АШӘА 110
«Иегова игәырӷьара»
1. Аамҭақәа рдырга Аҳроуп иаҳнардыруа.
Ажәабжь зегьы ираҳҳәалап!
Шәа шәгәырӷьаҵәа шәнагыла, шәыхқәа шьҭыхны,
Аиқәхара амш уажәшьҭа ижәбап!
АХАПА
Иегова игәырӷьара — ҳбаагәароуп.
Быжь дула ашәа шәҳәа зегьы.
Нас, шәақәгәырӷьа шәгәыӷра, иҭабуп шәҳәала,
Ҳаб Иегова ихьыӡ ду рҽхәауа.
Иегова игәырӷьара — ҳбаагәароуп.
Еиҭашәҳәала дышҳараку!
Азиашара аашәырԥшла шәара еснагь,
Зегь ирдырааит ҳа Ҳазшаз дзакәу.
2. Шәӷьеҩыз шәара, Ҳазшаз Иегова шәиқәгәыӷ.
Шәгәы мшәаҟьалааит, Анцәа дыӷәӷәоуп.
Шәыҽшәырӷәӷәала, акеиҳәа шәшәаҳәалароуп,
Уи ихьыӡ ашьҭыхра даԥсоуп!
АХАПА
Иегова игәырӷьара — ҳбаагәароуп.
Быжь дула ашәа шәҳәа зегьы.
Нас, шәақәгәырӷьа шәгәыӷра, иҭабуп шәҳәала,
Ҳаб Иегова ихьыӡ ду рҽхәауа.
Иегова игәырӷьара — ҳбаагәароуп.
Еиҭашәҳәала дышҳараку!
Азиашара аашәырԥшла шәара еснагь,
Зегь ирдырааит ҳа Ҳазшаз дзакәу.
(Уахәаԥш иара убас 1 Аш. 16:27; Аԥсал. 112:4; Лука 21:28; Иоанн 8:32.)