АШӘА 138
Ашлара — аԥшӡара агәыргьын
(Ажәамаанақәа 16:31)
- 1. Зықәрахь иҟоу ҳамами, - Даара згәамч кәадоу. - Зегь акоуп иҳацуп урҭ, - Ргәыӷрагьы ӷәӷәаӡоуп. - Ичҳаны ирхыргоит урҭ - Ацәгьа, агәырҩа. - Нас аҳамҭа шырзыԥшу, - Ҳаб, агәра дырга. - АХАПА - О Ҳанцәа, иудыруеит - Рымҩа шыхьанҭаз. - Рлымҳа нас иҭаҩлааит: - «Уԥсынҵра наӡаз!» 
- 2. Амҩа иашаҟны ишлаз - Анасыԥ рызшоуп. - Урҭ Иегова рыхә ишьоит, - Ҳарҭ ҳрыхӡыӡаароуп. - Имчқәа ҭан, дагьҳаҵҳаҵон - Ашла зны данҿаз. - Еиӷьу акәын ииҭалоз - Ҳамҭас уи Ҳазшаз. - АХАПА - О Ҳанцәа, иудыруеит - Рымҩа шыхьанҭаз. - Рлымҳа нас иҭаҩлааит: - «Уԥсынҵра наӡаз!» 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 71:9, 18; Ажәам. 20:29; Матф. 25:21, 23; Лука 22:28; 1 Тим. 5:1.)