АШӘА 75
«Абар, сахьыҟоу! Сышьҭы сара!»
(Исаиа 6:8)
- 1. Иахьа идыршоит ацәгьара - Иегова ихьыӡ лазырҟәуа. - Ирҳәоит: «Уи дхьысҳауп, дыџьбароуп», - «Нцәа дыҟам!» — ҿызҭуа гаӡақәоуп. - Нас, дарбан Ихьыӡ зыхьчарыз? - Иӡырзгарыз, изыԥшьарыз? - АХАПА 1 - «Абар, сара сышьҭы, Сынцәа. - Сацәымшәап Ухьыӡ аҳәара. - Закәытә ҳаҭырузеи уи, Сынцәа! - Нас, сыхиоуп, сышьҭы сара». 
- 2. Шьоукы Анцәа зынӡа ицәшәом, - Дара ирҳәоит: «Уи дыццакӡом». - Ахаҳәлых деихырхәоит аӡәы, - Акесар иқәгәыӷуеит џьоукы. - Рус шиӡбо дарбан изҳәарыз, - Дышрабашьуагьы зыцҳарыз? - АХАПА 2 - «Абар, сара сышьҭы, Сынцәа. - Ирысҭап зегь агәҽанҵара. - Закәытә ҳаҭырузеи уи, Сынцәа! - Нас, сыхиоуп, сышьҭы сара». 
- 3. Ауаа ҟәымшәышәқәа ус рымҳәои: - «Ҳа ҳадгьыл ацәгьа ахаԥеит». - Ишԥалшо Ҳаб иҩызцәахарц, - Аҭынчра ргәаҵаҿ идырҳарц? - Дызусҭада урҭ ргәы ҟазҵо? - Аиашара мҩагьы дзырбо? - АХАПА 3 - «Абар, сара сышьҭы, Сынцәа. - Саҟәыҵуам Уажәа дырҵара. - Закәытә ҳаҭырузеи уи, Сынцәа! - Нас, сыхиоуп, сышьҭы сара». 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 10:4; Иез. 9:4.)