Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bh ахы 15, ад. 144—153
  • Иарбан динхаҵароу Анцәа игәы иақәшәо?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иарбан динхаҵароу Анцәа игәы иақәшәо?
  • Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИИАШОУ АДИНХАҴАРА ШЫԤШААТӘУ
  • ИҞАУҴОЗЕИ УАРА?
  • Ишәыцхраар алшозеи ииашоу адинхаҵара аԥшаара?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Ишԥаԥшаатәу ииашоу адинхаҵара?
    Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Аиаша динхаҵара шԥаԥшаатәу?
    Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Аиаша динхаҵара шыԥшаатәу
    Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
Шәахәаԥш еиҳаны
Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
bh ахы 15, ад. 144—153

АХЫ 15

Иарбан динхаҵароу Анцәа игәы иақәшәо?

  • Анцәа игәы иақәшәома адинхаҵарақәа зегьы?

  • Ишԥаԥшаатәу ииашоу адинхаҵара?

  • Иазусҭцәада иахьа Анцәа игәы ишақәшәо имаҵ зуа?

1. Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа, ҳдинхаҵара Анцәа игәы иақәшәозар?

АНЦӘА ИЕГОВА ҳара даара бзиа ҳаибоит, насгьы ҳаԥсҭазаараҿы инапхгара ҳацхраалар иҭахуп. Анцәа имаҵ ииашаны иҳаулар, ҳара насыԥ ҳауеит, насгьы ауадаҩрақәа ҳҽырцәаҳахьчоит. Иара убас ҳара Анцәа иҟынтә азылԥхарақәеи ацхыраареи ҳауеит (Исаиа [Исаия] 48:17). Аха иахьа шәкыла адинхаҵарақәа ыҟоуп, урҭ ирыҵанакуа ауаа Анцәа изку аиаша дҳарҵоит ҳәа шьақәдырӷәӷәоит. Аха Анцәа дызусҭоу, насгьы уи инормақәа ирызкны ирымоу агәаанагарақәа еиқәшәом.

2. Ишԥеилаҳкаари иарбан динхаҵароу Иегова ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо, насгьы иарбан ҿырԥштәу уи аилкаара иҳацхраауа?

2 Излеилаҳкаауазеи ҳара иарбан динхаҵароу Иегова ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо? Уи азы иаҭахӡам еицырдыруа адинхаҵарақәа зегьы рыҭҵаареи реиҿырԥшреи. Иазхоит Абиблиа иаҳнарҵаҵәҟьо аилкаара, насгьы уаҟа аиаша динхаҵара азы иаҳәо. Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Тәылақәак рҟны аԥара арҩашьара — даара иӷәӷәоу проблемоуп. Иаҳҳәап ирҩашьоу аԥара еилкаа ҳәа уарҳәар, ишԥаҟауҵо уи? Иҭуҵаауама ирҩашьоу аԥарақәа зегь зеиԥшроу? Ҳәарада, мап. Еиҳа иҟәышрахоит аԥара ахаҭаҵәҟьа аҭҵааразы аамҭа азалухыр. Аԥара ахаҭаҵәҟьа анудырлак, усҟан уара еиҳа иузымариахоит ирҩашьоу аԥара аилкаара. Убас еиԥш, Анцәа ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо адинхаҵара анаҳдырлак, ҳара еиҳа иаҳзымариахоит амцдинхаҵарақәа ралкаара.

3. Иҟаҵатәузеи, Иисус иажәақәа рыла, Анцәа игәы иақәшәо ҟаҳҵалар ҳҭахызар?

3 Даара акраҵанакуеит Иегова ишиҭаху еиԥш ҳаҭыр иқәҵара. Аӡәырҩы ауаа ргәы иаанагоит, адинхаҵарақәа зегьы Анцәа игәы иақәшәоит ҳәа. Аха Абиблиа уи аҩыза ҳнарҵом. Иазхаӡом иара убас сқьырсиануп ҳәа аԥхьаӡара мацара. Иисус иҳәеит: «Иҳақәиҭу! Иҳақәиҭу!» ҳәа сазҳәақәо зегьы Жәҩантәи Аԥсҳара рбараны иҟаӡам, уи збо Жәҩан иҟоу Саб игәаҳәара назыгӡауа роуп». Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵаразы, иахәҭоуп иара ииҭаху аилкаара, насгьы иҭахрақәа рыла анхара. Анцәа игәаԥхара назмыгӡо, Иисус ирзиҳәеит «азакәандара мҩаԥызго» ҳәа (Матфеи 7:21—23). Амцдинхаҵара, ирҩашьоу аԥара еиԥш, акгьы иаԥсам. Убри инеиҳангьы, иара ашәарҭара аанагоит.

