АУРОК 6
Абиблиатә жәеинраалақәа ииашаны идеилыркаала
Иоанн 10:33—36
ИҞАҴАТӘУ Ажәеинраала баша уаԥхьаны, анаҩс иаразнак даҽа зхәыцрак ахь умиаслан. Аӡырҩцәа идеилыркаа узыԥхьаз ажәеинраалеи иуҳәаз азхәыцреи шеидҳәалоу.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Ихадоу ажәақәа алкаала. Абиблиа аҟынтә ажәеинраала уанаԥхьалак ашьҭахь иалкаа узлацәажәо атема иадҳәалоу ажәақәа. Уи азы уара иулшоит урҭ ажәақәа даҽазнык иуҳәар, мамзаргьы аӡырҩцәа урҭ рыԥшаара ирыцхраауа азҵаара руҭар.
Ирыҵшь аӡырҩцәа игәныркыларц иуҭаху азхәыцрақәа. Ажәеинраала уаԥхьаанӡа уи узаԥхьо уҳәазар, аӡырҩцәа идеилыркаа узлацәажәо атемеи ажәеинраалаҿы иаагоу ихадоу ажәақәеи шеидҳәалоу.
Аӡырҩцәа иуҳәо аилкаара рзымариазар ауп. Урыламцәажәалан ихадоу азхәыцра иадҳәалам аганқәа. Уазхәыц узлацәажәо атема иазкны аӡырҩцәа ирдыруа, анаҩс иӡба ихадоу азхәыцра еилыркаарц азы ирзеиҭоуҳәар улшо.