Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 55
  • Аҷкәын хәыҷы Анцәа имаҵ иуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҷкәын хәыҷы Анцәа имаҵ иуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Самуил еснагь ииашаны ихы мҩаԥигон
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иара «Иегова иҿы изҳауан»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иегова Самуил диацәажәоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Анна Анцәа диҳәоит аԥа длиҭарц
    Учимся на примерах из Библии
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 55

АЖӘАБЖЬ 55

Аҷкәын хәыҷы Анцәа имаҵ иуеит

ШАҞА дхааузеи аҷкәын хәыҷы, ииашаӡами? Иара ихьӡуп Самуил. Уи ихы зшьышьуа ауаҩы, израилтәи аԥхьаԥшьаҩы Илии иоуп. Ааигәа игылоуп Самуил иаб Елканеи уи иан Аннеи, урҭ роуп Самуил Илии иахь даазгаз.

Самуил ԥшьбаҟа-хәбаҟа шықәса роуп ихыҵуа. Аха уи Иегова ишьаԥа аҟны Илиеи егьырҭ аԥшьаҩцәеи дрыцынхалоит. Аха Елканеи Аннеи Иегова имаҵуразы ашьаԥахьы асҟак ихәыҷу дызнаргазеи? Уааи, еилаҳкаап.

Акыршықәса раԥхьа Анна даара дгәырҩон. Уи ахшаа длымаӡамызт, аха ишԥалҭахыз лара урҭ лымазарц. Ҽнак зны, Анна Иегова ишьаԥахь днеины Анцәа диҳәоит: ‘О, Иегова, сыугәаларшәа! Аԥа дсуҭар, уи умаҵуразы зынӡа ҳәа дусҭоит’. Иегова Анна дызхаиҳәаз аҭак ҟаиҵеит, мызқәак рышьҭахьгьы Самуил дылхылҵит. Анна лыҷкәын даара бзиа дылбон, уи даныхәыҷӡазгьы Иегова изкыз адырра илҭон. Лхаҵа иалҳәеит: ‘Сыҷкәын дшыҩеидаслак еиԥшҵәҟьа, акыкахш ажәра данаҟәыҵлак, сара ашьаԥахь дызгоит Иегова имаҵуразы’.

Асахьаҿы иарбоуп Елканеи Аннеи Самуил даныргоз амомент. Самуил даара ибзианы иҭаацәа драаӡеит, убри азы уи насыԥ имоуп араҟа, Иегова ишьаԥаҿы Иегова имаҵ иурц ахьилшо. Есышықәса Аннеи Елканеи ашьаԥахь иаауеит Анцәа иеихырхәаразы, рыҷкәынгьы дырбарц. Есышықәса Анна Самуил изы амаӷра змамыз амаҭәа аалгон.

Ашықәсқәа цоит: Самуил ԥыхьеиԥш Иегова ишьаԥаҿы амаҵ иуеит, иаргьы Иеговеи ауааи бзиа дырбоит. Аха аԥхьаԥшьаҩы Илии иҷкәынцәа — Офнии Финееси — уаа бзиақәам. Урҭ иҽеим аусқәа рацәаны иҟарҵоит, егьырҭгьы аус цәгьақәа ддырҟаҵоит. Илии урҭ ԥшьаҩцәас иахьыҟоу рус иалихроуп, аха уи ус ҟаиҵом.

Иарбанзаалак иҽеим хымҩаԥгашьазаалакгьы ашьаԥаҿы иҟало, иқәыԥшу Самуил Иегова имаҵура даҟәнахӡом. Имаҷуп Иегова бзиа дызбаҵәҟьо, убри азы акыраамҭа Иегова ауаа рҟынтә аӡәгьы диацәажәом. Самуил иҵегь ианизҳалак, абри аҩыза ахҭыс ҟалоит: Самуил ашьаԥаҿы дыцәоуп, убри аамҭазы бжьык даанарԥшуеит.‘Абар сахьыҟоу,— аҭак ҟаиҵеит уи, дгыланы Илии иахь дыҩуеит.— Усыԥхьазма — абар сахьыҟоу?’

— Сара сумыԥхьаӡеит; уцаны уцәа,— иҳәоит аҭакс Илии. Самуил дцоит ацәара.

Усҟан абжьы еиҭах иԥхьоит: ‘Самуил!’ Самуил дгылоит, ҩаԥхьа Илии иахь дыҩны дцоит. ‘Усыԥхьазма, абар сахьыҟоу’,— иҳәеит уи. Аха Илии аҭакс иҳәоит: ‘Сара сумыԥхьаӡеит, сыҷкәын. Уца, ушьҭал’. Самуилгьы еиҭах ацәара дцеит.

— Самуил! — уажәы хынтәны абжьы иԥхьоит. Самуил уажәы хынтәны Илии иахь дыҩны дцоит. ‘Абар сахьыҟоу — уажәыҵәҟьа усыԥхьазар ҟалап’,— иҳәоит уи. Усҟан Илии еиликаауеит, уи иԥхьоз Иегова шиакәыз. Убри азы уи Самуил иеиҳәоит: ‘Уца, еиҭах ухы нықәҵа, еиҭахгьы уи дуԥхьар, уара абас аҭак ҟаҵа: ‘Уцәажәа Иегова, избанзар умаҵуҩы дузыӡырҩоит’.

Иегова еиҭахгьы уи даниԥхьалак, Самуил убасҵәҟьа ҟаиҵоит. Усҟан Иегова Самуил изааицҳауеит, Илиа иҷкәынцәеи иареи ақәнага ишақәиршәо. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Офнии Финееси филистимаа рабашьраҽы иҭахоит, Илии уи аниаҳа, дкаҳауеит, ихахәда хижәоит, дагьԥсуеит. Абасала Иегова иажәақәа наӡоит.

Самуил изҳаит, Израил аҵыхәтәантәи ӡбаҩысгьы дҟалоит. Уи ианизҳа, ажәлар иҳәоит: ‘Аҳ даҳзалх, уи напхгара ҳзиуларц азы’. Самуил ус ҟаиҵарц иҭахӡам, избанзар урҭ раҳҵәҟьа — Иегова иоуп. Аха Иегова уи ажәлар дырзыӡырҩырц иабжьеигоит.

1 Самуил 1:1—28; 2:11—36; 4:16—18; 8:4—9.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра