АХЫ 12
Ишԥашәылшо Анцәеи шәареи шәеиҩызцәахар?
1, 2. Ҩызцәас ииԥхьаӡодаз Иегова?
ҨЫЗАС ишьҭышәхрыдаз шәара? Иҟалап уи ишәгәаԥхо, шәгәы иақәшәо, насгьы згәы шәақәшәо, иара убас ақьиареи егьырҭ аҟазшьа бзиақәеи злоу ауаҩ иакәзар.
2 Анцәа Иегова ауаа рҟынтә шьоукы ҩызцәас иалихуеит. Иаҳҳәап, иара Авраам ҩызас диԥхьаӡон (Исаиа 41:8; Иаков 2:23). Иегова иара убас Давид бзиа дибон. Иара Давид изы «абри ауаҩ Сара сгәы дақәшәоит» иҳәеит (Аусқәа 13:22). Аԥааимбар Даниил изгьы Иегова «акыр иаԥсоу уаҩуп» ҳәа иҳәеит (Даниил 9:23).
3. Избан Иегова Авраами, Давиди, Даниили ҩызцәас изиԥхьаӡоз?
3 Избан Иегова Авраами, Давиди, Даниили ҩызцәас изиԥхьаӡоз? Иегова Авраам иеиҳәеит: «Сҳәатәы хауҵеит» (Аҟазаара 22:18). Иегова дырҩызцәахоит ахынраалара аарԥшны иара изыӡырҩуа. Жәларык ауаагьы Иегова иҩызцәахар рылшоит. Иара Израильаа иреиҳәеит: «Сҳәатәы хашәҵала, усҟан сара Шәынцәа сакәхоит, шәаргьы сыжәлар шәакәхоит» (Иеремиа 7:23). Шәаргьы Иегова шәиҩызахарц шәҭахызар, иара шәизыӡырҩлар ауп.
ИЕГОВА ИҨЫЗЦӘА ИХЬЧОИТ
4, 5. Ишԥаихьчо Иегова иҩызцәа?
4 Абиблиаҿы иануп Иегова «гәык-ԥсыкала изыҟоу рыцхрааразы имч ааирԥшырц» иҭахуп ҳәа (2 Ашықәсынҵа 16:9). Аԥсалом 32:8 аҿы Иегова иҩызцәа иреиҳәеит: «Аилкаара усҭоит, узлацалаша амҩа уқәысҵоит. Алабжьара усҭоит, насгьы сылаԥш ухызаалоит».
5 Анцәа иаӷа илшо зегь ҟаиҵоит Анцәа иҩызахара даҳԥырхагахарц азы. Аха Иегова уи ҳаицәихьчарц иҭахуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 55:22.) Ҳара Иегова иҩызцәа ҳауп аҟынтә, гәык-ԥсыкала имаҵ ҳуеит. Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы ҳара Анцәа ҳизиашаны ҳаанхоит. Аԥсалом зҩыз аӡәы Иегова изкны иҳәеит: «Сара акгьы сацәшәом, избанзар иара сарӷьара дгылоуп» (Аԥсалом 16:8; 63:8). Ҳаргьы агәра ганы ҳаҟоуп Иегова дышҳацхраауа. Аха Аҩсҭаа Анцәа иҩызахара даҳԥырхагахарц дашьҭоуп. Ишԥаҟаиҵои уи?
АҨСҬАА ИМЦ
6. Ииҳәазеи Аҩсҭаа ауаа рзы?
6 Ҳара 11-тәи ахаҿы еилаҳкааит Аҩсҭаа Иегова дшиҿагылаз, амц иҳәоит ҳәа ахара шидиҵаз, насгьы Адами Евеи ацәгьеи абзиеи закәу аӡбара азин ахьримҭаз азы диашаӡам ҳәа шиҳәаз. Иов ихьӡ зху абиблиатә шәҟәаҿы ҳара иара убас еилаҳкаауеит Аҩсҭаа Анцәа иҩызахара зҭаху ауаа ахара шрыдиҵо. Иара иҳәоит ауаа Анцәа имаҵ зыруа уи бзиа дахьырбо азы акәымкәа, ак роурц ахьырҭаху азы ауп ҳәа. Аҩсҭаа иҳәеит дызусҭазаалак Анцәа имаҵ аура даҟәихыр шилшо. Шәааи ҳахәаԥшып Иов иҿырԥшы иаҳнарҵар алшо, насгьы еилҳаргап Иегова уи дшихьчоз.
7, 8. а) Дышԥеизыҟаз Иегова Иов? б) Ииҳәазеи Аҩсҭаа Иов изы?
