭазаарахь ихынҳәуеит Анцәа дыззымдыруаз, насгьы ииашамкәа зхы мҩаԥызгоз. (Шәрыԥхьа Лука 23:43; Аусқәа 24:15.)

Зыԥсы ҭало ауаа ииашаҵәҟьоу Анцәа иеилкаареи Иисус иахь ахаҵара аарԥшреи алшара роуеит (Аатра 20:11—13). Урҭ рахьтә ииашаны зхы мҩаԥызгало ауаа наӡаӡа џьанаҭ дгьылаҿ анхара рылшоит. (Шәаԥхьа Иоанн 5:28, 29.)

5. Иҳанаҳәозеи Иегова изкны иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵара агәаҳәара ахьимоу?

Аԥсҭалара алыршахеит Анцәа иԥа адгьылахь даашьҭны дахьыԥсыз абзоурала. Иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц Иегова имоу агәаҳәара иаанарԥшуеит ибзиабара дуӡӡеи иқьиареи. Шәзықәшәарц ишәҭаххарыдаз раԥхьаӡа иргыланы, иԥсхьоу рыԥсы анҭалалак? (Шәрыԥхьа Иоанн 3:16; Римаа 6:23.)

Еиҳаны аинформациа шәыԥшаарц шәылшоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», 6-тәи, 7-тәи, насгьы 10-тәи ахқәа рҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра