Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ноиабр ад. 8—13
  • Гәыкала бзиа шәеибабала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Гәыкала бзиа шәеибабала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • БЗИА ИАҲБАЛАР ҲАХӘҬАДА ГӘЫКАЛА?
  • ИАҲНАРҴОЗЕИ АШӘҞӘЫ РУФЬ ГӘЫКАЛА ИААДЫРԤШУА АБЗИАБАРА ИАЗКНЫ?
  • ИААҲАРԤШЛАР ШԤАҲАЛШО ГӘЫКАЛА АБЗИАБАРА?
  • ИАРБАН ҲАМҬОУ ИРЗЫԤШУ ГӘЫКАЛА АБЗИАБАРА ААЗЫРԤШУА?
  • «Бара бахьцо саргьы сцоит»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • «Пату зқәу аԥҳәыс»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Руфи Ноемини
    Учимся на примерах из Библии
  • Руфи Ноемини
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ноиабр ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 45

Гәыкала бзиа шәеибабала

«Гәыкала бзиа шәеибабала, шәрыцҳаибашьала» (ЗАХ. 7:9).

АШӘА 107 Анцәа ибзиабара аҿырԥшы

АХҲӘААa

1, 2. Иарбан мзызқәоу гәыкала бзиа ҳаибабаларц азы иҳамоу?

ҲАРА ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала бзиа иаҳбаларц азы амзызқәа ҳамоуп. Иарбанқәоу? Абар уи иазкны ашәҟәы Ажәамаанақәа рҿы иану: «Гәыкала абзиабареи аиашареи раарԥшра уаҟәымҵын. ...Усҟан Анцәеи ауааи ҳаҭыр уқәырҵалоит, насгьы аилкаара змоу уаҩуп ҳәа узырҳәалоит»; «Иқьиоу ауаҩы, [«гәыкала абзиабара аазырԥшуа», албаага] иааирԥшуа ақьиара иара ахәарҭа изаанагоит»; «Аиашареи гәыкала абзиабареи раарԥшра зҽазызшәо аԥсҭазаареи, аиашареи, ахьӡи-аԥшеи иоуеит» (Ажәам. 3:3, 4; 11:17; 21:21).

2 Арҭ ажәеинраалақәа рҿы гәыкала бзиа ҳаибабалар зҳахәҭоу х-мзызк аагоуп. Актәи, гәыкала абзиабара аазырԥшуа ауаҩы Иегова ихә ҳаракны ишьоит. Аҩбатәи, ари аҟазшьа уажәнатә ахәарҭа ҳзаанагоит. Иаҳҳәап, ҩыза бзианы аҟалара иҳацхраауеит. Ахԥатәи, гәыкала абзиабара аазырԥшуа ауаҩы ҳаԥхьаҟа зеиԥшыҟам аҳамҭа иоуеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарагь уахь иналаҵаны. Ҳара Иегова «гәыкала бзиа шәеибабала, шәрыцҳаибашьала» ҳәа иҳаиҳәаз ажәақәа ҳрықәныҟәаларц азы амзызқәа ҳамоуп (Зах. 7:9).

3. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

3 Ари астатиаҿы ԥшь-зҵаарак рҭак ҳауеит: бзиа иаҳбалар ҳахәҭада гәыкала? Иаҳнарҵозеи гәыкала иаадырԥшуа абзиабара иазкны ашәҟәы Руфь? Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо гәыкала абзиабара, насгьы иарбан ҳамҭоу ирзыԥшу гәыкала абзиабара аазырԥшуа?

БЗИА ИАҲБАЛАР ҲАХӘҬАДА ГӘЫКАЛА?

4. Бзиа иибода Иегова гәыкала, насгьы ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо иара? (Марк 10:29, 30).

4 Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит Иегова гәыкала бзиа иибо иара бзиа дызбо, насгьы имаҵ зуа шракәу (Дан. 9:4). Абзиабара ахьыҟоу аҭаацәараҿы изызҳауа ахәыҷқәа рабацәа ирҿыԥшуеит. Убас еиԥш ҳаргьы Анцәа иҿыԥшра ҳҽазаҳшәоит (Еф. 5:1). Убри аҟынтә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала бзиа иаҳбалар, насгьы ҩызцәа бзианы ҳарзыҟазар ҳҭахуп. (Шәаԥхьа Марк 10:29, 30.)

