АШӘА 43
Аџьшьара иазку анцәаиҳәара
(Аԥсалом 95:2)
- 1. Анцәа Иегова, уа ухьыӡ ҳараҳкуеит, - Џьшьароуп иуаҳҭо, ҳануҳәо уара. - Ҳуқәгәыӷны, гәыкала умаҵ ҳауларцоуп, - Ухаара ҳацуп, уагьҳаиҷаҳауеит. - Ҳшынаӡам ҳарҳәоит еснагь ҳагхақәа зегь, - Ҳагәнаҳа ҳанажьла, ҳуҳәоит Ҳазшаз. - Џьшьароуп иуаҳҭо ҳара зегь ҳахьҿухыз, - Ҳшыԥсыҽу здыруа уара заҵәык уоуп. 
- 2. Бзиа ҳахьубаз ҭабуп гәык-ԥсык ала, - Уааигәа ҳахьыҟоу насыԥуп ҳа ҳзы. - Умаҵ ҳауларцаз узусҭоу ҳардырла, - Ҳуҳәоит ҳузиашаны ҳанхаразы. - Џьшьароуп иуаҳҭо уа умчи удоуҳаи рзы, - Гәымшәала уӡбахә ахьраҳҳәо џьоукы. - Гәырӷьара ҳауртә, уҳацхраарц ҳа ҳуҳәоит, - Ҭабуп иҭынчу уахьрыцу азгьы. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 65:2, 4, 11; Флп. 4:6.)