АУРОК 15
Иуҳәо агәра шуго аарԥшла
1 Фессалоникаа рахь 1:5
ИҞАҴАТӘУ Уажәақәа ирныԥшуазар ауп иуҳәо агәра шуго, насгьы уи шхадоу.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Ибзианы уҽазыҟаҵа. Аҭҵаара мҩаԥгала ихадоу азхәыцрақәа еилукаанӡа, насгьы Абиблиа урҭ шышьақәнарӷәӷәо убаанӡа. Уҽазышәа ихадоу азхәыцрақәа ырмарианы, ухатә ажәақәа рыла рҳәара. Иуҳәо аӡырҩцәа ишрыцхрааша ухы азышьҭла. Анцәа иԥшьоу адоуҳа уиҭарц уиҳәала.
Ухы иархәала иуҳәо агәра шуго аазырԥшуа ажәақәа. Ианҵаны иумоу ишаныҵәҟьо аԥхьара аҭыԥан, ухатә ажәақәа рыла еиҭаҳәала. Уцәажәашьа ианыԥшуазар ауп иуҳәо агәра шуго.
Гәыкала уцәажәала, насгьы иуҳәо шиашоу агәра дыргала. Убжьы мыцхәы ихәыҷымзар ауп. Шәҭыԥ аҿы иаԥызар, аӡырҩцәа рлакҭа уҭаԥшла.