5, 6. Ишԥеилыркаауеи ауаа гәыкала азыҟазаара закәу?

5 Ҳәарада, гәыкала абзиабара аарԥшразы уи иаанаго ҳдыруазар ауп. Шәааи гәыкала абзиабара аарԥшреи, гәыкала азыҟазаареи злеиԥшым ҳаилзыркаауа аҿырԥштәы еилҳаргап.

6 Ҳхаҿы дааҳгап компаниак аҿы акыр шықәса аус зуа аӡәы. Уи гәыкала аус зуа усзуҩуп ҳәа изаҳҳәар ҳалшоит. Аха аус ахьиуа акомпаниеи уи иахагылоу аиҳабацәеи бзиа ибоит ҳәа ҳазҳәаӡом. Иҟалап урҭ аиҳабацәа иара зныкгьы имбацзар, насгьы ирыдыркыло ӡбарақәак дрықәшаҳаҭымзаргьы. Аха иара иоуа ауалафахәы игәаԥхоит, убри аҟынтә еиҳа еиӷьу усурҭа ҭыԥк иԥыхьамшәар, тәанчара дцаанӡа уа аус иулоит.

7, 8. а) Ҳгәазҭазҵозеи гәыкала абзиабара аарԥшра? б) Хәарҭас иаҳзааргар алшозеи ашәҟәы Руфь иану ахҭысқәа?

7 Излеиԥшымзеи аҿырԥштәаҿы зыӡбахә ҳәаз гәыкала аус зуаз ауаҩи, гәыкала абзиабара аазырԥшуа ауаҩи? Уи аҟазшьа аарԥшра ргәазҭазҵо алоуп излеиԥшым. Ргәазҭазҵози абиблиатә аамҭақәа раан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа гәыкала абзиабара аарԥшра? Уи зыҟарҵоз иаҭахуп ҳәа акәымкәа, гәыкала уи аҟаҵара ахьырҭахыз азоуп. Ҿырԥштәыс дааҳгап Давид. Уи Ионафани иареи реиҩызара ахә ҳаракны ишьон, убри аҟынтә гәыкала бзиа дибон. Ионафан иаб Саул Давид ишьра дшашьҭазгьы, Давид уи иԥырхагамхаӡеит Ионафан гәыкала бзиа ибара. Ионафан даныԥсы акыр шықәса рышьҭахьгьы Давид уи гәыкала бзиа ибара даҟәымҵӡеит. Иԥа Мефивошетгьы убас еиԥш гәыкала дизыҟан (1 Сам. 20:9, 14, 15; 2 Сам. 4:4; 8:15; 9:1, 6, 7).

8 Руфь захьӡу Абиблиа ашәҟәы аҟынтә, гәыкала абзиабара иазкны еилаҳкаар ҳалшо рацәоуп. Ишԥаадырԥшуаз уи ашәҟәаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа гәыкала абзиабара, насгьы ишԥаҳацхраауеи урҭ рҿырԥштәқәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала бзиа рбара?b

ИАҲНАРҴОЗЕИ АШӘҞӘЫ РУФЬ ГӘЫКАЛА ИААДЫРԤШУА АБЗИАБАРА ИАЗКНЫ?

9. Избан Ноеминь Иегова даанижьызшәа лгәы иаанаго дзалагаз?

9 Ашәҟәы Руфь аҿы иаагоуп Ноемини, лҭаца Руфи, гәыкала Анцәа изыҟаз, Ноеминь лхаҵа иҭынха Боази рыхҭысқәа. Израиль амлакра аныҟала Ноеминь лхаҵеи, ҩыџьа лԥацәеи лареи Моавҟа нхара ииасит. Аамҭак ашьҭахь Ноеминь лхаҵа дыԥсит. Лԥацәа аҭаацәара иалалеит, аха урҭгьы аамҭак ашьҭахь иԥсит (Руфь 1:3—5; 2:1). Арҭ агәаҟрақәа зегь Ноеминь лгәы карыжьит. Лара убриаҟара илцәыуадаҩын, дзықәшәаз зегьы Иегова дақәиршәеит ҳәа лгәы иаанаго далагеит. Абар лара илҳәаз: «Иегова арыцҳара сақәиршәеит»; «Зегьзымчу аԥсҭазаара цәгьа сиҭеит»; «Иегова саанижьит» (Руфь 1:13, 20, 21).

10. Ирхиҳәаазеи Иегова Ноеминь лажәақәа?

10 Ирхиҳәаазеи Иегова Ноеминь лажәақәа? Иара игәы иалымсӡеит, насгьы даанимыжьӡеит. Иара ибон шаҟа илцәыцәгьаз, убри аҟынтә дрыцҳаишьеит. Иегова ибзианы идыруеит «агәаҟра иҟәыӷоу ауаҩы ихшыҩдароу ахымҩаԥгашьа аҟынӡа днанагар» шалшо (Еккл. 7:7). Аха ус шакәызгьы, Иегова Ноеминь дшаанимыжьыз агәра лзыргоз ак лҭахын. Иегова уи еиликаауан (1 Сам. 2:8). Убри аҟынтә Ноеминь гәыкала бзиа дызбоз Руфь ацхыраара лыдылгаларц лгәазҭеиҵеит. Хаала, насгьы гәыкала Руфь ланхәа лгәы шьҭылхит, насгьы Анцәеи лареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара длыцхрааит. Ҳалҿыԥшлар шԥаҳалшо Руфь?

11. Избан ҳара згәы каҳаны иҟоу ацхыраара рыдгалара ҳзазхиоу?

11 Гәыкала абзиабара згәы каҳаны иҟоу ацхыраара рыдгалара ҳгәазҭанаҵоит. Руфь Ноеминь лааныжьра лҭахӡамызт. Ҳаргьы убас еиԥш ауадаҩрақәа змоу, ма згәы каҳаны иҟоу рааигәа ҳаҟазар ҳҭахуп, избанзар ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит, насгьы ргәы ашьҭыхразы иҳалшо аҟаҵара ҳазхиоуп (Ажәам. 12:25; 24:10). Убри ауп апостол Павел иажәақәагьы ҳгәы зызҭарҵо: «Зхаҵара кәадоу — рхы-ргәы азыҟашәҵала, шәрабжьала, лшара змам, аԥсыҽқәа, гәыгәҭышәмыжьын, зегьы рышҟа ахачҳара аашәырԥшла» (1 Фес. 5:14).

Згәы каҳаны иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы иҭоу анырҳәо ҳарзыӡырҩлар рҭахуп. (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ииҭахузеи зегь раасҭа згәы каҳаны иҟоу ауаҩы?

12 Згәы каҳаны иҟоу ауаҩы аӡәы гәыкала дизыӡырҩырц, насгьы бзиа дшибо агәра ииргарц ауп зегь раасҭа ииҭаху. Иегова зыхә ҳаракны ишьо иуасақәа руак убас шәеиҷаҳар, Иегова уи гәеимҭар ауӡом (Аԥсал. 41:1). Ажәамаанақәа 19:17 аҿы иануп: «Арыцҳа иахь ақьиара аазырԥшуа Иегова иирԥсахуеит, убри азы Иара уи диқәныҳәоит».

Руфь ланхәа Ноеминь длыццарц лыӡбеит, Орфа Моавҟа дхынҳәуеит. Руфь Ноеминь ус лалҳәоит: «Бара бахьцо саргьы сцоит». (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. Дызлалеиԥшымзеи Руфь Орфа, насгьы избан Руфь лхымҩаԥгашьа гәыкала абзиабара заанарԥшуаз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

