АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Иегова агәымшәара аарԥшра дуцхраауеит»
Иузымариоума уара ашкол аҿы Иегова ишаҳаҭ шуакәу аҳәара, насгьы шаҳаҭра аура? Мап акәзар, иуцхраар алшозеи агәымшәара аарԥшра? (1 Фес. 2:2). Иарбан мзызқәоу уи аҟаҵаразы иумоу? Уахәаԥш амультфильм «Иегова агәымшәара аарԥшра дуцхраауеит», анаҩс абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҵа:
- Иарбан библиатә ҿырԥштәу Кама агәымшәара аарԥшра илыцхрааз? 
- Ишԥалыцхрааи Кама аҭаацәаратә мҵахырхәара аан ажәабжьҳәара дахьазыҟарҵоз? 
- Избан аҵара уцызҵо ажәабжь бзиа рзеиҭоуҳәалар зухәҭоу? 
- Иунарҵар алшозеи ари амультфильм, уара ашкол уалгахьазаргьы?