АУРОК 18
Иузыӡырҩуа зусҭцәоу уазхәыцла
1 Коринфаа рахь 9:19—23
ИҞАҴАТӘУ Ажәахә убас иуҳәар ауп, аӡырҩцәа ихадоу ак шраҳаз еилыркаартә еиԥш.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Уазхәыц аӡырҩцәа ирдыруа. Ираҳахьоу еиҭах раҳәара аҭыԥан, уи иадҳәалоу иҿыцу ганк рбартә еиԥш урыцхраа. 
- Аҭҵаара мҩаԥгала, насгьы уазхәыцла. Иалшозар, ихадоу азхәыцрақәа ирыҵушьырц азы урылацәажәа уиаҟара ирзымдыруа афактқәа, мамзаргьы ааигәа иҟалаз ахҭысқәа. Инарҵауланы уазхәыц узлацәажәо атема, насгьы уи иаауго афактқәа ишрыдҳәалоу. 
- Аӡырҩцәа иуҳәо хәарҭас иаҵоу дырба. Идеилыркаа Абиблиа аҟынтәи иааугаз азхәыцрақәа аӡырҩцәа рыԥсҭазаараҿы ирыхәар шалшо. Еилырга дара ирыҵанакуа аҭагылазаашьақәеи ауадаҩрақәеи.