АШӘА 137
Азиашара аазырԥшуа аҳәса
- 1. Сарра, Есфирь, Ревекка, Руфь, Мариа — - Аҳәса хазынақәа, ажәа ҟәышқәа зҿаз. - Рус дуқәа ирымҳәои дшырҭахыз Ҳазшаз. - Аҟазшьа ҟәымшәышәқәа иаадырԥшуаз — ҿырԥшуп. - Ирацәоуп Анцәа изиашаз аҳәса. - Рыхьыӡқәа ҳаздыруам, аха рхаҵара ӷәӷәоуп. 
- 2. Аразреи, агәымшәареи, аҟәымшәышәреи — - Ажәлар еснагь ҳаҭыр зқәырҵоз ҟазшьақәоуп. - Зиашара злаз абарҭ аҳәса ҳхы иҭоуп, - Урҭ ҳарҿыԥшуазар, ҳхаҵара иазҳауеит. - Шаҟаҩгьы ҿырԥшыгои иахьа аиҳәшьцәа! - Урҭ Анцәа изиашоуп, еснагь уи имаҵ руеит. 
- 3. Ани, аԥҳаи, ҳа ҳаҳәшьцәеи, нас иагьеибоу, - Шәгәырӷьо аус аҿы иалашәҵоит шәыхәҭа. - Хӡыргара шәашьҭам, ицқьами шәа шәгәаҭа. - Еснагь иӡырҩуа дырзыразуп Анцәа. - Нас аԥсҭазаара шәҟәаҿы Иегова - Шәыхьыӡқәа аниҵоит, ижәдыруз уи шәара. 
(Уахәаԥш иара убас Флп. 4:3; 1 Тим. 2:9, 10; 1 Пиотр 3:4, 5.)