АУРОК 5
Самуил еснагь ииашаны ихы мҩаԥигон
Самуи́л даныхәыҷӡаз инаркны аԥшьаныҳәарҭаҿы амаҵ иуан, насгьы уи ахьыҟаз аҭыԥ аҿы дынхон. Ауаа Иегова имҵахырхәарц уахь инеиуан. Иудыруама Самуил уахь дышнанагаз? Уааи раԥхьа иан А́нна ҳлабадырып.
Ашықәсқәа цон, Анна ахәыҷы дшылҭахызгьы хшара длоуамызт. Убри аҟынтә лара Иегова диҳәон ахәыҷы длоурц. Лара Анцәа ажәа илҭеит аҷкәын длоур, аԥшьаныҳәарҭахь амаҵзура дшалҭо. Иегова лыҳәара аҭак ҟаиҵеит, аԥа длоуит. Уи Самуил ихьӡылҵеит. Хԥа-ԥшьба шықәса анихыҵуаз, Анна, ишылҳәахьаз еиԥш, Анцәа имаҵ ауразы аԥшьаныҳәарҭахь длышьҭит.
Усҟантәи аамҭазы И́лии Анцәа иԥшьаныҳәарҭаҿы дыԥхьаԥшьаҩын. Уи иаанагон иара ажәлар рыхьӡала Анцәа иҿаԥхьа инеиуаз иакәын ҳәа. Уаҟа ҩыџьа иԥацәагьы амаҵ ицыруан. Аԥшьаныҳәарҭа Анцәа иҩны ҳәа иԥхьаӡан, уа амаҵ зуаз зегьы ибзианы рхы мҩаԥыргалар рыхәҭан. Аха Илии иԥацәа рхымҩаԥгашьа даара ицәгьан. Самуил урҭ иҟарҵоз ибон. Ихы бааԥсны имҩаԥигозма Самуил Илии иԥацәа реиԥш?~ Мап. Уи еснагь ибзианы ихы мҩаԥигон — убас иҭаацәа драаӡеит.
Угәы ишԥаанаго, ишԥаихәҭаз Илии иҷкәынцәа дрызныҟәар?~ Иара урҭ ахьирхәыр акәын, насгьы Анцәа иҩнаҿы амаҵ аура азин рымихыр ихәҭан. Аха Илии уи ҟаимҵеит. Убри аҟынтә Иегова игәы рзыԥжәеит Илии иԥацәеи иареи. Иахьирхәырцгьы иӡбеит.
Самуил Иегова иажәақәа Илии иҟынӡа инеигеит
Уахык зны Самуил даныцәаз, аӡәы ишиқәҿиҭуаз иаҳаит: «Самуил!» Уи Илии иахь дыҩны днеит, аха егьи ус иеиҳәоит: «Сара сумыԥхьаӡеит». Убас даҽа ҩынтә иҟалеит. Усҟан Илии Самуил иеиҳәоит ҿыц абжьы иаҳар аҭак ииҭарц: «Иҳәала, Иегова, сузыӡырҩуеит». Самуил убас иагьыҟаиҵоит. Иегова Самуил идиҵеит: «Илии исызиаҳәа иҭаацәа шахьсырхәуа рус цәгьақәа рзыҳәан». Угәы ишԥаанаго, имариазма Самуил изы ари адҵа анагӡара?~ Ҳәарада, мап. Самуил дышшәозгьы, уи Иегова ииҳәаз зегь ҟаиҵеит. Амала уазхәыц, Иегова иажәа аҵыхәтәанынӡа инаӡеит! Илии иԥацәа аҩыџьагьы ҭахеит, иаргьы дыԥсит.
Самуил ҳара ҳзы дҿырԥш бзиоуп. Иара ииашаны ихы мҩаԥигон, егьырҭ ус шыҟарымҵозгьы. Уара? Ииашаны ухы мҩаԥугалома уара Самуил иеиԥш еснагь? Ааи акәзар, уара Иеговеи уҭаацәеи ургәырӷьалоит.
ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ
1 Самуил 2:22—26; 3:1—21