13 Гәыкала абзиабара иамоу аԥшӡара атәы еиҳаны еилаҳкаар ҳалшоит Ноеминь анаҩс дзықәшәаз ахҭысқәа рҟынтә. Иегова ижәлар шигәалашәаз, ачагьы шриҭаз анлаҳа, Ноеминь аҩныҟа дхынҳәырц лыӡбеит, ҩыџьа лҭацацәагьы лышьҭалеит (Руфь 1:6). Амҩа ианықәыз Ноеминь урҭ Моавҟа ихынҳәырц ралҳәон. Лара уи хынтәгьы илҳәеит. Иҟарҵазеи нас дара? Ҳара ҳаԥхьоит: «Орфа ланхәа дгәыдкыланы дцеит, Руфь даангылеит» (Руфь 1:7—14). Орфа иларҳәаз ҟалҵеит — Ноеминь даанлыжьит. Аха Руфь зынӡа ҽакала лхы мҩаԥылгеит. Лара Моавҟа ахынҳәра илԥырхагаз ҳәа акгьы ыҟамызт, аха згәы гәырҩала иҭәыз ланхәа бзиа дахьылбоз азы даангыларц лыӡбеит (Руфь 1:16, 17). Уи аҭахуп ҳәа акәӡам ишыҟалҵаз, аха гәыкала уи аҟаҵара ахьылҭахыз азоуп. Убас лара Ноеминь лахь гәыкала абзиабара аалырԥшит. Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс?

14. а) Иҟарҵозеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы? б) Игәы ҟазҵозеи Анцәа, Ауриацәа 13:16 иану инақәыршәаны?

14 Гәыкала абзиабара ааҳарԥшуазар, егьырҭ ҳрыцхрааларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит. Иахьагьы имаҷымкәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо рахь гәыкала абзиабара аадырԥшуеит. Урҭ хаҭала ирзымдыруа рахьгьы гәыкала абзиабара аадырԥшуеит. Иаҳҳәап, џьара аԥсабаратә рыцҳара аныҟало, иаразнак ацхыраара ҟарҵоит. Аизараҿы аӡәы акы даргәаҟуазар, ацхыраара даҳәаанӡа ицхраауеит. Актәи ашәышықәсазы Македониа инхоз ақьырсианцәагьы убас ҟарҵон. Дара зда ԥсыхәа ыҟамыз акәын ирымаз, аха зҭагылазаашьа еиҳа ицәгьаз ирыцхраарц азы ак мап ацәкра иазхиан. Убас еиԥш иахьагьы, аӡәырҩы ақьырсианцәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирыцхрааларц азы ирылшо зегь ҟарҵоит (2 Кор. 8:3). Иегова даараӡа игәы ҟанаҵоит имаҵзуҩцәа гәыкала бзиа иахьеибабо! (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:16.)

ИААҲАРԤШЛАР ШԤАҲАЛШО ГӘЫКАЛА АБЗИАБАРА?

15, 16. Ишԥаалырԥши Руфь ацхыраара аҟаҵара дшазхиоу?

15 Руфь Ноеминь дышлыцхраауаз иазку ахҭыс иалаҳкаар ҳалшо рацәоуп. Еилҳаргап урокқәак.

16 Еснагь ацхыраара аҟаҵара шәазхиаз. Руфь Ноеминь ацхыраара анлыдылгала, раԥхьа уи мап ацәылкит. Аха Руфь уи дааннамкылаӡеит. Лҵшәас иаанагазеи уи? «Ноеминь ианеилылкаа Руфь длыццарц шылыӡбаз, дылҟәаҵит» (Руфь 1:15—18).

17. Ишԥаҳалшо анаҩсгьы ацхыраара аҟаҵара?

17 Аурок. Згәы каҳаны иҟоу ҳицхраарц азы ачҳара аарԥшны анаҩсгьы ицхраара ҳҽазаҳшәалароуп. Иаҳҳәап, уадаҩрак иақәшәаз иаҳәшьакc илыдаҳгало ацхыраара мап ацәылкуеит. Аха гәыкала абзиабара аазырԥшуа ауаҩы иҩыза ауадаҩра данҭагыло даанижьӡом (Гал. 6:2). Убри аҟынтә ҳара анаҩсгьы ацхыраара лыдаҳгалалоит, насгьы аамҭак ашьҭахь ҳацхыраара лыдылкылап ҳәа ҳгәыӷлоит.

18. Избан Руфь Ноеминь длыцәгәаар злылшоз?