4. Иарбан ҩ-мҩак Иисус дызлацәажәоз, насгьы уабарго урҭ?

4 Иегова ауаа зегь ириҭоит Џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа аԥсҭазаара роурц алшара. Уи азы иахәҭоуп Анцәа имаҵ ииашаны аура, насгьы игәы иақәшәо аҟаҵара. Аха рыцҳарас иҟалаз, еиҳараҩык ирҭахым уи аҟаҵара. Убри аҟынтә Иисус иҳәеит: «Агәашә ҭшәақәа рыла шәҭалала; избан акәзар аҭахара-ақәӡаарахь уназго агәашәқәа акыр иҭбааҭыцәуп, урҭ рышҟа ауп жәпаҩык рхы ахьдырхауагьы. Абзазарахь уназго агәашәқәа-амҩақәа даараӡа иҭшәақәоуп, ирацәаҩым урҭ рыԥшаара зылшауагьы» (Матфеи 7:13, 14). Аиаша динхаҵара наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь унанагоит, амцдинхаҵара — аҭахарахьы. Иегова аӡәгьы дҭахар иҭахӡам, убри аҟынтә ауаа зегь иара деилыркаартә алшара риҭоит (2 Пиотр 3:9). Анцәа имаҵ шаҳуа ауп ҳаԥсҭазаара зхьыԥшу.

ИИАШОУ АДИНХАҴАРА ШЫԤШААТӘУ

5. Ишԥеилкаатәу аиаша динхаҵара иахыԥхьаӡалоу ауаа?

5 Ишԥаԥшаатәу аԥсҭазаарахь «уназго агәашәқәа-амҩақәа»? Иисус иҳәеит аиаша динхаҵара еилукаар ҟалоит уи ашьҭанеицәа рхы шымҩаԥырго ала ҳәа. «Урҭ румҭақәа рыла иудыруеит,— иҳәеит иара, иагьациҵеит: — Иарбан ҵла бзиазаалакь, ашәыр бзиа аанашьҭуеит» (Матфеи 7:16, 17). Даҽакала иуҳәозар, аиаша динхаҵара иахыԥхьаӡалоу еилукаар улшоит рҵареи рхымҩаԥгашьеи рыла. Анцәа иаша имаҵзуҩцәа наӡам, насгьы агхақәа ҟарҵоит, аха инеизакны жәларык реиԥш, дара рҽазҵәылхны иара игәаԥхара аҟаҵара иашьҭоуп. Ҳрыхәаԥшып аиаша динхаҵара иахыԥхьаӡалоу ауаа шеилкаатәу узырбо ф-ҷыдарак.

6, 7. Ишԥазыҟоу Анцәа имаҵзуҩцәа Абиблиа, насгьы иарбан ҿырԥшу Иисус иаанижьыз?

6 Анцәа имаҵзуҩцәа рҵарақәа Абиблиа шьаҭас ирымоуп. Анцәа Иажәаҿы иҳәоуп: «Аҩыра зегьы нцәа доуҳала иаԥҵоуп, уи хәарҭоуп аҵарашьҭкаараҿ, аҿаԥҽраҿы, агхақәа рырҽеираҿ, аиаша-ҵабырг ашҟа амҩа ақәҵараҿ, Анцәа иуаҩԥсы — акы згым аӡә иакәны, аус бзиақәа, аус хирқәа дрызшаны дҟаларазы» (2 Тимофеи иахь 3:16, 17). Абар апостол Павел ихаҵара́ ицеиҩызшоз рахь ииҩыз: «Ишәаҳаз Анцәа иажәа, ауаҩытәыҩса ихы иҭҳәаау ак еиԥш акәымкәа, ишәыдышәкылт иара шыҟаз аиԥш, Анцәа иитәу, агәрахаҵара змоу анырра ӷәӷәа шәызҭо ажәаны» (1 Фессалоникаа рахь 2:13). Ишаабо еиԥш, ииашоу адинҵарақәа шьаҭас ирымоу ауаа рқьабзқәеи рхәаԥшышьақәеи ракәӡам. Урҭ шьаҭас ирымоуп Анцәа Иажәа — Абиблиа.

7 Иисус Христос иҵарақәа еснагь Анцәа Иажәа шьаҭас ирыман, уи ҳара ҳзы ҿырԥш бзиоуп. Жәҩан иҟоу и-Аб даниҳәоз, иара ус иеиҳәеит: «Иҵабыргуп Уара уажәа» (Иоанн 17:17). Иисус Анцәа Иажәа агәра игон, убри аҟынтә еснагь Аҩыра иану инақәыршәаны идирҵон. Иисус лассы-лассы иҳәон: «Иануп» (Матфеи 4:4, 7, 10). Анаҩс Аҩыра аҟынтә ацитатақәа ааигон. Убас еиԥш иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа рхатә хәаԥшышьақәа рыладырҵәом. Дара агәра ганы иҟоуп Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу, убри аҟынтә дара рҵарақәа зегьы шьаҭас ирымоу Абиблиа заҵәык ауп.

8. Иаанагозеи Иегова имҵахырхәара?

8 Аиаша динхаҵара иахыԥхьаӡалоу ауаа Иегова заҵәык имҵахырхәоит, иагьрыларҳәоит иара ихьӡ. Иисус иҳәеит: «Уиеихырхәала Иуқәиҭу Унцәа, убри аӡә заҵәык имаҵ ула» (Матфеи 4:10). Ииашоу ақьырсианцәа Нцәас ҳаҭыр зқәырҵо Иегова заҵәык иоуп. Дара иԥшьоу амаҵзура нарыгӡоит, насгьы ихьӡи иҟазшьа бзиақәеи рыӡбахә ауаа ирзеиҭарҳәоит. Абиблиаҿы иаҳәоит: «Ирдыруазааит ауаа, Уара Иегова ҳәа ахьӡ змоу, Аӡәк уоуп адгьыл аҿы Зегьирхаку» (Аԥсалом 83:18, АдҾ). Иисус ауаа идеилиркаауан Анцәа дызусҭоу, убри ала аҿырԥшы ҳаиҭеит. Иара Иегова диҳәон: «Уара ухьӡ аԥсабарахьтә исуҭаз ауаа рҿы иҳараскит» (Иоанн 17:6). Иахьа ииашоу Анцәа имаҵзуҩцәагьы иара ихьӡ, игәҭакқәа, насгьы иҟазшьа бзиақәа ирызкны ауаа иддырҵоит.

9, 10. Ишԥаадырԥшуеи ииашоу ақьырсианцәа рыбжьара абзиабара?

9 Анцәа имаҵзуҩцәа рхатә феида иашьҭамлакәа, хамеигӡарала бзиа еибабоит. Иисус иҳәеит: «Шәара сҵаҩцәа шшәакәу злардыруа, шәара-шәара ишәыбжьоу абзиабарала ауп» (Иоанн 13:35). Абри аҩыза абзиабара аадырԥшуан раԥхьатәи ақьырсианцәа. Абзиабараҵәҟьа асоциалтә, амилаҭтә, арасатә ҳәаақәа иааныркылом, насгьы уи ауаа еиднакылоит аизааигәара зыбжьоу, ихымбгало еишьарала. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:14.) Амцдинхаҵара иалахәу ауаа аиашьаратә бзиабара рымам. Иабантәаадыруеи уи ҳара? Амилаҭқәеи ахылҵшьҭрақәеи рыбжьара иҟоу аиқәшаҳаҭымра иахҟьаны, урҭ рдинхаҵара рыцеиҩызшо ирабашьуеит. Ииашоу ақьырсианцәа рдинхаҵара рыцеиҩызшо рашьцәа, ма егьырҭ ауаа рышьразы абџьар шьҭырхуам. Абиблиаҿы иаҳәоит: «Анцәа ихәыҷқәеи аҩысҭаа ихылҵшьҭроуи абас еиԥш ала уаҩы еилиргар алшоит: аиаша мҩа иаҭаху назмыгӡо, уи иқәымныҟәо дарбанзаалакь — Дынцәахылҵшьҭрам, зашьа бзиа дзымбо диеиԥшуп. ...Агәырӷьаҿҳәаша жәабжь иаҳәо аӡәи-аӡәи бзиа ҳшеибабалашатә ауп. Каин шәиҿымԥшын, уи — аҩысҭаа дитәышьҭран, убри аҟнытә иашьа дишьит» (1 Иоанн 3:10—12; 4:20, 21).