7 Дызусҭадаз Иов? Уи дынхон 3 600-ҟа шықәса раԥхьа. Иара дуаҩ бзиан. Иегова иҳәеит усҟан адгьыл аҿы Иов иеиԥшыз уаҩ дыҟамызт ҳәа. Иов Анцәа бзиа дибон, насгьы ацәгьара ицәымӷын (Иов 1:8). Иегова Иов ҩызас диԥхьаӡон.
8 Аха Аҩсҭаа иҳәеит Иов Анцәа имаҵ зиуа ак иоурц азы ауп ҳәа. Абар иара Иегова иеиҳәаз: «Уара уакәӡами зегь рыла иара дзыхьчо, иҩны, имоу зегьы? Уара азылԥхарақәа иуҭеит иусқәа зегь рҟны, насгьы иԥсаса адгьыл зегь иахыҵәеит. Аха иҟалозар, унапы неиҵыхны унаркьыс имоу зегьы,— уимшәиуазар умбари?» (Иов 1:10, 11).
9. Зинс ииҭазеи Иегова Аҩсҭаа?
9 Аҩсҭаа иҳәеит Иов Анцәа имаҵ зиуаз ак иоурц азы ауп ҳәа. Уи адагьы, иара иҳәеит Иов Анцәа имаҵ аура даҟәихыр илшоит ҳәа. Иегова агәра ганы дыҟан Иов гәыкала имаҵ шиуаз, аха Аҩсҭаа уи дԥишәарц азин ииҭеит. Убасҟан иубарҭахон Иов ииашаҵәҟьаны Иегова бзиа дибозу димбозу.
АҨСҬАА ИОВ ДԤИШӘОИТ
10. Дышԥаԥишәеи Аҩсҭаа Иов, аха ихы шԥамҩаԥигеи уи?
10 Раԥхьа Аҩсҭаа Иов ирахә зегь имихит: абжак рӷьычит, иаанхаз нҵәеит. Анаҩс иара Иов имаҵуҩцәа реиҳараҩык ишьит. Иов иааимаз зегь ицәыӡит. Уи азмырхакәа, Аҩсҭаа Иов имаз жәаҩык ахәыҷқәагьы ишьуеит. Аха иара Иегова дизиашаны даанхоит. «Иов убри зегь аҿы агәнаҳа ҟаимҵаӡеит, насгьы Анцәа иҽеим ҳәа акгьы изимҳәаӡеит» (Иов 1:12—19, 22).
Иов азиашара ахьааирԥшыз азы Иегова дизылԥхеит
11. а) Дзықәиршәазеи Аҩсҭаа еиҭа Иов? б) Ихы шԥамҩаԥигеи Иов?
11 Аха Аҩсҭаа уи аҿы аангылара игәы иҭамызт. Иара Анцәа ус иеиҳәеит: «Иҟалозар, унапы неиҵыхны ибаҩи ицәеи унаркьыс — уимшәиӡои уи аргама?» Анаҩс Аҩсҭаа Иов ачымазара бааԥс иирхьит (Иов 2:5, 7). Аха Иов уеизгьы Иегова дизиашаны даанхеит. Иара иҳәеит: «Сыԥсы ҭанаҵы иаансыжьуам сара сыцқьара!» (Иов 27:5).
12. Ишԥашьақәирӷәӷәеи Иов Аҩсҭаа амц шиҳәаз?
12 Иов издыруамызт игәаҟрақәа зегь зыхҟьаз Аҩсҭаа шиакәыз, насгьы уи ацәгьа шизиҳәаз. Иара агәаҟрақәа дрықәзыршәаз Иегова иакәыз џьишьон (Иов 6:4; 16:11—14). Ус шакәызгьы, иара Анцәа дизиашан. Уажәшьҭа еилыкка иубарҭахеит Иов Анцәа имаҵ зиуаз бзиарак иоурц азы шакәмыз. Иара Анцәа бзиа дибон. Аҩсҭаа Иов изиҳәаз зегь мцын!
13. Ишьақәирӷәӷәазеи Иов Иегова дизиашаны дахьаанхаз абзоурала?
13 Иов ажәҩан аҿы иҟалаз шизымдыруазгьы, Анцәа дизиашаны даанхеит. Убас ала Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәирӷәӷәеит. Иов азиашара ахьааирԥшыз азы Иегова дизылԥхеит (Иов 42:12—17).
АҨСҬАА ШӘАРА ИШӘЗИҲӘО
14, 15. Ииҳәозеи Аҩсҭаа ауаа зегьы рзы?
14 Иов ихҭыс иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Аҩсҭаа иҳәоит ҳара Анцәа имаҵ заҳуа бзиарак ҳаурц азы ауп ҳәа. Иов 2:4 аҿы уи иажәақәа ануп: «Ауаҩы иԥсы еиқәирхарц азы имоу зегь уиҭоит». Уи иҳаилнаркаауеит Аҩсҭаа ацәгьа ззиҳәаз Иов имацара шиакәым. Иара ауаа зегьы ацәгьа рызҳәара даҿуп. Иов данԥсы ашьҭахь ашәышықәсақәа рышьҭахьгьы, Аҩсҭаа Иегова ахара идиҵон, насгьы Анцәа имаҵзуҩцәа ацәгьа рзиҳәон. Уи ус шакәу ҳнарбоит Ажәамаанақәа 27:11 иану. Уа Иегова имаҵзуҩцәа иреиҳәоит: «Уҟәышыз, сыҷкәын, насгьы сыргәырӷьала, сара аҽыԥныҳәа сызҭо аҭак сызиҭарц азы».
15 Шәара Иегова шәиҩызахарц шәыӡбар, насгьы еснагь шәизыӡырҩлар, Аҩсҭаа амц шиҳәо шьақәшәырӷәӷәоит. Иҟалап Анцәа ҩызас шәиԥхьаӡаларц азы имариам аԥсахрақәа ҟашәҵар акәзар. Аха уи аиҩызара иеиӷьу ак ыҟам! Уи даараӡа акрызҵазкуа ӡбароуп. Аҩсҭаа иҳәоит ауадаҩрақәа шәрықәшәар, Анцәа имаҵ аура шәаҟәыҵуеит ҳәа. Анцәа имаҵ аура ҳаҟәихырц азы иара ҳжьара иҽазишәоит. Ишԥа?
16. а) Иҟаиҵозеи Аҩсҭаа ауаа Иегова имаҵ аура дырԥырхагахарц азы? б) Иҟаиҵар илшозеи Аҩсҭаа шәара дышәԥырхагахарц азы?
16 Аҩсҭаа Анцәа иҩызахара даҳԥырхагахарц азы ихы иаирхәо рацәоуп. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы ишаҳәо еиԥш, иара «алым аиԥш дыцхлымуеит», ҳахьылбааидаша дашьҭоуп (1 Пиотр 5:8). Ишԥаҟаиҵо уи? Шәҩызцәа, шәҭынхацәа, мамзаргьы даҽа шьоукы Абиблиа аҵареи Иегова игәаԥхо аҟаҵареи ишәԥырхагахо иалагар алшоит (Иоанн 15:19, 20)a. Иара убас Иегова изыӡырҩра ҳаҟәыҵырц азы Аҩсҭаа «Амаалықь-лаша исахьа исахьатәны» ҳаижьар ауеит (2 Коринфаа рахь 11:14). Уи адагьы, Аҩсҭаа иҭахуп ахаан Анцәа имаҵ аура ҳаԥсахом ҳәа ҳхәыцларц (Ажәамаанақәа 24:10).
ИЕГОВА ИԤҞАРАҚӘА ШӘРЫҚӘНЫҞӘАЛА
17. Избан ҳара Иегова ҳзизыӡырҩуа?
17 Иегова ҳаизыӡырҩуазар, ҳара Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәоит. Иҳацхраар алшозеи Анцәа изыӡырҩра? Абиблиаҿы иануп: «Бзиа дбала уара Унцәа Иегова угәы-наӡала, уԥсы-наӡала, насгьы уԥсҭазааратә мчқәа зегь рыла» (Ҩынтәзакәан 6:5). Ҳара Анцәа бзиа даҳбоит аҟынтә, ҳаизыӡырҩлар ҳҭахуп. Иегова иахь иҳамоу абзиабара еизҳацыԥхьаӡа, иҳаиҳәо зегьы аҟаҵара ҳҭаххоит. Апостол Иоанн иҩит: «Анцәа иахь иҳамоу абзиабара иҳәахьа ушазыҟоу ала иааԥшуеит; Уи иуасиаҭқәа рықәныҟәара иуадаҩу ак акәым» (1 Иоанн 5:3).
18, 19. а) Иарбан усқәоу Иегова ицәгьоуп ҳәа ииԥхьаӡо? б) Иабантәиҳдыруеи Иегова иҳалымшо аҟаҵара ахаангьы дшаҳмыҳәо?
18 Иарбан усқәоу Иегова ицәгьоуп ҳәа ииԥхьаӡо? Арамка «Иегова ицәымӷу шәцәымӷыз» аҿы усқәак еиқәыԥхьаӡоуп. Азныказы, урҭ цәгьарак рыҵамшәа жәбар алшоит. Аха абиблиатә жәеинраалақәа шәанрыԥхьо, насгьы шәанрызхәыцуа, шәара еилышәкаауеит Иегова иԥҟарақәа рықәныҟәара шҟәыӷароу. Иара убас игәашәҭар ауеит ԥсахрақәак ҟашәҵар шшәыхәҭоу. Зны-зынла урҭ аԥсахрақәа рыҟаҵара мариамхар ауеит, аха иҟашәҵар, агәҭынчреи анасыԥи шәоуеит, избанзар Анцәа иҩыза ишихәҭаз еиԥш шәхы мҩаԥыжәгеит (Исаиа 48:17, 18). Иабантәиҳдыруеи урҭ аԥсахрақәа рыҟаҵара шалшо?
19 Иегова иҳалымшо аҟаҵара ахаангьы дҳаҳәаӡом (Ҩынтәзакәан 30:11—14). Иара ҳҩыза иоуп. Иара ҳшидыруа еиԥш ҳара ҳхы ҳаздырӡом. Иегова идыруеит иҳалоу аҟазшьа бзиақәеи ҳаԥсыҽрақәеи (Аԥсалом 103:14). Апостол Павел иҳәеит: «Анцәа ианакәзаалакь иԥсҭыхгоу ԥышәара шәахижьӡом, Уи, иара абри аамҭазы, урҭ ауадаҩрақәа злашәхыжәгаша аԥсеивгарақәа шәиҭоит» (1 Коринфаа рахь 10:13). Шәара агәра ганы шәыҟазар шәылшоит Иегова еснагь дышшәыцхраало ииашаны ахымҩаԥгара. Иара ауадаҩрақәа риааира ишәыцхраауа амч-алшара шәиҭоит (2 Коринфаа рахь 4:7).
АНЦӘА БЗИА ИИБО БЗИА АБАШЬА ШӘҴАЛА
20. Иарбан ҟазшьақәоу иааҳарԥшлар ҳахәҭоу, насгьы избан?
20 Иегова ҳаиҩызахарц ҳҭахызар, ҳара ицәгьоуп ҳәа ииԥхьаӡо аҟаҵара ҳаҟәыҵроуп. Аха иара убас ҳара бзиа иибо бзиа иаҳбароуп (Римаа рахь 12:9). Аԥсалом 15:1—5 (шәаԥхьа) аҿы бзиа иибо аӡбахә ҳәоуп. Иегова иҩызцәа иара иҟазшьақәа ирҿыԥшуеит, убри аҟынтә иаадырԥшуеит «абзиабара, агәырӷьара, амшхәыбзазара [«аҭынчра», АдҾ]... нарха змоу ачҳара, аразра, агәыҳалалра, агәрагара, ахаара-ҟәымшәышәра, аҽынкылара» (Галаҭаа рахь 5:22, 23).
21. Ишԥашәылшо Анцәа игәаԥхо аҟазшьақәа раарԥшышьа шәҵар?
21 Ишәыцхраауазеи арҭ аҟазшьа бзиақәа раарԥшра? Иегова бзиа иибо бзиа ижәбарц азы еснагь Абиблиа шәаԥхьалароуп, насгьы иҭышәҵаалароуп (Исаиа 30:20, 21). Убасҟан Иегова иахь шәыбзиабара еизҳауеит, насгьы изыӡырҩра еиҳагьы ишәҭаххоит.
22. Избан Иегова изыӡырҩра зыбзиоу?
22 Шәыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа аныҟашәҵо, уи ажәытә маҭәа шәшәыхны, аҿыц анышәшәышәҵо иаҩызоуп. Абиблиаҿы иануп уаанӡатәи шәҟазшьақәа ааныжьны, уаҩ ҿыцны шәҟаларц шшәыхәҭоу (Кәаласаа рахь 3:9, 10). Уи мариамхар ауеит, аха ҳашьцыларақәа аныҳаԥсахуа, насгьы Иегова ҳанизыӡырҩуа, иара «аҳамҭа ду» ҳаиҭоит (Аԥсалом 19:11). Убри аҟынтә Иегова шәизыӡырҩла, насгьы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәшәырӷәӷәала. Феидак шәашьҭамлакәа, бзиа дбаны имаҵ жәула. Усҟан ииашаҵәҟьаны Анцәа иҩыза шәакәхоит!
a Уи иаанагаӡом шьоукы Абиблиа аҵара ианышәԥырхагахо, уи Аҩсҭаа иоуп идзырҟаҵо ҳәа. Аха Абиблиа иҳанаҳәоит Аҩсҭаа «ари аамҭа анцәахәы» шиакәу, насгьы адунеи зегьы инапаҵаҟа ишыҟоу. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам шьоукы Иегова имаҵ аура иахьаҳԥырхагахо (2 Коринфаа рахь 4:4; 1 Иоанн 5:19).