18 Шәымгәаалан. Ноеминь Вифлеемҟа даныхынҳә лгәылацәа убас ралҳәон: «Арантәи санцоз зегь сыман, аха Иегова снапы ҭарцәны сирхынҳәит» (Руфь 1:21). Шәхаҿы иаажәг Руфь арҭ ажәақәа анлаҳауаз лхы шылбоз. Руфь Ноеминь лзы мап зцәылкыз рацәоуп. Лара длыцҵәыуон, лгәы шьҭылхуан, амҩа хара дахысит, аха Ноеминь «Иегова снапы ҭарцәны сирхынҳәит» ҳәа лҳәеит. Уи Руфь ишлаҳауаз ауп ишылҳәаз, Ноеминь лзы иҟалҵахьаз зегь акгьы аанамгозшәа. Руфь арҭ ажәақәа даараӡа лгәы лдырхьзар акәхап. Аха уи Ноеминь дылцәымгәааӡеит.

19. Иҳацхраауазеи ҳгәы ҳзырхьуа ажәақәа мыцхәы ҳхы рзымышьҭра?

19 Аурок. Иҟалап згәы каҳаны иҟоу иаҳәшьак лгәы шьҭышәхырц азы ишәылшо зегь ҟашәҵозар. Аха лара шәгәы шәзырхьыз ак лҳәазар ауеит. Илҳәаз шәгәы иалшәмырсын. Аиаҳәшьа даанышәмыжьын, насгьы лгәы шышьҭыхтәу еилышәкаарц азы Иегова шәиҳәала (Ажәам. 17:17).

Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Боаз иҿыԥшлар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 20, 21.)

20. Илызҭазеи Руфь амч, анаҩсгьы Ноеминь длеиҷаҳаларц азы?

20 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы алшарақәа шәаҩшәмыжьлан. Руфь Ноеминь гәыкала бзиа дылбон, убри аҟынтә аџьабаа рацәаны илыдылбалон. Аха уажәшьҭа Руфь лхаҭагьы агәышьҭыхра лҭахын. Иегова Боаз ила лгәы шьҭихит. Боаз Руфь илеиҳәеит: «Иегова илԥха боуааит бхымҩаԥгашьазы, аҽыҵәахырҭа зыҟны башьҭалаз Израиль Анцәа Иегова еиҳаны ибԥигалааит!» Уи акәын Руфь илаҳарцгьы илҭахыз. Лара илҳәеит: «Сгәы ҟауҵеит, уажәақәа рыла умаҵуҩы лгәы урҭынчит» (Руфь 2:12, 13). Боаз ибзианы дзызхәыцны ииҳәаз иҟәымшәышәыз иажәақәа Руфь лгәы шьҭырхит, насгьы анаҩс Ноеминь леиҷаҳаразы амч лырҭеит.

21. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи иҳаиҷаҳауа аизара аиҳабацәа, Исаиа 32:1, 2 иану инақәыршәаны?

21 Аурок. Егьырҭ гәыкала бзиа избо ауаҩгьы агәышьҭыхра иҭахуп. Иаҳҳәап, Руфь Боаз илеиҳәаз ажәақәа лгәы шьҭырхит. Урҭ ажәақәа иаадырԥшуан лџьабаа аӡәгьы изгәамҭаӡакәа ишнымхаз. Аизара аиҳабацәагьы Боаз иҿыԥшуеит: дара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рус қьиақәа гәаҭаны идырҽхәоит. Ааи, иҟәымшәышәу урҭ ражәақәа анаҩсгьы гәыкала абзиабара аарԥшразы амч ҳарҭоит. (Шәаԥхьа Исаиа 32:1, 2.)

ИАРБАН ҲАМҬОУ ИРЗЫԤШУ ГӘЫКАЛА АБЗИАБАРА ААЗЫРԤШУА?

22, 23. Аҽшԥаԥсахи Ноеминь лхәыцшьа, насгьы илыцхраазеи уи аҿы? (Аԥсалом 136:23, 26).

22 Ԥыҭрак ашьҭахь Боаз, Руфи Ноемини меигӡарахда ачарыц риҭеит (Руфь 2:14—18). Иахылҳәаазеи Ноеминь Боаз иҳамҭа? Лара илҳәеит: «Дизылԥхааит Иегова уи ауаҩы, зыԥсы ҭоугьы иԥсхьоугьы рахь гәыкала абзиабара аазырԥшуа!» (Руфь 2:20а). Шаҟа аҽаԥсахзеи лхәыцшьа! Уаанӡа лара длаӷырӡышо илҳәон: «Иегова саанижьит». Уажәшьҭа дгәырӷьаҵәа илҳәоит: «Иегова гәыкала абзиабара [ааирԥшуеит]». Илыцхраазеи Ноеминь аҭагылазаашьа ҽакала ахәаԥшра?

23 Уажәшьҭа Ноеминь еилылкааит Иегова ахаангьы дшаанимыжьуаз. Моавынтәи Иудеиаҟа амҩа ианықәыз иара длеиҷаҳауан, избанзар Руфь лааигәара дыҟан (Руфь 1:16). «Аҿыхразы азин [змаз]»d Боаз иааирԥшыз ақьиарагьы Ноеминь агәра лнаргеит Иегова ларгьы лҭацагьы бзиа ишибо (Руфь 2:19, 20б). Иҟалап Ноеминь абас дхәыцуазҭгьы: «Уажәшьҭа сара издыруеит Иегова ахаангьы сшаанимыжьуаз. Иара еснагь сааигәара дыҟан!» (Шәаԥхьа Аԥсалом 136:23, 26.) Ҳәарада, Боази Руфи Ноеминь лхала дахьаанырмыжьыз лгәы ҟанаҵон. Урҭ рыбзоурала лара агәырӷьара лоуит. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит рыхҩыкгьы шаҟа агәырӷьара роуз!

24. Избан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала бзиа иаҳбалар зҳахәҭоу?

24 Иаҳдырҵазеи ашәҟәы Руфь иану ахҭысқәа? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала бзиа избо ауаҩы ауадаҩрақәа ирҭагылоу рхала иаанижьӡом, насгьы урҭ дрыцхрааларц азы ихы деигӡаӡом. Аизара аиҳабацәа убас еиԥш ацхыраара ҟазҵо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭырхлароуп, насгьы идырҽхәалароуп. Уи адагьы, ҳара гәыкала иааҳарԥшыз абзиабара абзоурала аишьцәеи аиҳәшьцәеи рымч анҭало, ҳхаҭагьы агәырӷьара ҳауеит (Аус. 20:35). Ҳгәазҭазҵозеи раԥхьаӡа иргыланы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала бзиа рбара? Уи ҳгәазҭазҵо «гәыкала иҟоу абзиабара ала иҭәу» Анцәа Иегова иҿыԥшреи игәы аҟаҵареи ахьаҳҭаху ауп (Ақәҵ. 34:6; Аԥсал. 33:22).

ИШӘГӘАЛАШӘОМА ШӘАРА?

  • Излеиԥшымзеи гәыкала абзиабара аарԥшреи гәыкала азыҟазаареи?

  • Ишԥаҳалшо Боази Руфи ҳарҿыԥшны гәыкала абзиабара ааҳарԥшлар?

  • Дышԥарықәныҳәо Иегова гәыкала абзиабара аазырԥшуа?

АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла

a Иегова иҭахуп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала бзиа иаҳбаларц. Аӡәы гәыкала бзиа ибара иаанаго еиӷьны еилаҳкаарц азы, шәааи Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы уи шаадырԥшуаз ҳахәаԥшып. Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит Руфи, Ноемини, Боази ирҿаҳҵаар ҳалшо.

b Ари астатиа еиҳа ахәарҭа шәзаанагарц азы ашәҟәы Руфь актәи, насгьы аҩбатәи ахқәа шәрыԥхьа.

c Ара аиаҳәшьа ҿырԥштәыс дзаагоу ари астатиаҿы Ноеминь лыхҭыс ҳахьалацәажәо азоуп. Аха уи аҩыза аҭагылазаашьа аишьцәагьы ақәшәар алшоит.

d Боаз аҿыхра азин шимаз атәы еиҳаны еилышәкаар шәылшоит ашәҟәы «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара» 5-тәи ахы аҟынтә.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра