АШӘА 49
Иегова дыргәырӷьала
(Ажәамаанақәа 27:11)
- 1. Ҳшаныло умҩа, ҳа Ҳанцәа, - Иуаҳҭоит аҭоуба ҳара. - Еснагь аҟәышра ааҳарԥшлап, - Убас угәы ҳаргәырӷьалап. 
- 2. Абраҟа адгьылаҿ утәы - Ирҽхәоит уа ухьӡ, ибжьы ҭганы. - Уи афатә ҳаиҭоит ианахәҭоу, - Ҳаб, умаҵ ҳуртә ишақәнаго. 
- 3. Доуҳатә мчыла ҳа ҳаиқәыршәа, - Ҳанылан ҳцартә аиаша мҩа. - Еснагь, Ҳанцәа, уҳарҽхәаларц, - Ҳаргьы уаҳхыҽхәауа ҳҟаларц. 
(Уахәаԥш иара убас Матф. 24:45—47; Лука 11:13; 22:42.)