10 Аха абзиабара иашаҵәҟьа амазаара — ауаҩы имшьра мацара акәӡам иаанаго. Ииашоу ақьырсианцәа азхиоуп раамҭеи, рымчқәеи, рылшарақәеи егьырҭ рыхҭынҵара, насгьы рдинхаҵара рыцеиҩызшо ргәышьҭыхра (Ауриацәа рахь 10:24, 25). Аамҭа цәгьақәа раан дара еицхыраауеит, насгьы егьырҭ ауаа ламысла ирзыҟоуп. Дара рхы иадырхәоит абиблиатә абжьгара — «зегьы абзиара рзыҟаҳҵалап» (Галаҭаа рахь 6:10).

11. Избан Анцәа аиқәырхара Иисус заҵәык ила ишҳаиҭо аилкаара зҳахәҭоу?

11 Ииашоу ақьырсианцәа еилыркаауеит Анцәа аиқәырхара шриҭо Иисус Христос заҵәык ила. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Дыҟам ари ажәҩан аҵаҟа даҽаӡәы, ауаа рзыҳәа абас иԥсеиқәырхагоу» (Аусқәа 4:12). Ахәбатәи ахаҿы ишеилаҳкааз ала, аӡырҩра аазырԥшуа ауаа рҿыхразы Иисус иԥсҭазаара ақәиҵеит (Матфеи 20:28). Иара убас ҳара еилаҳкааит Анцәа адгьыл зегь напхгара азҭало жәҩантәи Иаҳраҿы Иисус Аҳас дшыҟаиҵаз. Ҳара наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц ҳҭахызар, Иисус изыӡырҩреи иҵарақәа рықәныҟәареи ҳахәҭоуп. Убри аҟынтә Абиблиаҿы иҳәоуп: «Аԥа дхазҵауа наӡаӡатәи аԥсҭазаара имоуп; Аԥа дазхазымҵаз бзазара имам» (Иоанн 3:36).

12. Иаа́нагозеи адунеи уахәҭакымкәа аҟазаара?

12 Анцәа ииашоу имаҵзуҩцәа адунеи иацрыгоуп. Иисус иус анырыӡбоз, иара римаа рнапхгаҩы Пилат ус иеиҳәеит: «Сара Сыԥсҳара ари аԥсабараҿтәым» (Иоанн 18:36). Иисус ииашоу ишьҭанеицәа ахьынхозаалакгьы, дара еилыркаауеит жәҩантәи Аҳра анапхгара аҵаҟа ишыҟоу, насгьы ари адунеи аполитикатә усқәа рыҽрыладырхәӡом. Дара рыҽрыладырхәӡом аиҿагыларақәеи аиҿыхарақәеи. Ус шакәугьы, Иегова имаҵзуҩцәа аполитикатә партиа иалало, насгьы алхрақәа раан зыбжьы зҭиуа ауаа ирԥырхагаӡам. Ииашоу ақьырсианцәа ари адунеи аусқәа рыҽрыладырхәуам, аха азакәан иазыӡырҩуа уаауп. Избан? Избанзар Анцәа Иажәа ааԥхьара ҟанаҵоит «дарбанзаалакь иаԥу амчра [аҳәынҭқаррақәа] азхеиҵауазар ауп» (Римаа рахь 13:1). Аха аҳәынҭқарра азакәан Анцәа изакәан иаҿагылозар, ииашоу ақьырсианцәа апостолцәа рҿырԥшы иқәныҟәоит, урҭ ирҳәон: «Ҳара ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩуеит» (Аусқәа 5:29; Марк 12:17).

13. Иаа́нагозеи Анцәа Иаҳра Иисус Христос ииашоу ишьҭанеицәа рзы, насгьы иарбан усу дара имҩаԥырго?

13 Иисус Христос изиашоу ишьҭанеицәа ауаа ирыларҳәоит ауаатәыҩса рзы гәыӷрас иҟоу Анцәа Иаҳра мацара шакәу. Иисус иҳәеит: «Ари Аԥсҳаратә Евангелие аӡбахә аԥсабара зегьы... иахьыгӡахоит, ажәларқәа зегьы азышаҳаҭхаразы; убасҟан иԥҵәоит зегьы рҵыхәтәа» (Матфеи 24:14). Иисус Христос ииашоу ишьҭанеицәа ауаа ргәазыҟарҵоит адгьыл аҿы иҟоу аҳәынҭқаррақәа ракәымкәа, Анцәа Иаҳра иақәгәыӷларц, избанзар уи заҵәык ауп ауаатәыҩса рыпроблемақәа зыӡбо (Аԥсалом 145:3 [146:3, АдҾ]). Иисус иаҳирҵон ари жәҩантәи аҳәынҭқарразы Анцәа ҳашиҳәалаша: «Иааиааит Уара Уԥсҳара; иҟалааит угәаԥхара, хыхь, ажәҩан аҿ аиԥш, ҵаҟа адгьыл аҿгьы» (Матфеи 6:10). Абиблиаҿы заа иҳәан ари Аҳра «иқәнахуеит [иахьатәи ҳаамҭазы иҟоу] аҳрақәа зегьы, насгьы урҭ рҵыхәтәа ԥнаҵәоит, иара ахаҭа гылазаауеит наӡаӡа» ҳәа (Даниил [Даниил] 2:44; Аатра 16:14; 19:19—21).

14. Иарбан динхаҵароу угәаанагарала ииашоуп ҳәа иԥхьаӡатәу?

14 Хыхь ҳазлацәажәаз уазхәыцны ухы уазҵаа: иарбан динхаҵароу зҵарақәа инагӡаны Абиблиа шьаҭас измоу? Ирылазҳәода Иегова ихьӡ? Изусҭцәада ииашаҵәҟьоу абзиабара зыбжьоу ауаа, насгьы иаазырԥшуада Иисус Христос иахь ахаҵара́? Зҽалазмырхәуада ари адунеи аусқәа, насгьы ирылазҳәода ауаа гәыӷрас иҟоу Анцәа Иаҳра мацара шакәу? Ирықәшәода абарҭ аҭахрақәа зегьы? Афактқәа еилыкка иаадырԥшуеит урҭ Иегова ишаҳаҭцәа шракәу. (Шәаԥхьа Исаиа [Исаия] 43:10—12.)

ИҞАУҴОЗЕИ УАРА?

15. Иаҭахузеи еиҭа Анцәа дшыҟоу ахаҵара́ ада?

15 Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵаразы, агәрахаҵара мацара азхаӡом. Избанзар, Абиблиа ишаҳәо ала, адемонцәагьы Анцәа дшыҟоу харҵоит (Иаков 2:19). Аха дара Анцәа игәаԥхара нарыгӡом, насгьы урҭ иара иразра иаԥсам. Анцәа игәы иақәшәо ҟаҳҵарц азы, иазхаӡом иара дшыҟоу ахаҵара́ мацара, игәаԥхарагьы анагӡара аҭахуп. Амцдинхаҵара ааныжьны, ҳара ииашоу адинхаҵара ҳҽадаҳкылароуп.

16. Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи ҳара, амцдинхаҵара ҳадҳәалазар?

16 Апостол Павел иҳәеит амцдинхаҵара аҽалахәра шҳахәҭам. Иара иҩуан: «Шәара урҭ ааншәыжь, шәҽырҟәыжәга,— иҳәоит Иҳақәиҭу,— ицқьам акы шәакьымсын, убасҟан ауп Сара шәансыдыскыло» (2 Коринфаа рахь 6:17; Исаиа [Исаия] 52:11). Убри аҟынтә ииашоу ақьырсианцәа рҽацәырыхьчоит амцдинхаҵара иадҳәалоу зегьы.

17, 18. Изакәызеи «Вавилон Ду», насгьы избан уи ирласны алҵра захәҭоу?

17 Амцдинхаҵара ахырхарҭақәа зегьы Абиблиаҿы «Вавилон Ду» ҳәа иашьҭоуп (Аатра 17:5)a. Ари ахьӡ иугәаланаршәоит Адунеизегьтәи аӡхыҵра ашьҭахь амцдинхаҵара ашьаҭа ахьакыз ажәытәтәи ақалақь Вавилон. Амцдинхаҵарақәа инарҭбааны ирылаҵәоу аҵарақәеи аҵасқәеи абри ажәытәтәи ақалақь аҟны ауп иахьцәырҵыз. Иаҳҳәап, Вавилон инхоз ауаа Х-хаҿшара нцәахәыс ирыман. Иахьа Х-хаҿшара — ирацәаны адинқәа рҟны ихадоу ҵароуп. Аха Абиблиа еилыкка иаҳнарҵоит Анцәа иаша заҵәык Иегова шиакәу, насгьы Иисус Христос — иара Иԥа шиакәу (Иоанн 17:3). Вавилон инхоз ауаа иара убас агәра ргон ауаҩы данԥслак иԥсҭазаара иацызҵо имԥсуа аԥсы имоуп, насгьы уи агәаҟрақәа ирықәшәар ҟалоит ҳәа. Иахьа еиҳарак адинхаҵарақәа ирыларҵәоуп имԥсуа аԥсы иазку, насгьы џьаҳаным амца ахьеилашуа иазку аҵарақәа.

18 Вавилонтәи адинхаҵарақәа адунеи зегь иалаҵәеит, убри аҟынтә иахьатәи Вавилон Ду адунеизегьтәи амцдинхаҵара аимпериа акәны иҟоуп. Анцәа заа иҳәахьан ари аимпериа иаалырҟьаны ишықәххо. Еилукаауама уара уажәшьҭа Вавилон Ду иадҳәалоу зегьы рҽырцәыхьчара захәҭоу? Анцәа Иегова иҭахуп, аамҭа ахьынӡаҟоу, амцдинхаҵара ирласны уалҵырц. (Шәаԥхьа Аатра 18:4, 8.)

Иегова ижәлар урыдгыланы имаҵ уулар, уара иуцәыӡуа аасҭа еиҳаны иурҳауеит

19. Иузаанагозеи уара Иегова имаҵ аура?

19 Ԥыҭҩык амцдинхаҵара уалҵырц шуҭаху анеилыркаалак, уацәажәара иаҟәыҵыр ҟалоит. Аха Иегова ижәлар урыдгыланы имаҵ уулар, иуцәыӡуа аасҭа еиҳаны иурҳауеит. Раԥхьатәи Иисус иҵаҩцәа, зегь ааныжьны Ирықәиҭу ишишьҭалаз еиԥш, уара иурҳар улшоит адоуҳатә еишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәаҩны. Уахәҭакхар улшоит миллионҩыла ақьырсианцәа рыла ишьақәгылоу, абзиабара иашаҵәҟьа аазырԥшуа адунеизегьтәи аҭаацәара. Убри инеиҳангьы, уара иуоуеит «ԥхьаҟатәи наӡаӡатәи» аԥсҭазааразы агәыӷра. (Шәаԥхьа Марк 10:28—30.) Аамҭақәак рышьҭахь, угәрахаҵара иахҟьаны уацәажәара иаҟәыҵыз ауаа абиблиатә ҵарақәа еилкааны Иегова имаҵзуҩцәаны иҟалар рылшоит.

20. Ирзыԥшузеи аиаша динхаҵара иахыԥхьаӡалоу ауаа?

20 Абиблиа иаҳнарҵоит Анцәа иаарласны ишықәихуа ари ицқьам асистема, иагьшышьақәиргыло Иаҳра анапхгара аҵаҟа иҟало ииашоу адунеи ҿыц (2 Пиотр 3:9, 13). Шаҟа ибзиахозеи убысҟан аԥсҭазаара! Адгьыл аҿы иҟазаауеит ииашоу, Анцәа игәы иақәшәо динхаҵара заҵәык. Иҟәыӷараӡами умчқәа зегь еизганы, Анцәа иаша имаҵзуҩцәа уажәнатә уҽрыдукылар?

АНЦӘА ИАША ИМАҴЗУҨЦӘА

  • рҵарақәа Абиблиа шьаҭас иамоуп

  • Иегова заҵәык иоуп изымҵахырхәо, иагьрыларҳәоит иара ихьӡ

  • дара-дара абзиабара иашаҵәҟьа рыбжьоуп

  • еилыркаауеит Анцәа аиқәырхара шриҭо Иисус Христос заҵәык ила

  • адунеи иацрыгоуп

  • ирыларҳәоит ауаа рзы гәыӷрас иҟоу Анцәа Иаҳра мацара шакәу

a Вавилон Ду — ари амцдинхаҵара адунеитә империа шакәу иазкны еиҳаны еилукаар улшоит Ацҵа, «Изакәызеи „Вавилон Ду“?» аҿы.

ИАҲНАРҴОЗЕИ АБИБЛИА

  • Адинхаҵарақәа рҟынтәи ииашоу ак ауп иҟоу (Матфеи 7:13, 14).

  • Ииашоу адинхаҵара еилукаар улшоит уи аҵареи, насгьы уахь иахыԥхьаӡалоу ауаа рхымҩаԥгашьеи ала (Матфеи 7:16, 17).

  • Иегова ишаҳаҭцәа Анцәа игәаԥхара инақәыршәаны имаҵ руеит (Исаиа [Исаия] 43:10).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра