Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • fg аур. 10 азҵ. 1—4
  • Ишԥаԥшаатәу ииашоу адинхаҵара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥаԥшаатәу ииашоу адинхаҵара?
  • Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иарбан динхаҵароу Анцәа игәы иақәшәо?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Аиаша динхаҵара шԥаԥшаатәу?
    Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Ишәыцхраар алшозеи ииашоу адинхаҵара аԥшаара?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Аиаша динхаҵара шыԥшаатәу
    Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
Шәахәаԥш еиҳаны
Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
fg аур. 10 азҵ. 1—4

АУРОК 10

Ишԥаԥшаатәу ииашоу адинхаҵара?

1. Ирацәоума ииашоу адинхаҵарақәа, мамзаргьы ак акәу иҟоу?

Иисус ауаа аҵабырг дирҵоит

«Шәхы рцәышәыхьчала... амц-ԥааимбарцәа» (МАТФЕИ 7:15).

Иисус ишьаҭаиркит динхаҵара заҵәык — ииашоу. Уи иаҿурԥшыр ҟалоит наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь узго амҩа. Иисус иҳәеит уи амҩа зыԥшаауа шырацәам (Матфеи 7:14). Анцәа дыззыразу Абиблиа шьаҭас измоу амҵахырхәара заҵәык ауп. Ииашоу Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы гәрахаҵарак ала еидҳәалоуп. (Шәрыԥхьа Иоанн 4:23, 24; 14:6; Ефесаа 4:4, 5.)

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Дырзыразума Анцәа адинхаҵарақәа зегьы?»

2. Ииҳәазеи Иисус амцтә қьырсианцәа рзы?

Адиннапхгаҩ ауахәамаҿы дықәгылоит. Нас аибашьра ицо аруаа иныҳәоит

«Урҭ Анцәа дҳамоуп, Анцәа даадыруеит рҳәоит, аха рус-ҳәыс, иаадырԥшуа ахымҩаԥгашьала, рызқәа иеиадырхоит» (ТИТ 1:16).

Иисус ҳгәаҳҽаниҵеит ақьырсианра еилазго амцтә ԥааимбарцәа шцәырҵуа. Урҭ ииашоу ақьырсианцәа рҟынтә реиҩдыраара еснагь имариам. Избанзар дара Иисус иҵаҩцәа ҳәа рхы рбоит, насгьы руахәамақәа қьырсиантәны ирыԥхьаӡоит. Аха дасу дызусҭоу аилкаара ҟалоит. Ишԥа? Ииашоу адинхаҵара мацара ауп иаазго алҵшәа бзиақәа — ақьырсиантә усқәеи аҟазшьақәеи. (Шәаԥхьа Матфеи 7:13—23.)

3. Излаудыруазеи ииашаҵәҟьоу Анцәа имаҵуҩцәа?

Ҳарзааҭгылап излалукаауа хә-ҷыдарак.

  • Ииашоу ақьырсианцәа агәра ргоит Абиблиа — Анцәа Иажәа шакәу. Дара абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны анхара рҽазыршәоит. Убри ала ауп ииашоу адинхаҵара, ауаа рхәаԥшышьақәа шьаҭас измоу, егьырҭ адинқәа зегьы изларылукаауа (Матфеи 15:7—9). Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ражәақәеи русқәеи еиқәшәоит. (Шәрыԥхьа Иоанн 17:17; 2 Тимофеи 3:16, 17.)

  • Ақьырсиан Абиблиа шьаҭас измоу ажәахә иманы дықәгылоит. Нас Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа ирылеиҳәоит, аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз дрыцхраауеит, абырг дицхраауеит

    Ииашоу Христос ишьҭанеицәа Анцәа Иегова ихьӡ ҳараркуеит. Иисус ауаа данрацәажәоз, лассы-лассы ихы иаирхәон Анцәа ихьӡ. Убри ала Иаб ихьӡ ҳареикуан. Иара Анцәа иӡбахә ауаа ирзеиҭеиҳәон, насгьы Анцәа ихьӡ ԥшьахарц ишиҳәатәу дирҵон (Матфеи 6:9). Еиҭазҳәода шәықалақь аҿы Анцәа ихьӡ аӡбахә? (Шәрыԥхьа Иоанн 17:26; Римаа 10:13, 14.)

  • Ииашоу ақьырсианцәа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рҳәоит. Анцәа Иисус дылбааишьҭит Аҳра иазку ажәабжь бзиа еиҭеиҳәаларц. Аҳра мацара ауп изылшо ауаатәыҩса рыуадаҩрақәа рыӡбара. Иисус уи аӡбахә еиҭеиҳәон иԥсы ҭанаҵы (Лука 4:43; 8:1; 23:42, 43). Иара иҳәеит ишьҭанеицәа иара иҟаиҵоз аус аҩыза шыҟарҵало. Аӡәы днашәыдгыланы Анцәа Иаҳра аӡбахә далацәажәозар, иарбан динхаҵароу иара дызҵанакуа? (Шәаԥхьа Матфеи 24:14.)

  • Иисус ишьҭанеицәеи ари ицәгьоу адунеии ирзеиԥшу акгьы ыҟам. Дара злаудыруа убри ауп, аполитикеи ауаажәларратә еилаҩынтрақәеи рыҽрыладырхәӡом (Иоанн 17:16; 18:36). Уи адагьы, дара агәаԥхашәаратә цқьарала иалукаауеит, насгьы урҭ рҽацәырыхьчоит ари адунеи аҿы ирыларҵәоу аграқәеи ибааԥсу ашьцыларақәеи. (Шәаԥхьа Иаков 4:4.)

  • Ииашоу ақьырсианцәа абзиабара дуӡӡа рыбжьоуп. Анцәа Иажәа дара иднарҵеит ауаа зегьы милаҭла еилымхкәа пату рықәҵара. Амцтә динқәа лассы-лассы аибашьрақәа ирыдгылоуп, насгьы аиҿыхарақәа рыҽрыладырхәуеит, аха ииашоу ақьырсианцәа уи мап ацәыркуеит (Михеи 4:1—3). Уи адагьы, дара рхатәы иашьҭамлакәа, раамҭеи рылшареи ауаа ирзыркуеит, ргәы шьҭырхларц, насгьы ацхыраара рырҭаларц азы. (Шәрыԥхьа Иоанн 13:34, 35; 1 Иоанн 4:20.)

4. Излаудыруазеи ииашоу адинхаҵара?

Иарбан дину зҵарақәа зегь Анцәа Иажәа аҟынтәи иаазго, Анцәа ихьӡ ҳаразкуа, насгьы Анцәа Иаҳра мацара ауп ауадаҩрақәа зегь зыӡбо ҳәа зыԥхьаӡо? Иаазырԥшуада ахаҵара змоу рҟынтә аиашьаратә бзиабара, насгьы зыҽрылазмырхәуада аибашьрақәа? Шәгәы ишԥаанаго, иазусҭцәада урҭ? (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:10—12.)

Еиҳаны аинформациа шәыԥшаарц шәылшоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», 15-тәи ахаҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра