АШӘА 73
Иҳаҭ агәымшәара
1. Аҳра аӡбахә ҳарҭ ианаҳҳәо,
Ҳаб дҳараҳкырц ауп ҳзышьҭоу.
Ҳахьыӡ дырцәгьоит уҳәан-сҳәанла,
Ҳарџьароуми зегьы зҿу.
Ҳазрыцәшәозеи, нас, ауаа?
Ҳаӷәӷәоуп, данҳацхраауа Ҳанцәа.
Удоуҳа цқьа ҳаҭ, Иегова,
Умч азы ҳаумыҳәои ҳара.
АХАПА
Уара ҳуҳәоит, умаҵ ҳуазар,
Ҳамшәаӡо, Ҳанцәа, ҳҟауҵарц.
Хаҵарадагьы ҳнумыжьын,
Адунеи ду иаҳаларц.
Анцәа иеибашьра ааигәахоит.
Ауаа реизгарагь аҭаххоит.
Уара ҳуҳәоит, ажәабжь ҳҳәозар,
Ҳамшәо ҳҟаҵа.
2. Иҟалоит зны иаҳҳәо ҳҿамшәо,
Ҳарҭ ашәара ҳҿанаҳәар.
«Ҳаб идыруеит: ҳара ҳсабоуп»,—
Иалшоит ажәақәа ҳдырӷәӷәар.
Ҳдыршәарц иашьҭоуп ҳаӷацәа,
Аха рызҿымҭуа иҟаҵа.
Ҳиаша ҳадгылартә ҳа уҳацхраа,
Дара рҿаԥхьа ҳхьамҵырц зынӡа.
АХАПА
Уара ҳуҳәоит, умаҵ ҳуазар,
Ҳамшәаӡо, Ҳанцәа, ҳҟауҵарц.
Хаҵарадагьы ҳнумыжьын,
Адунеи ду иаҳаларц.
Анцәа иеибашьра ааигәахоит.
Ауаа реизгарагь аҭаххоит.
Уара ҳуҳәоит, ажәабжь ҳҳәозар,
Ҳамшәо ҳҟаҵа.
(Уахәаԥш иара убас 1 Фес. 2:2; Аур. 10:35.)