Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?
Ихадоума анасыԥ азы —
- абзиабара? 
- аԥара? 
- даҽакы? 
ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?
«Бзазара рымоуп Анцәа иажәа заҳауа, иацныҟәауа» (Лука 11:28, Ауасиаҭ Ҿыц).
ИААНАГАР АЛШОЗЕИ АРИ ШӘАРА ШӘЗЫ?
Ииашаҵәҟьоу абзиабара (Ефесаа рахь 5:28, 29).
Гәыкала апатуеиқәҵара (Ефесаа рахь 5:33).
Ашәарҭадаратә цәанырра (Марк 10:6—9).
ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?
Ааи, убри азгьы ҳара иҳамоуп амзызқәа ҩба:
- Анцәа — аҭаацәара Аԥҵаҩы иоуп. Абиблиаҿы иҳәоуп Анцәа Иегова раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси аҭаацәалазаараҿы ишеидикылаз (Аҟазаара 2:18—24). Даҽакала иуҳәозар, аҭаацәаратә еиҿкаара ыҟоуп, избанзар уи Анцәа иаԥиҵеит. Ҵакыс иамоузеи уи? - Шәазхәыц: шәара фатәхкык шәгәаԥхазар зыҟны еилышәкаауада уи арецепт? Ҳәарада, уи афатә ҟазҵаз иҿы. - Убасҵәҟьа, аҭаацәаратә насыԥ арецепт аилкааразы зегьы иреиӷьуп ҳиазҵаар Иегова — аҭаацәара Аԥҵаҩы. 
- Анцәа шәара дшәеиҷаҳауеит. Избан аҵакы замоу алабжьара Анцәа Иажәа аҿы аԥшаара? «Избан акәзар,— Абиблиа ишану еиԥш,— Иара гәҭыха-хьаас шәимоуп» (1 Пиотр 5:6, 7). Иегова ҳара зегьы иреиӷьу ҳзеиӷьишьоит, уи илабжьарақәа алҵшәа ааргоит! (Ажәамаанақәа 3:5, 6; Исаиа 48:17, 18). 
ШӘАЗХӘЫЦ
Ишԥалшо ибзиоу хаҵаны, ԥҳәысны, ҭаацәаны аҟалара?
Абиблиа ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит ЕФЕСАА РАХЬ 5:1, 2, насгьы КӘАЛАСАА РАХЬ 3:18—21 рҟны.